Ашәҟәыҩҩы, иналукааша ауаажәларратә усзуҩ Адыльгьари Кьацә ирҿиаратә ҭынха абаза жәлар рдоуҳатә ԥсҭазаара аҿиараҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылоит, иара убас ауп иааидкыланы Нхыҵ-Кавказ арккаратә литература аҿиара аҟынгьы

Билиал Ҳасароҟәа

Адыльгьари Кьацә (1837–1872) – абаҩхатәра злаз литераторын, ауаажәларратә усқәа рҟны иаԥхьагылаз, XIX-тәи ашәышықәса 60-70-тәи ашықәсқәа рзы иналукааша рккаҩыс иԥхьаӡаз уаҩын. Иара имҩаԥигоз аус аҭоурыхтә-культуратә ҵак ду аман, ирҿиаратә ҭынха абаза жәлар рдоуҳатә культура аҿиараҿы ихадоу хәҭакны иԥхьаӡоуп.

Ашәҟәыҩҩы, арҵаҩы, аредактор

Адыльгьари диит 1837 шықәсазы, Кьацәаа рқыҭа (Ҟәбантәи аобласт, Зеленчуктәи аокруг) ашәуа ҭауад Қәычықә Кьацә иҭаацәараҿы.

1850 шықәсазы дҭалоит ҭауади-аамысҭеи рышьҭра иатәыз ахәыҷқәа аҵара ахьырҵоз Ставропольтәи агимназиа, уи дагьалгоит 1958 шықәсазы хьтәы медалла. Анаҩс дырхысуеит ауниверситет аҭаларазы агиманзиа аҟны иаартыз ҩышықәсатәи аҽазыҟаҵаратә курсқәа.

Нанҳәа 1, 1860 шықәсазы ԥышәарада дадкылан Санкт-Петербургтәи Аимператортә университет мрагыларатәи афакультет ахь. Уаҟа иара иаԥхьа ишьҭан хыԥхьаӡара рацәала атәым бызшәақәа (араб бызшәа, аҭырқәшәа, аџьам бызшәа уҳәа уб.егь.) рҵара, аха Кьацә иреиҳау аҵариурҭа дзалымгеит. Уи зыхҟьазгьы ахақәиҭрабзиабаратә ҟазшьақәа аазырԥшуаз астудентҵәа уи аамҭазы активла еиуеиԥшым ақәгыларақәа иахьрылахәыз ауп. Ауниверситет аиҳабыра астудентцәа рыбжьара иҿиоз аилаҩеиласрақәа ргәаԥхомызт азы, аҵариурҭа аҩныҵҟа аизарақәеи ақәгыларақәеи рымҩаԥгара азин аԥыхын. Уи иахҟьангьы имаҷымкәа астудентцәа ауниверситет нрыжьит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Кьацәгьы.

Адыльгьари дхынҳәуеит Ставропольҟа. 1861-1863 шықәсқәа рзы аус иуан Агуберниатә усмҩаԥгарҭаҿ еиҭагаҩыс, уи анаҩс агимназиаҟны рҵаҩыс. Абҵарамза 1866 шықәсазы, Агуберниатә гимназиа аҟны имҩаԥгаз аиҭакрақәа ирыхҟьаны диасуеит Ставропольтәи агәаҭаратә палата ашҟа маӡаныҟәгаҩс. Араҟа Кьацә акыршықәстәи иусура аамышьҭахь диаган аколлеџьтә маӡаныҟәгаҩс.

1867 шықәсазы Адыльгьари нхара ҳәа диасуеит Владикавказҟа, Тертәи аобласт административтә гәҭахьы, дагьыҟалоит агазеҭ «Терские вести» аредактор хадас. Ара иазгәаҭатәуп, «Терские вести» - Нхыҵ-Кавказ зегьы аҟны урыс бызшәала иҭыҵыз раԥхьаӡатәи газеҭны ишыҟаз. Араҟоуп Кьацә иԥсҭазаара зегьы ахьихигаз – икьаҿыз, аха даара ихырҳагаз иԥсҭазара. Аҟыбаҩ бзиа злаз ашәҟәыҩҩы, апублицист Адыльгьари Кьацә иаамҭанымкәа иԥсҭазаара далҵит 1872 шықәсазы, анышә дамадоуп Владикавказ.

