Цәыббра 16 рзы 70 шықәса ихыҵуеит Муҳадин Шенкауа – ҞЧА ауаажәларра-политикатә усзуҩы, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла. Ари арыцхә инадҳәаланы Аконгресс Аинфопортал иазнархиеит аиубилиар иԥсҭазаареи ганрацәалатәи иусуреи иазку аочерк.

Лиудмила Аисанова

Муҳадин Али-иԥа Шенкауа – ҞЧА иреиҳаӡоу ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩы, АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла – диит 1949 шықәса, цәыббра 16 рзы Хәыжәду ақыҭан (Ставропольтәи атәылаҿацә аҿы иҟоу Ҟарачы-Черқьессиатәи автономтә област) Али Аида-иԥа Шенкауаи Шам Мурзабеқ-иԥҳа Гьедагәышьеи рҭаацәараҿы.

«Псҳәаа» – ашәарыцацәа рҭаацәара иалҵыз

Муҳадин Али-иԥа ихаҭа иажәақәа рыла, Кавказтәи аибашьра ашықәсқәа рзы Шенкауаа рыжәла ахьынхоз аԥсуа қыҭа Ԥсҳәы рынхарҭақәа ааныжьны иқәҵыр акәхеит. 1864 шықәса, нанҳәамзазы «ԥсҳәаа» (убас акәын акыраамҭа ишрышьҭаз уи ақыҭа иалҵыз ауааԥсыра), нхарҭа ҭыԥс иалырхуеит аӡиас хәыҷы Хәыжә аԥшаҳәа – ҳаамҭазы Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспубликахь иаҵанакуа асҭаницақәа Сторожевои Преграднои рыбжьара. Зынхарҭа зыԥсахыз рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Муҳадин иабду иаб – Дакәын Зауҳес-иԥагьы. Аиланхарҭа ҿыц Хәыжә-баши ҳәа хьӡыс иарҭеит, иахьа иахьӡуп Коба-баши.

1866 шықәсазы иҟалаз аарҩара ӷәӷәеи арахә рықәынҵәареи ирыхҟьаны аҿыцнхацәа амлакра ахықә инхықәгылеит. Абыргцәа ааилацәажәаны ирыӡбеит рынхарҭа ҭыԥ рыԥсахырц, аҭыԥантәи аиҳабырагьы уи мап ацәырымкит. Убас ала, «ԥсҳәаа» Большои Зеленчук аӡиас аԥшаҳәала алада илыбаауеит, иагьаԥырҵоит аиланхарҭа ҿыц – иахьатәи Хәыжәду ақыҭа (уи ахьӡгьы ахьынтәаауа, раԥхьа нхара ҳәа иахьааз аӡиас Хәыжә аҟынтә ауп).

«Сабду иаб Дакәын Зауҳес-иԥа Ԥсҳәы еицырдыруаз шәарыцаҩын, иара амшә ашьҭашәарыцаразы имаз ихатә методика иазкны алегендақәа аԥырҵон. Амала анхарҭа ҿыц ахь даниас, раԥхьатәи аамҭақәа рзы аҭышәынтәалара ицәыцәгьан, ашәарыцара зыԥсы алаз ахаҵа ицәыуадаҩын, иаҳҳәап, инеиԥынкыланы адгьыл ақәаарыхрахь аиасра, насгьы идгьыл гәакьахь игәы ихон, - иҳәоит Муҳадин Али-иԥа.

Муҳадин Шенкауа иабду иабду Зауҳесгьы Аԥсны зегьы еицырдыруаз хаҵан, игәымшәареи ихаҵареи ртәы ауаа еиҭаҳәо ирыман. Ахьчаҩ иаҳасабала Меккаҟа ицоз амсылманцәа ргәыԥ дацын. Асакараҟны арҳәцәа анрықәла, дызцыз ауааԥсыра шихьчоз дҭахоит.

