Жьҭаара 20 рзы еицырдыруа аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩы Енвер Ераст-иԥа Қапба иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы 83 шықәса ихыҵуазаарын.

Арифа Қапԥҳа

Енвер Ерасҭа-иԥа Қапба ихьӡ еиҳарак Гагра ақалақь иадҳәалоуп –иара уаҟа диит, дынхон, анаҩс уи аргылара хаҭала далахәын, аҵыхәтәан ақалақь напхгарагьы азиуан. Аха ус шакәугьы, Қапаа рыжәла зыӡбахә ҳамоу аҭыԥқәа рҟынтә акәӡам иахьаауа.

Иара иаб Ерасҭа хылҵшьҭрала Арасаӡыхь ақыҭа датәуп (Очамчыра араион) дагьиит ахшара рацәа ахьыҟаз аҭаацәараҿы. Аха, иашьа гәакьа – Енвер иаб иашьа – Лео Қапба нхара ҳәа Гаграҟа даниас, Ерасҭагьы уи дишьҭаланы дцоит. Ерасҭа Қапба иԥшәмаԥҳәыс Лидиа Џьиқиа лыхьӡын, уи дышқәыԥшӡаз деиҭымхеит азы, Оҭар Ачба иҩнаҭаҟны драаӡон (Очамчыра араион, Ԥақәашь ақыҭан).

Аԥсуа ԥсы зхаз аҭаацәара

Ерасҭеи Лидиеи ироуеит ԥшьҩык ахшара – хҩык аԥацәеи ԥҳаки. Енвер Қапба зегьы дреиҵбын. Аҩнаҭа аԥшәма данычмазаҩха, аҭаацәара аныҟәгара иацу ахәыцырҭақәеи, ахьаа-бааи лыбӷа инықәҳаит ан – ԥсабарала иҟәыӷаз, амчхарагьы зныԥшуаз Лидиа Илларион-иԥҳа.

«Хылҵшьҭрала иагыруаз, лара гәыла-ԥсыла даԥсыуан, – лҳәоит лҭаца, Енвер Қапба иԥшәмаԥҳәыс Изольда Званбаиа. – Исгәалашәоит, ари аҩнаҭахьы санаанага, зны-зынла лара илҳәоз сзеилкааӡомызт, убасҟак лаԥсшәа еилаҟыбҭәаны иҟан. Саргьы аԥсшәа ацәажәаратә бызшәа аҩаӡара аҟынӡа акәын иахьыздыруаз, аха леилкаара сцәыуадаҩын. Ус шакәызгьы, лхәыҷқәа аԥсуа бызшәа мацарала акәын дышрацәажәоз, убри алагьы лхәыҷқәа зегьы рхатәы бызшәа длырҵеит. Ҳәарада, ари лылшамҭа дууп».

Лидиа Илларион-иԥҳа лхәыҷқәа зегьы ашкол аҿы аҵара бзиаӡаны ирҵон. Ҩыџьа лԥацәа занааҭла арратә ҳақьымцәахеит, аполковник ичын аҟынӡагьы инаӡеит, лыԥҳа абиблиотека усзуҩ изанааҭ ала аҵара лҵеит.

1955 шықәсазы Енвер далгоит Гагратәи аурыс школ, анаҩс Москва иҟоу иреиҳаӡоу атехникатә аҵариурҭа аҭалара иҽазишәоит, аха уи аҭаларазы абаллқәа изымхеит. Уамашәа иубаша, убри аамҭазы, ҳаԥхьаҟа ԥҳәысс иааигараны иҟаз Изольдагьы иреиҳаӡоу амедицинатә ҵариурҭа аҭаларазы Москва даҭааны дыҟан, аха Енвер иеиԥш лрагьы абаллқәа лзымхаӡеит. Усҟан дара Москва еиқәымшәаӡеит, раԥхьаӡа акәны иахьеиқшәаз рыԥсадгьыл аҿоуп. Анаҩс, аимадара рыбжьан Қырҭтәыла аҵара анырҵоз аамҭақәа рзгьы. Изольда Званбаиа Гагратәиуп. 1937 шықәсазы лаб арепрессиа изуны, иеихсны дшьын, уи ашьҭахь аҭаацәара зыҩназ ауаҭах рымырхуеит… Изольда лани лан лаҳәшьеи нхара ҳәа Аҟәаҟа ицоит.

Енвери Изольдеи

Енвери Изольдеи Москвантә ианыхынҳә, иҭалоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт. Аамҭак ашьҭахь еибадыруеит, егьырҭ астудентцәа реиԥш аҵариурҭа «аректорат ахь ааԥхьара» анроу ашьҭахь.

«Ҳааԥхьара зыдҳәалаз ҳзеилымкааит, азныказы аколнхарахь ҳаргар ҟалап ҳәа сгәы иаанагеит, - еиҭалҳәоит Изольда Александр-иԥҳа. – Саннеи, уаҟа 11-ҩык ауааԥсыра гылан, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Енвери, Наҭела Шамԥҳаи – уи нас Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника аҳақьым хадас дҟалоит, Еҭери Снииада – иахьазы уи дынхоит Аҟәа, аблаҳақьымс аус луеит, Вахҭанг Аршьа – уи дапрокурорхеит, убас егьырҭгьы. Аректорат ахь ҳзаарыԥхьаз жәдыруазар ҳәа ҳаизҵаауа ҳгылан. Анаҩс, уаҟа иҳаларҳәоит ҳазегьы Қырҭтәылаҟа аҵарахьы ҳшырышьҭуа атәы. Уи, «хрушьиовтәи аԥсасира аамҭа» (Сталин иԥсра ашьҭахь раԥхьатәи ажәашықәса иофициалтәым ахьӡ, уи аамҭазы Асовет Еидгыла аҩнуҵҟатәи аполитика ԥыхьа аасҭа иԥшқан ҳәа иԥхьаӡан – аред.) акәын, Қырҭтәыла Аԥсныҟа раԥхьатәи алимитқәа раашьҭра ианалага.

Енвер Ерасҭа-иԥа Қырҭтәыла аҵараҵара далагоит Қарҭтәи аполитехникатә институт, атәылауаҩратә ргылара афакультет аҟны. Изольда Александр-иԥха иалылхуеит Амедицинатә институт, ахәышәтәратә факультет. Қарҭ аҵара зҵоз аԥсуа студентцәа, ҳәара аҭахума, аимдара бзиа рыбжьан. Уи адагьы, урҭ лассы-лассы еидикылон урҭ аамҭақәа рзы уаҟа аконсерваториа иҭаз аԥсуа композитор Алықьса Чычба, уи иара убасгьы Қарҭ еиҿикаауеит аԥсуа диаспора.

Аинститут далганы Аԥсныҟа ихынҳәыз Енвер Қапба раԥхьаӡа иргыланы игәы иҵхоз азҵаарақәа рыӡбара иҽазикуеит – акыраамҭа игәы зызцаны иҟаз аҭыԥха дааигарц иақәикуеит. Акырынтә иҩызцәа иманы, аинститут аамышьҭахь Тҟәарчалҟа усура ишьҭыз Изольда Александр-иԥха длызцахьан. Аҭыԥҳа иара иҿцаарақәа акыраамҭа илыдылкыломызт, аха Енвергьы иаагылоз аӡә иакәымызт… Убас ҽнак зны Изольда лахь инаишьҭуеит иаҳәшьа гәакьеи иҭаца еиҳаби. Аҳәсақәа аҳамҭақәа ирыцҵаны аҭыԥҳа илызнаргоит… амацәазгьы. Аҵыхәтәан зегь акоуп уи амацәаз Изольда илыдылкылоит. Уи ахҭыс далацәажәо, Изольда Александр-иԥҳа гәаартыла илҳәоит, лыԥшәмеи лареи еицанырҵыз 41 шықәса рыҩныҵҟала зныкгьы дшахьымхәыз амацәаз ахьлыдылкылаз, иагьазгәалҭоит, «Енвер Ераст-иԥеи лареи насыпла иҭәыз аҭаацәаратә ԥсҭазаара» шрымаз.

Ауасҭа инаиркны анџьныр иҟынӡа

Изольда Александр-иԥҳа илгәалашәоит, лхаҵа икариера ашьҭыҵра иалагаанӡа Гагра ақалақь аҟны иаҩцацәамкәа ишынхоз. Шықәс дууӡак ихатә ҩны аҟны ашәҟәы дҭаргаломызт: урҭ аамҭақәа рзы милаҭла иаԥсыуоу ақалақь аҿы анхаразы ашәҟәы иҽҭаҩра даараӡа иуадаҩын. Зны иҟалаз хҭыски Қапба иалаз аиашареи рыбзоурала уи азҵаара ӡбахеит.

«Араҟа (Гагра – аред.) араионтә анагӡаратә комитет ахантәаҩыс дыҟан Иури Кәыҵниа, - еиҭалҳәоит Изольда Александр-иԥҳа. – Ҽнак аҩыџьагьы џьара еиқәшәит, аха сыԥшәма аԥсшәа имҳәаӡеит, егьи уи уамашәа ибаны диазҵаауеит аԥсшәа зыумҳәозеи ҳәа. Уи изҵаара ҭакс иоуеит: аԥсшәа зшәасҳәои, схатә ҩнаҟныҵәҟьа ашәҟәы сҭашәмыҩуазар ҳәа. Убас ала ари азҵаара ӡбан.

