Уажәшьҭа шәышықәса инархыҳәҳәо иҵуеит жьҭаара 10 рзы диижьҭеи еицырдыруа аҵарауаҩ, аԥсуа археологиа аклассик Михаил Ҭраԥшь – Аԥснытәи аҭоурыхҭҵааҩцәа рыдагьы кавказҭҵааҩцәа зегьы рзы хәы змаӡам аҭынха аанзыжьыз. Абри арыцхә инамаданы АААК аинфопортал аҟны иаҳкьыԥхьуеит иара изку аочерк.

Арифа Қапԥҳа

Раԥхьатәи апрофессионалтә аԥсуа археолог Михаил Ҭраԥшь аԥсуа археологиатә ҭҵаарадырра ашьаҭа икит, уи иусумҭақәа уасхырны ирзыҟалеит иаамышьҭахь еиҵагылаз егьырҭ аԥсуаа ҵарауаа. Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь дшыхәыҷызнатә археологиа агәыблыра икит ҳәа агәра ганы иҟоуп иколлегацәа аӡәырҩы. Зегь раԥхьаӡа иҭиҵааз Ҟәланырхәатәи аԥсыжырҭоуп, уи иара дахьииз, дахьааӡаз аҩнаҭа азааигәара иҟоуп.

Идгьыл гәакьа амаӡақәа

Михаил Ҭраԥшь диит Ҟәланырхәа ақыҭан (Гәдоуҭа араион иатәу аԥсуа қыҭа – аред.) жьҭаара 10, 1917 шықәсазы, анхаҩы Ҭраԥшь Мамеҭ иҭаацәараҿы. Быжь-класск дрылгеит Гәдоуҭатәи ашкол аҿы, анаҩс Гәдоуҭтәи ақыҭанхамҩатә техникум далгеит. Аха ақыҭанхамҩа рацәак аинтерес имамызт: иара иаҳа дыздызԥхьалоз ажәытә аамҭа акәын, дазҿлымҳан аҭоурых, адгьыл иаҵаҵәахны иамоу амаӡақәа раартра дашьҭан. Убас, 1935 шықәсазы Михаил Мамеҭ-иԥа дҭалоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет. Ибзиаӡаны иҵара хыркәшаны, аспирантура дҭалоит Қарҭ, Џьавахишьвили ихьӡ зху Аҭоурых аинститут аҿы.

«Уаҟа иара ихы бзианы иааирԥшит аԥеиԥш ду ззыԥшу, агәыӷрақәа зыдҳәалаз арԥыск иаҳасабала, – ҳәа азгәеиҭоит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, археолог Аркади Џьапуа, – аха, 1939 шықәсазы, аинститут данҭала ашьҭахьҵәҟьа аррахь иԥхьеит. Аррамаҵура дахысуан Ҟрым, Севастополь ақалақь аҿы».

Нас хара имгакәа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алагеит, Михаилгьы афрон ахь дцеит. Ленинград ахақәиҭтәразы аидысларақәа дрылахәын. Михаил Ҭраԥшь аибашьра зегьы дахысит, уи анынҵәоуп аҩныҟа данаа. Урҭ аамҭақәа игәалаиршәоит ҳаамҭазтәи археолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Олег Бӷажәба.

«Михаил Мамеҭ-иԥа сара схәыҷаахыс дыздыруан, аха иара изку раԥхьаӡатәи сгәалашәара инықәырԥшшәа 1947 шықәсахьы иаҵанакуеит. Усҟан иара аибашьра аҟынтә дхынҳәхьан, аха аррамаҭә ишәын, зегь акоуп. Сымҩашьозар, дкавалеристын», — ҳәа еиҭеиҳәоит аҵарауҩ, анаҩс иааигәаны археолог аус ицызуаз.

Иԥсадгьыл аҿаԥхьа иуалԥшьа нагӡаны, Михаил Ҭраԥшь еснагь игәы ззыҳәоз иус дазыхынҳәит.

«1948 шықәсазы Ҭраԥшь иқыҭа гәакьа Ҟәланырхәа археологиатә жрақәа дрылагеит, иагьиԥшааит ихьшәоу аџьаз аамҭеи заатәи аиха аамҭеи репохахь иаҵанакуа аԥсыжырҭа колхидатәи, аскифтәи акультурақәа иртәу», – ҳәа азгәеиҭоит Аркади Џьапуа.

