Рашәарамза 14 рзы Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, аорден «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара акавалер, Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы, ателеканал «Абаза-ТВ» аиҳабы Руслан Ҳашыг 60 шықәса ихыҵуеит. Ари амш инадҳәаланы АААК аинфопортал иазнархиеит аиубилиар иҿцәажәара.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Арифа Қапԥҳа

— Руслан Мкан-иԥа, иаҳзеиҭашәҳәа хылҵшьҭрала шәахьатәиу, шәхәыҷра шықәсқәа шԥашәхыжәгеи?

— Сара сиит аԥсуа қыҭа Хәаԥ. Ҳҭаацәара акыр идууп: фҩык ахшара ахьыҟоу сара ахәбатәины ииз соуп. Ашкол аҭалара аамҭа анааи, ҭаацәашәала аилацәажәара мҩаԥаҳгеит, уи ихы алаирхәит саб иашьа Никәала Ҷыф-иԥа (аԥсуа шәҟәыҩҩы Никәала Ҳашыг – аред.). Иара иоуп Ганҭиадитәи ашкол-интернат (иахьазы ақыҭа Цандрыԥшь иаҵанакуа – аред.) сҭаларц ҳабжьызгаз. Сани саби акыргьы рыҽдырххеит, аха саб иашьа – «Фҩык ахәыҷқәа рҟынтә аӡәы заҵәык ԥхьаҟа дызнылаша амҩа алхра азин сымаӡами?» ҳәа аниҳәа ашьҭахь, иақәшаҳаҭхеит.

XIX-тәи ашәышықәсазы Аԥсны зҭагылаз ахлымӡаах аамҭазы (аԥсуаа мчыла рыԥсадгьыл ианахыргоз – аред.) сабдуцәа Ԥсҳәынтәи (ашьха қыҭа – аред.) нхара ҳәа Лӡаа ақыҭахь илбаауеит, анаҩс ииасуеит Уаҭҳараҟа (Гарԥ), аҵыхәтәан – Хәаԥҟа, Дбараа рхәы ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ ашҟа. Иахьа уажәраанӡагьы уаҟоуп ҳахьынхо, сабду иаб иаԥиҵаз ахәышҭаароуп аҩнду ҳәа иаҳаԥхьаӡо.

Сабдуи, саби, саб иашьеи лымкаала уи аҩны иазыҟоуп. Иахьазы ҳаҩнду атрадициақәа ныҟәигоит сашьеиҵбы Аслан, иара иоуп ҳхәышҭаара иахылаԥшуа, изыхьчо. Иаҳҳәап, саб иашьа Аҟәа дынхон, аха «аҩныҟа сцоит» ҳәа аниҳәоз, уи иаанагоз Хәаԥҟа дцоит ҳәа акәын. Ҳарҭгьы убасҵәҟьоуп аҩнду ҳшазыҟоу.

Саб иашьеи сареи ес-ԥхынра ԥсшьараҳәа ашьхаҟа ҳцон. Акыр аҩымҭақәагьы уаҟа иаԥиҵахьан, лассы-лассы урҭ рахьтә акы саԥхьарц азы инасирклон, нас ашьхараҿы иҟалаз хҭыск уахцәажәа ҳәа сеиҳәалон. Иҟалап, убасҟан акәзаргьы сара сжурналистика ахыҵхра иналагагьы. Ашкол санҭаз инаркны ахәыҷтәы журнал «Амцабзи», агазеҭ «Аԥсныи» рахь сҩырақәак сышьҭуан. Ҳәарада, зегьы реиҳа сгәы зырхыҭхыҭуаз арҭ аредакциақәа русзуҩцәа, – анаҩс дареи сареи ҳаибадырит аха – сысалам шәҟәқәа рҭак аныҟарҵоз ауп. Гәырӷьара дуун ажурнал «Амцабз» аҟны сыстатиа анызбоз, иара убасгьы ажәала аиҭаҳәара сцәыуадаҩуп раԥхьатәи сгонорар исызцәырнагаз ацәаныррақәа ртәы.

— Ашкол шәаналга ашьҭахь шәҵара иабацышәҵеи?

— Азанааҭ алхра даараӡа исцәыуадаҩын, схаҿы иааиуан агуманитартәи, атехникатәи амаҭәарқәа. Ус шакәызгьы, аҭоурыхтә факультет сҭалап ҳәа сыӡбоит, сара сеиԥшгьы уахь зхы зырхақәаз даараӡа ирацәаҩын – ҭыԥк ахь 15-ҩык ҳәа аконкурс ыҟан. Убри аҟнытә сара сызҭамлаӡеит.