Енвер Ерасҭа-иԥа икариера алагеит Гагра аргыларатә обиектқәа рҿы. Ауасҭа инаиркны иара данысуеит амҩа – зны апробраб, нас анџьныр, нас аргыларатә усбарҭа аиҳабы иҟнынӡа. 1966 шықәса инаркны Енвер Ерасҭа-иԥа атрест «Пицундастрои» аргыларатә усбарҭа №5 еиҳабыс даман.

«Ицхраауаз, амаҵуратә ҭыԥ бзиақәа рахь инапы кны дназгоз ауаа имаӡамызт, - лҳәоит Изольда Александр-иԥҳа, - иара ицхраауаз ихы бзианы иахьааирԥшуази, иус бзиаӡаны иахьидыруази роуп».

Пицундеи Косыгини

1970 шықәса инаркны хәышықәса рыбжьара, Енвер Ерасҭа-иԥа Пицундатәи акурорт иатәу Еиду апансионатқәа директорс дрыман. Уаҟа иналукааша, аҟыбаҩ бзиа злоу напхгаҩыс ихы ааирԥшит. Иара еснагь дашьҭан напхгара ззиуа аколлектив аусзуҩцәа рдыррақәа реизырҳаразы аҳәаанырцәҟа рышьҭра, иреиӷьӡоу арҵаҩцәа «асаскыларатә ҟазара» рҿырҵаарц азы.

Енвер Ерасҭа-иԥа икариераҿы, ҳәарада, Пицунда аҭыԥ хада ааннакылоит. Ари акурорт аҿоуп лассы-лассы ԥсшьара ҳәа иахьаауз иналукааша Асовет Еидгыла аҳәнҭқарратә усзуҩцәа. Акырзҵазкуа акы акәны иҟалеит Енвер Ерасҭа-иԥеи еицырдыруа асовет партиатә усзуҩы Алексеи Косыгини реиԥылара. Наҟ-наҟ дара еиҩызцәахоит.

«Косыгин лассы-лассы сыԥшәма икабинет аҿы дизнеиуан, амала ихадоу аҩналарҭала акәымкәан, даҽаџьарала, аӡәгьы димбарц азы. Исгәалашәоит, Енвер-хоџьа ҳәа дишьҭан. Лассы-лассы инеиааилон, ргәаанагарақәа еибырҳәон. Косыгин изныкымкәан сыԥшәма диазҵаахьан, ацхыраара, ма адгылара уҭахума ҳәа», - илгәалашәоит иԥҳәыс. Аха, Қапбеи Косыгини реиҩызара ус иузыҵәахо акы акәны иҟамызт.

«Абарҭқәа зегьы, арҭ аизыҟазаашьақәа ақырҭқәа иргәаԥхомызт. Асовет еиҳабыра Енвер Ерасҭа-иԥа ргәы изцаны дшыҟоу анеилыркаа, ирыӡбоит иаарласны Аԥсны иалгара. Убас ала, Қырҭтәылатәи АССР азанааҭеидгылатә хеилак амаӡаныҟәгаҩыс Қарҭҟа дрышьҭуеит», - лҳәоит Изольда Званбаиа.

«Аха… уаԥсыуоуп»

Аҭаацәара Қарҭ инхон 1975 шықәса инаркны 1980 шықәсанӡа, уаҟа «инаҵшьны» ибзианы ирзыҟан: «Иахьыбзиаӡаз аҭыԥ аҿы ауаҭах ҳаман, адача, амашьына.

Енвер Ерасҭа-иԥа ихаҭа изы ус рҳәон: «Ухаҵоуп уара, Енвер, аха… уԥсыуоуп». Убри «аха» есқьынагьы иҟан», – ҳәа лгәы иаланы иазгәалҭоит иԥшәмаԥҳәыс.

Қарҭ дыҟанаҵ Енвер Ерасҭа-иԥа зехьынџьара дшаԥсыуоу азгәеиҭон. Қырҭтәылазы аныҳәаҿа анышьҭырхуаз, иара, хымԥада, ишьҭихуан – ихәыҷу, аха игәы иазааигәоу, изгәакьоу иԥсадгьыл Аԥсны азы аҵәца.

«Агәымшәара улазар, уаӷагьы еиҳа пату уқәиҵоит, - иазгәалҭоит иԥшәмаԥҳәыс. – Ухы лаурҟәуа уалагар аӡәгьы дузхьаԥшуам. Иаргьы ахаан дацәшәомызт саԥсыуоуп ҳәа аҳәара, ақырҭқәа данрылазгьы, дареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа зынӡа ианыԥхасҭахагьы».

1980 шықәсазы Енвер Ерасҭа-иԥа Қарҭ иҭаацәа ааныжьны – ихәыҷқәа уа ашкол иҭан – Аԥсныҟа дхынҳәуеит, иара далархит Гагра ақалақь апартиатә комитет актәи амаӡаныҟәгаҩыс. Абри амуҵараҿы Қапба ихадароу иеихьӡрақәа ируакуп усҟантәи аамҭазы ухаҿы иузаамгоз аус амҩаԥгара – аҭыԥхьыӡқәа аханатәтәи раԥсуа хьыӡқәа рыргьежьра: ишдыру еиԥш, Аԥсны аҭыԥхьыӡқәа рацәаны – ақыҭақәа, аиланхарҭақәа «ақырҭуатәра» аамҭазы ақырҭшәахь ииаган, мамзаргьы рҳәашьа еицакын. Қапба иакәзар, уаанӡа ишыҟаз еиԥш аԥсуа хьыӡқәа иргьежьит.

Ари ахҭыс усҟантәи аамҭазы даараӡа ифырхаҵараз, зеиԥш ҟамлацыз акы акәны иԥхьаӡатәуп. Убри иахәҭоу ахәшьара аиҭеит аҳәынҭқарратә усзуҩы Анри Џьергьениа агазеҭ «Республика Абхазиа» ианиҵаз игәалашәарақәа рҟны: «Усҟантәи аамҭазы Гагра иахьаҵанакуа ақырҭқәа рацәаҩӡаны аус руан, Аԥсныҟа рнырхаразы иааргозгьы уахь иналаҵаны. Аӡәырҩы аиҳабыратә ҭыԥқәа ныркылон. Урҭ иара иԥырхагахарц иаҿын ахьӡқәа реиҭакра аус аҿы, аха Енвер Ераст-иԥа иара иахь ааԥхьара рыҭаны, драцәажәаны агәра диргон аҭыԥхьыӡқәа раԥсуа хьыӡқәа шыргьежьтәу, идирҟаҵон абри аус, мап анакәха шәҭыԥ шәалсхуеит ҳәа раҳәаны. Даргьы иажәа иацныҟәар акәхон».

Қапба иеихьӡарақәа ируакны Џьергениа иԥхьаӡоит иара убас аԥсуа кадрқәа реиҵааӡара –еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны анапхгаратә ҭыԥқәа аанызкылашаз аҳәынҭқарратә усзуҩцәа, дара урҭ хаҭала дрыцхраауан, аҵараиураҿгьы, амаҵураҭыԥ аиураҿгьы, ажәакала, зегь рыла аҿар адгылара риҭон, уи амшала ақырҭқәа еиҳагьы игәаӷ шыркуазгьы.

«Иара гәыҵхас иман Гагра араион аиҭакра, - еиҭалҳәоит Изольда Александр-иԥҳа. – Ашьыжь асааҭ фбра рзы дгылон, ақалақь зегьы далсуан, днаԥшааԥшуан, алашарақәа аркызу-иаркымзу гәеиҭон, амҩақәа цқьазар ибон. Сара издыруеит, Гагра афилармониа аргылара шиҭахыз, ақалақь ажәытә хәҭаҿы иҟоу абаҳчаҿы еиуеиԥшым амузыкатә фестивальқәа мҩаԥысуа иҟаиҵарц иҭахын, Мамзышьхаҿы асасааирҭа ԥшӡақәа иргыларц игәы иҭан, аԥсшьаҩцәа уаантәи аӷбашахала ашьхантә ишиашоу амшын ахь илыбааларц».

Енвер Қапба Гагра аԥеиԥш шибо атәы зны гәаартыла изеиҭеиҳәахьан Косыгингьы, уи Аԥсныҟа даацыԥхьаӡа иҩыза дымбакәа дцомызт, еиқәшәон, еицәажәон. Аха хара имгакәа, иара ҩаԥхьа Қырҭтәылаҟа дрышьҭуеит. Енвер Ерасҭа-иԥа изы Қарҭ аҟазаара ахгарак иаҩызан.

Уаҟа иара Қырҭтәыла акомпартиа акомитет хада асоциалтә-економикатә ҟәша еиҳабыс дҟарҵеит.