Иналукааша агимназист Кьацә

ХIХ-тәи ашәышықәсазы Ставропольтәи агимназиаҿы заҵәык акәын ашьхарыуаа рхәыҷқәа ахьырааӡози, аҵара ахьыддырҵози.

Адыльгьари Кьацә Ставропольтәи агимназиаҿы аҵара иҵон жәашықәса: 1850-тәи шықәса инаркны 1860-тәи шықәсанӡа. Урҭ ашықәсқәа рзы агимназиа еиҳабыс даман иналукааша арҵаҩы, арккаҩы, ауаажәларратә усзуҩы Иануари Неверов, лымкаала ашьхарыуаа рхәыҷқәа ирзыҟаз. Иара идҵала, урҭ рҵараҵареи рхымҩаԥгашьеи агимназиа ааӡаҩцәа ацклаԥшуан, аџьа абзиабара рыларааӡон. Неверов хаҭала ашьхарыуаа рхәыҷқәа рмилаҭтә хдырреи, рыԥсадгьыл аҿаԥхьа ауалԥша анагӡареи ирызкыз ацәаныррақәа риреи рыӷәӷәахареи дацхраауан, дадгылон.

Адыльгьари Кьацә иналукааша гимназистын. Убас, агимназиа аҟны есышықәса имҩаԥыргоз ахатәы бызшәеи аҭоурыхи ирызку ахыҭҳәаақәа рконкурс аҿы иара иусумҭа иреиӷьқәоу ируакны иҟалоит. Ихыҭҳәаа хьӡыс иаман «Иахьатәи аурыс романқәеи, аповестқәеи рфырхацәа рҟазшьақәа ирызкны» ҳәа. Анаҩстәи ашықәс азы Кьацә иникылоит актәи аҭыԥ. Апремиа изаанагеит ахыҭҳәаа «Пиотр I, Екатеринеи раамҭазтәи асатиреи иахьатәи асатиреи» атемала ииҩыз. Аконкурстә комиссиа иазгәарҭеит, Кьацә ганрацәала игәылҭәааны иыхҭҳәаа атема аҭҵаара шилшаз.

Адыльгьари идунеихәаԥшрақәеи, иуаажәларратә-политикатә позициеи, иара убасгьы илитературатә ҭахрақәа шьақәгылеит агимназиаҿы.

Илитературатә аԥҵамҭақәа

Хыхь ишазгәаҭаз еиԥш, Адыльгьари алитература азҿлымҳареи, алсахьаркыратә литературахь иҟыбаҩи изцәырҵит агимназиа аҟны аҵара аниҵоз аамҭазы. Алитературахь агәыбылра ацәырҵра зыбзоураз аурыс ҿаԥыцтә бызшәазы ирҵаҩы, аурыси адунеизегьтәи аклассикеи даараӡа ибзианы издыруаз Федор Иухотников иакәын. Иухотников иҵаулаз идыррақәа аҵаҩцәа зегьы агәазыҳәара рызцәырнагон алитература азҿлымҳареи, еиҳа ашәҟәқәа рыԥхьареи, еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәа раԥҵамҭақәа рыҭҵаареи рзы.

Агимназиа дҭанаҵы Кьацә аҩра далагоит, акьыԥхь аҿы дцәырҵуеит. 1860 шықәсазы ажурнал «Библиотека для чтения» ахәбатәи аномер аҟны еицырзеԥшу «Ачерқьес ианҵамҭақәа» ҳәа хьӡыс ирыҭаны Адыльгьари иажәабжьқәа хԥа кьыԥхьан: «Ҩымз ақыҭараҿы», «Аџьынцәа рҵаҩы», «Ацәыршәага». Ауниверситет данҭала ашьҭахь, ажурнал «Русский вестник» (№11, 1860) ианылеит иповест «Абрагьцәа», анаҩс иочерк «Ахәаҿы» (1861). Иаԥҵамҭақәа зегьы иаадырԥшуан ижәлар рҭоурых ҵабырг. Иҩымҭақәа реиҿыртәашьеи, иргәылаз асоциал-економикатә процессқәа рыпсихологиатә анализи, аԥышәа змоу ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа ирыҵамхо иҟанаҵон.

