Шәышықәса раԥхьаҟа ухаҿгьы иузаагомызт ашьха ааӡара знапы алакымыз абаза ҩнаҭак ыҟоуп ҳәа, ианакәзаалакгьы ари аус зегьы бзиа ирбоз, пату зқәыз акы акәны иҟан. Иара иахьагьы аҭагылазаашьа рацәак аҽамԥсахит: ҳаамҭазтәи ашьхааӡаҩцәа ашьхагәарқәа дырҿыцит, иахьатәи аамҭа иақәшәо иҟарҵеит, аха ус шакәугьы, дара ирылшеит ижәытәӡатәиу ашьхааӡаратә традициақәа ҟазарак еиԥш реиқәырхара.

Асҭанда Арӡынԥҳа

Ашьхааӡара — абазақәа (ашәуаа) итрадициатәу рқыҭанхамҩатә усқәа ируакуп. Абазақәа еснагь ақәҿиарақәа аадырԥшуан ашьхаааӡара ауси, зхаҭабзиара ҳаракӡоу ацха аԥшреи рҿы. Аҩада-Мраҭашәаратәи Кавказ ашьха бнаракәа рҵакыраҿы инхо ашәуаа еснагь меигӡарахда ироуан иԥсабаратәу ацха бзиа.

Ашәышықәсақәа ирылсны иаауа

Абазақәа ахьынхоз архақәеи ашьхаҳәырҭақәеи рҵакыраҿы еснагь хкырацәала ирызҳауан ацха бзиа злыҵуа аҵиаақәа — абнараҿы изызҳауа аҳаскьыни ашәырҵлақәеи, — уи аҭагылазаашьа абзоурала, ашьхаааӡаҩцәа ацха еидыркылон ааԥын шналагоз инаркны ҭагалан нҵәаанӡа. Ашьхагәара ҭаацәарацыԥхьаӡа ирыман ухәар ҟалоит. Ацхеи ацәеи Ҭырқәтәылаҟеи Ҟрымҟеи аекспорт азыруан, мамзаргьы рзааигәара инхоз ажәларқәа рҿы еиуеиԥшым атауарқәа, иаҳҳәап — асахҭани абеи ирҭнырыԥсахлон.

Абазақәа рыцха ахаара атәы азгәарҭахьан абжьарашәышықәсазтәи аҭҵааҩцәеи аныҟәаҩцәеи. Убас, аурыс ар афицар, ашәҟәыҩҩы, Кавказҭҵааҩы Фиодор Торнау (1810-1890) «Кавказтәи афицар игәалашәарақәа» ҳәа хьӡыс измоу имемуарқәа рҟны иҩуан абазақәа рыцха «афҩы даараӡа ихаауп, ишкәакәоуп, ижәпоуп, ашьақар еиԥш икьакьоуп, насгьы аҭырқәцәа рҿы даараӡа пату ақәуп» ҳәа.

Еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рҿы иуԥылоит абаза қыҭақәа рҟны иҟаз ашьхымӡақәа рхыԥхьаӡара. Убас, 1894 шықәсала иарбоу адыррақәа изларҳәо ала, Бибердатәи ақыта – 593 шьхымӡа аман, Ҟлычтәи – 1320, Хәыжәытәи – 186, Гәымлоутәи — 1114, Лоу-Зеленчуктәи — 190, Лоу-Ҟубинатәи — 285, Шах-Гиреитәи — 297.

Ашьхымӡақәа ашәҟәы иахьҭагалаз афактгьы иаҳнарбоит, ашьхааӡара абазақәа рқыҭанхамҩаҿы аҭыԥ ду шааннакылоз. Ацхеи ацәеи — XIX ашәышықәсазы аҳәаанырцәтәи аџьырмыкьахь ицәырыргоз абазақәа ихадоу раалыҵқәас иԥхьаӡан. 1812 шықәсазы ашәуаа ирылдыршеит аҳратә администрациа ақәшаҳаҭхарц абас еиԥш иҟаз аԥсахра: ԥуҭк ацха азы иурҭон ԥшь-ԥуҭк аказентә џьыкахыш, ԥуҭк ацәа азы — жәа-ԥуҭк аџьыкахыш.

Уи аиҳагьы ижәытәӡаз бзазарахкыс абазақәа ирыман — абнашьхақәа рыцха аидкылара, анаҩс уи ауп иагьызхылҿиааз ашьхаааӡаратә акультура. Араҟа иҟан ахатә ԥҟарақәа, урҭ рҟынтә зегь реиҳа ихадаз иаҳәон: аԥшаах итәхоит — уи зегь раԥхьаӡа игәазҭаз, насгьы адырга ҷыда нзыжьыз.

Ателеканал «Россиа - Культура» адырраҭара: Абазақәа. Ацхеи аҳалуеи ргьама
© Ателеканал «Россиа - Культура»

Ахәамц, акацкәыр, «уылиа»

Раԥхьатәи аамҭақәа рзы ашьхақәа рааӡон ахәамцқәа рҿы, урҭ еиқәдыршәон игәылԥҟаны иҟарҵоз ҩ-қдык ааидҵаны. Ганкала иҟарҵон уамак идуумыз акылҳара — ашьхақәа рҭаларҭа. Ашьхымӡақәа мцәаакларц азы ашьаҟа еимҿаԥақәа ирықәдыргылон.