«Ҽнак аилатәара анрымаз иара аҽԥныҳәа ирҭеит, амашьынақәеи атехникеи реиҳараӡак Аԥсныҟа ишьҭоит ҳәа, Аҷариеи Кахетии анеиқәыршәатәыз аамҭазы, уахь зынӡа имаҷын ишьҭуазаарын», - ҳәа лгәалалыршәоит иԥшәмаԥҳәыс.

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәра

Ақырҭқәеи ҳареи ҳаибарххара ишазҳауаз аниба Қапба иҭаацәа иманы Аԥсныҟа даауеит. 1991 шықәсазы Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵан, Аԥсны Иериҳаӡоу Асовет адепутатс изныкымкәан далхын.

Енвер Ерасҭа-иԥа Қапба ибиографиаҿы акрызҵазкуа хәҭоуп – 1991 шықәсазы Владислав Арӡынба, Асовет Еидгыла аиқәырхаразы аидгылазегьтәи ареферендум амҩаԥгаразы акомиссиа анапхгаҩыс дахьеиҭаз. Ишдыру еиԥш, Қырҭтәыла усҟан ирыланаҳәеит уи ареферендум алахәра ргәы ишҭам, аԥсуаа рзы акәзар – даара акраҵанакуан абри аганахьала рпозициа аарԥшра.

Абар урҭ ахҭысқәа шигәалаиршәо Анри Џьергьениа: «Владислав Григори-иԥа исеиҳәеит, ареферендум амҩаԥгара инапы ианҵатәуп ҳәа ипатриоту, агәымшәареи аҟәышреи злоу, аамҭа иԥнашәахьоу ауаҩы, Қарҭаа иршәара иаԥшьыргаргьы зус иацәхьамҵуа. Гагра ақалақьтә комитет аҟны актәи амаӡаныҟәгаҩ иаҳасабала Енвер Ерасҭа-иԥа иусушьа зеиԥшраз дырны, Владислав Григори-иԥа иԥхьаӡеит, убри зылшо иара иакәхоит ҳәа. Сара уа сыҟан, Енвер Ерасҭа-иԥеи иареи абри азҵаара аҵыхәала еиқәшәаны ианеицәажәоз. Владислав Григори-иԥа иеиҳәеит, абри аамышьҭахь Енвер Ерасҭа-иԥа длаԥшықәҵаны дышьҭырхырц шалшо, аха иара, ари аус ҳҳәынҭқарра иаҭаху акоуп ҳәа, ахагылара дшазыхиоу гәыҩбарада иааирԥшит».

Ареферендум мҩаԥысит 1991 шықәса, хәажәкыра 17 рзы, уи иалахәыз аԥсуаа 98% Асовет Еидгыла аиқәырхаразы рыбжьы рҭиит.

Ихәыҷқәеи имоҭацәеи – иара иахь ицеит

1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Қапба ддепутатын, Гагра дыҟан. Ҩыџьа иԥацәа – Ҭемыри Нурии Қаԥаа абџьар шьҭыхны рыԥсадгьыл ахьчара иазгылеит.

«Аиаша шәасҳәап, сара анык лаҳасабала аибашьрахь имцарц срыҳәон, Урыстәылаҟа ацара рабжьызгон, - ҳәа лгәалалыршәоит Изольда Александр-иԥҳа. – Аха дара сыржьеит: азныказы аҳәаа иахысны ицеит, аха нас баржала Аԥсныҟа ихынҳәны афронтахь инеит. Ҭемыр дҳақьымын, аԥхьатәи аамҭақәа рзы агоспиталь аҿы аус иуан, аха нас, иашьа дырхәыр ацхыраара ииҭарц азы, иаргьы абџьыр шьҭыхны днаивагылеит».

Аибашьра анеилга ашьҭахь, Енвер Ерасҭа-иԥа акыраамҭа Аԥснытәи акоммунисттә партиа дахагылан. Иԥсҭазаара далҵит 2004 шықәсазы. Убас иҟалеит, 2013 шықәсазы рыцҳарала дҭахеит – амшын дагеит – иԥеиҳаб Ҭемыргьы.

Иахьа Енвер Ерасҭа-иԥеи Изольда Александр-иԥҳаи рҭаацәараҿы ирызҳауеит хәҩык амоҭацәа хазынақәа. Урҭ реиҳараҩӡак иреиӷьӡоу урыстәылатәи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ироушьҭымҭацәоуп, мамзаргьы истудентцәоуп, аиҵбаӡа даараӡа ибзианы ҳәа Гагратәи ашкол аҿы аҵара иҵоит. Агәыӷра ҳамоуп, урҭ зегьы рабду ишьҭра иқәланы – рус аҟны ипофессионалцәаны, рыԥсадгьылгьы иапатриотцәаны иҟалоит ҳәа.