Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 10-шықәса аҵра иадҳәаланы, жәлар ргәырӷьара зцыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит Аԥсны нанҳәа 26 рзы.

Саид Барганџьиа

Аҟәа иазгәарҭеит Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара аиубилеи: жәашықәса раԥхьа, нанҳәа 26 рзы усҟан Урыстәылатәи Афедерациа ахадас иҟаз Дмитри Медведев адунеи ирылаиҳәеит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵаразы ашәҟәы инапы шаҵаиҩыз.

Аӡәгьы даҳхамшҭӡеит...

Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи раагараҿы хәы змаӡам алагала ду ҟаиҵеит иналукааша аполитикатә, аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба. Ари амш азы Аԥсны раԥхьатәи ахада иқыҭа гәакьа Ешыра иҟоу инышәынҭраҿы ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара традициахеит.

«Владислав Ардзинба – ахааназ ҳҭоурых ианхало, иналукааша хаҭароуп. Сара акырынтә игәасҭахьеит, иара даныргәалашәо аныҳәамшқәа мацара раан акәӡам, абжьааԥнытәи аԥсҭазаараҿгьы ихьӡ ауаа ирҿыҵакуп. Аҿар рабиԥара илаҽхәаны иӡбахә рҳәоит, изҿыԥшша дрымоуп. Убри ауп зегь реиҳа ихадароугьы, убри ишьақәнарӷәӷәоит раԥхьатәи ҳхада ихаҭара амҽхак дуӡӡа», – ҳәа игәы иаанагоит ашьапылампыласҩы Рамин Барганџьиа.

Нанҳәа 26 рзы ауаа дыргәаладыршәоит иара убас Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь. Ҳтәыла ахыи-аҵыхәеи рҟынтә ажәлар аауеит иара анышә дахьамадоу иқыҭа гәакьа Џьгьардаҟа, игәы ашәҭқәа нықәырҵарц.

 «Сара даара ибзианы исгәалашәоит урыстәылатәи аканалқәа руак аҟны Багаԥшь иқәгылара, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иагьазкын уи. Усҟан Воронеж сыҟан, аха убас сгәы ҭгәырӷьаауан, ииҳәоз ажәақәа роума, иара ихаҭа иоума сгәы дырԥыруан. Иҭабуп идуӡӡаны ҳтәылазы иҟаиҵаз зегьы рзы, хашҭра иқәымзааит наӡаӡа!» – абас дылгәалалыршәеит Аԥсны аҩбатәи ахада, шьҭрала иаԥснытәиу, иахьа Воронеж ақалақь инхо Заира Дарчам, уи лԥа длыманы Аԥсныҟа дааит аныҳәа лҽалалырхәразы.

Ари аҽны Аԥсны атәылауааи асасцәеи ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аҟәа Ахьӡ-аԥша абаҳчаҟынгьы. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аҵеицәа ргәалашәара ҳаҭыр ақәҵаразы арахь иааз маҷҩымызт. Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтә ауааԥсыра еизеит.

«Урҭ гәымшәарала, ҽыԥныҳәада иҭахон, ршьамдгьыл ҿаҵацыԥхьаӡа иазықәԥауа. Урҭ рфырхаҵара аҭоурых иазаанхоит, ргәымшәара – ҿыц еиҵагыло абиԥарақәа рзы иҿырԥшыгазаауеит. Ҳара абрахь ҳааит аӡәгьы дшаҳхамшҭыз ааҳарԥшырц азы», – ҳәа азгәаиҭеит Гагрантә иааз Асҭамыр Арсҭаа.

10 шықәса еимгеимцарак еиԥш

Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал хада аҟны ахьыԥшымра азхаҵара амш аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит«Азхаҵара аныҳәа» захьӡыз Ибрагим Ҷкадуеи Владимир Попови рфотоцәыргақәҵа аартра.

Ацәыргақәҵҿы иаарԥшын ҳтәыла ахьыԥшымра аиуижьҭеи 25 шықәса раахыстәи аполитикатә ҭоурых ихадароу ахҭысқәа рыхронологиа.