Заб игәамчи, зан лыҟәымшәышәреи злоу

Муҳадин Али-иԥа ихылҵшьҭра атәы дагәылахаланы еиҭеиҳәоит. Уигьы уамашәа иубаратәы иҟам: акыршықәса иара иҭиҵаауан ижәла аҭоурых, аҵыхәтәана иҭижьуеит Шенкауаа жә-абиԥарак рабашьҭра аҭоурых знылаз аусумҭа.

Муҳадин иаб Али Аида-иԥа Шенкауа диит 1914 шықәсазы. Данқәыԥшыз инаркны иарери, ҩыџьа иашьцәеи, хҩык иаҳәшьцәеи ақыҭа бзазара иацу аџьабаа рдырхьан, иара убасгьы Атәылауаҩратә еибашьреи, аколлективизациеи, 30-тәи ашықәсқәа (XX ашә.) рзтәи амлакреи, арепрессиақәеи ирыцыз арыцҳарақәа рнырхьан. Ус шакәызгьы, Али Аида-иԥа илшоит Ставропольтәи атәылаҿацә аҟны иҟаз Воронцовтәи-Александровтәи амеханизациатә ҵариурҭа аҭалара. 1942 шықәсазы иҵара хиркәшоит, Ҳабезтәи амашьына-трактортә станциаҟны механикс аусура далагоит. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945 шықәсқәа) анеилашуаз аамҭақәа рзгьы Али Аида-иԥа еиԥш иҟаз аспециалистцәа атәыла даара иаҭахны иҟан, аибашьрахьгьы ирышьҭуамызт, аха Муҳадин иаб уи дааннамкылеит.

«Аибашьра аҟынтә ихы дшақәиҭтәызгьы, саб арзаҳал ҩны хатәгәаԥхарала афронт ахь дцоит», - еиҭеиҳәоит Муҳадин Али-иԥа.

Арҟаԥшьуаҩ Али Аида-иԥа Шенкауа, атанкақәхратә ҟәша аҟны дыҟанаҵ, активла далахәын Урыстәыла аладахьтәи ахәҭеи, Украинеи, Белоруссиеи, Прибалтикеи, Польшеи,

Германиеи рхақәиҭтәра. Аибашьраҿы иааирԥшыз ахаҵаразы ианашьан I, II аҩаӡарақәа змоу Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аорденқәа, иара убасгьы «Агәымшәаразы», «Кавказ ахьчаразы», «Кионигсберг агаразы» амедалқәа. 1945 шықәса, мшаԥымзазы ақалақь Кионигсберг агаразы аидысларақәа раан иоуз ахәра ӷәӷәа иахҟьаны Али ишьапы хырҵәоит. Уи ашьҭахьгьы, ашәарыцаҩ гәымшәақәа, ашьхауаа ирхылҵыз ахаҵа игәы каимыжьит: аҩныҟа даныхынҳә изанааҭ ала иусура иациҵоит, ԥҳәыс дааигоит. Али Аида-иԥа иԥшәмаԥҳәыси иареи еицырааӡеит хәҩык аԥацәеи, ԥҳаки, аҩбатәи аԥа – Муҳадин иакәын. Зегьы аҵарақәа ддырҵеит, иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирылдыргеит.

«Сара ианакәзаалак уамашәа избон саб илаз агәамчи, аԥсҭазаареи аџьеи рахь имаз абзиабареи. Ишьапы шыхҵәазгьы ацхыраара даҳәомызт, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа длахҿыхӡа дыҟан. Араионтә қыҭанхамҩа аҿиаразы иҟаиҵазгьы маҷӡам, иара убасгьы иқыҭауаа рыбжьара даараӡа пату иқәын», - иаб дизгәдуны еиҭеиҳәоит Муҳадин Али-иԥа.

Иан – Шам Мурзабеқ-иԥҳа (лыӡӷаб жәла – Гьедегәышьа) амал змаз аҭаацәара далҵит, Черқьесск ақалақь иҟаз амедицинатә ҵараиурҭа дшалгахьазгьы, лыԥсҭазаара зегьы лҭаацәареи лхәыҷқәеи ирзылкит.

«Даараӡа иҟәымшәышәыз, згәы аартыз уаҩын, - игәалашәоит Муҳадин Али-иԥа. Ҳааигәара инхоз ахәыҷқәа зегьы хәмарра ҳәа ҳара ҳахь акәын иахьаауаз, урҭ зегьы сан дҿаԥха-ҿаччо дырԥылон, ахаа-мыхаақәа рҿалҵон. Дыздыруаз зегьы – агәылацәа роума, ауацәа роума реиҳа иалыркаауаз ҟазшьақәан лгәыразреи лгәыбылреи», - иҳәоит Шенкауа.

Афизик, астроном, аргылаҩ…

Муҳадин Али-иԥа ихәыҷра гәырӷьара аамҭаны ихигеит. Аҵара бзианы иҵон. Аиҳабыратә классқәа рҿы дантәаз, дазҿлымҳахеит аԥсуа-абаза жәлари ихылҵшьҭреи рҭоурых. Иара убасгьы даараӡа бзиа ибон афизикеи аматематикеи, изныкымкәагьы дрылахәхахьан араионтә еицлабрақәа, урҭ рҟны аиааирақәагьы игахьан. Ауаажәларратә усурагьы дазҿлымҳан, ашкол дҭанаҵы акомсомолтә еиҿкаара амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан.

1966 шықәсазы, Муҳадин Шенкауа далгоит Хәыжәдутәи абжьаратә школ, уи ашьҭахь дҭаларц иҽазишәоит Ленинградтәи аҳәынҭқарратә университет, амеханикатәи-аматематикатәи афакультет (ахырхарҭа – «астрономиа» ала).

«Аԥышәарақәа зегь асҭеит, аха иарбаз аконкурстә ҳәаа сзахымсит», - еиҭеиҳәоит Муҳадин Али-иԥа, нас дааччаны иациҵоит: «Аҩны сацәыхараны џьара сымцандаз ҳәа усҟантәи аамҭақәа рзы иааиԥмырҟьаӡакәа Аллаҳ иҳәоз санду Быбу илхарастәуан сахьаднамкылаз».

Адырҩашықәсазы араион аҿы ибзиаӡаны аҵара зҵоз рзы иарбаз аҭыԥқәа руак ала, Муҳадин Шенкауа дҭалоит Ашҳабадтәи ақыҭанхамҩатә институт, агидротехникатә факультет ахь, аха иаарласны диасуеит еиҳа ахьӡ змаз иреиҳаӡоу аҵариурҭа – Одессатәи анџьныртә-ргыларатә институт ахь.

Муҳадин иажәақәа рыла, урҭ ашықәсқәа иара иԥсҭазаараҿы зегьы реиҳа агәырӷьареи аинтереси зцыз аамҭаны иҟоуп. Амшын аԥшаҳәаҿы игылаз ақалақь аҟны иибоз-иаҳауаз зегьы гәникылон, иқәыԥшра ашықәсқәа дрылагәырӷьон.

«Сара сзы инасыԥын, аиҳабыратә курсқәа рҿы итәаз Игорь Торнапольскии сареи ҳахьеиҩызцәахаз, иара иҟынтә игәныскылаз рацәоуп. Иара адырра ҵаулақәа иман, акыр дагәыланахаланы даман апоезиеи аҟазареи», - игәалаиршәоит Муҳадин Али-иԥа, иҩызцәеи иареи ақалақь аҿы цәыргақәҵак, мамзаргьы атеатралтә премиерак бжьаҳмыжьындыз ҳәа ианыҟаз аинтерес зҵаз рқәыԥшра аамҭа.

«Иахьа уажәраанӡагьы Одесса ԥхыӡла избоит, схәыцрақәа ирылоуп, зегьы иреиӷьысшьо ақалақьқәа ируакны иаанхоит», - иҳәоит Муҳадин Шенкауа.

