Рашәарамза 15 рзы иԥсы ҭазҭгьы 85 ихыҵуазаарын еицырдыруа аԥсуа актиор, Қырҭтәылатәи ССР, Аԥснытәи АССР, Нхыҵ-Уаԥстәылатәи АССР жәларқәа рартист Нурбеи Камкьиа. Асценаҿи аԥсҭазаараҿи иара дзакә уаҩыз иазкуп АААК аинфопортал иазнархиаз аочерк.

Саид Барганџьиа

Артистцәа рыԥсҭазаара лассы-лассы убас иҟоуп, «ахаҿырацәа» змоу уаҩытәыҩсак ипатреҭ иаҿурԥшыртә еиԥш, уи аҩыза ухаҿы иузаагозар. Избан акәзар рольцыԥхьаӡа ахатәы ҟазшьа амоуп, убри зхаҿы иаазго актиор иара иуаҩытәыҩсатә хаҭара есааира дацәыхарахар алшоит. «Асабрада» ҿыцқәа ухаҵауа, ухаҿра хаҭа аиқәырхара – актиортә ҟазара иаваҟәыло ҟазароуп. Абри проблема дук аҳасабала иалацәажәоит апрофессионалцәа аӡәырҩы. Убри аҟнытә актиор изы лымкаала акраҵанакуеит дахьыҟазаалак уаҩԥсык иаҳасабала дшыҟоу аанхара. Абри аҟазшьа заманалаҵәҟьа Нурбеи Камкьиа илан, иколлегацәеи иуацәеи ражәақәа рыла, уи ала зегьы дагьрылукаауан.

Атеатри акинои рактиор Нурбеи Камкьиа иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа изанааҭ ала аус иуан уҳәар ауеит. Иԥсра шықәсык шагыз иҽҭихит урыстәылатәи афильм «Август восьмого» аепизодқәак рҟны, арежиссиор: Џьахонгир Фаизиев. Иналукааша аԥсуа актиор идунеи иԥсахит 2013 шықәсазы, 79 шықәса дшырҭагылаз. Иаалырҟьаны игәабзиара бааԥсхеит. Нурбеи иқәра шмаҷымызгьы, абасҵәҟьа иаарласны ҳанижьуеит ҳәа уаҩ дыҟамызт.

Нурбеи Камкьиа ахәаԥшәа дыргәалашәоит акино аҟны ихамышҭыхәу ирольқәа рыла. Иара иҽҭихит Владимир Савелиев ифильм ҟаимаҭ «Хҭырԥа шкәакәа» аҟны, афильм сценаристс даман Баграт Шьынқәба ихаҭа. 1975 шықәсазы иҭыхыз ари афильм аҟны Нурбеи ирҭеит ароль хадақәа руак.

Иҽҭихит иара убас афильмқәа «Время счастливых находок», «Жизнь и удивительные приключения Робинзона Крузо», «Чегемский детектив», «Пиры Валтасара, или ночь со Сталиным» уҳәа убас егьырҭ рҟынгьы. Иааидкыланы 22 киносахьа рҟны иҽҭиххьан.

Акино анахысгьы, Нурбеи Камкьиа Аԥсуа драматә театр актиорс дыҟан. Уи иактиортә ҟазара аҩаӡареи, ароль аҽагәылахара шилшози иахьагьы арежиссиорцәа ҿырԥшыс иааргоит аҿарацәа рҿаԥхьа.

Нурбеи Камкьиа ахьӡ-аԥша шиоуз

Нурбеи Камкьиа ирҿиаратә мҩа хацыркхеит Шоҭа Руставели ихьӡ зху Қарҭтәи атеатралтә институт аҟны. Иара иколлега, Аԥсны жәлар рартистка Виолетта Маан, иара уи аинститут иалгахьоу, еиҭалҳәоит иара убасҟангьы Нурбеи астудентцәа рыбжьара ахьӡ-аԥша иманы дшыҟаз. Иҵара ашықәсқәа раан иқәдыргылоз апиесақәа рҟны ибзианы ихы ааирԥшит, арҵаҩцәа еснагь ҿырԥшыс дҟарҵон, аҟыбаҩ злоу, имаашьо студентк иаҳасабала. Виолеттеи Нурбеи аҩыџьагьы Аԥсны иалҵыз астудентцәа ракәын, ҳәарада, еибабахьан, аха иаҳа иааигәаны ианеибадыр насоуп.

Аамҭақәак рышьҭахь Виолетта Маан лҵара хыркәшаны лыԥсадгьыл ахь дхынҳәын, Аԥсуа драматә театр аҟны аусура далагеит, усҟан Нурбеи уаҟа дыхәмаруан.

«Даара дуаҩы ҟәымшәышәын, дҭынчын. Алафҳәара бзиа ибон. Ауаҩы изнеишьа дақәшәон еснагь. Хаҵаҵас дыҟан, насгьы ажәала иузеиҭамҳәо, аха уздызыԥхьалоз ҟазшьак илан», – ҳәа лгәалалыршәоит Маан.

