ИАЕ «Алашара» аԥшьгарала Аҟәа имҩаԥысуаз аԥсуа милаҭтә маҭәа аӡахшьа иазкыз акурсқәа хыркәшоуп.

Саид Барганџьиа

Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы ихыркәшоуп аԥсуа милаҭтә хаҵа маҭәа аӡахшьа арҵаразы ҷыдала еиҿкааз акурс азыӡырыҩцәа разыҟаҵара иазкыз апроект. Ишәгәалаҳаршәоит, арҭ акурсқәа шаартыз ИАЕ «Алашара» аԥшьгарала, ассоциациа ахада Мусса Егзакь ишьақәирӷәӷәаз 2019 шықәсазтәи апрограмма инақәыршәаны, хықәкысгьы ирыман аԥсуа-абаза напҟазара ахкқәа реиқәырхара. Апроект нагӡоуп Аҟәатәи аӡахра ашкол «Мода-Текс» аус ацурала.

ИАЕ «Алашара» Аԥсны иҟоу ахаҭарнак Алиас Аиба еиҭеиҳәеит, апроект ԥшьымз ирҭагӡаны ишымҩаԥысуаз. Амилаҭ маҭәа аӡахшьа рҵон хәҩык ауааԥсыра. Рҵара ахыркәшамҭаз апроект алахәцәа ахацәа ркостиумқәа хәба рӡахит.

«Ари апроект хықәкы хадас иамоу – аԥсуа милаҭтә маҭәа аларҵәароуп, иара убасгьы уи аӡахшьа иацу акәама-ҵамақәа здыруа аҟазацәа рхыԥхьаӡара аизырҳара, ус анакәха уи аԥсуа-абаза милаҭтә костиум атрадициақәа реиқәырхара иацхраауеит», – иҳәеит Алиас Аиба.

Аӡахреи асреи рышкол «Мода-Текс» аҟны рҵаҩыс аус зуа Кетеван Лихобабенко лакәзаргьы иазгәалҭеит апроект рхы шаладырхәыз акыраамҭа аԥсуа милаҭ маҭәа аинтерес змаз, уи аӡахшьа зҵар зҭахыз аҭыԥҳацәа.

Арҵаҩы лажәақәа рыла, акурсқәа қәҿиарала имҩаԥысит, уадаҩра ҳәа акгьы рԥымлеит. Лара иазгәалҭеит иара убасгьы, ари апроекти уи иацназго егьырҭ апрограммақәеи рҵакы шдуу, ажәлар ркультуреи рытрадициақәеи реиқәырхара иацхраауеит аҟнытә.

«Ԥшьымз ирылагӡаны апроект алахәцәа идҳарҵон амаҭәа аибыҭашьа, аӡахшьа атехнологиа, дара ахысит убас амаҭәа асахьа аҭыхшьа акурсгьы. Агәыӷра сымоуп, амилаҭ маҭәа еиҳа лассы-лассы ауаа иршәырҵалап ҳәа еиуеиԥшым ахҭысқәа раан», – лҳәеит Лихобабенко.

Апроект аиҿкааҩцәеи, хаҭалагьы Мусса Егзакьи иҭабуп ҳәа ралҳәеит акурс аушьҭымҭацәа ируаӡәку аӡахҩы қәыԥш Ревекка Цәеиԥҳа.

«Сара сзы игәахәара дуун абас еиԥш аинтерес зҵоу апроект сахьалахәыз. Амилаҭ маҭәа ҿазҵар зҭаху рацәаҩхап ҳәа сгәыӷуеит», – лҳәеит Ревекка Цәеиԥҳа.

Аԥсуа-абаза милаҭ рыҿиара ацхырааразы жәларбжьаратәи ассоциациа «Алашара» уажәтәи аамҭазы апроект ацҵаразы иҟоу алшарақәа еилнакаауеит: апроект аҩбатәи аетап аҟны амилаҭ маҭәа аӡахшьа зҵар зҭаху аҳәса рымаҭәа аус адырулалоит. Акурс ҿыц ахь адкылара аналаго заанаҵ ирылаҳәахоит.