1977 шықәсазы сҭалоит афилологиатә факультет, аха уагьы хҭысда изыҟамлеит – аԥышәара здызкылоз рхатә еизыҟазаашьақәа реилыргара салаӡхьан. Уи аус аҟны дсыцхрааит саб иашьа игәылара инхоз Борис Алмасхан-иԥа Гәыргәылиа. Аҭынчра амҩаду аҟны сқьаадҭра кны сышгылаз аниба, ак шыҟалаз иаразнак еиликааит. Сырхынҳәны аинститут ахь снеигеит. Аректор Зураб Вианор-иԥа Анчабаӡегьы ари аус даланагалеит. Убасала, аиашара аҳра агеит – аԥхьан исықәнагамкәа исзықәдыргылаз хԥа ахаҭыԥан, хәба сырҭеит. Зегьы реиҳа аинтерес зҵоу, ари аҩыза аҭагылазаашьа зҿы сақәшәаз арҵаҩы иҟны, анаҩс ԥшьынтә аԥышәарақәа анысҭиуаз есымша хәбақәа ракәын исоуаз.

Аҵара сҵонаҵгьы агазеҭқәа срызҿлымҳан. Шамил Хәсин-иԥа Ԥлиа агазеҭкәа рҿы сыстатиақәа ахьибалоз, дахьрыԥхьоз, иҟалап, изцәырҵзар агәаанагара, Қарҭ иҟаз ажурналистика афакультет ахь аиасра сеигәырӷьоит ҳәа. Уи зегьы зыдҳәалаз, ааигәа иаадыртыз амилаҭтә телехәаԥшразы акадр ҿыцқәа рыԥшаара, разыҟаҵара акәын. Убри зегьы инадҳәаланы, ҽнак зны сареи, Зураб Аргәыни, Гарри Дбари (Аԥсны еицырдыруа ажурналистцәа – аред.) аинститут апроректор икабинет ахь ҳааиԥхьан, агәырӷьаратә ҟазшьа аҭаны даҳзаԥхьеит – ҳахҩык Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет, ажурналистика афакультет ахь ҳшиагоу азы адҵа. Сара иаразнак исҳәеит џьара ацара сгәы ишҭам, аха уи аамҭазы Қарҭҟа сшиагоу азы ашәҟәқәа еиқәдыршәахьан. Апарткабинетқәеи, Апартиа ақалақьтә еилаки рҟны акыраамҭа исацәажәон, ари аҩыза алшара мап ахьацәыскыз ҽԥанкыларак аҳасабала ирыдыркылеит.

— Мап зацәышәкзеи нас?

— Сара уи сазыхиамызт. Аҩбатәи акурсаҿ акәын сахьтәаз, иагьрасҳәеит, араҟа шықәсқәак аҵара сҵар шысҭаху, анаҩс иҟало ҳбап ҳәа. Иҟалараны иҟаз здыруазшәа.

— Амчхара шәныруазма?

— 1979 шықәсазы уи зегь ҟалахьан, иунырон. Сшысудентыз, саб иашьа иуаҭах аҟны санынхоз, ирыҩуаз ашәҟәқәа зегьы срыԥхьон. Иаҳҳәап, еицырдыруа «130-ҩык рышәҟәы» (Асовет Еидгыла аиҳабырахь аԥсуа интеллигенциа ирыҩыз ашәҟәы, Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьеи, Аԥсны Қарҭтәыла алҵра шхымԥадатәиу ртәы ахьарбаз – аред.) Москваҟа ирышьҭаанӡа сара саԥхьахьан – саб иашьеи, Борис Алмасхан-иԥеи аԥхьаразы рыбжьара ианеимырдоз. Студентк иаҳасабала сара активла срылахәын 1978 шықәсазтәи апротесттә акциақәа.

Қарҭҟа аҵараҵара ҳәа сымцаӡеит, аха шықәсык ашьҭахь ицәырҵит алшара Москватәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет ашҟа аиасразы. Иаартны иуҳәозар, сара сыдагьы Москваҟа ацара зҭаххақәаз рацәаҩхеит, аха уахь ацаразы астудент имазар акәын апериодикаҟны икьыԥхьыз астатиақәа. Уи аамҭазы ирацәаны сыстатиақәа акьыԥхь рбахьан. Уи азҵаара иахылҿиааит аимак-аиҿак. Сара сакәзар, уи атәы акгьы сыздыруамызт, уи аамҭазы Москва имҩаԥысуаз Аолимпиадаҟны сыҟан, аҵара бзиаӡаны изҵо астудент ҳәа, аԥсуа туристцәа ргәыԥ салаҵаны сахьырышьҭыз. Исгәалашәоит, сгәырӷьаҵәа Москвеи, Аолимпиатә хәмаррақәеи збеит ҳәа аҩныҟа схынҳәны, ԥсшьара ҳәа ашьхарахь сышцаз. Уи аамҭазы Аҟәа ирыӡбозаарын Москваҟа аҵарахьы сиагаразы азҵаара. Ианырыӡба ашьҭахь дысзаарышьҭит ацҳаражәҳәаҩ. Мышқәак рыла Қарҭ сцаны, абжьаратәии, иреиҳаӡоуи аҵаразы Қырҭтәылатәи аминистрра аҟны иахәҭаз ашәҟәқәа зегь еиқәсыршәеит.

