1989 шықәса, хәажәкыра 18 рзы Аԥсны имҩаԥысит иҭоурыхтәу Лыхнытәи аизара, 30 нызқьҩык ауааԥсыра рыхьӡала аизара иаднакылеит Аԥсны ахьыԥшымреи Аидгылатә республика астатус архынҳәреи ирызкыз ааԥхьара.

Саид Барганџьиа

Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иаԥхьанеиуаз ахҭыс хадақәа ируаку Лыхнытәи аизара наунагӡа ҳтәыла аҭоурых аҿы иаанхоит ахақәиҭреи аҭынч ԥсҭазаареи еснагь хықәкыс измаз ҳажәлар аӡәыкны реидгылара иаҿырԥшны. Аҵак ду змаз ари аизара мҩаԥысит 1989 шықәсазы.

Гәаҟрала ирҳау Аԥсны ахьыԥшымра

2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы Урыстәыла аганахьала Аԥсны иаиуз ахьыԥшымра азхаҵара – шәышықәсалатәи амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара иалҵшәоуп. Аԥсны ари азхаҵара аиуаанӡа изнысыз аҭоурыхтә мҩа акырӡа ихьанҭан.

1921 шықәсанӡа Аԥсны аҵакырадгьыл Қырҭтәыла иампыҵахаланы иҟан уҳәар ауеит. 1921 шықәса, март 4 рзы Аԥсны асовет мчра шьақәгылеит. Абольшевикцәа рааира ажәлар ирыдыркылеит ақырҭуа оккупантцәа рҟынтә ахақәиҭра аҳасабала. Убасҟан ирылаҳәан Асвет Социалисттә Республика Аԥсны шаԥҵоу, хаз игоу республиканы Асовет Еидгыла ишалоу, еиқәшаҳаҭра шьаҭала Кырттәылатәи ССР иахәҭакны, анаҩс ЗСФСР (Нхыҵкавказтәи асоциалисттә федеративтә совет республика – аред.) иахәҭакынгьы. Аха жәашықәса ааҵуаны аҭагылазаашьа ҩаԥхьа аҽаԥсахит.

1931 шықәса, жәабран 19 рзы Аԥсны мчыла Қырҭтәылатәи ССР иадҵан, автономтә республика астатус аманы. Ари аӡбара ҳтәыла аҭоурых аҿы илахьеиқәҵагоу даҽа даҟьак аанартит: уи амшала ҳажәлар изныкымкәа аҟазаареи аҟамзаареи ирыбжьагылахьан. Қырҭтәыла амчра бӷаԥҵәаган аԥсуаа рзы, ашьагәыҭ жәлар рыԥсадгьыл аҿы изымӷьацо иҟалеит: аԥсуа школқәа адыркуан, аԥсуа бызшәала ацәажәара азин рымырхит, атопонимика зегь ԥсахын. Даҽакала иуҳәозар, аԥсҭазаара аганқәа зегь рҟны аԥсуаа рзинқәа рҿаҟәон.

Жәашықәсала Аԥсны иахаԥаны иҟаз ақырҭуатәра аполитика иахҟьаны атәылаҿы иҿиеит амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара. Аԥсны автономиа ҳасабла Қырҭтәыла ианадҵаз аахыс аԥсуаа иахьынӡарылшоз аҭоурыхтә иашара ашьақәыргылара иазықәԥон.

Лыхнытәи аизара азыҟаҵара

1988 шықәса, ԥхынҷкәын 3 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы имҩаԥысит Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара» ҳәа аҭоурых иадыруа ауаажәларра-политикатә ҵысра ҿыц актәи Ашьаҭакратә еизара. Афорум еиднакылеит Аԥсны ззинқәа рҿаҟәоз ауааԥсыра зегьы рзы аиашара иазықәԥоз агәыԥқәа, абасала амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара аҩаӡарагьы ҳаранакит. Ари аус ду ахыҵхырҭаҿы игылан аԥсуа уаажәларратә, аполитикатә усзуҩцәа, аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа, афорум ахантәаҩыс далхын Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа.

«Аидгылара» иалшеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны ажәлар реидкылара, Аԥсны иқәынхо егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы уахь иналаҵаны. Ажәлар рыгәрагара убас идуун, зықьҩыла ауааԥсыра злахәхаша аизара ду амҩаԥгаразы агәыӷра ҟалартә еиԥш. Абас ажәлар реидкыларазы аус рацәаӡаны иутәын –иҿиаз апроблема ду аӡбара шаҭаху, ҳәарада, зегьы ишеилыркаауазгьы.

