Жьҭаара 14 рзы, акурорт Кисловодск иацәыхарамкәа, Гәым аӡиас аҿықәан ишьҭоу ашәуа қыҭа Гәымлоуқыҭ аԥҵоужьҭеи 280 шықәса аҵра азгәарҭеит. Ақыҭа аҭоурыхи, иахьазы уи асоциалтә-економикатә ҿиара амҩаԥысшьеи шәаԥхьарц шәылшоит АААК аинфопортал иазнархиаз аматериал аҟны.

Асҭа Арӡынԥҳа

Ашәуа қыҭа Гәымлоуқыҭ, иахьазы х-нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра ахьынхо, Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика Ҟарач-маҷ араион ахь иаҵанакуеит. Араион агәҭа ишьҭоу ақыҭа Учкьекьен мраҭашәара аганахьала 22 км иацәыхароуп, ҞЧА аҳҭнықалақь Черқьесск алада-мрыгаларахь ала 53 км иацәыхароуп, аҩада-мрыгларахь ала 44 км акурорт Кисловодск иацәыхароуп. Абасала, Гәымлоуқыҭ географиала инахараны ишьҭоуп, Ашәуа муниципалтә раиони, ус анакәха егьырҭ ашәуа қыҭақәеи зегьы ирцәыхароуп, урҭ зегьы мраҭашәаратәи аганахь иаҵанакуеит. Уи адагьы, еиҳараӡак аҟарачқәа ахьынхо араион аҿы ашәуа қыҭас иҟоу иарак мацароуп.

Гәымлоуқыҭ инхоит ҭаԥанҭаа. Урҭ рцәажәашьаҿы ишәышәуа ацыбжьыҟақәа рацәоуп. Ҭаԥанҭатәи адиалект ашәуа литературатә бызшәа иашьаҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

Ақыҭа аԥырҵеит 1738 шықәсазы, ус анакәха, сынтәа – 2018 шықәсазы Гәымлоуқыҭ 280 шықәса ахыҵуеит. Аныҳәа амҽхак ҭбаахоит: ақыҭа агәҭаны имҩаԥысуа агәырӷьарахь иааԥхьоуп агәаҳәара зауа зегьы. Ақыҭауаа ари аиубилеи лымкаала ргәы хыҭ-хыҭуа иаԥылоит, избан акәзар иҟаларан иҟоу аҽеиҭакрақәа ирзыԥшуп. Аха урҭ ртәы нас иаҳҳәап. Зны маҷк аҟара ҳазааҭгылап аҭоурых.

Аҭоурых змоу ақыҭа

«Аԥснынтә иқәҵыз Лоуаа ирхьыԥшыз аԥсуаа Гәым аӡиас азааигәара инхо иалагеит. Аамҭа-аамҭала архақәа рахь илыбаауан, аха аибашьрақәа ирхырҟьаны ҩаԥхьа аҩада Гәым ахьышьҭрахь ихалон. Рыԥсҭазаара зегьы, ргәалашәарақәа зегьы абри аӡиас иадҳәалоуп. Гәым ҳәа ахьӡ азҭазгьы дара роуп. Иҟалап иахьатәи ашәуаа зхылҵыз рабдуцәа Аԥсны изҿықәынхоз Гәыма аӡиас гәхьааганы ари аӡиасгьы абас ахьӡ арҭазар?» Абас еиԥш Гәымлоуқыҭ дахцәажәоит еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ Симон Басариа 1929 шыҿкәсазы Кавказҟа имҩаԥигаз аекспедициа ааны.

Гәымлоуқыҭ ахьӡ аауеит Гәым аӡиаси, аҭауадцәа Лоуаа рыжәлеи рҟынтә, урҭ аханатә ақыҭа иахагылан. Ақыҭа ахьӡ абас иҟан Октиабртәи ареволиуциа ҟалаанӡа. Асовет мчра аныҟала, аҭауадцәа рыӡбахә уҳәар ауамызт, рыжәлагьы амырхит, иагьахьӡырҵеит аул «Красновосточный». 2004 шықәсазы Красновосточный ақыҭа астатус арҭан ахьӡ ԥсахны «Красный Восток» ҳәа иҟарҵеит.

Ажәлар рҳәамҭақәа рыла, ақыҭа аханатә Ԥсҳәы ашьхараҿы иҟан, анаҩс гәымлоуаа ашьха-нхыҵҟа ииасит, Теберда аӡиас ахықәахь. Анаҩс инаскьеит аӡиас Ешканон ахыҵхырҭахь, аха аҵыхәтәан уажәы иахьыҟоу аҭыԥаҟны итәеит. Раԥхьатәи аамҭақәа рзы Гәым аӡиас иаҿықәыз аиланхарҭа х-ҳаблак рыла ишьақәгылан – Лоуқыҭ, Трамқыҭ, Џьанҭемир, арҭ ахьӡқәа ашәуа ҭауад жәлақәа ирхаршалоуп. 1880-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы урҭ зегьы қыҭакны еилалеит.