Урҭ ашәҟәқәа сыманы Москваҟа сцар акәын, аха араҟагьы ауадаҩрақәа сзыԥшын. Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҟны хымш раахыс ареистә ҳаирпланқәа ажәҩан изхаломызт – иҟаӡамызт абылтәы. Аҳаирбаӷәаза уаала иҭәын, саргьы – билеҭда, сдокументқәа кны урҭ срылагылан.

Исгәалашәоит, адокументқәа зҭаз ақьаадҭра аҳаирбаӷәаза аиҳабы Радион Ҭаркьыл инаганы ишисырбаз, сзықәшәаз аҭагылазаашьа атәгьы шизеиҭасҳәаз. Сара иԥхашьа-ԥхаҵоз ҷкәынан, исыздыруам убри аҩыза агәеицҳара зласызцәырҵыз, аха ус иасҳәеит: «Москваҟа санышәмышьҭ, абраҵәҟьа абрарҭ сқьаадқәа ԥыжәжәаны икасыԥсоит, сыгьстудентхом, Хәаԥҟагьы схынҳәуеит. Абыржәы шәара шәнапаҿы иҟоуп Москватәи аҳәынҭқарратә университет сҭалара азҵаара» ҳәа. Аҳаирбаӷәаза аиҳабы сажәақәа игәы аҟынӡа инеит, аԥырҩы, Москваҟа ицараны иҟаз ареис аекипаж акомандир Ҳариҭон Ӷәынџьиа дааиԥхьан, ус иеиҳәоит: «Абри аҷкәын Москваҟа дгатәуп, уареи сареи ҳнапаҿы иҟоуп Москватәи ауниверситет дастудентхо, дастудентымхо» ҳәа. Убас Москваҟа сцеит, аҳаирплан ТУ-134 аԥырҩы икабинаҟны сгыланы.

— Руслан Мкан-иԥа, ишәнаҭеи Москватәи шәҵараҵара?

— Раԥхьаӡа иргыланы, уаҟа укәша-мыкәша имҩаԥысуа аԥсҭазаара. Сара скурс аҟны аҵара сыцырҵон 270-ҩык астудентцәа. Сара сгәыԥ ҷыдала иазыҟарҵон аинформациатә маҵзурақәа аус рыцура аганахьала, агәыԥ акураторра азура адҵан иреиҳаӡоу, ихадоу асоветтә информациатә маҵзура ТАСС. Аҵаратә процесс адагьы, мчыбжьыкахь знык имҩаԥгахон арҿиаратә мшы, уи мҩаԥсыуан ТАСС аредакциа еиуеиԥшым аусбарҭақәа рҿы. Аԥхынра ԥсшьара ҳәа аӡәгьы ҳауишьҭуамызт. Иаҳдырбон Асовет Еидгыла ахсаала, уаҟа иалаҳхыр акәын апрактика ахысразы иарбанзаалак арегион. Аҩныҟа ада, ҳгәы иахьаҭахзаалак ацара ҳалшон. Раԥхьатәи сыпрактика, иахьагьы гәхәарала исгәалашәоит, имҩаԥысит агазеҭ «Бриансктәи акомсомолец» аредакциа аҟны, Фазиль Искандергьы уаҟа шықәсқәак аус иухьан.

Брианск сыҟанаҵ исылшеит, Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду ашықәсқәа рзы хабарда ибжьаӡыз Гыцба зыжәлаз ҳџьынџьуаҩк ихьӡ аиҭашьақәыргылара. Хылҵшьҭрала Бзыԥ ақыҭа иалҵыз иакәын. Бриансктәи абнарақәа рыҟны иҟаз апартизантә гәыԥқәа ирылаз дыруаӡәкын, уаҟагьы дҭахеит. 70-тәи ашықәсқәа раан иара акыраамҭа ишьҭан, аха ихабар уаҳа ирмаҳаит. Сара уи атема сзааигәан, агәыблыра сызцәырнагон. Москва сыҟанаҵ, Подольск ақьалақь саҭаахьан, хҩык сан лашьцәа ирызкыз ашәҟәқәа сзыԥшаауазар ҳәа архивқәа ҭысҵаауан. Саншьцәа руаӡәк Финтәи аибашьра далахәын, егьырҭ ҩыџьа – Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду. Урҭ рыҟнытә аӡәгьы аҩныҟа дыхнымҳәит. Убри азоуп ари атемагьы зысзааигәоу.