Афорум анаԥҵахоз аамҭазы ақырҭуа импертә амбициақәа ухаҿы иузаамго ақәцә акьаткьатра аҿынӡа иҩеихьан. Қырҭтәылантә Аԥсныҟа ҵҩа змаӡам акадрқәа аарышьҭуан. Аԥсуаа рҭоурых ԥхашьарак ҟамҵакәа афальсификациа азыруан. Абарҭқәа зегьы Лыхнытәи аизара аиҿкаарахь икылнагеит, иара мҩаԥысит мызқәак рышьҭахь, ахыԥша дуӡӡагьы аиуит Асовет-тәыла аҵакыра ахьынӡанаӡааӡоз зехьынџьара.

Аҭоурыхтә қәгылара

1989 шықәса, хәажәкыра 18 рзы Аԥсны агәеисырҭа, аҭоурых ду змоу аԥсуа қыҭа Лыхны (Лыхнашҭаҿ акәын ҭоурыхла аԥсуа жәлар рлахьынҵа ахьырыӡбоз – аред.) ашҭаҿы имҩаԥысит афорум «Аидгылара» еиҿнакааз, азинмчра змаз амитинг. Амитинг еизнагеит 30 нызқьҩык ажәлар.

Амитинг алахәцәа Асовет Еидгыла ахада Михаил Горбачиов иахь ааԥхьара ҟарҵеит Аԥсны Асовет Еидгыла иалоу ареспублика астатус азыргьежьхарц, 1921 – 1931 шықәсқәа раан ишыҟаз еиԥш, иара убас аамҭала Москвантә «иҷыдоу анапхгараҭара» аԥызарц. Лыхнытәи ааԥхьараҿы иазгәаҭан Аԥсны жәлар уаҳа ишрылымшо Қырҭтәыла аиҳабыра ргьангьашрақәа рычҳара.

Ааԥхьара атекст даԥхьон усҟан иқәыԥшыз, аха ажәлар зыхьӡ рылаҩхьаз апоет, ажурналист Владимир Занҭариа (иахьа Аԥсны ахада иабжьагаҩс дыҟоуп – аред.).

Уи аҭоурыхтә хҭыс дазааҭгыло иахьа абас еиԥш ахәшьара аиҭоит иара: «Ихәарҽхахьаз асовет система ҳаҿагылеит, махәҭарацәала еимҿаԥшьу аҳәынҭқарратә еиҿкаашьа «закәанызтәыз». Апартиа иалаз аԥсуа лидерцәа ирдыруан, ари ааԥхьара анапаҵаҩра шранармыжьуаз, аха ибзианы еилыркаауан уаҳа даҽа ԥсыхәак шыҟамыз, ахьыԥшымреи ахҳәаақәцаразы азини ҳмырзықәԥакәа баша ҳамҭас аӡәгьы ишҳаимҭоз».

Занҭариа иазгәеиҭоит, усҟан қарҭтәи аемиссарцәа ирылшоз зегьы шыҟарҵаз аизара аԥырҟәҟәааразы, аха «ажәлар убасҟак рычҳара хыҵхьан, урҭ раанкылашьак ыҟаӡамызт».

Ааԥхьара аизараҿы даԥхьаанӡа Занҭариа акырынтә уи арепетициа мҩаԥигеит – абжьы, аинтонациа уҳәа ажәацыԥхьаӡа ажәлар зегьы рлымҳа иаҳарц, ааԥхьара аҵакы доусы ргәаҵанӡа инеирц.

«Лыхнытәи ааԥхьара атекст иаԥхьаша сара шсакәхо рыӡбеит Жәлар рфорум «Аидгылара» апрезидиум аҟны. Сара уи ансаҳа, аизара ҽнак шагыз ауп. Аԥхьа сгәы аахыҭ-хыҭит, аха нас атекст сҽагәыласхалеит, иаҳәоз аҵакы азнагаразы ииашаны аԥхьашьа аус адызуло салагеит. Исыхәеит ҳәа сгәы иаанагоит хәышықәса Аԥсуа радио аҟны дикторс аус ахьызуаз, убри аҟынтә аматериал уаҩы еиликаартә азнагараҿы ԥышәа хәыҷык сыман. Лыхныҟа амҩа ҳшықәыз афорум аҟынтәи сҩызцәа сыҳәеит ааԥхьара саԥхьарц, иалкаатәыз ҭыԥқәагьы имырхьаакәа исдырбеит. Аизара иалахәыз ажәлар ишрыдыркылаз ала, ааԥхьара ицәгьамкәа абжьы геит. Абжьыҭирахь ианықәдыргыла, зегьы еицҿакны ирыдыркылеит», – ҳәа игәалаиршәоит Владимир Занҭариа.

Зегь раԥхьа абри ааԥхьара знапы аҵазҩыз апартиа аԥснытәи аобком актәи амаӡаныҟәгаҩ, Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутат, Абхазобком абиуро алахәыла Борис Адлеиба иоуп. Иара инаҩс убасҵәҟьа ҟарҵеит аизара иалахәыз 30 нызқьҩык Аԥсны ауааԥсырагьы.

Лыхнытәи ааԥхьара атекст шеибгоу икьыԥхьын хәажәкыра 24 рзы агазеҭқәа «Аԥсны ҟаԥшь», «Советская Абхазия» рдаҟьақәа рҿы. Агазеҭ иананыла аамышьҭахь, Аԥсны ауааԥсыра рнапынҵақәа ақьаад ианҵаны иаарышьҭуа иалагеит аизара аиҿкааҩцәа рахь. Аофициалтә хыҵхырҭақәа шьоукы рҟны ишарбоу ала, иааидкыланы Лыхнытәи ааԥхьара знапы аҵазҩыз рхыԥхьаӡара 40 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит.

Лыхнытәи аизара адокументқәа Москваҟа иргеит Аԥсны иналукааша ауаажәларра-политикатә усзуҩцәа, аполитикцәа, аҭоурыхҭҵааҩцәа: Игор Марыхәба, Геннадии Аламиа, Вадим, Ԥлиа, Николаи Џьонуа, Сергеи Шамба.

Ажәлар рыбжьы

Уи аамҭазы аԥсуааи ақырҭқәеи реизыҟазаашьақәа еиҳа-еиҳа ицәгьахон. Аполитикатә еибарххара зегьы ирныԥшуан: ашколқәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа. 1989 шықәса рашәарамза 1 азы Асовет Еидгыла жәлар рдепутатцәа Актәи реизара ду аҿы дықәгылеит жәлар рдепутатс иалхыз Владислав Арӡынба, уи усҟантәи аамҭазы Аԥсны аполитикатә аренаҿы деицырдыруа дҟалахьан.

«1931 шықәсазы Аԥсны Қырҭтәылатәи ССР иалаҵан автономтә республика аҳасабала. Абасала, ареспубликақәа зегьы рҟынтә Аԥсны заҵәык акәхеит Сталин игәаԥхарала зполитикатә статус еиҵатәхаз, егьырҭ ртәқәа анышьҭыҵуаз аамҭазы», – иҳәеит Арӡынба, мчыла имҩаԥгаз ари ашьаҿа ахәшьара аҭауа.

Адепутат иазгәеиҭеит иара убас аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы 1937-1953 шықәсқәа – ишьаарҵәыраз аамҭаны ишыҟаз, ажәлар рышьҭамҭа ыҟамкәа адунеи раныхра гәҭакыс ишыҟаз.

«Иаахтны иуҳәозар, аԥсуа жәлар рганахьала ашовинисттә политика ҳәа ззуҳәаша мҩаԥыргон», – ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Владислав Арӡынба, 1931 шықәса раахыс ақырҭқәа аԥсуа жәлар ршьам дгьыл аҿы ирыхҭыргоз ахлымӡаахрақәа зегьы акакала еиқәыԥхьаӡо данаалга ашьҭахь.

Рыцҳарас иҟалаз, Лыхнытәи ааԥхьарагьы, Арӡынба иқәгыларагьы усҟан изыхәҭаз ирмаҳаит. Убасҟан, 1931 шықәсазы еиҵаҵаз арҭҟәацга зегь акоуп «аус ауит»: Аԥсны иҟалаз Аџьынџьтәылатә еибашьра амцашыра иалаӡит зықьҩыла аҵеицәа. абасала, 62 шықәса раамышьҭахь, 1993 шықәсазы аибашьраҿы аиааира ганы, аԥсуаа иреиӷьқәаз рҵеицәа рыԥсы ахҭынҵаны ақырҭуа дахырцеит, рџьынџь дгьыл еиқәдырхеит, ахақәиҭра ааргеит.

Лыхнытәи ааԥхьара абри ашьакаҭәара шзаԥнамырҟәҟәаазгьы, Аԥсны аҭоурых аҿы уи аҵак ду амоуп, ажәлар реидгылара, ракзаара зегьы иреиҳау мчны ишыҟоу аазырԥшыз хҭысуп. Убасҟан ажәлар ззықәԥоз, шәҩыла аибашьцәа рхы зқәырҵаз ахықәкы иахьазы инагӡоуп: аԥсуа дгьыл аҿы ҭынчроуп – ҳабацәа ргәымшәарала ирҳау аҭынчра.