Жьҭаара 3 рзы имшира азгәеиҭоит АААК апрезидиум алахәыла, Иорданиатәи ҳџьынџьуаҩ Ануар Чкәуа. Аконгресс аделегациа Иорданиа иаҭааны ианыҟаз, АААК аинфопортал агәацԥыҳәара ду змоу ари арԥыс иҿцәажәеит.

Изольда Ҳагԥха

Аԥсадгьыл ахь абзиабара ауадаҩрақәа зегьы ириааиуеит, аамҭеи ахарареи уахь иналаҵаны. Уи абзиабарахь иаҵанакуеит ужәлари, ужәлар ркультуреи, рҭоурыхи гәадурала рызнеира. Иароуп амчгьы узҭо уԥсадгьыли ужәлари ринтересқәа рыхьчараҿы.

АААК Иреиҳаӡоу ахеилак апрезидиум алахәыла, Иорданиатәи ҳџьынџьуаҩ Ануар Чкәуа изы «аԥсадгьыл ахь абзиабара» – баша иажәа ԥшӡам, убас еиԥш агәацԥыҳәара изҭо мчуп.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иорданиатәи Ҳашимиҭтәи Акралра ианаҭаа, иара иоуп аделегациа аиԥыларақәа зегьы еиҿызкааз, аиқәыршәаратә усқәеи, аҭаара апланқәеи зегьы иара «ибӷа иқәҳаит». Аха иҭабуп ҳәа иаҳҳәацыԥхьаӡа, иирҳауамызт, «аишьцәа рыбжьара «иҭабуп» ажәа ыҟамзароуп, аишьцәа еицхыраауазароуп» ҳәа ҳаҭеикуан.

Чкәуаа рҭаацәара ду

Ануар Чкәуа диит, иагьизҳит Амман ақалақь аҟны.

Ануар иахьынӡаизышьақәыргылаз ала, рҭаацәара аҭоурых ахы акуеит 1841 шықәсазы иабдуцәа рабду Ҳаџьа Иса иирала, Ҟарачы-Черқьестәыла, Инџьықь-Ҷкәын ақыҭан. Уаантәи иара иҭаацәа иманы Ҭырқәтәыла ала Голантәи аҳаракырақәа рахь нхара диасит (Голантәи аҳаракырақәа шьамтәылатәи апровинциа Кунеитра иаҵанакуан – аред.). Ҩыџьа аԥҳацәеи, ҩыџьа аԥацәеи иман. Иԥацәа Маџьыҭи (Ануар иабду иаб) Саиди рыхьӡын. Иԥҳацәа рыхьӡқәа ҳара ҳҟынӡа изымааит.

Аишьцәа аҭаацәара дуқәа аԥырҵеит: Саид ааҩык ахшара иоуит, Маџьыҭ – фҩык. Иахьазы Саид ихылҵшьҭрақәа рыхәҭак Шьамтәылантәи Аԥсныҟа иааны, ара инхоит.

Маџьыҭ иԥеиҳабы Шьариф – Ануар иабду – имацара иоуп аҭаацәара ду рахьтә Шьамтәылантәи Иорданиаҟа нхара ииасыз

Шьариф Чкәуа аҟарач ҭыԥҳа Фатима Аҭмырза ԥҳәысс дааигеит. Урҭ жәҩык ахшара рхылҵит: хәҩык аԥацәеи – Ашьраф, Наиф (Ануар иаб), Маруан, Ҳаиса, Мазгар, ԥшьҩык аԥҳацәеи – Лутфиа (иахьазы Маиҟәаԥ дынхоит – аред.), Ханна (Иорданиа дынхоит – аред.), Хиам (Иорданиа дынхоит – аред.), Самер (Америка дынхоит – аред.).

Наифи уи иԥшәмаԥҳәыс ачечен ҭыԥҳа Фриаль Зандаки рҭаацәараҿы Ануар инаҩс, ҩыџьа аԥҳацәа ыҟоуп – Аруеи Ханнеи.

Ануар иаби иани – Наифи Фриальи тәанчара ицеижьҭеи акрааҵуеит. Наиф Чкәуа даныҷкәыназ Иорданиатәи аҳаирцәаҳәақәа рҟны менеџьерс аус иуан, шықәсқәак аус иуан Москва, Дубаи, Рим, Ливиа, Сингапур уҳәа адунеи егьырҭ аҭыԥқәа рҿгьы.

2002 шықәсазы Ануар ашкол даналга «Асасааирҭатә бизнес» афакультет дҭалеит, аус иуан апринц Али бин аль-Хусеин ихан аусбаҩыс, уажәы ааԥхьара иоуит Амман иҟоу Британиатәи ацҳаражәҳәарҭа аиҭамҵмал ахылаԥшҩыс аҟаларазы.

Амелодиа гәакьа

Ануар Чкәуа иажәақәа рыла, иара разҟыс иман дхәыҷаахыс ихылҵшьҭра аӡбахә ахьиаҳауаз: иани иаби рыжәлар аҭоурых иазкны ирдыруаз, иргәалашәоз зегь изеиҭарҳәон. Аҭаацәараҿы рыблаҷыц еиԥш еиқәырханы иааргон рыԥсадгьыл иадҳәалаз агәалашәарақәа зегьы. Иаргьы дшыхәыҷӡаз убарҭ ажәабжьқәа, аҭоурыхқәа дрызгаган, еснагь азҿлымҳара ду иманы дырзыӡырҩуан.

«Ҳкультуреи ҳатрадициақәеи ирызкны издыруа зегьы иахьа схәыҷқәа ирзеиҭасҳәоит. Ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи реиқәырхара анҳалымша, милаҭк аҳасабала ҳхаҿра ҳцәыӡуеит. Ҳара ҳзааӡо, егьырҭ ҳреиԥшзымтәуа ҳәагьы иҳамоу ҳаԥсуароуп, уи арӡрагьы азин ҳамаӡам – ҳәа иԥхьаӡоит Ануар Чкәуа.

Ануари уи иԥшәмаԥҳәыс – ачерқьес ҭыԥҳа Алла Абаӡехи (Ҭлыча) рҭаацәараҿы ахәыҷы хазынақәа ирызҳауеит: рыԥҳа Лариса жә-шықәса лхыҵуеит, рԥа Амир – фы-шықәса.

АААК аделегациа Иорданиатәи Ҳашимиҭтәи Акралра раҭаараан, ҳара Ануар иҩны ҳаҟан, уи иԥшәмаԥҳәыси, уи лани лаби, нас рхәыҷқәеи ҳрабадырит. Ари аҩнаҭаҿы зегь рыла иубаратәы иҟан аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи патуқәҵарала ишныҟәырго, аиҳабацәа раҳаҭырбареи, итрадициатәу асасдкылареи араҟа еицамкрада еиқәханы ишыҟоу.

Шаҟагьы ҳгәы иахәазеи Амман ақалақь аҿы ҳаҟаны аԥсуашәа ахьҳаҳаз – уи игәырӷьаҵәа иацкәашон ахәыҷқәа. Алла лажәақәа рыла, ахәыҷқәа абри амелодиа ныҳәак аҿы ираҳан, даара иргәаԥхеит, нас рхала иԥшааны есыҽны иаҿаркуеит. Имашәырымзар ҟалап, амелодиақәа зегь рахьтә аԥсуашәа ахьалыркааз, лымкаала ргәы иахьанырыз.

Аԥсны раԥхьатәи аҭаара

Ануар раԥхьаӡа акәны Кавказҟа дааит 2009 шықәсазы, Аԥсны даҭааит 2010 шықәсазы.

«Раԥхьаӡатәи сцәаныррақәа еиҭаҳәашьа рымамызт, ихышхыҵәон. Даара сеиуалыуашеит, хәыцрашәк сеимаркуан, избан, ишԥаҟалеи абрысҟаамҭа ҳаԥсадгьыли ҳареи аимадара ҳцәыӡыртә ҳәа. Уиижьҭеи зҽызыԥсахыз рацәоуп. Алшара шаасоулак еиԥш еснагь Аԥсныҟа сцоит, иара убас Черқьесск, Маиҟәаԥ. Сҭаацәагьы сыманы сцахьеит, урҭгьы ҳаԥсадгьыл ргәы алаханы бзиа ирбеит, уаҟа инхо ҳауацәа рацәаҩуп. Сара атәылауаҩреи, уи зыршаҳаҭуа атәылауаҩшәҟәи соуит», – ҳәа игәырӷьара изымҵәахуа иҳәеит Ануар Чкәуа.

Агәахәара ду унаҭоит, Иорданиатәи адиаспора рахьтә ҳзыҿцәажәоз зегьы, шәҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ахынҳәра шәгәы иҭоума ҳәа ҳанразҵаауаз, гәыҩбарада ааи ҳәа аҭак ахьҳарҭоз. Агәыхыҭхыҭра зцу ари атема анаацәыраҳгоз еснагь гәыӷрала иҭәу аԥшышьеи аччаԥшь хааи акәын ирҿықәлоз ҳџьынџьуаа.

Ануар Чкәуагьы Аԥсныҟа нхара ҳәа аара гәаҳәарас имоуп.

«Сара еснагь уахь ацара сазхәыцуеит, акырынтәгьы сҽеиқәсыршәахьеит, иақәскхьеит, аха макьаназы уи аамҭа мааицт. Ҳанхареи ҳусуреи рызҵаара ӡбатәуп, нас ахәыҷқәа рҵара иадҳәалоу азҵаарагьы. Сусура аԥышәа исмоу хархәашьак аҭатәуп», – иҳәоит Ануар Чкәуа.

Иара ихаҭа аурысшәа бзианы иҳәоит, уи, ҳәарада, Аԥсныҟа даар, дарманшәалоит, аха ихаҭа иҳәан еиԥш, «иҭаацәагьы ирызхәыцтәуп, иани иаби, ихәыҷқәеи».

«Ҳаԥсадгьыл ҳацәыхараны акыргьы ҳанхеит, уажәшьҭа ҳхьышьҭрахь ҳагьежьра аамҭа ааины иҟоуп, иҳалшар», – ҳәа ихьааганы, агәыӷрагьы ацны иҳәеит Ануар аицәажәарақәа руак аан.

Аԥсшәа аҵара акырынтә иаԥшьигахьеит иҷыдоу акурсқәа рҟны, уимоу ихаҭагьы Амман урҭ акурсқәа раартреи русуреи дахылаԥшуан. Ануар игәаанагарала, абас иҟоу акурсқәа рҟны абызшәа аҵара алшоит, ианамуӡах ухатәы бызшәа уаҳауа уҟалар улшоит.

«Абызшәа адырра уцхраауеит умилаҭ ркультуреи рҵасқәеи реилкаараҿы. Хәарҭара ду роуны иҟаларын аҭоурыхи, акультуреи, аԥсуареи ирызку алекциақәагьы», – ҳәа агәра ганы дыҟоуп Ануар Чкәуа.

Аконгресси ауаажәларратә усуреи

Ануар иԥҳәыси иареи макьана иқәыԥшуп, раԥхьаҟа аусқәа рацәаны ирзыԥшуп, рхәыҷқәа рааӡареи рҵареи уҳәа рымчқәа здырҵаша маҷым. Аха аҭаацәа реиҳабы иаамҭа акыр ауаажәларратә усура иазикуеит. Хаҭалагьы иаҳҳәозар, Иорданиа аҟынтә АААК Иреиҳаӡоу ахеилак далоуп, иара убасгьы Иорданиа иҟоу аԥсуа-абаза милаҭ ахаҭарнакцәа зегьы еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаара «Диуан Абаза» аусура далахәуп.

«Сара ишысыԥхьаӡо ала, хықәкы хадас исымоу – Иорданиа иҟоу аԥсуа-абаза ҭаацәара ирыхәаша акы аҟҵароуп, ҳатрадициақәа рыӡбахә аиҭаҳәара, ҳҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи еимаздо цҳас аҟалара сылсыршароуп. Еснагь сашьҭоуп ҳдиаспора рыхынҳәра [рыԥсадгьыл ахь] амҩақәа рыԥшаара», – ҳәа ихәыцрақәа ҳацеиҩишоит Ануар.

Иара игәаанагарала, арепатриациа азҵаара ишәаны-изаны, ццакрада изызнеитәу акоуп. Адиаспора ахаҭарнакцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәырц азы, инеишьҭаргыланы аҭагылазаашьақәа аԥҵалатәуп – абызшәа азҵаареи, анхарҭа ҭыԥқәеи, аусурҭақәеи рыԥшаара азҵаареи ӡбалатәуп. Иахьа Иорданиа иҟоу Аконгресс актив убри инадҳәаланы хықәкылатәи апрограммақәа рыҩра иаҿуп, убри аус иахьынӡауа аҿарацәа адыԥхьаланы, избан акәзар урҭ роуп арҭ аидеиақәа ԥхьаҟа иназгаша, еихазҳаша.

Ануар иҭаацәараҿы иара иакәӡам зегь раԥхьа Аконгресс иалалаз. Иара иабду Шьариф Чкәуа 1994 шықәсазы Аԥсныҟа даахьан, усҟантәи Аԥсуа-абаза милаҭ жәларбжьаратәи рассоциациа аҩбатәи реилатәара далахәын.

Атрадициақәа еиқәырханы пҳьаҟа рнагара

Адиаспора ирхаҭарнакцәоу аҿарацәа АААК иамоу аҵакы еилыркаарц азы, Аконгресс аҭоурых атәы рзеиҭаҳәалатәуп, уи ухықәкыс, хыдҵақәас иамоу, рыԥсадгьыл аҿы проблемақәас иҟоу рдыруазароуп, рыжәлар рзы хәарҭас иҟарҵарц ирылшо еилыркаарц азы ҳәа агәра ганы дыҟоуп Ануар Чкәуа.

«Иорданиа иҟоу аҿар рабиԥара Аконгресс аусура даара иазҿлымҳауп, сара АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәылак иаҳасабала дҵас исымоуп ииашоу амҩа ранҵара, ргәы ашьҭыхра. Ҳажәлар ацхыраара рҭахуп, избан акәзар ҳҭоурых уадаҩын, шықәсырацәала ҳаԥсадгьыл ҳаҟәган. Сара исылшо зегьы ҟасҵоит аҿар еидкыланы, Аконгресси «Алашареи» иаздырхиаз апрограммақәа аус рыдуларазы. Иҳамоу еиқәҳархарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит», – ҳәа гәацԥыҳәарала иҳәоит Ануар Чкәуа.

Аҭабура ду ааирԥшуеит Аԥсны аҳәынҭқарра аганахьала иҟоу аҽазышәарақәа рзы – Арепатриациа аминистррала адунеи иалаԥсоу адиаспора рырхынҳәра азҵаара аӡбара иахьаҿу. Ҳџьынџьуаҩ ари аус даараӡа акраҵанакуаны дахәаԥшуеит. Иара игәаанагарала, адиаспора ахаҭарнакцәа ирацәажәалатәуп, иаразнак ала изыхнымҳәыргьы, уи азхәыцра иалагарц азы, иааны рҭоурыхтә ԥсадгьыл рыблала ирбарц азы.

Ануар гәаартыла иҳаиҳәеит, ауаажәларратә усура аамҭа рацәа аҭахуп ҳәа, аха уи иамоу аҵакы дырны, еизҳауа абиԥарақәа рзы хәарҭара шаҵоу еилкааны уи ацҵара дазхиоуп.

«Ҳара ҳҭаацәаараҿы аԥсуара ҳаларааӡон, саргьы сыҩнаҭаҿы урҭ атрадициақәа еиқәхарц азы исылшо ҟасҵоит, схәыҷқәа рыла урҭ еихаҳахарц азы. Убри ауп ус хадас схы иадысҵо», – ҳәа иажәа хиркәшоит Ануар Чкәуа.

Ануари иҭаацәеи уанрыхәаԥшуа, иџьаушьоит: изларылшои абас зҭоурыхтә ԥсадгьыл иацәыхараны инхо, абрысҟаамҭагьы иаҟәгоу ауаа абас ицаҳәцаҳәуа агәыбылра аиқәырхара. Иорданиа ииз, изызҳаз Ануар Чкәуа, ҳәара аҭахума, дахьынхо атәыла акультурагьы ҳаҭырқәҵарала иныҟәигоит, аха уи иԥырхагамхеит ихылҵшьҭра аҭоурых амырӡраҿы, имилаҭ еиқәзырхо ҳәа дызхәаԥшуа аԥсуара аԥҟарақәа рықәныҟәараҿы.

Гәык-ԥсыкала Ануар имшира идаҳныҳәалоит, изеиӷьаҳшьоит игәҭакқәа зегьы рынагӡара, агәҭак ҿыцқәеи, аидеиа ҿыцқәеи, аиааира ҿыцқәеи, ақәҿиарақәеи ицзааит Иорданиа иинхо аԥсуа-абаза диаспореи иуаажәлари зегьы рымшхәыбзазара иазынархоу иусураҿы.