Актриса лажәақәа рыла, Нурбеи данстудентызгьы, дызҿыз аус иҽадцыланы, ҩ-напык рыла икны даҿын: арепетициақәа анынҵәалакгьы даанхон, ихала акыраамҭа ихигон, ароль ҿыц иҽазыҟаиҵон.

АБРИ АХҬЫС ИАЗКУ АФОТОЛЕНТА АХӘАԤШРА >>

«Аԥсуа драматә театр иқәнаргылоз аспектакльқәа шамахамзар зегьы дрылахәын. Иџьашьатәуп, аха еиҳарак иҵоурам арольқәа ракәын дызчычаз. Иҵоурам афырхацәа рҟынгьы ҟазшьа бзиақәак иԥшаауан, нас ихәмаршьала хәыҷы-хәыҷла аспектакль цонаҵы ахәаԥшцәа зегьы убри ифырхаҵа ргәы дырзалымхуа бзиа дырбаратәы иҟаиҵон», – ҳәа дԥышәырччо иазгәалҭеит Виолетта Маан.

Виолеттеи Нурбеи еицыхәмаруан Дмитри Кәартаа испектакль «Абираҟ шкәакәақәа» аҟны. Иара рызкын абахҭаҿы иҭаку абаандаҩцәа, руаӡәык ироль наигӡеит Нурбеи Камкьиа. Виолетта лакәзар, абахҭа иҭакыз ирызнеилоз амедиаҳәшьа лроль налыгӡон.

«Убас зны саннеи акәымкәа, Нурбеи сгәы сҽанӡамкәа саашьҭихын асқам снықәиргылеит. Сара сҵаӷаӡа сыҟан, арахь сҵыс-ҵысуан сшәаны. Шәымҭақәак иблақәа еихмырсыӷьӡакәа дсыхәаԥшуан, ахәаԥшцәагьы цәгьарак ҟалоит ҳәа иазыԥшын. Аха Нурбеи ифырхаҵа, зегьы уамашәа ирбаратәы, ажәеинраала аԥхьара дналагоит, убас алагьы амедиаҳәшьа иҽылгәаирԥхоит, уи лыла – ахәаԥшцәагьы зегьы», – ҳәа еиҭалҳәоит Виолетта Маан.

Нурбеи Камкьиа реиҳа деицырдыруа дҟалеит Кент ироль анынаигӡа аамышьҭахь Уилиам Шекспир ипиеса «Король Лир» аҟны. Уи ҟалеит 1983 шықәсазы. Виолетта Маан лажәақәа рыла, Аԥсуа драматә театр аҭоурых аҟны раԥхьаӡа акәны ауаа абилетқәа рзымхаӡеит, атеатр аҿаԥхьа игылан абилетқәа ирыҳәо. «Уи иаҳәо рацәоуп, избанзар усҟантәи аамҭақәа рзы ахәаԥшцәа рацәакгьы ҳаршаҭомызт», – лҳәеит лара.

Абри атриумф ҩышықәса шагыз иқәыргылан «Отелло». Уигьы Шекспир итәы, уаҟагьы ароль хада наигӡон, усҟангьы ақәҿиара дуӡӡа иоуит.

«Абри аспектакль ҩ-составк рыла иқәыргылан. Руак аҿы ароль хадақәа наҳагӡон Нурбеи сареи, егьи аҿы – Лео Касланӡиеи Анна Аргәыни. Исгәалашәоит апремиера аҽны Леои Аннеи ашәҭшьыҵәра дуқәа рыманы ишааз, Нурбеи сареи иҳарҭарц. Убас аизыҟазаашьақәа ҳаман. Усҟантәи атмосфера ҳәашьа узамҭо иссирын», – ҳәа лгәалалыршәоит Виолетта Маан.

Зыӡбахә ҳәоу аспектакль арепетициақәа лгәаларшәо актриса иазгәалҭоит Нурбеи «дышпартниор хазыназ».

«Сара ашәара соуан, еснагь сгәы ҭыԥаны ицон аспектакль аламҭалаз. Иара сгәы арӷәӷәашьа идыруан, сгәы ирҭынчуан», – лҳәеит актриса.

Иԥсҭазаараҿы дзыниаз атрагедиа

Нурбеи Камкьиа иԥсҭазаараҿы арыцҳара далаԥшхьан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы дҭахеит уи иԥа аиҳабы Асланбеи Камкьиа. Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵоуп.