«Ари ацәыргақәҵа еиднакылоит аҵыхәтәантәи 25 шықәса рыбжьара Аԥсны аҭоурых аҿы акрызҵазкуа ахҭысқәеи, усҟан иаҳҭаауаз урыстәылатәи, адунеитә политикцәеи рфотосахьақәа. Ацәыргақәҵа ауаажәлар рзы аҵакы аманы иҟоуп, избанзар уи иунарбоит ҳазнысыз аполитикатә мҩа зеиԥшраз, иаарԥшу ахаҭарақәеи ахҭысқәеи рсахьақәа рыла.

Ҳтоурых ари аамҭа иаҵанакит аблокада, ахьыԥшымра азхаҵара, раԥхьатәи аофициалтә ҳәынҭқарратә ныҟәарақәа. Иахьа иаамҭоуп ҳашьҭахьҟа ҳхьаԥшны урҭ ахҭысқәа еиҭаҳгәалаҳаршәарц, ҿыц ахәшьара раҳҭарц азы», – иҳәеит ацәыргақәҵа авторцәа рыуаӡәык Ибрагим Ҷкадуа.

Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа иазгәарҭеит уи ауникалтә ҟазшьа шамоу, аҵакгьы шдуу.

«Ара еизгоуп иуникалтәу архив, уи даҽазныкгьы ҳархынҳәуеит ҳтәыла аҭоурых аҿы реиҳа ихадароу ахҭысқәа рахь. Иҭабуп ҳәа расҳәоит авторцәа абри аҟара акрызҵазкуа  ахҭыс рацәеи, иналукааша ауаа рхаҿсахьақәеи ахьҭырхыз, иахьеиқәдырхаз. Анацәеи абацәеи ирабжьызгоит абри ацәыргақәҵахь рхәыҷқәа рыманы иааирц. Изызҳауа абиԥара ирзеиҭаҳәалатәуп, идырбалатәуп ҳҭоурых зеиԥшраз», – ҳәа лцәаныррақәа ҳацеиҩылшеит ацәыргақәҵа аҭааҩ Линда Ҭарԥҳа.    

Аекспозициа цәыббра 5 рҟынӡа иаартуп, анаҩс аекспонатқәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иаҭахоит. 

Ажәлар ргәырӷьара: ашәаҳәара, акәашара, аныҳәатә салиут

Аныҳәаҽны Аԥсны аҳҭнықалақь даара иԥшӡахеит: ауааԥсыра абираҟқәа кны, игәырӷьаҵәа, аԥсшәақәа еибыҳәо инеиааиуан. Аҳауа иалаӡҩан аныҳәатә гәалаҟара, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы еиҿкааз аиармаркаҿы ашәыри ауҭраҭыхи цәырган. Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтә ауааԥсыра арахь иааргеит рџьабаала иаадрыхыз ауҭраҭыхи, ашәыри, рнапала иҟарҵаз амилаҭ чысқәеи.

«Убла хнакуеит ҳабрақьаҭра. Ҳазшаз иҭабуп, абас адгьыл чашәра ҳақәынхартә иҟазҵаз! Џьанаҭ ҳанхоит ҳара, ҳажәлар аҟәышра рыгымхааит, иахьа иҳамоу аиқәырхара, аизырҳара ҳалшартә еиԥш!» – лҳәеит аиармарка алахәылацәа рыуаӡәы. 

Аныҳәа иаҭааз асасцәа ақьалақәа ирыҵагыланы амилаҭ чысқәа ргьама рбон, иара убас Аԥсны аизҳазыӷьареи аԥеиԥш лашеи рзы аныҳәаҿа шьҭырхыр рылшон.

«Ҳара Краснодарынтә ҳааит. Аԥсны ҳҩызцәа ыҟоуп. Усҟан, жәашықәса раԥхьагьы Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра шазханаҵаз анҳаҳа, даара ҳаигәырӷьеит ари ажәабжь. Ара ииашаҵәҟьаны – џьанаҭ дгьылуп, уахьынаԥшлак аԥшӡара убла хнакуеит. Афатәгьы акалашәа агьама хаауп, зегь ԥсабаратәуп, ицқьоуп», – лҳәеит Урыстәылантә иааз аԥсшьаҩы Светлана Хоцаниан.