Анаҩс, 1983 шықәса, цәыббрамзазы агазеҭ «Аԥсны» аҟны иҭыҵит сыстатиа ду – Гыцба иԥшаара иазкыз аочерк, насгьы уи астатиа афакультет аҟны ицәырызгеит, апрактика алацәажәараан. Убри аочерк убасҟаара иргәаԥхеит, агазеҭ «Асовет патриот» аҟынгьы иркьыԥхьит, насгьы агәаларшәагатә ҳамҭагьы сырҭеит – агәаларшәагатә ҩыра зныз аԥраӷба.

— Москватәи аҳәынҭқарратә университет шәаналга ашьҭахь, раԥхьатәи шәусура ҭыԥны иҟалаз агазеҭ «Аԥсны» аума?

— Уахь сара снанагеит 1985 шықәсазы, аиҭагаратә ҟәшахьы. Иахьазы, аӡәырҩы акьыԥхь аҟны аусура иацәхьаҵуеит, аха уи хра ду злоу школуп ажурналист изы! Ишакәзаалакгьы ажурналистика – каламуп, қьаадуп, урҭ зыԥсахуа ҳәа акомпиутер цәырҵзаргьы, уи аҩра иамоу аҵакы азыԥсахуам. Насгьы, ҳара ҩ-бызшәак рыла аус ҳуеит – аԥсшәеи аурысшәеи. Агазеҭ «Аԥсны» аҟны хәышықәса аус изуаз – исцәыӡыз аамҭоуп ҳәа сҳәартә сыҟаӡам.

Аамҭак ашьҭахь сара сиасуеит асаламшәҟәқәа рыҟәшахьы, уи ашьҭахь – Хәыта Џьопуа напхгара ззиуаз ааглыхреи, атранспорти рыҟәшахьы. Актиор ду, ажурналист ду, уадак аҟны иареи сареи ҳахьтәаз, сара сзы гәахәара дуун. Уаҟа дыҟан Шьаликәа Камкьиа – аспорт аҟәша аиҳабы, ашкол санҭаз аредакциахь инасышьҭуаз сысаламшәҟәқәа рҭак ҟазҵоз Гьаргь Жанаагьы уаҟа дсықәшәеит. Аредакцциаҟны даараӡа ибзианы срыдыркылеит. Уи аамҭазы агазеҭ аҟны аусура далагеит сҩыза Енвер Арџьениа (еицырдыруа аԥсуа журналист – аред.), аамҭак ашьҭахь днеиуеит Даур Инаԥшьба (еицырдыруа аԥсуа журналист – аред.). 1989 шықәсазы аидысларақәа аныҟала (аԥсуааи ақырҭқәеи Аҟәа амҩадуқәеи, ашҭақәеи рҿы иаарту реиҿагыларақәа – аред.) ҳарҭ ажурналист ҿарацәа еиқәырццакны агазеҭ номерцыԥхьаӡа иҳашьҭуан имҩаԥысуаз ахҭысқәа аазырԥшуаз анҵамҭақәа.

— Убарҭ аамҭақәа рзоума ателехәаԥшрахьы шәаннеи?

— Ааи, убасҟан оуп ҳаргьы ҳангәарҭа. Уи аамҭазы, Аԥсуа телехәаԥшра аредактор хада Владимир Занҭариа имаҵура нижьыр иҭаххеит, аха ателехәаԥшреи арадиои рзы Аҳәынҭқарратә Хеилак ахантәаҩы Шамиль Хәсин-иԥа Ԥлиа уи дақәшаҳаҭхаразы, Занҭариа дҵас ирҭеит – ҳахҩык ателехәаԥшрахьы аусура ҳаиагара. Ииашаны иуҳәозар, акыргьы уи ҳазхәыцит, ҳлакҩакуан. Сара сакәзар, ателехәаԥшраҿы аусура сазыхиамызт, избан акәзар ателехәаԥшратә ҟазара сара аҵариурҭаҟны сахысуамызт, исҵомызт. Аха ус шакәызгьы, ҽнакала ҳахҩык – Даур Инаԥшьба, Енвер Арџьениа, сара – агазеҭ аҟны аусура зынҳажьуа азы арзаҳалқәа нықәҵаны, ателехәаԥшрашҟа ҳаиасит. Ҳәарада, уи ҳгазеҭ аредактор Сергеи Кәыҵниа ӷәӷәала игәы изырхьыз акы акәны иҟалеит. Уи 1990 шықәса, жәабранмза акәын.

Ателехәаԥшраҿы аусура иалагахьан Зураб Аргәын, Гарри Дбар, Оҭар Лакрба, ҳарҭгьы урҭ ҳанрылагылеит. Мчыбжьык анаҩс, Владимир Занҭариа диасуеит Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылахь аусура, ҳара ҳакәзар – редакторда ҳанхоит. 1990 шықәса, мшаԥымза 9 рзы Шамиль Хәсин-иԥа Ԥлиа иаԥшьигоит аԥсуа телехәаԥшра аредактор хада иалхрақәа. Убасҟан ауп саргьы саналырхыз.

— Убри аҽны инаркны, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раангьы, уи ашьҭахьгьы акыраамҭа Аԥсуа телехәаԥшра редактор хадас шәыҟан. Усҟантәи аамҭазы ателехәаԥшра аусзуҩцәа русушьа хәшьарас иашәҭарц ишәылшои?

— Сара сазгәдууп, аибашьра аламҭалазгьы аибашьра цонаҵгьы абри аҭыԥ аҟны сахьыҟаз. Усҟантәи аамҭазы иаԥсоу ажурналистцәас ҳзыҟаломызт, аколлектив аҩныҵҟа иҟаз апатуеиқәҵара акәымзар. Уи атехникатә персонал – Леонид Агрбеи, Даур Қәарсаиеи, Даур Киути рхаҿы инаргыланы. Ателехәаԥшра атәы уҳәозар, раԥхьаӡа иргыланы, уи атехникатә база оуп. Ҳара ҳакәзар – ҳҿан, еиқәлацәаз ҳақәын, ҳхеибарҭәаауан. Ҳазегьы ҳаидгыланы аус еицаҳуан, аефир алагаанӡа ҳаԥшын, уи нҵәаанӡагьы аӡәгьы аҩныҟа дцомызт. Ҳара иаҳбон ажәлар рыҩныҵаҟа имариам ахҭысқәа шымҩаԥысуаз, ҳара ҳзы ихадан – урҭ ахҭысқәа ҳрыԥсаханы, ишахәҭоу еиԥш, иҟоу аҭагылазаашьа еилыркаартә еиԥш ауаа рызнагара.

Иаҳҳәап, аибашьра раԥхьатәи амш аҽны, уи иахьагьы минуҭцыԥхьаӡа исгәалашәоит, хықәкы хадас иҳаман ихадоу акы абжьамыжьра, ателехәаԥшцәа зегьы-зегь дырбара ахьӡара. Ателехәаԥшра афактор инанагӡаз ароль дууп, избан акәзар аинформациа ахыҵхырҭас иара заҵәык акәын иҟаз. Анаҩс ауп, Мрагыларатәи афронт иуадаҩу аҭагылазаашьа ианақәшәа, ауаа иргәалашәеит арадиогьы шыҟоу, ишрылшоз ала арадиодкылагақәа рыԥшаарцаз ирышьҭылт. Убас ала, аибашьра нҵәаанӡа ихадоу аинформациа хыҵхарҭаны иҟазаауеит арадио.

Ҳгәыҭҟьа-ԥсыҭҟьо ҳаҟамызт, иҭаҳхуа мамзар иҭаҳамхуа ҳәа ҳҿаԥхьа азҵаара ықәгыламызт. Аус шаҳуц иаҳуан, амала ҳзышьцылахьоу аполитикатә хҭысқәа рхаҭыԥан аибашьра ҭаҳхуан. Атехника аганахьала иаҳамаз алшарақәа маҷын, иаахҵәаны иуҳәоза – ҩ-камерак ракәын иҟаз. Аха ус шакәызгьы, ҳарҿиаратә гәаҳәара дуӡӡан – иаразнак еиҿкаан аҭыхратә гәыԥқәа хәба, дара-дара аҽыԥсахра иазыхиаз. Есыҽны аефирахь ҳцәырҵуан.

Иҟаҳҵоз бзиаӡаны еилаҳкаауан, уи алҵшәақәагьы есыҽны иаҳбон. Аха даҽа ганкахьала, уи ҭакԥхықәра дуӡӡан. Аибашьра, арратә еидысларақәа, ателехәаԥшрала арбара даараӡа иуадаҩуп, уи заанаҵ, ма теориала аҽазыҟаҵашьа амаӡам. Иаҳҳәап, ишԥаҭыхтәу азеиԥш планқәа, ҳар рпозициақәеи, мамзаргьы ҳарбџьархәҭақәа ркоординатқәеи аӷа имбартә еиԥш… Арҭ акәамаҵамақәа ҳарҭ аӡәгьы иаҳимырҵаӡеит. Уи зегьы ҳҵон есыҽны, агхақәагьы, ҳәарада иаҳахьлон. Иаҳҳәап, ԥхынҷкәын 14 рзы иҟалаз атрагедиа ду (уи аҽны, аҳәсацәеи ахәыҷқәеи зҭатәаз, Ҭҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа иԥырны ицоз авертолиот ашьхаратә қыҭа Лаҭа ианахаԥыруаз ақырҭқәа еихсны иларышьҭит – аред.) аҽны иҟалаз атәы ауаа ирылаҳҳәар акәын. Аинформациа ирласны иҳашьҭындаз ҳәа, иԥшааны ҳрыҿцәажәеит Ҭҟәарчалынтәи иԥрыз аҩбатәи авертолиот иҭатәаз ауаа. Аинтервиу змаҳхыз ауаҩы армаҭәа ишәын, аха уи аамҭазы инаҳацҳауаз аинформациала авертолиотқәа рыҩбагьы рҿы аруаа ҭатәаӡамызт, аҳәсеи ахәыҷқәеи рымацара ракәын иҟаз. Ишәыз амаҭәа ҳахәаԥшыр акәын, аха уи ҳацәцеит.

Аԥсны аиҿкаарақәа зегьы рҟынтә, Аԥсуа телехәаԥшра заҵәык ауп аибашьра аԥҟарақәа инарықәыршәаны аевакуациа мҩаԥызгаз: хымш рыла Аҟәантәи Гәдоуҭаҟа ҳаиасит, ԥшьымш рыла уаҟа иаԥаҳҵеит абаза, убри аамҭазгьы аефир ахь еиԥмырҟьаӡакәа ҳцәырҵуан. Ҽназаҵәык ауп аефир ахь ҳанцәырымҵ – нанҳәа 17 рзы. Убри ҽназаҵәыкгьы ателехәаԥшцәа рзы ирызхымго акы акәны иҟалеит, избан акәзар иҟоу шыҟоу атәы разҳәоз рымамызт.

Абри зегьы ааидкыланы ҳазхәыцыр, иаҳҳәар ҳалшоит, аԥсуа интеллигенциа амилаҭтә телехәаԥшра аԥҵаразы азҵаара анықәдыргылоз, иҟалар зылшо ҳәа рхаҿы иааганы иазхәыцхьан ҳәа. Ателехәаԥшра ҳамамкәа 1992 шықәса ҳнаганы ҳаҟазар, исыздыруам ахҭысқәа рымҩаԥысшьа зеиԥшрахоз, лахьынҵасгьы иҳауаз.

Иахьазы, иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы иаԥаҳҵаз архив аҟазаашьазы сгәы ҭынчӡам. Кадрк иадымхаргьы иаҳцәыӡыр, аҭоурых аҿаԥхьа ахара ду ҳадзаауеит, убри азы, сара садгылоит архив аԥхьаӡацыркра аганахьала аусура, анаҩс уи аҳәынҭқарратә архив ахь аиагаразы. Ҩыџьара иҵәаху архив еиҳа еиқәхоит.

Аҳәынҭқарреи Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыреи хара имгакәа, иаарласны ирыдыкылароуп зыӡбахә ҳамоу аусурақәа ахарџь рзоужьразы аӡбара, аибашьра архив «ахьтәы фонд» аҟнытә сахьакгьы мыӡырц азы.

— Руслан Мкан-иԥа, 1997 шықәса, нанҳәамзазы, шәара ажурналист иаҳасабала Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Қарҭ иаҭааран шәицын. Уаантәи иҟашәҵон ахҭысҭыԥырбақәа. Иаҳзеиҭашәҳәар ҳҭахын, аефирахь имцакәа инхаз атәы.

— Усҟан Аԥсуа телехәаԥшраҿы аусура нсыжьхьан, уаантәи сцеит 1994 шықәсазы. Анаҩс сҽазыскит аурыс телеканал ОРТ (иахьазы – «Первыи канал» – аред.) акорреспонденттә пункт Аԥсны аартра, уи ашьҭахь ателеканал НТВ Аԥсны иҟоу ахатә корреспондентс аус зуан. Иара убасҟан ауп, Владислав Григори-иԥа Арӡынба сааԥхьаны иансеиҳәа иақәкны ишыҟоу тәылак аҭаара, насгьы уи аныҟәараҿы сара сицзар шиҭаху атәы. Аиашазы, 1990 шықәсазы (нанҳәамза), Владислав Григори-иԥа Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Ахеилак депутатс дыҟанаҵ раԥхьатәи иҿцәажәара анҭазыҩы инаркны лассы-лассы аҽимадаразы алшара сыман. Убри аамҭа инаркны, аибашьра анцозгьы, аибашьра ашьҭахьгьы, ихадоу иныҟәарақәа зегьы рҟны сицын, 1992 шықәса, цәыббра 3 рзы Москва имҩаԥысыз еицырдыруа аиԥыларагьы уахь иналаҵаны (Владислав Арӡынбеи, Борис Ельцини, Едуард Шеварднаӡеи реилацәажәара – аред.).

Иареи сареи аԥхарра зҵоу, агәрагаратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьан, убри азын даҽазныкгьы аныҟәарахь санааиԥхьа, иаразнакала лакҩакрада сақәшаҳаҭхеит, амала сизҵааит – Қарҭ акәзар ҳахьцо ҳәа. Уи аԥхьаҟа, лымҳаҭасла исаҳахьан ахада Қарҭ аҭаара игәы ишҭоу, уи сазҳәазгьы, ари аҩыза аныҟәара Владислав Григори-иԥа мап ацәикразы сиацәажәарц агәра сиргон. Убри зегьы Арӡынба ихаҭагьы изеиҭасҳәеит. Анаҩс, иара исеиҳәеит, ари аиқәшәара аԥшьызгаз Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Евгени Примаков шиакәу. Уи адагьы, аныҟәара амаршрутгьы уамашәа иубаратәы иҟан: Примаков Шәача дыҟан, Адлертәи аҳаирбаӷәаза аҟнытә аҳәынҭқарра аиҳабыра рҳаирплан ала Гәдоуҭатәи арратә аеродром ашҟа даауан, Владислав Григори-иԥеи хадара ззиуаз аԥсуа делегациеи Қырҭтәылаҟа ргаразы. Ҳәарада, иара аҳәара ҟаиҵаргьы ҟалон, Арӡынба Адлерынӡа дааирц, уаантәи Қырҭтәылаҟа иԥрырц азы, аха иара иҭаххеит абри аҩыза апатуқәҵаратә шьаҿа аҟаҵара.

Арӡынба Қырҭтәылаҟа дышнеиуаз здыруаз зынӡа имаҷҩын. Аҳаирбаӷәазаҿы аҳаирплан антәа, аоператор Мизан Ламиеи сареи ҳауп раԥхьаӡа атрап илыбааз, анаҩс ахада ихьчацәа. Ақырҭуа журналистцәа Примаков Арӡынба дышицу анырба, рыбла иабоз агәра рызгомызт. Дара Примаков заҵәык иакәын иззыԥшыз, убри аҟнытә иҟалаз рзымбатәбарахеит. Ажурналистцәа ҳрыцны аҳаирбаӷәаза аҟнытә, Қырҭтәыла ахада ирезиденциахь амҩа ҳахьынӡақәыз, Арӡынба дшааз шырдыруазгьы, агәра мгакәа исазҵаауан, иааз иара иакәҵәҟьоума ҳәа, насгьы ари аҩыза ҟалашьас иамаз.

Раԥхьатәи аделегациақәа реиқәшәара Примаков далахәын, анаҩс акыраамҭа Арӡынбеи Шеварднаӡеи хаҭа-хаҭала еицәажәон. Рыҩџьагьы ажурналистцәа рахь ианцәырҵ, уаҟа аилыхара ҳәа каамеҭ ыҟан. Еизаз зегьы Шеварднаӡе ирылеиҳәеит, аилацәажәарақәа иахьрыдхалаз азы, урҭ уаҵәы ишрыцҵахо атәы. Исгәалашәоит, уи сара сзаршанхаз: избан Арӡынба араҟа даагылараны дзыҟоу? Уи аганахьала иарбанзаалак аинформациа, Арӡынба иоума, ҳара ҳаума заа иҳамаӡамызт, зегьы ӡбахон аилацәажәарақәа цаноҵы.

Урҭ ахҭысқәа рахь схынҳәуа, Қырҭтәыла дзаҭааи ҳәа азҵаара саназхәыцуа сгәы иснаҭоит абас: иавторитет маҷны дыҟазма уахь данцоз? Ма иреитинг, ихыԥша каҳаны ашьҭыхра дашьҭазу? Мап, ҳәарада! 1997 шықәсазы зегьы иреиҳаз ахьӡ-аԥша иманы дыҟан. Сара еилыскаауеит Владислав Григори-иԥа шаҟа игәнигоз ҳтәыла аҩныҵҟатәи аҭагылазаашьа – ԥшьышықәса ҵуан аблокада ҳҭакызижьҭеи, аибашьраан еиҳа имариан. Ахацәа Аԥсны аҳәаақәа ирхысны џьаргьы изцомызт, аекономика зынӡа икаҳаны иҟан, ас ажәлар анхара даараӡа ирцәыуадаҩын. Абарҭ зегьы рыриашаразы Владислав дрышьҭан амҩақәа – аблокада аркәадаразы, ихадоу аполитикатә позициақәа дырхьамҵакәа. Аполитикатә ҟәышра ааирԥшуан, адгаларақәак дрықәшаҳаҭхон, аҳәаа аҟны иҟоу арежим маҷк еиӷьхап ҳәа, уи инацҵаны атәылагьы аекономикатә ԥсҭазаара шьҭыҵып ҳәа дақәгәыӷны. Ус шакәызгьы, ихаданы иҟаз дацәхьаҵуамызт, ацәаҳәа ҟаԥшь дахысуамызт.

— Иахьазы Аԥсны раԥхьатәи ахатәы телеканал «Абаза-ТВ» шәеиҳабуп. Аканал анаԥҵаз аҽны инаркны иахьанӡа уи аҿиара хәшьарас иашәҭои?

— Гәышьҭыҵра еижьагада исҳәар сылшоит, аефир ахь ҳанцәырҵ – 2007 шықәса, рашәарамза 26 рзы, раԥхьаӡатәи ахҭысҭыԥырба аныҟасҵаз исызцәырҵыз ацәаныррақәа снырит. Аӡәырҩы иаҳԥырхагахап ҳәа рҽазыршәахьан, Аԥсны ахатәы телеканал аԥҵара иаԥсаӡам ҳәа ауаа рхы аҭацалара иаҿын. Исымаз аидеиа абизнесуаҩ Беслан Быҭәба ианидызгала, иареи сареи хаҭалагьы ҳаибаздыруамызт. Иара акызаҵәык ауп дзызҵаа: ателеканал аԥҵаразы, акадртә, арҿиаратә, атехникатә мчхара ыҟоума ҳәа. Сара сзы усҟан ипринципны иҟан аканал аԥсуа кадрқәа рыла аизгара, џьарантәи аӡә дааганы ҳәа акәымкәан. Беслан Быҭәба ифинанстә лшарақәеи, сара сырҿиаратәи, сыпрофессионалтәи контактқәеи ирыбзоураны аԥышәа ду змоу, еицырдыруа ажурналистцәа аусурахь иааҳаԥхьар ҟалон, аха ҳарҭ ус ҟаҳамҵеит. Абар уажәшьҭа 12 шықәса ҵуеит есыҽны аефир ахь ҳцәырҵуеижьҭеи, Аԥсны аинформациа ахыҵхырҭақәа акрызҵазкуа хәҭакҵас. Иаҳҳәап, ҽнак аефир ахь ҳҭымҵыр, уи митәык иаҩызахоит, иҟалеи ҳәа зегьы иаразнак адҵаалара иалагоит. Убри ауп сара қәҿиарасгьы исыԥхьаӡо.

Сара еснагь исыцуп, 1990 шықәсазы Шамиль Хәсин-иԥа Ԥлиа иҟынтә исаҳахьаз абжьгара: «аефир иабсолиуттәу хақәиҭроуп, аефир – хыхьынтәи цензурада сара убыржәы, абраҵәҟьа сызҿу ауп». Ҳара ҳканал иамоу аихьӡарақәа зыбзоуроугьы абри апринцип ақәныҟәара ауп. Уи еснагь, есыҽны, сколлективи, мамзар ҿыц аусура иаҳзаауеи ирызназгоит.

Иахьазы, аканал аҿы аус зуа 95% ажурналистцәа рзанааҭ аҿы раԥхьатәи ахҭысҭыԥырба ахьыҟарҵаз «Абаза-ТВ» аҟны ауп. 12 шықәса рыла, аканал аҟны х-командак рҽырыԥсахит, аха агәыцә есымша инхоит, иахьагьы ҳашәқәа аартуп. Еиҳараҩык аусура ҳәа иаҳзаауаз – ажурналисттә ҵара рымаӡамызт, аха азанааҭ қәҿиарала ишьҭыркааит, рхатә телехәаԥшцәагьы дырҳаит. Арҿиара аус аҟны ажурналистцәа зегьы ирымоуп ахақәиҭра, саргьы зны Шамиль Хәсин-иԥа ишсиҭаз еиԥш.

Ажурналистцәеи сареи ҳаиқәшәоит есышьыжь – апланиорка аҿы, анаҩс ажурналистцәа ахҭысқәа рахь ицоит, урҭ ирыхцәажәоит, иҭырхыз амонтаж азыруеит, аефирахь ирышьҭуеит. Уи зегьы дара ишырбаз, ишеилыркааз еиԥш. Уи апроцесс сара схы алазгалоит, иуадаҩу атема аилкаараҿы ацхырааразы иансыԥхьо мацара. Сара сашьҭахь аредактор, мамзар аиҳабы аматериал усгьы игәеиҭоит ҳәа агәаанагара ажурналист ианизцәырҵлак, иусура ахаҭабзиарагьы лаҟәуеит.

Ажурналист еиликаауазароуп, иара еиԥш ари ахҭыс сара абара зсылымшо, избан акәзар сара уи ахҭыс салахәӡамызт, лабҿаба исымбаӡеит. Убри азы, «Абаза-ТВ» зегьы иреиҳау аихьӡарас исыԥхьаӡоит – ажурналист аҩныҵҟатәи ахақәиҭра иҭара ахьалшаз. Уи, ҳәарада, ишиашоу иадҳәалоуп ажурналист иҭакԥхықәра. Ажурналист иду аҭакԥхықәра аилкаара ицәыӡыр, аредакциахь иааирагьы аҭаххаӡом, избан акәзар уи аилкаароуп аканал аҳаҭыр зкугьы, гәыцәс иамоугьы. Ҳара ҳефиртә политика аӡәы иҭахрақәа ирықәшәо – аиҳабыра роума, аоппозициа роума, ишьақәыргылаӡам. Аиаша заҵәык ауп хадара злоу.