Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа «Ааԥынтәи рцәыргақәҵа» аатит Аҟәа, Ацәыргақәҵатә зал хада аҟны.

Есышықәстәи «Ааԥынтәи ацәыргақәҵа» аатит Аҟәа, Ацәыргақәҵатә зал хада аҟны ашәахьа, хәажәкыра 25 рзы. Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла еиҿнакааз аекспозициа еизнагеит 27-ҩык авторцәа русумҭақәа 60 – урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа реиԥш, аҟазацәа хатәрақәагьы.

Ацәыргақәҵа аартуа, Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа, иазгәеиҭеит, ари иссиру аҭыԥ ишеиднакыло еиуеиԥшым ажанрқәа: асахьақәа, аскульптурақәа, акыц (акерамика) иалху амаҭәарқәа. Иара иажәақәа рыла, «Ааԥынтәи ацәыргақәҵа» ҷыдарас иалоу – асахьаҭыхыҩ ҿарацәеи ихатәроу аҟазацәеи аамҭаказы иахьаарԥшу ауп. Ари аҩыза аҭагылазаашьа иаԥнаҵоит аҩ-абиԥарак рҟазара аимдаразы алшара бзиақәа.

Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахьӡ ала, уи ахантәаҩы Витали Џьениа, автор қәыԥшцәа ирзеиӷьеишьеит апрофессионалтә еиӷьӡарақәа.

«Ҳара ҳзы гәахәара дууп иҿыцу асахьаҭыхыҩцәа рабиԥара иахьазҳауа, даараӡа шәара ҳшәықәгәыӷуеит», - иҳәеит иара.

Асахьаҭыхыҩцәа рзы «Ааԥынтәи ацәыргақәҵа» русумҭақәа ахьцәырырго ихадоу ҭыԥны иҟоуп.

Иара убри аамҭазы, ари аусмҩаԥгатә иҳанаҭоит алшара, иҿыцу авторцәа рабадырразы - лҳәеит асахьаҭыхҩы Диана Хынҭәԥҳа. Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп аӡшәыгала иҭыху лара лусумҭақәа хԥа.

«Абар уажәшьҭа ҩышықәса ҵуеит «Ааԥынтәи ацәыргақәҵаҿы» сусумҭақәа аарԥшуижьҭеи. Сара сзы гәахәара дууп ари аҩыза алшара ахьсымоу. Ари азал даараӡа ибзиоуп, алашарагьы уаҳа назҭахым еиԥш асахьақәа ирықәԥхоит. Иҟоуп аусумҭақәа, еиуеиԥшым иҿыцу атехникақәа ирықәыршәаны иҭыху», - лҳәеит Хынҭәԥҳа.

Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа астудент Мариа Делԥҳа лгәаанагарала, «Ааԥынтәи ацәыргақәҵа» асахьаҭыхыҩ қәыԥшцәа ралахәра – хәы змам ԥышәоуп. Ахәаԥшцәеи аекспертцәеи рыхәшьарақәа иаҳдырбоит ԥхьаҟатәи ҳаизҳаразы амҩа иашақәа.

«Сара ицәырызгеит акыц (акерамика) иалху амаҭәарқәа хԥеи ҩ-сахьаки. Сара сзы акраҵанакуеит сусумҭақәа ихатәроу асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рывара иахьцәыргақәҵоу. Автор изы уи гәахәароуп, насгьы, авторк иаҳасабала удырҽхәозар, ԥхьаҟагьы еиҳа еиӷьны иҟасҵандаз ҳәа уҟалоит», - лҳәеит Делԥҳа.

Есышықәстәи «Ааԥынтәи ацәыргақәҵа» аартызаауеит мшаԥымза 5 рҟынӡа. Аҭаара хәыда-ԥсадоуп.