Аныҳәа иацҵан Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны имҩаԥысуаз аконцерт ала. Ари ахәылԥаз далахәын Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.

«Ҳхьыԥшымра азхаҵара – акыр аџьамыӷәа баны, шықәсы рацәала ҳаззааиуаз акоуп. Реиҳа иуадаҩӡаз аамҭақәа раангьы, ишьаарҵәыраз аибашьраҿы ҳаиааины, ҳаилаԥыххаа ҳаныҟазгьы, аблокада ҳҭакны аарла ҳаԥсы анеиваҳгозгьы, аӡәгьы агәҩара иоуӡомызт зхы иақәиҭу, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргыларазы ииашоу амҩа шылаҳхыз азы. Ҳажәлари ҳаиҳабыреи аӡәыкны еидгылан ари аполитикатә хықәкы анагӡараҿы, насгьы уи иаҵанакуа аилкаараҿы», – иҳәеит ахада.

Ҳаџьымба иациҵеит Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа аамышьҭахь, уи аҩыза ашьаҿа шыҟарҵаз Венесуелеи, Никарагуеи убас егьырҭ атәылақәеи. Аԥсны аԥхьаҟагьы арҭ атәылақәа аус рыцура азнарҳалоит, ҳазхазҵаз атәылақәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳарӷәӷәалоит, ҳаимадара арҭбааразы иалкаау ашьаҿақәа рыҟаҵара ҳазыхиоуп ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада.

Уи аамҭазы Аҟәа ажәлар рныҳәа иацырҵон. Аԥсуа ашәақәа зехьынџьара иуаҳауан. Милаҭ маҭәала иԥшӡаны иеилаҳәаз ауаа кәашон, ишәаҳәон, рпатреҭқәа ҭырхуан. Ана-ара ажәлар еикәшаны иаагылон, рыгәҭа иқәԥрааны икәашоз аҿарацәа рнапқәа рзеинҟьауа.

Ашкол аҵаҩы Миа Чокәуа ибзианы илдыруеит ари амш зызку, уи аҭоурых лҭаацәа илзеиҭарҳәеит.

«Ари ахҭыс аныҟала сара ҩы-шықәса ракәын исхыҵуаз. Аха сани саби исзеиҭарҳәеит ҳҭоурых аҿы аибашьра шыҟаз, уи ашьҭахь аԥсҭазаара шыцәгьаз, нас Урыстәыла ҳхьыԥшымра шазханаҵаз. Убри аныҳәоуп ҳара иахьа иазгәаҳҭогьы. Зегьы ирыдысныҳәалоит иахьатәи амш!» – лҳәеит лара.

Аԥсны Афырхаҵа Галуст Трапизониан имоҭа, аа-шықәса зхыҵуа Марк иан длыцны Гагрантә Аҟәаҟа дааит, аныҳәа ихы алаирхәырц азы. 

«Ашкол аҿы иаҳзеиҭарҳәоит аибашьра аҭоурых, иҭахаз рыӡбахә, аиааира шаҳгаз атәы. Убри зегь зҳарҳәо ҳуаа бзиақәаны иҳазҳарц азоуп», – иҳәеит Марк. 

Зегьы ргәы хыҭ-хыҭуа аныҳәатә салиут иазыԥшын. Абар иаргьы аахәыҵҟьеит, зхы иақәиҭу ихьыԥшым Аԥсны иахагылоу ажәҩан ырлашауа, даҽазныкгьы ажәлар иргәаларшәауа шаҟа аҵак ду амоу ари аиубилеи. Иара уи алагьы аныҳәамш хыркәшан.

2008 шықәса, нанаҳәамза 26 рзы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыжәларқәа ахҳәаақәҵаразы ргәаҳәара ҳасаб азуны, жәларбжьаратәи адокументқәа шьаҭас иҟаҵаны, Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи рхьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Уи нахыс нанҳәа 26 – Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иамшуп, ныҳәак еиԥш иазгәарҭоит.