Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адырра ҟанаҵеит, Аԥсны COVID-19 ахҭыс ҿыцқәа жәаба шьақәыргылоуп ҳәа.

Аԥсны иахьаҵанакуа даҽа жәаҩык ауаа COVID-19 рыдбалоуп, иахьазы атәылаҿы ачымазара зцәа иалоу рхыԥхьаӡара 42-ҩык ыҟоуп. Абри атәы ԥхынгәы 30 рзы иаанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аоперштаб адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки ирылагӡаны акоронавирустә чымазара амазааразы агәаҭара иахысит 93-ҩык ауааԥсыра. Ачымазцәа ирныруаз ауааԥсыра зегьы ргәаҭарақәа макьанагьы ирыцырҵоит.

«Абри аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп акоронавирус зцәа иалоу 14-ҩык апациентцәа, 30-ҩык аҩны рҽыԥхьакны иҟоуп», – аҳәоит аацҳамҭа.

Абри аԥхьа, ԥхынгәы 30 рзы Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура ахәамҭа ҟанаҵеит хырԥашьа змам акардиологиатә пациентцәа рыдыркылалоит ҳәа Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы.

«Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа акардиологиатә ҟәша акарантин ахысразы мызкы ҳәа иахьадыркыз аҟнытә, хырԥашьа змам акардиологиатә пациентцәа ԥхынгәы 31 инаркны рыдкылара мҩапыслоит Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы», – ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура аҳәамҭаҿы.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб ԥхынгәы 27, 2020 шықәсазы ирыдыркылаз аӡбара шьаҭас измоу Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иқәҵара инақәыршәаны, аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысразы иҟоу аԥкырақәа нанҳәа 4 рҟынӡа рыҿҳәара иацҵоуп. Убри аан Аԥсны атәылауаҩра змоу рыуацәа, ма рхылаԥшцәа рбарц азы знык ҳәа атәыла иҭалар рылшоит ахәаанырцә тәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи, урҭ аҳәаа рахысраан COVID-19 рцәа ишалам шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы рыцымзар ауеит.

Апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа зынӡа иазгәаҭоуп акоронавирустә хҭысқәа 81. Ичмазаҩхаз рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит.