25040

Цәыббра 30 рзы Аԥсны зехьынџьара имҩаԥысит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш 26 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа.

Аԥсны иазгәарҭеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш: Ашәахьа, цәыббра 30 рзы ҳтәылаҿы имҩаԥысит Аԥсны жәлар рџьынџьтәалтә еибашьраҿы аиааира 26 шықәса ахыҵра иазкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа.

АБРИ АТӘЫ ЕИҲА ИНАРҬБААНЫ >>

Аусмҩаԥгатәқәа реиҳарак аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысит. Аныҳәа аҽны, ашьыжь атәыла ахадареи Аԥсны иаҩызцәоу аҳәаанрыцәтәи атәылақәа рделегациақәеи ҩ-меморилк рҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит – Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибаҟеи (Аладатәи Ешыра), Аҟәа Ахьӡи-Аԥша абаҳчаҿы игылоу Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟеи аҿаԥхьа.

Аныҳәамш хыркәшан аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа злахәыз аконцерт ала, анаҩс аныҳәатә салиут ҟаҵан. Аԥсны Аиааира амш сынтәа 26 шықәса раахыс иазгәарҭоит, аԥсуа еибашьцәа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә атәыла ахы ианақәиҭыртә аҽны инаркны. Иара абри амш Ахьыԥшымра иамшны иԥхьаӡоуп. Есышықәса цәыббра 30 рзы Аԥсныҟа аҳәаанырцәтәи асасцәа рацәаҩны иаауеит, аԥсуа жәлар ари амш ирзацу ргәырӷьара рыцеиҩыршарц. Урҭ аауеит аимабзиара ахьҳабжьоу атәылақәа рҟынтә – Приднестровие, Ашьха-Ҟарабах, Шьамтәыла, Италиа, Аахыҵ Уаԥстәыла реиԥш иҟоу, арахь иааит иара убас аҳәаанырцәтәи ҳашьцәагьы Ҟарачы-Черқьесиантә, Ҟабарда-Балкаринтә, Москвеи, Санкт-Петербурги рҟынтә, Ҭырқәтәылеи, Шьамтәылеи, Иорданиеи рҟынтә.