Асланбеи иаб ишьҭра дықәланы даауан, қәҿиарала далгеит С. А. Герасимов ихьӡ зху акинематографиатә институт (ВГИК), арежиссиор изанааҭ ала. Уи аамышьҭахь Асовет ар рыҟны аррамаҵура дахысит, Москватәи аобласт акавалериаҿы. Анаҩс иԥсадгьыл ахь дхынҳәны Аԥсуа телехәаԥшраҿы аусура далагеит, иара убри аамҭазгьы аԥсуа режиссиор Виачеслав Аблоҭиеи иареи афильм еицҭырхуан. Аха аибашьра абаҩхатәра злаз арежиссиор қәыԥш иусура ааннакылеит, анаҩс иԥсҭазаарагьы ҿахнаҵәеит…

Ари атрагедиа аҭаацәара зегьы ӷәӷәала ирныԥшит. Нурбеи иԥшәмаԥҳәыс Зинаида Лагәлаа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, даара илџьабон лыҷкәын иҭахара, лусурагьы аанлыжьит, нас ачымазара лылаҽын лыԥсҭазаара далҵит 2005 шықәсазы.

Нурбеи Камкьиа иԥеиԥш

Нурбеи Камкьиа иҷкәын аиҵбы Беслан аҭаацәара далалеит, ҩыџьа ахшара иоуит, урҭ роуп иахьа Нурбеи Камкьиа иҭынхаз «ихадоу малны» иҟоу. Избан акәзар 2018 шықәсазы иԥеиҵбы Беслангьы машәырла дҭахоит…

Аҩнаҭа иҟоу аҭаца Фатима Харчлааԥҳа илгәалалыршәоит лабхәа шаҟа дгәыбылҩыз, шаҟа ауаҩы дизааигәаз. Фатима 22 шықәса лхыҵуан Нурбеи Камкьиа игәараҭа данҭанагала.

«Иԥҳа гәакьа леиԥш сидикылеит. Аҩнра саннеи раԥхьатәи амшқәа инадыркны сиацәажәон (аԥсуа традициакәа инарықәыршәаны аҭаца ҿыц лабхәа иҟны ацәажәара азин лымаӡам, иара димырцәажәакәа, иахьа уажәраанӡагьы ари аҵас еиқәханы иахьыҟоу аҩнаҭақәа рацәоуп – аред.). Ахаангьы сгәы нимырхацызт, ажәала акәым, лаԥшылагьы. Игәамԥхоз ак шԥаҟамлахьаз, аха исирдырӡомызт», – ҳәа лгәалалыршәоит Фатима.

Лара лажәақәа рыла, лабхәа лассы-лассы еиҭеиҳәалон еиуеиԥшым аҭоурыхқәа, иҭаацәа, ишьҭра ирызкыз ажәабжьқәа аацәыригон. Имоҭацәа ақыҭарахь иигон, акыраамҭа рыцихигон.

Нурбеи имоҭа аиҳабы Асланбеи ихьӡырҵеит, иаб иашьа иаҳаҭыр азы, сынтәа иара ашкол далгеит, қәҿиарала аԥышәарақәа зегь аиҭахьеит. Аслан Санкт-Петербург ауниверситет дҭаларц иӷәы иҭоуп, дынџьныр-аргылаҩхарц иҭахуп.

«Сабду ибзианы дысгәалашәоит. Иара данԥсы 14 шықәса схыҵуан. Акырынтә иареи сареи ҳаицныҟәахьан, аԥсҭазаара аҟынтә иаагоу еиуеиԥшым ажәабжьқәа сзеиҭеиҳәон. Саҳәшьеи сареи лассы-лассы ақыҭарахь ҳаигалон. Ашкол аҿы аҵара шысҵо дадҵаалон еснагь», – ҳәа игәалаиршәоит Аслан.

Нурбеи Камкьиа имоҭа аиҵбы Сариа ажәбатәи акласс аҿы дтәоуп. Уи даныхәыҷызгьы иара иҳәалон «абриҵәҟьа дактрисахар ҟалап» ҳәа, избанзар Сариа даара деилҟьан, ауаа рацәа дырцәыԥхашьаӡомызт. Аҭыԥха лхаҭа иахьазы дзакәхарц илҭаху аллымхӡацт, аха иҟан аамҭак, дызхааным лаб иашьа иеиԥш дрежиссиорхарц анылҭахыз.

«Даду даара даҳҭахын. Ифильмқәа акырӡа срыхәаԥшхьеит, изныкымкәа-иҩынтәымкәа сызхәаԥшхьоугьы ыҟоуп. Сгәы аладууп абас еиԥш иҟаз ауаҩ имоҭа ахьсакәу», – лҳәоит Сариа.

Нурбеи Камкьиа иԥсҭазаараҿы иҟан атриумфқәеи иахьеи-уахеитәи аусуреи, анасыԥи атрагедиеи, ацәгьеи абзиеи, аха зегь реиҳа ихадароу – уи иԥсҭазаара еснагь иаман аҵакы. Аҵыхәтәантәи имшқәа рҿынӡа ауаа бзиа еицырбоз, азхьаԥшра ду змаз актиорны дыҟан. Дуаҩы лашан. Ус дагьаанхоит наунагӡа.