Черқьесскгьы, Камбоџьагьы

Анџьныртә-ргыларатә институт даналга ашьҭахь, Муҳадин аус иуан Нижни Тагил, нас Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспубликаҿы иҟаз аҳәынҭқарратә наплакқәа рҿы.

1975 шықәса, цәыббрамзазы усура даарыԥхьоит Черқьесск иҟаз Ставропольтәи аполитехникатә институт афилиал ахь, «анџьныртә-ргыларатә дисциплина» ҳәа зыхьӡыз акафедрахь, рҵаҩыс.

Хәышықәсатәи аҭҵаарадырратә-рҵаҩратә усура иҭагӡаны иара ацхырааҩ имаҵура инаркны аҵарадырреи аҭҵаарадырреи рзы аинститут афилиал адиректор ихаҭыԥуаҩ иҟынӡа днаӡоит. 1980-1983 шықәсқәа рзы алатәаратә формала далгоит Москватәи аџьныртә-ргыларатә институт аспирантура, ихьчоит адиссертациа, анаҩс – аҭҵаарадыррақәа ркандитат ҳәа ахьӡ ихҵан.

1985 шықәса, цәыббрамзазы Асовет Еидгыла иреиҳаӡоу аҵарадырра Аминистрра аӡбарала, Муҳадин Али-иԥа Шенкауа амаҵураныҟәара дышьҭын Жәлартә Республика Камԥучиаҟа (ҳаамҭазтәи Камбоџьа). Уаҟа ҩышықәса Иреиҳаӡоу Пномпеньсктәи атехникатә институт аҟны рҵаҩыс аус иуан. Уи, Жәлар Республика Камԥучиа ашьапы ианықәгылоз аамҭақәа рзакәын, асовет специалистцәа ацхыраара ҟарҵон ареспублика қәыԥш аҵарадырра асистема ашьақәыргылараҿы.

Камбоџьа ихигаз ашықәсқәа, аҵарауаҩ қәыԥш иԥсҭазаараҿы акырзҵазкуа ракәны иҟалеит: аԥышәа ӷәӷәа ирҳаит, инапы злакыз аусураҿы идыррақәа акыр ихәарҭаны иҟалеит. Уаҟа дыҟанаҵ иреиҳаӡоу аҵариурҭақәа рзы Шенкауа иаԥиҵон арҵаратә программақәеи, еиуеиԥшым аргыларатә маҭәарқәа рзы аметодикатә цхыраагӡақәеи… илшамҭақәа рзы ареспублика аҵара аминистрра аҟынтә ианашьан аҳаҭыртә бӷьыц, иара убасгьы, аинститут Аҵарауаа Рхеилак алахәҩыс далхын. Араҟа иазгәаҭатәуп, шәиҩажәаҩык асовет рҵаҩцәа рҟынтә жәаҩы заҵәык шракәыз Ахеилак алахәцәас иалхыз.

1987 шықәсазы аҵарауаҩ иԥсадгьыл ахь даныханҳә ашьҭахь, иҭҵаарадырратә ус иациҵоит Ҟарачы-Черқьессиатәи аҳәынҭқарратә технологиатә институт аҟны, «Аргылашьа атехнологиа» акафедра аиҳабыс. Уаҟа иара аус иуан 13 шықәса.

Иреиҳаӡоу атехникатә аинститут арҵаҩцәеи раԥхьатәи аушьҭымҭацәеи (анџьныр-аргылаҩцәа). Пномпень, Камбоџьа, 1986 шықәса
Иреиҳаӡоу атехникатә аинститут арҵаҩцәеи раԥхьатәи аушьҭымҭацәеи (анџьныр-аргылаҩцәа). Пномпень, Камбоџьа, 1986 шықәса
© Муҳадин Шенкауа иархив аҟынтә
Полпотаа рыҟнытә атәыла ахы ианақәиҭтәха ашьҭахь, ибзиаӡаны зҵара хзыркәшаз раԥхьатәи аушьҭымҭацәа – анџьныр-аргылаҩцәа. Пномпень, Камбоџьа, 1986 шықәса
Полпотаа рыҟнытә атәыла ахы ианақәиҭтәха ашьҭахь, ибзиаӡаны зҵара хзыркәшаз раԥхьатәи аушьҭымҭацәа – анџьныр-аргылаҩцәа. Пномпень, Камбоџьа, 1986 шықәса
© Муҳадин Шенкауа иархив аҟынтә
Акафедраҿы аус еицызуаз Михаил Пресси Муҳадин Шенкауеи, еицырдыруа ауахәаматә комплекс Ангкор-Ват амҵан. Сиемреап, Камбоџьа, 1987 шықәса
Акафедраҿы аус еицызуаз Михаил Пресси Муҳадин Шенкауеи, еицырдыруа ауахәаматә комплекс Ангкор-Ват амҵан. Сиемреап, Камбоџьа, 1987 шықәса
© Муҳадин Шенкауа иархив аҟынтә
Иреиҳаӡоу атехникатә институт аҟны аԥсуа ансамбль «Аԥсны-67» рықәгылараан. Актәи арад аҟны итәоуп: арыӷьарахьала аҩбатәи – Камбоџьа аҵарадырра аминистр Пен Навут, арыӷьарахьала ахԥатәи – аԥсуа аделегациа анапхгаҩы, Аԥснытәи ААР актәи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Виачеслав Цыгәба. Пномпень, Камбоџьа, 1985 шықәса
Иреиҳаӡоу атехникатә институт аҟны аԥсуа ансамбль «Аԥсны-67» рықәгылараан. Актәи арад аҟны итәоуп: арыӷьарахьала аҩбатәи – Камбоџьа аҵарадырра аминистр Пен Навут, арыӷьарахьала ахԥатәи – аԥсуа аделегациа анапхгаҩы, Аԥснытәи ААР актәи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Виачеслав Цыгәба. Пномпень, Камбоџьа, 1985 шықәса
© Муҳадин Шенкауа иархив аҟынтә
Аԥсуа культуратә делегациа агәыԥ Пномпень ақалақь аҟны рекскурсиа аан. Камбоџьа, 1985 шықәса
Аԥсуа культуратә делегациа агәыԥ Пномпень ақалақь аҟны рекскурсиа аан. Камбоџьа, 1985 шықәса
© Муҳадин Шенкауа иархив аҟынтә
Иреиҳаӡоу атехникатә институт, аргыларатә факультет актәи акурс астудентцәа. Пномпень, Камбоџьа, 1985 шықәса
Иреиҳаӡоу атехникатә институт, аргыларатә факультет актәи акурс астудентцәа. Пномпень, Камбоџьа, 1985 шықәса
© Муҳадин Шенкауа иархив аҟынтә
Муҳадин Али-иԥа ауахәаматә комплекс Ангкор-Ват амҵан. Сиемреап, Камбоџьа, 1987 шықәса
Муҳадин Али-иԥа ауахәаматә комплекс Ангкор-Ват амҵан. Сиемреап, Камбоџьа, 1987 шықәса
© Муҳадин Шенкауа иархив аҟынтә

«Убри аҽны сара исыӡбеит сыгәҭакы насыгӡоит ҳәа»

Муҳадин Шенкауа ауаажәларра-политикатә усура активла напы аиркит 1989 шықәса, цәыббрамзазы: убасҟан ауп Абаза уаажәларратә еиҿкаара «Адгылара» Актәи Аԥҵаратә Еизара аиҿкааразы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс данаҭаз. Иара иалахәрала еиқәыршәан раԥхьатәи аԥҟаԥҵәатә документқәа рыпроектқәеи, иара убасгьы абаза жәлар рсоциалтә-екомномикатә ҿиара апрограммеи.

1990 шықәсазы Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика аделегациа далахәны Шенкауа даауеит Аҟәаҟа, Аԥсны ахьыԥшымра адгыларазы еиҿкааз жәларбжьаратәи афорум ахь. Уажәшьҭа иашьцәа рҽазышәарақәа адгылара рыҭареи иԥсадгьыл азааигәахареи изыԥшын.

