Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Шьамтәыла официалла иаҭаара аан аԥсуа-адыга диаспора рхаҭарнакцәа дырԥылеит, иара убас Уалид Маршьан анышә дахьамадоу днеит.

Саид Барганџьиа

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Шьамтәылатәи Арабтә Республика раԥхьаӡатәи иофициалтә аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны цәыббрамза 7 рзы Дамаск ақалақь аҟны дырԥылеит аԥсуа-адыга (ачеркьес) диаспора рхаҭарнакцәа дырԥылеит, иара убас ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаиҵеит аԥсуа-абаза милаҭ рҟны зыхьӡ нагоу Уалид Маршьан инышәынҭраҿы. Абри атәы АААК аинформациатә портал иазеиҭалҳәеит Аԥсны ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡԥҳа.

Абаза жәлар рхаҭарнакцәа рԥылара даара иԥханы, аиҩызаратә ҟазшьа аманы имҩаԥысит ҳәа еиҭалҳәеит Аҩӡԥҳа.

«Ҳџьынџьуаа гәыбылрала, гәахәара дула дрыдыркылеит атәыла ахада, нас уи ицыз аделегациагьы. Аиԥылараҿы ҳашьцәа изныкымкәа иазгәарҭеит даара ишеигәырӷьо аҩ-тәылак рыбжьара ишьақәгылаз хырхарҭа рацәалатәи аусеицуреи аиҩызареи», – ҳәа азгәалҭеит Аԥсны ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ.

Аиԥылараан Аԥсны ахада Шьамтәылатәи ҳашьцәа рахь ихы нарханы дықәгылеит, иагьазгәеиҭеит Аԥсны жәлар даара ахәшьара ҳаракы шарҭо Шьамтәыла ахада Башар аль-Асад Аԥсны ахьыԥшымра азхаиҵарц ахьыиӡбаз. Ҳаџьымба иациҵеит аԥсуа жәлар шьамтәылатәи рашьцәа ишрылаҽхәо.

«Акыр иаԥсоу ҳашьцәа, даара ҳгәы шәыладууп. Иахьа ҳалаҽхәар ҳалшоит аԥсуа жәлар акыраамҭа иззыԥшыз ахҭыс – Аԥсныи Шьамтәылеи аизыҟазаашьақәа ахьҳабжьалаз. Башар аль-Асад Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵарала афырхаҵаратә шьаҿа ҟаиҵеит. Ҳара уи ашьаҿа ахә ҳаракӡаны иаҳшьоит», – ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Иара еиҭеиҳәеит цәыббра 4 рзы имҩаԥысыз Шьамтәыла ахадеи иареи реиԥылараан ишалацәажәаз аҩ-тәылак рыбжьара аусеицура арҿиаразы амҩақәа.

«Сара агәра ганы сыҟоуп аҩ-ганкгьы рыла ҳаизыҟазаашьақәа зырҿиаша ашьаҿақәа шыҟаҵахо. Шьамтәыла ҳшьапы анықәҳаргыла инаркны араатәи ажәлар рыԥхарреи ргәыразреи ҳнырит. Шьамтәыла иҳанаҭаз азхаҵара – ҭоурыхтә хҭыс дууп Аԥсназы. Агәра згоит ҳаиҩызара наӡаӡа иԥкымкәа, иӷәӷәаӡа ишыҟазаауа!» – иҳәеит Аԥсны ахада.

Шьамтәыла иқәынхо аԥсуа-адыга (ачерқьес) диаспора рхаҭарнакцәа реиҳараҩӡак алахәуп ачерқьес уаажәларратә еилазаара «Адыга-Хаса», 1949 шықәсазы Шьамтәыла иаԥҵаз. Иахьазы аилазаара иалоуп аа-нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра, урҭ рҟынтә ҩышәҩык инареиҳаны абаза жәлар ирхаҭарнакцәоуп.

«Адыга-Хаса» ахантәаҩы Рыдуан Бардоҟәа иазгәеиҭеит Аԥсны ахада Шьамтәыла иаҭаара – Шьамтәыла азгьы ихҭыс дууп ҳәа.

«Арахь шәааирала даара пату ҳақәышәҵеит. Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳашьцәа рзы иҟашәҵаз зегьы азы, ижәбаз аџьабаазы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит: ҳтәыла зҭагылаз аамҭа

уадаҩ азы ацхыраара рышәҭеит моральла, материалла. Уи иабзоураны ҳашьцәы уажәы Аԥсны ргәы ҭыганы, ргәы ҭынчны инхоит», – иҳәеит иара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Арепатриациазы аминистрра адыррақәа рыла, 2011 шықәса инаркны Аԥсныҟа иаахьеит аашәҩык инареиҳаны шьамтәылатәи ахҵәацәа, урҭ рҟынтә иахьазы Аԥсны нхара ҳәа иаангыланы иҟоуп хәышәҩык инареиҳаны. Раӷьырак анхарҭа ҭыԥқәа рыла еиқәыршәоуп, егьырҭгьы рхатәы ҩнқәа раиура иазыԥшуп.

Шьамтәылатәи Арабтә Республика официалла иаҭаара иалагӡаны Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Шьамтәылатәи ар реинрал, иналукааша аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнак Уалид Маршьан иҳаҭгәын даҭааны ашәҭқәа шьҭеиҵеит.

Уалид Маршьан иԥсы анҭаз даара акыр аџьабаа ибеит Шьамтәылеи Аԥсныи рыжәларқәа реизааигәатәразы, изныкымкәа Аԥсныҟагьы даахьан. Аԥсны ахада иофициалтә саит ишаанацҳауа ала, Рауль Ҳаџьымба хықәкыла дырԥылеит Уалид Маршьан иҭаацәагьы.

Аԥсны ахада Шьамтәыла официалла даҭааит цәыббрамза 4 рзы. Ҳаџьымбеи Асади напы аҵарҩит аҩ-тәылак рыбжьара Аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра. Ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза 29 рзы Шьамтәыла адунеи иаланаҳәеит Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара шанаҭо, адипломатиатә еизыҟазаашьақәагьы рышьақәыргыларагьы ишазыхиоу.