АААК апроект ҿыц «Аҭоурыхтә ҭынха аԥеиԥшазы» аӡыргара мҩаԥысит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апресс-центр аҟны.

АААК  апроект «Аҭоурыхтә ҭынха аԥеиԥшазы» («Историческое наследие для будущего» - рус.) хацыркуп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апресс-центр аҟны  ацикл актәи асериа арбарала. Апроект шьақәгылоуп Аԥсны аҭоурых иазку, аԥсышәала иҭыху адокументалтә фильм кьаҿқәа 30 рыла, иагьамҽханакуеит ажәытә хаҳә аамҭа инаркны 1965 шықәсанӡа. Мызкахьы ҩ-фильмк ҭыҵлоит.

Апроект автор – аҭоурыхҭҵааҩ, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Џьамбул Инџьгьиа иоуп. Апроект анагӡара алыршахеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ифинанстә цхыраарала.

Апрезентациа аалыртит Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәша анапхгаҩы Изольда Ҳагԥҳа. Лцәажәараҿы лара иазгәалҭеит аҵара аус аганахьала ари апроект аҵак ду шамоу.

«Абри адокументалтә фильмқәа рцикл азы ҿыӷәӷәала иаҳҳәар ҳалшоит иманшәалоу, иҿыцу рҵаратә проектуп ҳәа. Адырра ҟәыҵәак згәылоу, иауцәам авидеороликқәа ҳҭоурых еиҳагьы инарҵауланы аҭҵаара угәадырԥхоит. Агәра ганы сыҟоуп, Аԥсны знысхьоу амҩа еиҳа инарҭбааны иазхьаԥшыр зҭаху зегьы рзы ишхәарҭахо ари аус», – ҳәа азгәалҭеит лара.

Џьамбул Инџьгьиа еиҭеиҳәеит апроект хықәкыс иамоу, иара убас наҟ-наҟ игәы ишҭоу Аԥсны аҭоурых иазку, зметр наӡоу адокументалтә фильм аҭыхра, англыз бызшәалеи ҭырқәшәалеи ирцәажәаны. Адунеижәларбжьара ҳаԥсадгьыл ахьӡ аларҵәаразы, аҳәаанырцәтәи ҳдиаспорагьы рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахаҿра еиҳагьы игәылҭәааны ирбарц-ираҳарц азы.

«Иахьа адунеи даара ирласны иҿиоит. Ацифратә технологиақәа ршәышықәса ҳҭоуп, уи иара атәы ҟанамҵар ауам. Ҳтәыла аҭоурых аҵараҿы иахьа уажәраанӡагьы ҳабла ихгылаша алабҿабатә цхыраагӡақәа ҳамаӡам. Ирацәоуп ашколхәыҷқәа ҳҭоурыхтә-культуратә баҟақәа ҭыԥс иахьыҟоу рхаҿы ианырзаамго, зныкгьы рыбла иамбац. Убри азоуп Аԥсны аҭоурых иазку адокументалтә фильмқәа рцикл аиқәыршәара ахәҭаны изаҳаԥхьаӡаз. Ҳнысымҩа аилкаараҿы, уи аҭҵаараҿы ицхыраагӡахоит», – иҳәеит Инџьгьиа.

Иара АААК ахь ихы нарханы иҭабуп иҳәеит апроект анагӡараҿы ацхыраара иҟарҵаза азы, дыззааԥсо адокументалтә фильмқәа аҿар рпатриоттә ааӡара иахәап ҳәагьы агәыӷра ааирԥшит.

Аекспертцәа рганахьала апроект аӡыргараҿы иқәгылеит ААУ аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рканддидат Сослан Салаҟаиа, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭоурых аҟәша аиҳабы, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба. 

ААУ аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа иазгәеиҭеит иҷыдоу аҭҵаарадырратә терминологиа аԥҵатәны ишыҟоу арҭ адокументалтә фильмқәа рышьаҭала. Уи аԥсуа жәлар ринтересқәа ирықәшәоит ҳәа ациҵеит иара: ахатәы бызшәа аиқәырхареи, ахдырра аизырҳареи, Аԥсны аҭоурых аларҵәареи иацхраауеит. 

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟынтә апроект ахылаԥшцәас иҟоуп АААК Иреиҳаӡоу ахеилак аппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа, аинформациатә политикеи акоммуникациақәеи рҳәаақәҵаҩ Ҭенгиз Ҭарба, АААК Аҟәатәи аофис аиҳабы Ҭемыр Рекәаа.

АААК адокументалтә проект ҿыц «Аҭоурыхтә ҭынха аԥеиԥшазы» Аԥсны аҭоурых аларҵәара иазынархоуп, ҳтәыла аҩнуҵҟеиԥш уи анҭыҵгьы. Зынӡа 30 документалтә фильм ҭыххоит аԥсышәала. Роликцыԥхьаӡа аурыс субтитрқәа ацҵахоит.