Раԥхьаӡа акәны Муҳадин Аԥсны даахьан 1973 шықәсазы. Усҟантәи аамҭазы аус ахьиуаз Нижни Тагил аҟнытә дԥырны Минводы аҳаирбаӷәазаҿы даннеи, Аԥсныҟа ацара иӡбоит.

«Ахаан исхашҭраны сыҟам убасҟан иаалырҟьаны, соуразоуроу сеимыздаз ацәанырра – зыԥшрак ҟамҵакәа Аԥсныҟа сыԥрыроуп ҳәа сыҵазҳәаз. Убри аҽны сара исыӡбеит исцәагалакгьы сыгәҭакы насыгӡоит ҳәа», - игәалашәоит Муҳадин.

Уи ашьҭахь иара Аԥсныҟа лассы-лассы дхынҳәлоит. Шенкауа иажәақәа рыла, уи нахыс Аԥсны аԥсабара аԥшӡареи, гәыла-ԥсыла изааигәахаз ауааԥсыреи рыда ихы ибомызт. Гәыкала Муҳадин дигәалашәоит иуа Николаи Шенкауа – аҭоурыхҭҵааҩ, археолог. Иара изы уи ауаҩы – аԥсуааи абазақәеи рыбжьара ихҵаз «цҳак» даҩызан. Николаи Шенкауа Муҳадин драбаирдырит Аԥсны еицырдыруаз ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩцәеи иналукааша арҿиаратә интеллигенциа ахаҭарнакцәеи. Анаҩс, Муҳадини дареи аусеицуратә емадара рыбжьалеит.

Владислав Арӡынба идкылара

1990-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Нальчики Черқьесски имҩаԥысуаз ақырҭуеи аԥсуеи уаажәларратә еиҿкаарақәа реилацәажәарақәа ирылахәыз аԥсуа делегациа алахәцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Муҳадингьы. 1990 шықәсазы абаза милаҭтә ҵысра аԥхьагылаҩцәа Алексеи Меремкулови Михаил Ҭҳаиҵыхәеи дрыцны Муҳадин дҟалоит Асовет Еидгыла иалоу ажәлар маҷқәа Актәи реизара аделегатс. Аизара мҩаԥсыуан Москва.

Уи аизара аԥшьгаҩцәеи аиҿкааҩцәеи дыруаӡәкын Владислав Арӡынба.

Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа рҿы Владислав Григори-иԥа имҩаԥигоз аконсультативтә ныҟәарақәа ирыбзоураны, иара Черқьесск ақалақь даҭаауеит.

«Иныҟәара аграфик аҿы иарбан даараӡа ирацәаны аиԥыларақәа, аамҭагьы маҷны иман. Убри зегь азгәаҭаны, Арӡынба иԥылара сыҩны имҩаԥаҳгарц ҳаӡбеит», - игәалашәоит Шенкауа.

Усҟан Муҳадин иҩны аргылара далагеижьҭеи уамакгьы ҵуамызт, аргыларатә усурақәа хыркәшамызт, аха аԥшәма илшоз зегьы ҟаиҵеит ишахәҭоу еиԥш асасцәа рыдкыларазы.

«Ҳәарада, сара сзы гәырӷьара дуун Владислав Арӡынба иԥылара. Саршанхеит илаз ахаризмеи, иара уи аамҭазгьы гәаартыла ауаҩы изыҟазаашьеи. Динтеллектуал дуун, аԥыза ҳәа ззырҳәаҵәҟьо иакәын», - иҳәоит Муҳадин Али-иԥа.

Аԥышәа, авторитет, иԥсҭазаара ззикыз аус

Анаҩстәи ашықәсқәа раан Муҳадин Шенкауа иусуреи иԥсҭазаареи хҭысла иҭәызаауеит, аҭакԥхықәрагьы ацлоит. Иԥсҭазаараҿы ихадоу хықәкны иҟалоит имилаҭ аиқәырхареи, уи аҿиареи азҵаара. Муҳадин Али-иԥа Шенкауа хынтә далырххьан Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспубликаҿы иҟоу абазақәа руаажәларратә еилазаарахь (1999, 2012, 2015 шықәсқәа). Аԥсуа-абаза жәлар рзы ихлымӡаахыз, иуадаҩӡаз аамҭақәа раан Шенкауа ианакәзаалакгьы аԥхьагылаҩцәа дыруаӡәкын. Иџьабаа рацәоуп Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993 шш.) агуманитартәи иара егьысгьы еуеиԥшым ацхыраарақәа реиқәыршәараҿы.

Жәларбжьаратәи Ачерқьесстә Ассоциациа анагӡаратә еилакы алахәцәа аизара ашьҭахь. Арымарахьала арыӷьарахь: Иури Агырба, Ирфан Аргәын, Муҳадин Шенкауа, Владимир Аҩӡба, Иури Аргәын. Сҭамԥыл, 2004 шықәса
Жәларбжьаратәи Ачерқьесстә Ассоциациа анагӡаратә еилакы алахәцәа аизара ашьҭахь. Арымарахьала арыӷьарахь: Иури Агырба, Ирфан Аргәын, Муҳадин Шенкауа, Владимир Аҩӡба, Иури Аргәын. Сҭамԥыл, 2004 шықәса
© Муҳадин Шенкауа иархив аҟынтә
Еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ-аԥсуаҭҵааҩы, иналукааша ауаажәларра-политикатә усзуҩы, Аԥсны ахьыԥшымра азықәԥаҩ Иури Аргәыни Муҳадин Шенкауеи. Сҭамԥыл, 2004 шықәса
Еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ-аԥсуаҭҵааҩы, иналукааша ауаажәларра-политикатә усзуҩы, Аԥсны ахьыԥшымра азықәԥаҩ Иури Аргәыни Муҳадин Шенкауеи. Сҭамԥыл, 2004 шықәса
© Муҳадин Шенкауа иархив аҟынтә
Аԥсныи Нхыҵ-Кавказтәи ажәларқәеи мчыла Ҭырқәтәылаҟа рахгара иазку алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатә аҿы. Арыӷьарахьала арымарахь: Муҳадин Шенкауа, Џьамалеҭҭин Иумиҭ (Арӡынба), Иури Аргәын, Лацәыш, Владимир Аҩӡба. Сҭамԥыл, 2004 шықәса
Аԥсныи Нхыҵ-Кавказтәи ажәларқәеи мчыла Ҭырқәтәылаҟа рахгара иазку алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатә аҿы. Арыӷьарахьала арымарахь: Муҳадин Шенкауа, Џьамалеҭҭин Иумиҭ (Арӡынба), Иури Аргәын, Лацәыш, Владимир Аҩӡба. Сҭамԥыл, 2004 шықәса
© Муҳадин Шенкауа иархив аҟынтә
Жәларбжьаратәи Ачерқьесстә Ассоциациа анагӡаратә еилакы аизара ахьымҩаԥырго аҭыԥ аҟны. Арымарахьала арыӷьарахь: Иури Агырба, Иунал Агача, Муҳадин Шенкауа. Сҭамԥыл, 2004 шықәса
Жәларбжьаратәи Ачерқьесстә Ассоциациа анагӡаратә еилакы аизара ахьымҩаԥырго аҭыԥ аҟны. Арымарахьала арыӷьарахь: Иури Агырба, Иунал Агача, Муҳадин Шенкауа. Сҭамԥыл, 2004 шықәса
© Муҳадин Шенкауа иархив аҟынтә

Насгьы, Аԥсны адгылара аҭаразы иаԥҵаз аштаб ацхантәаҩыс дыҟан, активла ахҵәацәа дрыцхраауан – анхарҭа ҭыԥқәа рзыԥшаареи, атәылауаҩра аиуреи, «ахҵәацәа» ҳәа астатус аиуреи рҿы, насгьы аҿарацәа ҞЧА иреиҳаӡоу аҵариурҭақәа рҿы рҵара иацырҵарц азы иҟаиҵаз рацәаӡоуп.