Ари аԥсыжырҭа нас Ҟәланырхәатәи ҳәа ахьӡ аиуит, уи инарҭбааны аҭҵаара шьаҭас иазыҟалеит Михаил Ҭраԥшь 1951 шықәсазы иихьчаз икандидаттә диссертациа. Аспециалистцәа ргәаанагарала, ари аусумҭа ахә ҳаразкуа акоуп – Ҟәланырхәатәи аԥсыжырҭа – Мраҭашәаратәи Кавказ аҵакыраҿы ихьшәоу аџьаз аамҭеи, заатәи аиха аамҭеи репохахь иаҵанакуа раԥхьатәи иҭҵааз баҟаны иахьыҟалаз.

Ажәытәтәи Аҟәа ҭҵаауа

Археолог инарҵауланы иҭиҵаауаз теманы иҟалеит иара убас ажәытәтәи Аҟәа. Михаил Ҭраԥшь Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы ажрақәа дрылагеит 1951 шықәсазы, Аҟәатәи ашьхаҿы. Уаҟа иара раԥхьаӡа акәны ибеит ихьшәоу аџьаз аамҭахь иаҵанакуа аџьазрҭәаратә ҟазарҭақәа. 1956 шықәса инаркны 1960 шықәсанӡа Ҭраԥшь иҵижааит Алашарбага аҳаблаҿы иҟаз аԥсыжырҭа ду. Ҩышықәса рыбжьара иҭиҵаауан иара убас Баграт ишьхаҿы игылоу абжьарашәышықәсазтәи абааш. Зымҽхак ҭбааз абарҭ иархеологиатә ҭҵаарақәеи, иибаз аԥшаахқәеи ирылҵшәаноуп Михаил Ҭраԥшь дшазааиз абас еиԥш алкаа: Аҟәа ақалақь ахьгылоу аҭыԥан игылан ажәытә аурым қалақь Севастополис.

Михаил Мамеҭ-иԥа напхгара зиҭоз, акрызҵазкуаз археологиатә експедициан Ҵабалтәи аекспедициа. Иара алагеит 1960 шықәсзаы, иагьхыркәшахеит 1967 рзы. Абарҭ абжьышықәса ирылагӡаны уаҟа иԥшаан 180 инареиҳаны аԥсыжырҭақәа.

Аҵарауаҩ, арҵаҩы, амҩақәҵаҩ

Ҵабалтәи ажрақәа раан Ҭраԥшь инапхгарала аус руан абаҩхатәра злаз археологцәа қәыԥшқәа аӡәырҩы. Афизик Исаак Ниутон иажәақәа рыла иуҳәозар, Михаил Ҭраԥшь иакәын «ауаҩнырҳа», заԥхьаҟа иҵарауаҩцәа дуқәаны иҟалашаз арԥарацәа зыжәҩахыр иқәыргыланы иаазгоз.

«Гьаргь Шамба, Михаил Гәымба, Иури Воронов, Олег Бӷажәба реиԥш ҳаҭҵаарадырраҿы икорифеицәаны иҟалаз археологцәа зегьы иара инапхгарала имҩаԥысуаз аекспедициақәа рҿы аус руан, иара имҩа иацызҵоз иҵаҩцәа ракәын уҳәар ауеит. Ҵабал ажрақәа раан ахәқәа хәба рҿы аԥсыжырҭақәа иԥшааит, убарҭ ахәқәа акака аҵарауаа «ириҭеит», доусы иара иҭыԥ аҿы аҭҵаарақәа ирыциҵарц. Абас аҟаҵара зылшо дахьаҵарауаҩ дуӡӡаз адагьы дуаҩ бзиазар акәын», – ҳәа агәра ганы дыҟоуп Аркади Џьапуа.

Ҭраԥшь напхгара зиҭоз Ҵабалтәи аекспедициа дыстудентны далахәын аҭоурыхҭҵааҩ Олег Бӷажәбагьы. Аҵарауаҩ игәалаиршәоит: «Сара аҵыхәтәантәи акурс аҿы аҵара сҵон, Михаил Мамеҭ-иԥа актәи акурс астудентцәа рзы даараӡа аинтерес зҵоу Аԥсны археологиа иазку аспецкурс даԥхьо даналага. Саргьы убарҭ алекциақәа рахь сныҟәо салагеит, уи сара исыхәон аспирантура сҭаларц азы. Убас, аԥшьбатәи акурс аҿы итәаз астудент, актәи акурсаа рлекциақәа сырҭаауан, урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан [Аԥсны Раԥхьатәи ахадас иҟалараны иҟаз] Владислав Григори-иԥа Арӡынбагьы. Ҵабалтәи ажрақәа рахь снеит 1961 шықәсазы, сезонк ахы инаркны аҵыхәанӡа уа сыҟан. Ҳара ҳанхон Вороновраа рыҩнаҿы, «Иасочка» (Ҵабал иҟоу Вороновраа рынхарҭа – аред.). Ашьыжь заа ажрақәа рахь ҳцон. Михаил Мамеҭ-иԥа дуаҩ ҭынчын, мыцхәгьы дцәажәомызт, иара ихаҭа дыжуамызт, дтәан ак ҭихуан, ма афотосахьақәа ҟаиҵон, ҳара иаҳаԥшаауаз зегь наганы ииҳарбон. Убас акыршықәса инеиԥынкыланы Ҵабалҟа сцон. Убри аусура абзоурала иаартын, иагьыҭҵаан ҵабалтәи анекропольқәа (ажәытәтәи анышәынҭрақәа ркомплекс – аред.)ркультура».

Аԥсуа археологиа аклассик акрызҵазкуа егьырҭ иусумҭақәа ируакуп Афон Ҿыц аҭҵаарақәа, хаҭалагьы Анаҟәаԥиатәи абааш, иара убас Пицунда имҩаԥигоз ажрақәагьы. Аҭҵаарадырратә усура анахысгьы Михаил Мамеҭ-иԥа 1955 шықәса инаркны иԥсы ахьынӡаҭаз Аҟәатәи арҵаҩратә институт астудентцәа археологиа дырзаԥхьон.

Михаил Ҭраԥшь аҳаҭыр зқәыз ҵарауаҩын хараӡа Аԥсны анҭыҵгьы. Иҵара ашықәсқәеи иархеологиатә практикеи рааны еиуеиԥшым аекспедициақәа дрылахәнаҵы аҭоурыхҭҵааҩцәеи археологцәеи дуқәа аӡәырҩы драбадырит, уи нахысгьы рымдара имырӡӡеит. Иаҳҳәап, иара аус зциуаз аҵарауаа нагақәа ируаӡәкын Александр Иессен, Евгени Крупнов, Борис Пиотровски.

Хәы змаӡам аҭынха ду

Олега Бӷажәба игәаанагарала, Михаил Ҭраԥшь аусура бзиа избоз, зегьы абырҵкал икылзхуаз ҵарауаҩын, «бжьынтә ишәаны знык ихызҵәо» ҳәа ззырҳәо дреиуан. Иара ахаангьы алкаақәа рыҟаҵара дахыццакуамызт, убри аҟнытә иара иқәиргылаз арыцхәқәа зегь иашоуп ҳәа шьақәырӷәӷәан – археологиазы ари даара акраҵанакуеит.

«Иара даараӡа ирацәаны аус иуан, аԥсшьарамшқәа раангьы, уахгьы-ҽынгьы икабинет аҿы дтәан, дыҩуан, ирацәаны аҭаҭын дахон. Адоктортә диссертациа ахьчара аамҭагьы ааскьон. Михаил Мамеҭ-иԥа аамҭак ала ҩ-усумҭа дук ахьчаразы иазирхиеит уҳәар ауеит: акы ажәытә Аҟәа иазкын, егьи – Ҵабал. Нас убарҭ рҟынтә руа иқәиргыларыз изалхуамызт. Рыцҳарас иҟалаз, адоктортә диссертациа ахьчара дахьымӡагәышьеит – иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит», – ҳәа еиҭеиҳәоит Бӷажәба.

Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь ииҭынхаз аҭҵаарадырратә усумҭақәа рыхә шәашьак амам, рхыԥхьаӡарагьы маҷым. Аԥсуа археологиа уасхыр ӷәӷәас иаҵагылоуп, аԥсуа мацарагьы акәым ҳәа иԥхьаӡоит Аркади Џьапуа.

«Иажәа духом иаҳҳәар, Михаил Мамеҭ-иԥа археологиа даклассикуп ҳәа, иара аԥсуаа ҳҿы мацарагьы акәым, кавказҭҵааҩцәа зегьы рыбжьара. Ҳҭоурых аҳаҭыр ашьҭыхразы иҟаиҵаз даараӡа ирацәоуп. Аԥсны археологиа мацара акәымкәа, Кавказ археологиа шьаҭанкыла иҭызҵаауа, кавказҭҵааҩы-археолог, милаҭс дызтәызаалак, Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь иусумҭақәа хымԥада дрыԥхьахьазароуп», – ҳәа агәра ганы дыҟоуп Џьапуа.

Михаил Ҭраԥшь қәра дук ныимҵит. Иара иԥсҭазаара далҵит 51 шықәса дшырҭагылаз, 1968 шықәса жәабран 28 рзы.

Ихатә ԥсҭазааразы иаҳдыруа маҷуп. Ҭраԥшь ҩынтә аԥҳәыс дааигахьан. Аҩбатәи иԥҳәыс Валентина Григори-иԥҳа лхаҵа зегь рыла дивагылан, археологиатә жрақәа дрылахәын, иара дызҿыз аус ҳаҭыр дула дазнеиуан.

«Михаил Мамеҭ-иԥа даныԥсы, — иҳәоит Олег Бӷажәба, — лара лыбзоуралоуп иусумҭақәа акьыԥхь шырбаз, ԥшь-томкны рҭыжьрагьы лара лааԥсарала иҟалеит. Дааҟәымҵӡакәа ана-ара дыбжьан, дрыҳәон иусумҭақәа акьыԥхь рбарц, лхьамҵроуп убри алзыршазгьы. Ҳәарада, нас Иурагьы длыцхраауан (археолог Иури Николаи-иԥа Вороноваред.), аха еиҳараӡак лара лоуп изыбзоуроу».

Аҵарауаҩ иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахьгьы, уи игәалашәара аҳаҭыразы лара акырӡа шықәса археологиатә експедициақәа лхы рылалырхәуан лаборантк иаҳасабала. Светлана Хочолава (Иури Воронов иԥшәмаԥҳәыс - аред.) длыцны археологиатә ԥшаамҭақәа рыӡәӡәон, идрыцқьон, иаҳҳәап, анышәаԥшьӡы иалхыс ачысмаҭәа еиԥш иҟаз.

«Аибашьра ашьҭахь (1992-1993 шш. рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра – аред.) уи лыхабар ҳцәыӡит, Михаил Мамеҭ-иԥа актәи иԥҳәыс лҟынтә иоуз иԥҳа дахьыҟоу шаҳзымдыруа еиԥшгьы», – иҳәоит Олег Бӷажәба.

Михаил Ҭраԥшь иԥсҭазаара зегьы аҭҵаарадырра амаҵ аура иазкын, аԥсуа археологиа ашьаҭаркҩыс дҟалеит. Иара иҭҵаарадырратә ԥшаарақәа роуп ҳаԥсдгьыл ажәытәтәи аҭоурых зеиԥшраз агәылаԥшра иацхрааз. Убри аҟнытә даараӡа акраҵанакуеит иусумҭақәа раларҵәара, реиҭаҭыжьра. Ишаҳдыруа ала, Михаил Мамеҭ-иԥа Ҭраԥшь шәышықәса ихыҵра инадҳәаланы иӡбан иусумҭақәа еидызкыло ԥшь-томк реиҭаҭыжьра, Аркади Џьапуа иабжьгарала урҭ ирыцҵан ахәбатәи атомгьы – уи еиднакылоит еиуеиԥшым апериодикатә кьыԥхьқәа, аҳәаанырцәтәиқәагьы уахь иналаҵаны, рҿы иҭыҵхьаз Ҭраԥшь истатиақәа.