«Сара сазгәаҭақәа рҿы, – иҩуан Адыльгьари ажурнал «Библиотека для чтения» аҭыжьыҩ Дружинин иахь, – ачерқьесцәа рынхашьа-рыбзазашьа аелементқәа схы иасырхәомызт, сҩымҭақәа рҟны идырны аеффект ҟасҵоит ҳәа ахара сыдрымҵарц азы. Сара исҭахын ачерқьесцәа рхаҿсахьа даҽакала аарԥшра, ауаа рхаҿы ишьақәгыланы иҟоу иеиԥшымкәа: аҽыуаҩ адраматә ҭагылазаашьа иақәшәаны иҟоу иакәымкәан, баша ауаҩы, иуаҩитәисатә ганала иаарԥшра»

(аурыс сахьаркыратәи, аҭоурыхтәи литератураҿы ХIХ-тәи ашәышықәсазы, атермин «ачерқьес» рхы иадырхәон еиуеиԥшым Нхыҵ-Кавказ иқәынхо амилаҭқәа зегьы ирызкны – аред.).

Адыльгьари Кьацә, иара иаԥхьанеиуази ихаанызи кавказтәи ашьхаруаа урыс бызшәала иҩуаз рахьтә зегь реиҳа асахьаркыратә ажәа иазҟазаз ҳәа дыԥхьаӡоуп. Иара иҩымҭақәа рҿы иуныроит изгәакьоу афольклори, ажәаԥҟақәеи рхархәара, урҭ аҩымҭа аструктура иузаҟәымҭхо иалаӡахуп, иҷыдоу аҟазшьа ахырҵоит. Ари зегьы Кьацә ицхраауан ифырхацәа рхаҿсахьақәа нагӡаны, ихарҭәааны раарԥшразы, иара убасгьы ишьақәнаргылон автор ихатә стиль.

Аредактортә усура

1867 шықәсазы агазеҭ «Терские ведомости» раԥхьатәи редакторс дҟалоит Кьацә. Уи аҭыӡҭыԥ Владикавказ иҟан. Раԥхьатәи иара аномер кьыԥхьын ажьырныҳәа 1, 1868 шықәсазы. Агазеҭ ҭыҵуан мчабжьык ахь знык, 400-500 цыра атираж аманы, еиҳарак Тертәи аобласт аҟны акәын иахьаладырҵәозгьы.

«Аҭыжьымҭа «Терские ведомости» ацәырҵра иамоу аҵакы иазкны» – ҳәа хьӡыс иаман агазеҭ раԥхьатәи адаҟьа ианылаз асататиа. Астатиаҟны еиҭаҳәан агазеҭ аҭыҵра зызку, уи хықәкыс иамоу, ԥхьаҟа проблемақәас ишьҭнахуа, темақәас иззааҭгылало. Иара убасгьы, уаҟа иаҳәон, агазеҭ иофициалтәым ахәҭаҿы ганрацәала ишаарԥшхо Нхыҵ-Кавказ иқәынхо ауаа рыԥсҭазаара иазку ажәабжьқәеи, рынхара-нҵыра иадҳәалоу апроблемақәеи.

Хымԥада, Кьацә акыр илшеит агазеҭ аусураҿы ашьхарауаа ринтеллигенциа иреиӷьыз ахаҭарнакцәа радыԥхьаларазы. Хәыҷы-хәыҷыла агазеҭ аусура знапы алазкыз рхыԥхьаӡара иацло иалагеит. Урҭ рахь иаҵанакуеит: аингушцәа – Чах Ахриев, Адыльгьари Долгиев, ауаԥсаа – Михаил Баев, Борис Гатиев, Иналуко

Тхостов, Гацыр Шанаев, аҟабардақәа – Кази Аҭажыҟәа, Дмитри Кодзоков уҳәа убас егьырҭгьы аурыс арҿиаратә интеллигенциа ахаҭарнакцәагьы уахь иналаҵаны.

Кьацәи напхгара ззиуаз агазеҭ «Терские ведомости» аредакциа аусзуҩцәеи агәра ганы иҟан Кавказ иқәынхо ажәларқәа апрогресс иаҵамхауа, иацнеиуа иҟаларцазы ихадоу факторны ишыҟоу ашьхарыуаа рҵара аизырҳара.

