Аҟәа, ԥхынҷкәын 22 рзы иаатыз есышықәстәи аӡынтәи Арт-маркет аҟны 75-ҩык алахәылацәа русумҭақәа цәырыргеит.

Саид Барганџьиа

Ашықәс ҿыц иазку ахәбатәи Арт-маркет аатит асабша, ԥхынҷкәын 22 рзы, Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭа аҟны.

Уажәшьҭа итрадициахаз аиармарка-цәыргақәҵа аҭааҩцәа – Арт-маркет алахәылацәа рнаплыхқәа раахәареи, гәдоуҭатәи ауаҭка цаҳәцаҳәа агьам абареи, глинтвеин ажәреи, хкыла еиуеиԥшым аимбиртә чарӡкәа ргьамбареи рылшоит.

Ацәыргақәҵа аиҿкааҩ Ксениа Ирисова-Багаԥшь АААК аинформациатә портал иазеиҭалҳәеит, сынтәа Арт-маркет ишалахәыз 75-ҩык аҟазацәа. Лара убасгьы дазааҭгылеит иҳаҩсхьоу ашықәсқәа рыстатистика: раԥхьаӡатәи Ар-маркет аҟны рнаплыхқәа цәырыргеит 18-ҩык аҟазацәа заҵәык, урҭгьы аиармарка рхы аладырхәразы акыр ирацәажәеит, уамак ирҭахымызт. Уажәазы ишаҳбо еиԥш, Арт-маркет зхыԥша дуу усмҩаԥгатәны иҟалеит.

Ирисова-Багаԥшь иазгәалҭеит, Аҟәатәи Арт-маркет иахьазы «инеиԥынкыланы ҳенд-меид ҳәа изышьҭоу анаплыхқәа ахьцәыргақәҵоу иармарка заҵәуп ҳәа. Иара убасгьы, аҟазацәа-алахәылацәа аӡәырҩы анаҩс хаҭалатәи анаплакҩыцәа раҳасабала русура иацырҵоит.

«Раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵо абизнесуаа рзы ари ацәыргақәҵа даараӡа акраҵанакуеит, избан акәзар араҟа дара ирабадыруеит ипотенциалтәу раалыҵ аахәаҩцәа», – ҳәа иалкааны иазгәалҭеит Арт-маркет аиҿкааҩ. Ари аҩыза ахшыҩҵак убасгьы дадгылоит аиармарка алахәыла Ирма Адлеиԥҳа.

«Абар хәышықәса ҵуеит Арт-маркет схы аласырхәуеижьҭеи. Иҟасҵоит аҳәса рзы арԥшӡагақәа, урҭ реиҳарак ҟаҵоуп амилаҭтә стиль инақәыршәаны. Ари ацәыргақәҵа снапкымҭақәа ауаа рацәа идсырбаразы алшара снаҭоит», - лҳәеит анапҟаза.

Есышықәса аиармарка еиднакылоит ауааԥсыра рацәаҩны: урҭ араҟа иаархәар рылшоит Ашықәс ҿыц азы аҳамҭакәа, аныҳәатә гәалаҟара ацәаныррақәа ацны. Ацәыргақәҵа есышықәса иаҭаауа Анжела Бебиаԥҳа еиҭалҳәеит лара арахь дадзыԥхьало атәы.

«Араҟа еснагь аҳра ауеит арҿиара, уаҩы игәы шьҭызхуа аныҳәатә гәалаҟара. Ҳәарада, арҿиара знапы алаку, ауаа рҿаԥхьа ицәыригаша змоу аҟаза изы ари даара акрызҵазкуа ҭыԥуп. Насгьы араҟа иузааигәоу ауаа рзы аҳамҭақәа бзиақәа ааухәар улшоит».

Иҭышәынтәалахьоу атрадициа инақәыршәаны, Арт-маркет аҟны ирҳаз аԥарақәа зегьы ахшаара рацәа змоуи, заагарҭа маҷуи аҭаацәарақәа рыцхырааразы ишьҭхоит.

Ашықәс ҿыц иазку 2018-шықәсазтәи Арт-маркет аус ауеит ҩымш – ԥхынҷкәын 22, 23 рзы.