Аҿиарамҩа

Рацәак ҵуам Гәымлоуқыҭ асоциалтә-економиатә ҿиаразы апроект анагӡара иаҿуижьҭеи. Араҟа имҩаԥысуеит зымҽхак ҭбаау арҽеиратә аусурақәа: иргылоуп аспорттә комплекс, ажәҩан аҵаҟа аетнографиатә музеи-қыҭа аартра ргәы иҭоуп, анаҩс уи аԥсшьарҭатә кластер «Курорт Гумлокт» иахәҭакхоит.

Гәымлоуқыҭ лассы-лассы аԥсшьацәа аҭаауеит. Араҟа иҟоуп зыхьӡ хара ицахьоу, ихәшәу аӡыҵәыҵәқәа. Урҭ рахьтә иҟоуп Асовет аамҭақәа раан иаартызгьы. Гәымлоуқыҭтәи аӡыҵәыҵәқәа рыжәра мариоуп, ргьама бзиоуп, агәабзиаразы даара ихәарҭоуп. Уи адагьы, ақыҭа маншәаланы ишьҭоуп: Черқьесски Кисловодски еимаздо афедералтә трасса иаԥнуп, убри аҟнытә араҟа аԥсшьаҩцәа ааира рзымариоуп. Ус анакәха, атуризм аҿиаразы аҭагылазаашьа бзиақәа ыҟоуп.

Гәымлоуқыҭ анарзантә ӡыҵәыҵәқәа ахьыҵыҵуа азааигәара аԥсшьарҭатә парк ыҟоуп. Араҟа аҿар еизоит, аӡазы иааз аԥсшьаҩцәагьы ааҭгылоит.

Ақыҭа аиҭарҿиара апроект нанагӡоит Аԥсуа-абаза милаҭ рыҿиара ацхрааразы жәларбжьаратәи аилазаара «Алашара». Уи напхгара аиҭоит Гәымлоуқыҭ иалҵыз абизнесуаҩ, амеценат Мусса Ҳабал-иԥа Егзакь.

Егзакь иоуп ақыҭаҿы аспорттә комплекс аргылара аԥшьызгаз. Иахьазы ари аспорткомплекс ареспублика зегь аҿы иреиӷьқәоу ирхыԥхьаӡалоуп. Акомплекс аргылараҿы аҳәынҭқаррагьы адгылара ҟанаҵеит. Аспорт ахан аартраан, 2018 шықәса, жәабранмзазы Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика ахада Рашьыд Темрезов Мусса Егзакь ианаишьеит иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа – «Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы» аорден. Уи аахыс аспорттә комплекс – ақыҭауаа лымкаала ргәы зладуу, изхыҽхәо акакәны иҟоуп. Араҟа еиуеиԥшым аспортхкқәа рыла аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит: абокс, акарате, зхы иақәиҭу аиқәԥара. Иҟоуп ахореографиатә, абаҩрҵәыратә залқәа.

«Аҿарацәа зегьы рыԥсҭазаараҿы ақәҿиарақәа роурц»

АААК аинфопортал Мусса Ҳабал-иԥа иазҵааит, ақыҭа ԥхьаҟатәи асоциалтә-економикатә ҿиашьа шԥаибои ҳәа. Егзакь иеиҭеиҳәеит, Гәымлоуқыҭ ԥхьаҟатәи аԥеиԥш шибо ақыҭанхамҩа есааира иҿио, арахәааӡарагьы уахь иналаҵаны, ақыҭа аинфраструктурагьы хәыҷы-хәыҷла ишьҭыхлатәуп иҳәеит, иуникалтәу апроектқәа аԥҵалатәуп, иаҳҳәап аетнографиатә музеи аартра иаҩызоу. Уи адагьы, амеценат иажәақәа рыла, ақыҭаҿы иаԥҵахоит ааглыхра маҷқәа, ахәыҷқәа рыҿиара иазку асоциалтә проектқәа аусура иалагоит. Иазгәаҭоуп иҷыдоу апрограмма ауаҩы ихәыҷра инаркны ибыргра аҟынӡа ирҿиара иазынархоу – игәызҩыдоу аԥсҭазаашьа аныҟәгаразы, абаҩрҵәыреи аспорти дыргәылахаланы.

«Ирҿиалахоит арҿиаратә акультуратә хырхарҭақәа, урҭ рыбзоурала ақыҭа уааԥсыра, еиҳаракгьы аҿар рбаҩхатәра аадырԥшырц азы алшарақәа роуеит. Уи убас еиҿкаахоит, амилаҭтә хдырра змоу, аҵас-қьабзқәа здыруа, зхатәы бызшәала ицәажәо ашәуа дарбанзаалак, насгьы абарҭ апроектқәа ирылахәхо иԥсҭазаараҿы аихьӡара дуқәа иоуртә еиԥш», – ҳәа азгәеиҭеит Егзакь.

«Алашара» аиҳабы излаиԥхьаӡо ала, ауаа иахьынӡауа инарҭбаау аинформациа рыҭалатәуп ақыҭа аҭоурых, акультура, атрадициақәа ирызкны, «урыстәылауааи, аҳәаанырцәтәи аԥсшьаҩцәеи Гәымлоуқыҭ абзазара зеиԥшроу рыблала ирбарц, ираҳарц».