Кьацә ихылҵшьҭра иазкыз аимак-аиҿак

ХХ-тәи ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы, Адыльгьари Кьацә (зҩымҭақәа «Каламби» ҳәа ирыҵазыҩуаз) иԥсҭазааратә мҩеи, илитературатәи, ипублицистикатәи, иҭҵаарадырратәи ҭынха раԥхьаӡа акәны инарҵауланы аҭҵаара лҽазылкит Лиудмила Гаргь-иԥҳа Голубева, усҟантәи аамҭазы Адыгеиатәи аҭҵаарадырратә институт аусзуҩ. Анаҩс Кьацә иԥсҭазааратәи ирҿиаратәи мҩа аҭҵаара рҽазыркит афилологцәеи, аетнографцәеи, аҭоурыхҭҵааҩцәеи. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: Раиса Хашхожева, Ҭуӷан Кумыков, Марк Косвен, Нуриа Табулова, Генри Кусов, Виктор Корзун, Елена Данилова убас егьырҭгьы.

Ҳамҭазтәи адыга фольклористцәеи, алитератураҭҵааҩцәеи, аетнографцәеи, аҭоурыхҭҵааҩцәеи Кьацә ихәаԥшуеит «ԥсабарала иадыгоу» шәҟәыҩҩык иаҳасаб ала, иара убасгьы ХIХ ашәышықәсазтәи иналукааша ауаажәларатә усзуҩыс. Иара ирҿиаратә ҭынха – урыс бызшәала иаԥҵоу ареволиуциа ҟалаанӡатәи адыга литература иреиӷьӡоу ҿырԥштәыс иԥхьаӡоуп. Убри аан иазгәаҭатәуп, иара ихаҭареи ибиографиеи, иаб Қәычықә Кьацә иҭоурыхи инарҭбааны аспециалистцәа ишырдыруа, урҭ рыҭҵаамҭақәа реиҳаракгьы акьыԥхь шырбахьоу. Насгьы XIX-тәи ашәышықәсазтәи аурыс хыҵхырҭақәа рҟны ашәуаа рыӡбахә ахьаҳәо зехьынџьара иҳәоуп ашәуа ҭауадцәа Кьацәаа рыӡбахә, тапантаа раҳцәа раҳасабала.

Ари азҵаара уавсны узцом, убри аҟнытә еицырдыруа алитератураҭҵааҩы, апрофессор Владимир Батах-иԥа Тугов абри апроблема дазааҭгылеит иусумҭа «Из истории общественной мысли и просветительства у абазин в ХIХ веке: Адиль-Гирей Кешев» аҟны, иагьышьақәирӷәӷәеит Адыльгьари Кьацә хылҵшьҭралеи, ааӡаралеи, бызшәалеи, милаҭтә хдырралеи дшашәыуаз – дшабазоу.

Кьацәи иахьатәи аамҭеи

Адыльгьари Қәычықә-иԥа ирҿиаратә ҭынха аҵак ду амоуп Нхыҵ-Кавказ иқәынхо ажәларқәа зегьы рзы. Иара иԥсҭазааратә мҩеи иҩымҭақәеи ашколтәи ауниверситеттәи арҵаратә программақәа ирыхәҭакуп.

Аҭоурыхи, аетнографиеи, афольклори рҟны Кьацә идыррақәа шҵаулоу атәы арҵабыргуеит иҩымҭақәа рҿы аҭоурыхтә фактқәеи, ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәеи, Кавказ иқәынхо ажәларқәа еицырзеиԥшу атерминқәеи, иара убасгьы иҷыдоу ажәаҳәартәашьақәеи рхархәара.

Кьацә – абаза жәлар рҟынтә раԥхьаӡакәны зхыԥша цаз ауаажәларратә усзуҩс, беллетристс, публицистс ишьақәгылаз иоуп. Ус шакәугьы, усҟантәи аҭоурыхтә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны, иара иусура изалнамыршеит ижәлар рыбжьара аҩыра аларҵәара, алитература ашьаҭакра. Аха иара инаҩс уи иус иацҵан: ХХ-тәи ашәышықәсазы игылаз абиԥара ари аҭоурыхтә миссиа нарыгӡеит.

Адыльгьари Кьацә ирҿиаратә ҭынха адырратәи, аҭоурыхтә-культуратәи ҵакы амоуп: абаза жәлар, иара убасгьы Нхыҵ-Кавказ ажәларқәа рмилаҭтә культуреи, рдоуҳатә ԥсҭазаареи иузаҟәымҭхо хәҭаны инхоит.