АААК аинфорпортал ишәыднагалоит зыхьӡ нагоу абызшәадырҩы, Ҟарачы-Черқьессктәи аҳәынҭқарратә университет аҭҵаарадырразы апроректор, зус бзиа избо апрофессионал Сергеи Пазов иҿцәажәара.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Лиудмила Аисанова.

Еицырдыруа абызшәадырҩы, апрофессор, Ҟарачы-Черқьессктәи аҳәынҭқарратә университет (ҞЧАУ) аҭҵаарадырратә ус азы апроректор Сергеи Пазов абаза бызшәа аҿиареи аларҵәареи аус иԥсҭазаара азикит. Имшира – мшаԥымза 5 аламҭалазы АААК аинфорпортал имҩаԥнагеит иара иҿцәажәара. Ишьҭыхын ашьагәыҭтә бызшәақәа рыҿиареи, реиқәырхареи, абаза бызшәеи алитературеи рзы арҵаҩцәа рааӡареи, иара убасгьы аҵарауаҩ ипрофессионалтә гәҭакқәеи ирызку азҵаарақәа.

– Сергеи Умар-иԥа, абар 40 шықәса инарзынаԥшуа ҞЧАУ аҟны аус жәуеит. Қарҭ аспирантура шәалганы араҟа аусура шәанааи, шәгәы иаанагозма ауниверситет шықәсырацәала шәыԥсҭазаара адышәҳәалоит ҳәа ?

– 1981 шықәсазы сара аусура салагеит Ҟарачы-Черқьессктәи аҳәынҭқарратә апедагогикатә институт (иахьазы – аклассикатә университет – аред.) аҟны. Сазхәыцуазма абри аҟара ара саанхоит ҳәа? Мап. Изакәызаалак методикатә зыҟаҵарак сымамызт, аспирантураҿы аметодика ҳҵомызт, инарҵауланы алингвистикеи, уи иазааигәоу аҭҵаарадыррақәеи ҭаҳҵаауан. Раԥхьатәи ашықәсқәа рзы акыр сазхәыцуан, алекциақәа реиқәыршәашьа иазкны, астудентцәа исҳәоуи, ирызнаргарц исҭахуи еилыркаарц, игәныркаларц азы. Насыԥны, ибзиан исгәалашәон сырҵаҩцәа рхы иадырхәоз аметодикақәа.

Аԥышәагьы хәыҷы-хәыҷла иааит. Усҟан акы сгәы еихьнамшьауа алекциақәа срыԥхьон, асеминартә усурақәа мҩаԥызгон. Аха ус шакәызгьы, иҟалалон аудиториа исҳәар исҭахыз зегьы сахьымӡакәа саныҩныҵуазгьы. Аамҭак ашьҭахь, алекциа аҟнытә зегьы реиҳа ихадоу алкаашьа сҵеит, еиҳа иҵаулоу адыррақәа раиура иашьҭаз астудентцәа хаҭа-хаҭала, индивидуалла аус рыцызуан.

– Иунырыр алшоит, шәусура гәыкала шәшазыҟоу.

– Сусура есқьынагьы исгәаԥхон, уажәгьы исгәаԥхоит. Амала, иахьазы административтә усура аамҭа рацәа сцәагоит, аҭҵаарадырратә ус, хаҭалагьы абазаҭҵаара апроблемақәа ирызку азҵаарақәа нап дыркразы есымша алшара сымам.

– Сергеи Умар-иԥа, аҭагылазаашьа аҩныҵҟала издыруа специалистк иаҳасабала атәылаҿы апедагогикатә ҵара иазкны шәгәаанагара ҳаҳар ҳҭахын. Аус ахьыжәуа ауниверситет, ҞЧА азы апедогогикатә кадрқәа ахьазыҟарҵо ҭыԥ хадас иԥхьаӡоуп. Шәгәы ишԥаанаго, иахьа уажәраанӡа ари аҩаӡара аанкылара злалшахои?

– Раԥхьаӡа иргыланы, ҳуниверситет ауп Ареспублика аҵарадырратә системазы реиҳараҩык аспециалистцәа азыҟазҵо. Иара убасгьы, арегион мацара акәымкәан, адунеи зегьы аҟны ҞЧАУ мацара аҿоуп абаза бызшәеи алитературеи рзы аҭҵаарадырра-педагогикатә усзуҩцәа ахьазыҟарҵо. Ари аус аҿы ҳуниверситет ахьакзаҵәыку бзиоуп ҳәа сзыҳәаӡом, аха афакт шфакту иаанхоит.

Иҩбахаз, арҵаҩы изанааҭ ианакәзаалак иаҭахны иҟоу акоуп, иацу аулафахәы шмаҷугьы арҵаҩы еснагь пату иқәуп, избан акәзар аҿар рҵареи рдырреи знапы иану дара роуп. Убри азын аспециалист қәыԥш иааӡашьеи, иҭахо адыррақәеи роуп изхьыԥшу ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәлари ԥхьаҟатәи рԥеиԥш.

– Иахьынӡаздыруа ала, аамҭақәак раԥхьа агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рахь азҿлымҳара маҷхеит. Иахьазы уи аганахь ала аҭагылазаашьа шԥаҟоу? Абаза бызшәеи алитературеи арҵаҩы изанааҭ ала ауниверситет аҭаларазы ашәҟәқәа алазҵо рацәаҩума?

– Ара арԥшӡарақәа аҭахӡам, иаартны иуҳәозар, иҟан аамҭақәа, иахьа аасҭа еиҳаны аспециалистцәа аноуҳажьҭуазгьы. Иахьазы еиҳараҩык ҳара ҳахь аҵарахьы иаауа – Иаку Аҳәынҭқарратә Ԥышәарақәа рҟны абжьаратә балл зауз роуп, 60 балл еиҵамкәа. Убри аҟнытә ауниверситет арҵаҩцәа, апедагогика атеориеи аметодикеи ирзоужьу асааҭқәа рҟынтә сааҭқәак ашколтә программа иазыркыр акәхоит.

Амала, 2018-2019 шықәсазтәи адкыларатә компаниа агәыӷрақәа ҳазцәырнагеит – ҞЧАУ афилологиа Аинститут, абаза бызшәеи алитературеи аҟәшахьы аконкурс ҟалеит.

Иаҳҳәап, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы планла иарбоу аҭыԥқәа хԥа рахь иҳадаҳкылон абитурентцәа хҩык, зышәҟәқәа алазҵозгьы хҩык иреиҳамызт, ианреиҵызгьы ыҟан. Сынтәа ԥшьҩык абитуриентцәа абакалавриат аҭаларазы рышәҟәқәа аларҵеит, амагистратурахь – ҩыџьа. Урҭ зегьы ҳадаҳкылеит.

Ҳгәыӷуеит, ари аҩыза атенденциа наҟ-наҟгьы еиқәхап ҳәа, ҳарҭгьы аспециалистцәа бзиақәа еиҳаны иазыҟаҳҵалап ҳәа. Ҳәарада, ашкол аушьҭымҭацәа ауниверситет радыԥхьаларазы, акафедреи, ауниверситети, уи аректор Таусолҭан Узденов ахаҿы дныргыланы, аусзуҩцәа зегьы рџьабаа ацуп. Иара убасгьы, ари аус рџьабаа ацуп Мусса Егзакь напхгара ззиуа аиҿкаара «Алашара» аентузиастцәагьы, урҭ имҩаԥырго абаза бызшәа аиқәырхареи арҿиареи азы аусқәа рылҵшәа рацәоуп. Убри аҟнытә абызшәазы шьҭа ихьшәацәоуп ҳәа унапқәа еиқәыԥсаны утәар ҟалаӡом. Ииашоуп, ауадаҩрақәа рацәоуп, аха урҭ рыӡбара ҳашьҭазароуп, амҩақәа ҳаԥшаароуп. Убри оуп иахьазы изҿу акафедреи, ауниверситет зегьи.

– Иҟалозар, маҷк иаҳзеиҭашәҳәа абри аус шеиқәыршәоу атәы. Насгьы, ахатәы бызшәа арҵара алызхыз астудентцәа цхыраарас ҳәа акыр роуама?

– Ауниверситет арҵаҩцәа, активла рнапы алакуп ахатәы бызшәеи алитературеи рырҵаразы аҳәынҭқарратә стандартқәеи, ашколқәеи иреиҳау аҵараиурҭақәеи рзы арҵагатә шәҟәқәеи, аметодикатә цхыраагӡақәеи, аконтролтә материалқәеи реиқәыршәара. Уи адагьы, аректор иаԥшьграла Иаку Аҳәынҭқарратә Ԥышәараҿы 60 балл еиҳаны изманы иҭалаз, анаҩс ауниверситет аҟны аҵара «ибзиаӡоуп», «ибзиоуп» ҳәа изҵо астудентцәа ирыҭахоит хынтәны еизырҳау астипендиа, ибиуџьеттәым аԥарақәа рыҟнытә.

Уажәазы аус адаҳулоит иҷыдоу апрограмма, уи инақәыршәаны астудент иҭахоит х-ганктәи ацхыраара: ашколи, ауниверситети, араионтәи ма ақалақьтәи аусбарҭақәа рыҟнытә. Насгьы, арҵаҩцәеи аспециалистцәеи, астудентцәа аус рыдызуло, апедагогикатә практика мҩаԥызго, рыпрофессионалтә ҩаӡара аизырҳаразы ауниверситет азыхиоуп ибиуџьеттәым аԥарақәа рзоужьра.

– Лымкаала абаза бызшәеи алитературеи ркафедра ҳалацәажәозар, иахьазы уи аԥсҭазаашьа шԥаҟоу, еихьӡарақәас иамои?

– Аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рзы, акафедраҟны абиԥарақәа рҽыԥсахра хьаада имҩасуам. Абаза филологиа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иацәыӡит аҵарауаа, арҵаҩцәа дуқәа: апрофессор Рауф Ныхә-иԥа Ҟлычев, адоцент Ҟасеи Ажьумар-иԥа Баталов. Урҭ рыда ҟалашьа амамызт акафедра аԥҵареи уи ашьықәгылареи. Дара русумҭақәа рылоуп иахьазы астудентцәа аҵара шырҵогьы.

Иара убасгьы, иахьазы акафедраҿы алекциақәа ирыԥхьоит абаза филологиа аҟны аԥышәа змоу арҵаҩцәа – адоцент Екатерина Мџьыҭ-иԥҳа Баталова (Шхаева), адоцент Лилиа Қьашьыф-иԥҳа Пазова. Акафедра напхгара азиуеит, алитератураҭҵааҩ қәыԥш Амир Валери-иԥа Пазов. Акафедра аусзуҩцәа зегьы ирымоуп рхатәы ҵарадырратә-методикатә усумҭақәа, астудентцәа аҵара зладдырҵо. Акафедраҟны аус ауеит аԥсуа-адыга бызшәақәа рзы аспирантура.

Убасгьы, акафедра аихьӡарақәа ирхуԥхьаӡалар ҟалоит араҟа аус зуа абаза бызшәеи акультуреи рыҭҵааразы ацентр. Насгьы, ауниверситет аректор иаԥшьгарала иаԥҵан алитература-сахьаркыратәи аҭҵаарадырра-рккаратәи ажурнал «Абазашҭа аӡыхьқәа», абаза бызшәа мацарала иҭыҵуа.

– Шәажәа иалаҵаны ишәҳәеит ИАЕ «Алашара» абызшәа аиқәырхара аус аҿы иҟанаҵо ацхыраара атәы. Иаҳзеиҭашәҳәар ҳҭахын абри аиҿкаареи шәареи ишәыбжьоу аимадареи, шәусеицура алҵшәақәеи ртәы.

– Абар уажәшьҭа ԥшьышықәса ҵуеит, аиҿкаара «Алашареи» ҳареи еицаҳзеиԥшны апроектқәа ҳамоуижьҭеи – «Ҟлычев иаԥхьарақәа», «Табулов иаԥхьарақәа», «Абаза бызшәеи алитературеи рфестиваль», убас егьырҭгьы абаза бызшәеи акультуреи ирызку еиуеиԥшым аҭҵааратә усмҩаԥгатәқәа.

Хаҭала Мусса Егзакь иаԥшьгарала арҿиаратә еимадарақәа ҳабжьаҵан Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу Алингвисттә ҭҵаарақәа ринститути ҳареи. Уи Аинститут аҭҵаарадырратә напхгаҩы, академик Николаи Казански даҳзаахьеит, иара убасгьы аиҿкаара «Алашара» аҟны имҩаԥган аҿари иареи реиԥылара. Иахьазы, Ҟарачы-Черқьессктәи аҳәынҭқарратә университети Алингвисттә ҭҵаарақәа ринститути аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵоуп. Аусурагьы активла имҩаԥысуеит.

Убасгьы, «Алашара» иамоуп иҷыдоу апрограмма – асахьаркыратә ҩымҭақәеи, аетнографиатә материалқәа еизызго аҭҵаарадырратә усумҭақәеи реиҭаҭыжьра. Сара хаҭала схы аласархәит «Алашара» иаԥнаҵаз 2016-2025 шықәсқәа рзы абаза бызшәа аиқәырхареи, арҿиареи рзы апрограмма аиқәыршәара. Иахьазы салахәуп уи апрограмма аларҵәареи, егьыс еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа аекспертиза рзуреи аус.

– Аҳәынҭқарра цхыраарас иҟанаҵои абызшәа апроблема аӡбараҿы?

– Еиуеиԥшым арегионқәа рҿы ахатәы бызшәеи алитературеи реиқәырхаразы ахархәара рымоуп арегион аҷыдарақәа зныԥшуа апрограммақәа. Иаҳҳәап, Ҟабарда-Балкариатәи ареспубликеи, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа егьырҭ асубиектқәа жәпаки рҿы ирыдыркылеит иҷыдоу аҳәынҭқарратә программақәа. Ҟарачы-Черқьессиа уи аҩыза апрограмма ыҟаӡам, аха иҟоуп азакәан, ашколқәа рҿы ахатәы бызшәа аҵаразы алшарақәа раԥҵара иазку, иара убасгьы уаҟа иарбоуп ақыҭа школқәа рҿы аус зуа ахатәы бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа рзы азинҷыдақәа.

Ареспублика ахада идҵала, ҞЧА аиҳабыра есышықәса афинанстә цхыраара азоунажьуеит ахатәы бызшәеи алитературеи рзы ашәҟәқәеи, аметодикатә цхыраагӡақәеи рҭыжьразы, иара убасгьы ҞЧА иқәынхо ажәларқәа рбызшәақәеи рлитературеи рзы арҵагашәҟәқәа Афедералтә сиахь ралаҵаразы.

– Абызшәадырҩык иаҳасабала сшәазҵаар сҭахуп: ажәлар маҷқәа рхатәы бызшәақәа мыӡырц азы, реиқәырхаразы хадаратәла имҩаԥгатәу усқәас иалышәкаауазеи?

– Раԥхьаӡа иргыланы, ашколқәранӡатәи аҵараиурҭақәа рҵаратә программақәа реиҭахәаԥшра аҭахуп, урҭ русура еиқәыршәатәуп хатәы бызшәала. Уаантә ауп апроблемақәа зегьы ахьаауа, рхы ахьыҵырхуа. Асоциалогиатә ҭҵаарақәа иаҳдырбоит, ҩышықәса, хышықәса зхыҵуа ахәыҷқәа, зхатәы бызшәа хар амамкәа издыруа, шықәсыбжак ахәыҷбаҳчахь рныҟәара ашьҭахь, хатәы бызшәала рықәлацәа рыбжьара ацәажәара ишаҟәыҵуа. Ари зегь зыхҟьо аҵара система иамоу агхақәа роуп.

Сара агәра ганы сыҟоуп, Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспубликаҟны, Афедерациа асубиект аҟынӡа аҩаӡара змоу, ҞЧА инхо ажәларқәа рхатәы бызшәақәа рырҿиаразы иҷыдоу апрограмма адкылара шаҭаху, уахь иалаҵахар алшоит уи анагӡаразы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәагьы.

Ихадоу акы акәны исыԥхьаӡоит иара убас ҞЧА аҵареи аҭҵаарадырреи рзы аминистрраҿы, уи ақалақьтә, араионтә ҟәшақәеи рыҩаӡара аҭаны иаԥҵатәуп ҳәа ахатәы бызшәеи алитературеи рырҵара ахаҭабзиара иацклаԥшуа аинспекторцәа рҭыԥқәа.

Иара убасгьы, еиҳа иӷәӷәоу аимадара бжьаҵатәуп аҳәаанырцәтәи ҳдиаспорақәеи ҳареи ҳабжьара. Сара схы аласырхәуан аҳәаанырцәтәи ҳдиаспорақәа рхаҭарнакцәа рзы ахатәы бызшәала аҩыра ашьақәыргылара иазынархоу еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа. Раԥхьатәи аамҭақәа рзы аусура мариамызт, избан акәзар адиаспорақәа рхаҭарнакцәеи рнапхгаҩцәеи реиҳараҩык алатин графикала аҩыра аиқәыршәара иадгылон. Ус шакәызгьы, иҟан акириллица аграфикала аҩыра аиқәыршәаразы иазыразхаз, избан акәзар акириллица ҳхы иаҳархәоижьҭеи 80 шықәса раҟара ҵуеит, насгьы еицаҳзеиԥшу аграфика ахархәарала ҳареи ҳдиаспора ахаҭарнакцәеи еиҳа ҳаизааигәахон.

Ҩышықәса, хышықәса рышьҭахь акириллица мап ацәызкуаз агәра дҳаргеит, уи аграфика еиҳа ишыманшәалоу. Иахьазы, аҳәаанырцәтәи ҳдиаспора рхы иадырхәогьы усҟан иаԥаҳҵаз аҩыроуп. Ҳәарада, уи аус иацҵатәуп, ҳдиаспора ирыҭатәуп ацхыраара арҵагатә шәҟәқәеи, аметодикатә цхыраагӡақәеи рыла реиқәыршәара аус аҿы, анаҩс дара рыҩнуҵҟа ахатәы бызшәа арҵаҩцәа азыҟарҵаларц азы.

– Акыршықәса ҵуеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи ҳареи абызшәа аганахь ала еицаҳзеиԥшу апроектқәа маҷымкәа мҩаԥаҳгоижьҭеи. Урҭ рылҵшәақәа ҳзеиҭашәҳәар ҳҭахын.

– Апроектқәа рацәоуп, аха урҭ рҟынтә зегьы аҵыхәтәанынӡа ишахәҭоу еиԥш ихыркәшам. Аусеицуроуп хықәкыс ирымоу «Алашара» иаԥшьнаго апроектқәагьы. Уахь иаҵанакуеит ажәарқәа реиқәыршәареи, аныҟәарақәеи, абызшәақәа реимадареи ирызку апроблемақәа рыҭҵаара.

Уажәы аус адаҳулоит еицаҳзеиԥшу апроект – аԥсуа-абаза (абаза-аԥсуа) жәар аиқәыршәара. Насгьы иҭаҳҵаауеит аԥсшәеи абаза бызшәеи рыбжьара имҩаԥысуа ажәаԥсахратә процессқәа. Убасгьы еицаҳзеиԥшу алфавитгьы – уи шықәсыкала иҟауҵаша усым, араҟа иаҭахуп аамҭа, асоциологиатәи, ауаажәларратәи ҭҵаарақәагьы мҩаԥгатәуп.

– Сергеи Умар-иԥа, азин сышәҭозар, хаҭалатәи зҵаарак шәысҭар сҭахын. Шәара шәхәыҷқәа занааҭла рхы ззырки, шәнапы злаку аус аӡәыр ацҵара иҽазикма?

– Схәыҷқәа зегьы иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгеит. Аиҳабы, Мариаҭ ажурналистика аҟәша далгеит, анаҩс аспирантура дҭалеит, абаза литература ажанр маҷқәа рыла адиссертациа лыхьчеит, акыраамҭа ҳуниверситет алитературеи ажурналистикеи акафедраҟны доцентс аус луан. Ԥыҭрак ашьҭахь аҭаацәара далалеит, уажәы аамҭала аус луӡом, ахәыҷқәа лааӡоит. Дынхоит Адыгатәыла. Сыҷкәын Мараҭ далгеит аҭоурыхтә факультет, анаҩс аспирантура. Аха иаҳа игәы иазааигәаны иҟалеит даҽа занааҭк – аррамаҵура алихит, уажәазы Росгвардиа аҟны амаҵура дахысуеит. Сыԥҳа еиҵбы Марианна далгеит Ростовтәи аҳәынҭқарратә ахәаахәҭра-економикатә университет, иара убасгьы латәарада далгеит атәым бызшәақәа рыҟәша. Иахьазы аус луеит Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы. Шәызҵаара аҭак ҟасҵозар, сыԥха аиҳабы сус иацылҵоит сҳәар сылшоит. Ҳҭаацәараҿы дыҟоуп даҽа рҵаҩыкгьы – ҳҭаца Рита, уи даараӡа ибзиоу рҵаҩуп, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп.

– Акыршықәстәи аҭҵаарадырреи, аҵареи, ауаажәларратәи усуреи рҟны ишәоуз шәеихьӡарақәа аҵак ду рымоуп. Урҭ рыҟнытә зегь реиҳа ихаданы иалышәкаауазеи? Агәацԥыҳәареи адгылареи шәызҭои?

– Иҭабуп идуӡӡаны, ари аҩыза ахәшьара ҳаракы ахьсышәҭаз. Аха, иҟаҵатәу зегь дырны, сара ибзианы еилыскаауеит, иҟасҵахьоу зынӡа ишмаҷӡоу. Сгәы аладууп, астудентцәа аӡәырҩы рҟынӡа адыррақәа рнагара ахьсылшаз. Даараӡа сгәы иахәоит урҭ анысԥыло, реихьӡарақәа ртәы ансаҳауа. Сгәы рыладууп убасгьы, напхгаҩык иаҳасабала сызхагылаз адиссертациақәа қәҿиарала изыхьчаз аҭҵааҩцәа, анаҩс абаза бызшәа аҭҵаара зҽазызкыз. Лымкаала зџьабаа сыду сырҵаҩцәа срызгәдууп, аспирантура санҭаз аамҭазы акыр сзырҵаз. Агәацԥыҳәареи адгылареи есқьынагьы исырҭон саби, сани, сыԥшәмаԥҳәыси. Урҭ ирылшоз зегь ҟарҵон, аҵареи аҭҵааратә уси мҩаԥызгаларц азы аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы. Аамҭала ҳаицәыхараны ҳаныҟазгьы. Иҭабуп ҳәа расҳәоит.

– Сергеи Умар-иԥа, саргьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳаиҿцәажәаразы.