Гәдоуҭа ақалақь аҟны адәахьтәи аҟьамсареизгарҭа ҿыцқәа ргылоуп уа иаԥҵоу АААК аҭыԥантәи ахеилак алахәцәа рымчала.

Саид Барганџьиа

Аҟьамсареизгарҭа ҿыцқәа 15 ргылоуп Гәдоуҭа ақалақь еиуеиԥшым ахәҭақәа рҟны Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҭыԥантәи аҟәша ахеилак алахәцәа рымчала.

Ахеилак анапхгаҩы Амра Лакәиа еиҭалҳәеит, ари аидеиа шцәырҵхьаз ахеилак анаԥҵаз раԥхьатәи амшқәа инадыркны, «ақалақь аҿы аԥырҟьақәа аахәаны рышьақәыргылара аныӡбаз аамҭазы». Ишәгәалаҳаршәоит, ҳазҭоу ашықәс жьҭаарамзазы АААК алахәцәа Гәдоуҭа ишдыргылаз воркаут ҳәа изышьҭоу аԥырҟьақәа – ақалақь ауааԥсыра адәахьы абаҩрҵәыреи афитнеси рыла рҽазыҟарҵаларц.

«Аԥырҟьақәа рышьақәыргылара ҳаналга, иаразнакала нап аҳаркит анаҩстәи апроект – агәам-сам аизгарҭақәа рыргылара, урҭ ақалақь аҿы уарла-шәарлоуп иахьа ишуԥыло. Аурнақәа рдизаин ацәажәарақәеи ажәалагалақәеи рацәаны иахылҿиааит, уи иаҳәогьы – ауаа ҳаӡбахә (Гәдоуҭа иҟоу АААК аҭыԥантәи аҟәша ахеилак – аред.) уажәшьҭа ираҳаҳьеит, ҳардыруеит ҳәоуп, ҳусурагьы иазҿлымҳауп. Уи гәахәароуп», – лҳәеит Лакәиа.

Аҟьамсареизгарҭақәа рыҟаҵареи рышьақәыргылареи рзы иаҭахыз ахарџь еидыркылон агәаҳәара змаз зегьы.

«Ҳапроектқәа иаҳа ирацәаҩны ауаа рылахәхара даара акраҵанакуеит. Уажәазыҳәангьы иҳадгылаз раԥхьатәи акциаҿы ацхыраара ҟазҵаз роуп. Аԥара аӷьырак аларҵеит ҩыџьа зыхьӡ аӡыргара зҭахым ауааԥсыра. Мчыбжьык ала 37 нызқь мааҭ еидкылан, убри иагьалнаршеит 15 урна раахәара», – лҳәеит Амра Лакәиа.

Аурна ҿыцқәа аҭыԥантәи анаплакаҿы иҟаҵан зхаҭабзиара ҳараку аматериалқәа ирылхны, убри иабзоураны акыршықәса анҵыра роур ахәҭоуп. Дара ргылоуп ақалақь агәҭа иалсны ицо Афырхацәа рымҩаду ала.

«Ус аӡәы игәы иаанагар ҟалоит, жәохә урна рыргылара – ус дуум ҳәа, аха абас умч зықәхо аус хәыҷқәа рылоуп ишалагатәу, ажәа дуқәа ҳәаны нас акгьы ҟаумҵар аасҭа», – ҳәа лыԥхьаӡоит Лакәиа.

Лара лажәақәа рыла, АААК аҭыԥантәи аҟәша алахәцәа раԥшьгара иадгылеит Гәдоуҭа араион ахадарагьы, дара ақалақь аҟны иҵегь аҟьамсареизгарҭақәа дыргылоит, избан акәзар уажәы иҟақәоу зынӡагьы иазхом. Убарҭ аурна ҿыцқәагьы АААК идыргылаз иреиԥшзаауеит.

«Ҳара ҳаигәырӷьеит ақалақь ахадарагьы ари иаԥшьаҳгаз акциа иацырҵоит ҳәа анҳаҳа, ҳара иҳаргылаз аурнақәа рҩызцәа реиԥшқәаҵәҟьа ҿаҵаны идыргылоит даргьы», – лҳәеит Лакәиа.

АААК апроект ҿыц ахәшьара бзиақәеи аҭабуреи аиухьеит ақалақь ауааԥсыра рҟынтә.

Елызбар Смыр диит, изҳаит Гәдоуҭа, анаҩс Аҟәаҟа нхара дшиасызгьы иқалақь гәакьаҿы имҩаԥысуа аԥсҭазаара еснагь активла далахәуп. Амра Лакәиа хаҭала дидыруеит, лареи ахеилак егьырҭ алахәцәеи рзы акыр шаҵанакуа идыруеит ауаа рыбзызыра еиӷьызтәыша иарбан усзаалак. Арԥыс иазгәеиҭоит, ааигәа иаԥҵаз АААК аҭыԥантәи ахеилак уажәнатә ахыԥша бзиа шарҳахьоу.

«Ари аус аҵак ду амоуп, избан акәзар ахәарҭара ду ацуп, абзиара рацәангьы иацааиуеит. Аҷкәынцәа ргәы ӷәӷәазааит, рус иацәхьамҵлааит, џьара еилибамкаарак ианиаргьы. Сара хаҭала еснагь рыцхраара сазыхиоуп – доуҳалагьы, махәҿалагьы, аԥара аганахьалагьы», – иҳәеит Смыр.

Гәдоуҭа инхо Мадина Жьиԥҳагьы ахә ҳаракны илшьеит АААК аҭыԥантәи аҟәша алахәцәа раԥшьгара.

«Дара рлагала иаҵанакуа рацәоуп ҳақалақь азы, ҳтәылазы. Қалақьцыԥхьаӡа абас иҟоу аҿарацәа ргәыԥ еиҿкаахар, доусы ирыгу дырны арҽеира иашьҭоу, уи азы иахәҭоу аԥареи амчқәеи рыԥшаара иазхиоу, хара имгакәа ҳақалақьқәа зегьы аиҭакра бзиақәа рнубаало иҟалоит», – лҳәеит лара.

Абри апроект анагӡареи, аҭыԥантәи ахеилакқәа рыла АААК аусушьеи иааидкыланы ахҳәаа рзыҟаҵауа, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба иазгәеиҭеит, аҭыԥантәи ахеилакқәа – АААК аиҿкааратә баҩуп ҳәа, урҭ ирылахәхогьы «асоциалтә активра аазырԥшуа, зыкәша-мыкәша аԥсҭазаара аиӷьтәра иашьҭоу аҭыԥантәи ауааԥсыра шракәу».

«Гәдоуҭатәи аҟәша ахеилак русура даара иҿырԥшыгоуп. Ҳара имаҷҩымкәа иҳамоуп згәы былуа аҷкәынцәеи аҭыԥҳацәеи, зқыҭа, ма зықалақь, иааидкыланы зтәыла акала иахәарц зҭаху. Ҳара, убас иҟоу аҿарацәа рыпшаара, нас реидкылара – хықәкыс иҳамақәоу ируакуп. Гәдоуҭатәи аҿарацәа иахьа русушьа, жәаҳәарада, амҩа иаша иазхьаԥшуа рзы зеиӷьыҟам ҿырԥшуп», – иҳәеит Гыцба.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Гәдоуҭа иҟоу аҭыԥантәи ахеилак аԥҵан жьҭаара 3, 2019 шықәсазы. Уи актив иалоуп: анапхгаҩы Амра Лакәиаԥҳаи, Ахеилак алахәцәа Инал Анқәаби, Алмасхан Џьниеи, Ҳамида Гыцԥҳаи.