Ашьхымӡақәа амреи ақәеи иԥхасҭарымтәырц азы ахәамцқәа аҵла ацәала ихырҟьон. Нас ишнеиуаз ашьхымӡақәа арасамахәқәа ирылхы иршышуа иалагеит, ихыгьежьааны, рхы кәацәны. Адәахьала анышәаԥшь ахьыршьуан. Урысшәала ас еиԥш акаҵкәырқәа «сапетка» ҳәа ирышьҭоуп, абаза бызшәала — «шьхамарҭан» — ашьхақәа рыҭра.

Нас абазақәа егьырҭ ажәларқәа ирҿырҵааит иахьа ҳзышьцылахьоу ашьхымӡа аҟаҵашьа — амҿтәы иашькақәа рҟны ашьхааӡара, абаза бызшәала «уылиа» ҳәа иашьҭалеит. Абри ашьхааӡара ахкоуп иахьанӡа еиқәхаз. Уаанӡа ацха рыԥшуамызт, асаранџь ишалаз иаанрыжьуан, шаҟа рҭахыз ҳәызбала иԥҟаны иамырхуан.

Ашьха ҭаацәараҿы аматриархат аԥуп, ашьхақәа ран зегьы дреиҳабуп, зны-зынла хышықәсанӡа ақәра наӡоит. Уи аамҭа иалагӡаны ашьхақәеи аҳәашьхақәеи рабиԥарақәа жәпакы рҽырыԥсахуеит. Актәиқәа мызкы аҟара рыԥсы ҭоуп, аҩбатәиқәа — шықәсыбжак аҟынӡа. Ажәытәан ус ирыԥхьаӡон, ашьхаҭаацәараа иаҿыҵны ицаз ашьхақәа збаҳчаҿы итәаз иара итәхон ҳәа.

Амати ахьыҟоу анагара

Абазақәа рҭоурых аҿы иуадаҩыз аамҭақәа раан, иаҳҳәап, Кавказтәи аибашьра ашықәсқәа рзы мчылатәи ахырҵәараангьы — ашьхааӡара аус нрыжьуамызт

Ҳаамҭазгьы абазақәа рыцха даараӡа пату ақәуп. Ашәуа қыҭақәа рҿы ирацәаҩуп зхатә шьхымӡақәа змоу аҭаацәарақәа. Амала, иахьазы ацха аекспорт ахь ирышьҭуам, иара насгьы аекспорт иазхаратәы ари абзазаратә хкы ааглыхратә мҽхакы аҭаны аӡәгьы даҿӡам.

Ҟарачы-Черқьессиа иҟоу атрадициатә шьхымӡақәа рыдагьы, иахьазы лассы-лассы иуԥылоит агьежьқәа зҵоугьы, урҭ еиҿартәышьала — ашьхымӡақәа зықәгылоу ауардынқәа роуп. Дара ишиашоу инаргоит ишәҭны иҟоу адәқәа рахь.

Аԥышәа змоу ашьхааӡаҩцәа еиҭарҳәоит, арҭ реиԥш иҟоу ашьхымӡақәа рыбзоурала, абжьааԥны аҵкьыс ацха ҩынтә-хынтә еиҳаны ишеидкылахо атәы. Избанзар ашьхымӡеи ишәҭу адәи ирацәаны ирыбжьазар, ашьха амҩа иахьынӡақәу еизнагаз амати ахәҭак афоит, еиҭаҵуа ашьхымӡақәа ари азҵаара рыӡбоит. Аекспертцәа ргәаанагарала, абри аметод 50% рыла еиҳаны ацха унаҭоит итрадициатәу аметод аҵкьыс.

Иҷыдоу афургон, мамзаргьы амашьына ацраҳәа ацхыраарала ашьхымӡақәа ишәҭу адәқәа рахь иузнаргоит. Убри абзоуралагьы, ашьхақәа еизыргар рылшоит ҵиаак мацара иатәу амати, иаҳҳәап акациа, ашәҭра иаҿу аҭәаҵла... уи зегьы, ҳәарада, аҵыхәтәан иалҵуа ацха ианыԥшуеит. Иҟоуп ашьхааӡаҩцәа, ашәҭрақәа ианраамҭоу азы ашьхагәара акырынтә еиҭазгогьы, уи аҩыза аметодгьы алҵшәа бзиа амоуп.

Иарбанзаалак аус аҿы еиԥш, ашьхақәа матила ибеиоу ашәҭқәа рахь рнагара ахатә кәама-ҵамақәа амоуп. Иаҳҳәап, ашьхақәа еиҭаргоит амати змоу аҵиаа хадақәеи ашәҭқәеи аныхбалалак ашьҭахь. Иара убасгьы, аконкуренциа ҟамларц азы еилкаатәуп, ҩба-хԥа километр рыкәша-мыкәша егьырҭ ашьхагәарақәа ыҟоу-иҟаму. Ишаԥу еиԥш, ашьхааӡаҩцәа рышьхагәарақәа реиҭагаразы адәы зтәу ауаҩы изин рымазароуп. Аха, уи еиҳарак иформалтәу усуп: ианакәзаалакгьы ашьхааӡаҩцәа рус аҟны аӡәгьы ԥырхага риҭом.