ҞЧА Апарламент ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс иалху, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахантәаҩы Мусса Егзакь, АААК Аинфопортал иазеиҭеиҳәеит ари амаҵураҟны дзыхьӡарц ииҭаху, гәҭакқәас имоу.

Цәыббра 25 рзы ҞЧА Апарламент асессиаҟны Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахантәаҩы Мусса Егзакь далхын Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика Жәлар Реизара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс. Иара АААК Аинфопортал иазеиҭеиҳәеит ари имаҵураҟны иҟаиҵарц ииҭаху, гәҭакқәас имоу.

Мусса Егзакь иқәҿиарақәа рҭоурых алагоит Санкт-Петербург иуникалтәу арҿиаратә ҭыԥ «Гранд Канион» аргыларала. Иахьазы Урыстәыла аҩадатәи аҳҭнықалақь ҳәа изышьҭоу ақалақь аҟны инхо ауааԥсыра зегьы уи иаднаԥхьалоит, хыԥхьаӡара рацәала иаҭаауеит.

Мусса Егзакь илоу анапхгаратә баҩхатәреи, ауаа реилкаара бзианы иахьилшои, иԥсҭазааратә ԥышәеи, иара убасгьы аусеицуразы иаԥсоу акоманда аизгареи уҳәа реиԥш иҟоу иҟазшьақәа рыбзоурала – 2016 шықәсазы Ажәабатәи жәларбжьаратәи еиҭамҵуа амал иазку аинвестициатә форум «Proestate-2016» аиубилеитә премиаҟны, аноминациа – «Еиҭамҵуа ахәаахәҭратә мал» анашьан апроект «Гранд Канион».

«Уи аҭыԥ иамаз аура ҳаԥсахит, аҭаацәареи ахәыҷқәеи рыҿиаразы иахәҭоу зегьы аԥаҳҵеит. Ари акоммерциатә проект анаԥшьаҳгоз, раԥхьаӡа иргыланы ҳара ҳазхәыцуан, имҩахыҵуа ауаҩы изы акомфорт аԥҵара, ҿыц еиҵагылоу аурыс абиԥара ргәы бзианы, амч рыланы еизҳаларц азы, – ҳәа еиҭеиҳәоит Мусса Ҳабал-иԥа. – Убас, «Гранд Канион» иаҵанкуа аспорттә клуб «Лидер спорт» аҟны аус ауеит «Ахәыҷтәы спорттә академиа», уи асекциақәа рҟны зықьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа рҽазыҟарҵоит. Урыстәыла ачемпионцәа рыдагьы, ҳара иҳааӡеит Европеи адунеи ачемпионцәа».

Абизнес аҟны еффективла аусқәа рынагӡара адагьы, жәашықәса инареиҳаны, ИАЕ «Алашара» аҟны аус зуа Мусса Егзакь идгылаҩцәеи иареи Нхыҵ Кавкази Аԥсныи имҩаԥыргоит абаза жәлар рбызшәеи, ркультуреи реиқәырхареи рыҿиареи ирызку агуманитартә программақәа.

«Апрофессионалтә командеи, аҭыԥан аусқәа шыҟаҵәҟьоу адырреи, нас убри зегьы Кавказ жәларқәа рхаҭарнакцәа иҳалааӡоу акультуреи нацуҵар, иуоуеит уамашәа иубаша асинергиатә еффект, – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Мусса Егзакь. – Ҳара ҳусура иадҳаԥхьалоит имаашьо, абзиара аԥҵара иашьҭоу ауаа, ауаҩы ихы агәрагара иоурц азы аҭагылазаашьақәа аԥаҳҵоит, идунеидкылашьа ҳаԥсахуеит. Сара агәра ганы сыҟоуп, иаԥаҳҵаз модель – апатриотизм злоу, иӷәӷәоу аграждантә еилазаара ашьақәыргылара амодель – ҿырԥшы бзиак аҳасабала ҳтәыла араионқәеи, иара убас Урыстәыла арегионқәеи рҿы қәҿиарала ахархәара алшоит ҳәа».

Мусса Егзакь еиҭеиҳәеит, акыршықәсатәи иусура иалагӡаны аиланхарҭақәеи, ақалақьқәеи рхадарақәа рымадара аԥышәа ширҳаз, иааидкыланы – ҞЧА администрациа амадара аԥышәагьы уахь иналаҵаны. Убри зегьы стиумлҵас изыҟалеит «аполитика аганахь» ихы ирхарц азы.

Ҿыц иалху ҞЧА Апарламент ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит, ауааԥсыреи абизнеси рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы арегионалтә закәанԥҵара аиӷьтәра гәцаракрала иҽазикырц игәы ишҭоу.

«Ҳарҭ (абазақәа – аред.) хазы, адгьылбжьахаҿы инхо милаҭны ҳаҟаӡам. Убри аҟнытә амилаҭрацәа ахьынхо ҳреспубликаҟны иҟаҳҵалак, еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбаразы ииашоу амодельқәа аԥаҳҵозар, ҳәарада, анаҩс урҭ амодельқәа, иаарласны ҞЧА инхо амилаҭкәа зегьы ирныԥшуеит, ирылаҵәоит», – иҳәоит Егзакь, инацҵангьы иазгәеиҭоит, азакәанԥҵаратә усура «раԥхьаӡа иргыланы – ҭакԥхықәра дууп» ҳәа.

АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы убасгьы дрылацәажәеит, акакалагьы иаликааит имаҵура ҿыц аҟны аус здиулараны дыҟоу азҵаарақәа.

«Азиндырратә еилкаарақәа маҷк ҳрыцәхьаҵны иаҳҳәозар, иахьазы, раԥхьаӡа иргыланы ихадоу зҵаарақәаны сара исыԥхьаӡоит – ахәыҷқәа рааӡара, амилаҭ бызшәақәа реиқәырхара, аҵараиура асистема аиӷьтәра. Иҷыдоу ахылаԥшра рыҭатәуп ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи – ҳтәыла аԥеиԥш зхьыԥшу ахәыҷқәа иахьа ирылаҳааӡо ауп», – иҳәеит Мусса Егзакь.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, абызшәа аиқәырхара – «амилаҭ аиқәырхара» шакәу.

«Апарламент аҟны аусура ҳхы иаҳархәар ҳҭахуп, абызшәа аиқәырхара иазку азҵаарақәа рыла асистематә ҟазшьа змоу, ихәарҭаны ишьақәыргылоу, гәаартылатәи аицәажәара аиҿкааразы. Иаԥҵалатәуп аҳәынҭқарратә программа абызшәа ахьчара хықәкыс измоу – иарбанзаалак ажәлар, ус анакәха аҳәынҭқаррагьы зықәгылоу уасхырк аҳасабала», – иҳәоит Мусса Егзакь.

Аицәажәара хыркәшауа, ҿыц иалху ҞЧА Апарламент ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ агәыӷра ааирԥшит, ҞЧА Жәлар Реизараҟны иусура маншәалахап ҳәа.

«Агәра ганы сыҟоуп, Жәлар Реизара адепутатцәа еидгыланы русеицуреи ҳалхыҩцәа иҳарҭо адгылареи неицланы аихьӡара ҳаракқәа ҳарҭоит ҳәа», – иазгәеиҭеит Мусса Егзакь.

2019 шықәсазы ҞЧА Апарламент аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны иалагалан ҞЧА Жәлар Реизара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩцәа ҩыџьа рмаҵурақәа. Убарҭ амаҵурақәа рахь иалхын Мусса Егзакьи Альбина Аслануковеи. Урҭ ауаажәларра рыхьӡала аус руеит, уалафахәыда.