Абаза культура аиқәырхара иазкыз азҵаарақәа жәпакы Муҳадин Шенкауа иԥышәеи иавторитети рыбзоурала ирласны иӡбахон. Уахь иаҵанакуеит аҟыбаҩ бзиа злоу аҿар рыцхраара, еиуеиԥшым асоциалтәи, акультуратәи проектқәа рынагӡара.

Муҳадин Али-иԥа ҩынтә (2001, 2009 шықәсқәа рзы) далырххьан ҞЧА Жәлар Реизара–Апарламент адепутатс, еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иааникылон абарҭ амаҵура ҭыԥқәа: адгьылқәаарыхратә еилакы ахантәаҩы; арегламенти аинформациатә политикеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ; азакәанԥҵареи, азакәанреи, аҳәынҭқарратә ргылареи рзы аилак ахантәаҩы.

Шенкауа активла дрылахәын Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика азакәанԥҵаратә процессқәа: азакәанқәа рыхцәажәареи, реиқәыршәареи, рыдкылареи. Иаҳҳәап, «ҞЧР иқәынхо ажәлар маҷ – абазақәа ирызкны» ҳәа зыхьӡу азакәан адкылареи, иара убас Абаза муниципалтә раион аԥҵара иазкыз азҵаарақәеи зегьы дрылахәын.

Муҳадин Шенкауа иԥсҭазаареи имҩаԥиго ауаажәларратә усуреи зегьы алацәажәаразы материалк азхом. Зыламыс цқьоу, зхы ӡырзымго, аиаша иашьҭоу, агәымшәара злоу, зыԥсҭазаара имилаҭ рымаҵ аура иазызкыз – абасоуп ишиахцәажәо Муҳадин изааигәоугьы, хаҭала дыззымдыруагьы. Ажәлар рҟны имоу авторитет уи зегь аршаҳаҭуеит.

Ижәлар реиқәырхареи рыҿиареи аус далацәажәо, Шенкауа иазгәеиҭоит: «Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны аус ду мҩаԥаҳгеит, уи, ҳәарада, изынагӡахомызт зус гәыкала иазнеиуа аԥхьагылаҩцәеи, активистцәеи, зыжәлар рԥеиԥш иашьҭоу ауааԥсыреи рыда. Уи аҩыза аидгылара ада азҵаарақәа зегьы ҳазрыҵгәомызт. Уажәазы иаҳамоуп аструктуратә ҟәша – «Алашара», Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, урҭ зегьы ҳажәлар рҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбаразы аус руеит. Ҳусура зегьы асистематизациа ахьазу даара ҳазгәдууп. Ҳара ҳганахьала иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ҿыц аполитикахь, ма ауаажәларратә усурахь иааиуа аҿар рабиԥара иҳамоу аԥышәеи, адыррақәеи рыла реибыҭаразы».

Муҳадин Али-иԥа Шенкауа данқәыԥшыз ихазы, ижәлар рзы игәы иҭеикыз зегьы нагӡахеит уҳәар ҟалоит. Насыԥ змоу уаҩны ихы иԥхьаӡоит, ивара дыҟоуп ихатәҩыза бзиа, ан хазына Ирина Адыльгьари-иԥҳа, хҩык иԥацәа, хҩык имоҭацәа – арԥыски, ҩыџьа аҭыԥҳацәеи. Ҳаицәажәара ахыркәшамҭаз Муҳадин Али-иԥа игәырӷьара сыцеиҩишеит: хара имгакәа аҭаацәараҿы даҽа моҭак иира иазыԥшуп.

Муҳадин Али-иԥеи уи иҭаацәареи зегьы ирзеиӷьаҳшьоит анасыԥ ду, аманшәалара, агәабзиара, ашықәс рацәа!