Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Аԥсуа университет астудентцәа дырԥыланы, рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа дырԥылеит, аҿар ирызцәырҵуаз аазҵаарақәагьы рҭак ҟаиҵеит ахәаша, жьҭаара 18 рзы.

Аиԥылара ҩ-сааҭк инареиҳаны имҩаԥысуан. Ари аамҭа иалагӡаны Мусса Егзакь инарҭбааны еиҭеиҳәеит АААК хықәкыси хыдҵақәаси иамоу, Аконгресс аусура апланқәа ртәы, уи анаҩс аҿарацәа ирызцәырҵыз азҵаарақәа ирҭар рылшон. 

ААУ аректор Алеко Гәарамиа Мусса Егзакь изеиҭеиҳәеит ауниверситет аҭоурых, иагьациҵеит уи иахьазы қәҿиарақәас иаиухьоу ртәы. 

«Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аамышьҭахьҵәҟьа 130-ҩык аҵарауаа [ауниверситет аҩнуҵҟа] адоктортә диссертациақәа рыхьчеит. Иарбанзаалак иманшәалоу ауниверситет азы ари рбага бзиоуп. Ҳарҭ усҟан аибашьра ҳхааганы ҳаҟан. Аамҭа хьанҭақәа раан ҳара ҳшьапы ҳақәгылараҿы иҳацхрааит [урыстәылатәи иреиҳаӡоу аҵараиурҭа дуқәа] Москватәи аҳәынҭқарратә университети, МГИМО-и, иара убас нхыҵкавказтәи ауниверситетқәеи, егьырҭ аҵараиурҭақәеи. Аҩызцәа рацәаҩны иҳамоуп», – иҳәеит Алеко Гәарамиа. Нас иагьациҵеит: «Абаҩхатәра злоу аҿар ҳамоуп. Иахьазы 47-ҩык ҳушьҭымҭацәа ахьӡ-аԥша змоу аҳәаанырцәтәи аспирантурақәа рҿы аҵара рҵоит. Ҳара ҳуниверситет Евразиатәи, Оксфордтәи аидгылақәа ирылоуп», – ҳәа. 

Гәарамиа иазгәеиҭеит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа ААУ есышықәса иҭалон ҳәа жәаҩыла Ҟарачы-Черқьесиантәи ашәуаа. Аректор иҳәеит иара убас, ауниверситет аус рыдулара ишазыхиоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси иареи еицны зынагӡара рылшо апроектқәа. 

Мусса Егзакь еизаз зегьы гәыкала иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Сара сеигәырӷьоит абри ауниверситет аҿы сахьааиз, араҟа дхәыҷны ауниверситет аҿы иааиуа, нас испециалистны инҭыҵуа астудент иахь агәыблыра ду шыҟоу зегь рыла иубоит. Сара иахьынӡаздыруа: жәашықәсала аџьабаа рацәа адуп ауниверситет аҩаӡара ҳаракны иҟаларц азы, иахьазгьыы ишыҟоу еиԥш. Сшәеихырхәоит шәџьабаазы», – иҳәеит АААК ИА ахантәаҩы. 

Мусса Егзакь астудентцәа ирзеиҭеиҳәеит напхгара зиҭо аилазаара «Алашара» қәҿиаралатәи аусушьа шеиҿкаау. Шықәсырацәала ишьақәгылоз «Алашара» аусушьа амодель уажәшьҭа Аконгресс аусураҿгьы ахархәара арҭоит. 

«Фышықәса раԥхьа, «Алашара» аԥҵара ахыҵхырҭаҿы ҳангылаз, сара еилыскаауан акоманда шеидкылатәу. Сара исԥылаз арԥарацәа акгьы агәра ргомызт, зегьы рзеиԥшын. Убасҟан ҳара убас ҳаицәажәеит – аусура ҳалшоит, ҳԥеиԥшгьы ҳхаҭақәа иҳаргыларатә ҳаҟоуп ҳәа. Ауаҩы баша уицхраалар – дыԥхасҭахоит, амҩа иаша иурбар, аԥхьатәи ашьаҿақәа рыҟаҵараҿгьы уицхраар – убасҟан зегь зылшо иакәны дҟалоит. Фышықәса рышьҭахь уажәшьҭа аҭагылазаашьа аҽаԥсахит, урҭ арԥарацәа рыбла амца хуп, рхы агәра ргоит. Рԥеиԥш дара рнапаҿы иҟоуп», – ҳәа еиҭеиҳәеит Егзакь.

Аԥсуа-абаза жәлар реидкылара аус аҿы аҿар цхыраарас иҟарҵар ирылшои ҳәа ишьҭыхыз атема аинтерес ду цәырнагеит астудентцәа рыбжьара. 

Убас, ААУ жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рфакультет аҩбатәи акурс астудентка Валериа Арышԥҳа дҵааит Мусса Егзакь иҿы, Аԥсны аҿарацәа, хаҭалагьы ААУ астудентцәа Аконгресс аусура иалахәхарц шԥарылшои ҳәа.

АБРИ АХҬЫС ИАЗКУ АВИДЕО АХӘАԤШРА >>

ри азҵаара аҭак аҭауа, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иазгәеиҭеит, аҿарацәа шракәу Аконгресс аусураҿы иреиҳаӡоу акцент ззынархоу. 

«Шәареи ҳареи еиуеиԥшым апрограммақәа ҳаҩлоит, урҭ апрограммақәа рзы аидеиақәа шәара иҳадыжәгалалар шәылшоит. Ҳаицны аԥсҭазаара иалаҳарҵәалоит еиуеиԥшым аҿартә, аспорттә, акультуратә, арҵаратә проектқәа. Ҳара аинфопортал ҳамоуп, убра ҳгәаанагарақәа еибаҳҳәалар ҟалоит. Ҳапрограммақәа зегьы иаартны ҳрылацәажәоит, шәаргьы шәрыхәаԥшырц, ишәызцәырҵуа агәанаагарақәа шәҳәаларц азы», – иҳәеит Мусса Егзакь. 

Адискуссиақәа ртема дазааҭгыланы иара иазгәеиҭеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы ишыҟоу ИАЕ «Алашара» аофис, уаҟа аусгьы шауа адискуссиатә клуб. Аклуб напхгара алҭоит ААУ Аполитологиеи асоциологиеи ркафедра арҵаҩы еиҳабы Ирина Турааԥҳа. Егзакь астудентцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аклуб аусура активла рхы аладырхәларц, избан акәзар «убра зеиӷьыҟам ҭыԥуп доусы иажәалагалақәа ахьыҟаиҵаша, игәҭакқәа ахьиҳәаша». 

Ирина Турааԥҳа лхаҭагьы ари аиԥылара далахәын. Лыстудентцәа рыхьӡала Мусса Егзакь азҵаара илҭеит: иара убыржәы иаалырҟьаны жәаф шықәса анихыҵуаз аамҭаҿы днеизҭгьы абжьгарас ихы иаиҭарызи ҳәа.  

«Сара ақыҭаҿы исызҳаит, аабатәи акласс аҿынӡа сабду иакәын абыс исымаз. Иара акрура шаҭаху ҳирҵеит. Егьа ауадаҩра ҳҭагылазаргьы, еснагь еилаҳкаауан [ҳгәы иҭаҳкыз] анагӡара шҳалшоз. Ухы агәра угозароуп. Сара [еснагь] издыруан, акосмос ахь аԥырра сҭаххар – сшыԥыруаз. Иуҭаху зегь анагӡара шулшо агәра угозароуп, аха убри аан еилкаатәуп ухықәкы анагӡарахь уназго амҩа ишаныстәу», – иҳәеит Егзакь, иагьациҵеит: «Доусы шәаамҭа пату ақәшәҵала, шәахӡыӡаала. Убри шәаамҭа аҵареи, аиҩызареи абзиабареи иазышәкла». 
Иара иҳәеит иара убас, иқәҿиара маӡас иаҵоу ишыруаку – амилаҭтә традициақәа рықәныҟәара, избан акәзар «ужәлар рҵасқәа уанрықәныҟәо егьырҭ зегьы уҽрылукаауеит, нас иаҳагьы урдырыр, ҩызас уҟарҵар рҭаххоит».   

Аиԥылараҿы дықәгылеит Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иаппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа. Иара еиҭеиҳәеит АААК инанагӡахьоу апроектқәа ртәы: Абираҟ амш азы аныҳәа дуқәа реиҿкаара, агәыҳалалратә акциа «Агәы аԥхарра» уҳәа убас егьырҭгьы. Ҭаниа убасгьы адырра ҟаиҵеит хара имгакәа ауниверситет аҿы ишаԥҵахо АААК аҿарацәа рыҟәша.  

Астудентцәа мҩақәиҵеит убасгьы аҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Ианварби Екба. Иаргьы аҿарацәа ааԥхьара риҭеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусура активла рхы аладырхәырц.

«Шәалахәыз, ажәалагалақәа ҟашәҵала, шәымшәан. Хымԥада, ари аус аҿы зегь шәеидгылароуп: гхак шәыхьыргьы, аиҳабацәа еснагь ишәыцхраауеит, шәдыриашоит», – иҳәеит Екба.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Мусса Егзакь Аԥсуа телехәаԥшра ажурналист Камилла Кирвал АААК аҟынтә агәаларшәагатә ҳамҭа ланаишьеит ААУ ажурналистика аҟәша астудентцәа ҞЧА имҩаԥысуаз акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» раҭаара иазкыз иреиӷьу аматериал азы.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәеи раԥхьатәи реиԥылара даара иԥханы имҩаԥысит. Астудентцәа Мусса Егзакь иахь аҳәара ҟарҵеит даҽазныкгьы ауниверситет ахь дырзымҩаҳыҵырц азы.