Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс (АААК) ахада ҿыц Мусса Егзакьи, ахеилак анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцбеи раԥхьатәи рҳәаанырцәтәи аныҟәара мҩаԥысит Ҭырқәтәыла лаҵара 5 инаркны 8 рҟынӡа. Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа (Аԥсуафед) аиҳабацәа официалла рԥыларақәа рыдагьы, аныҟәара апрограммаҿы иарбан атәылаҿы аус зуа аԥсуа культуратә центрқәа инарыгӡоз аусмҩаԥгатәқәа рҭаарагьы.

Асҭа Арӡынԥҳа

Аибадырреи, наҟ-наҟтәи аусеицура амҩақәа рылхреи

Аибадырреи, насгьы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресси аԥсуа-абаза диаспореи наҟ-наҟтәи русеицура амҩақәа рылхреи акәын хықәкы хадас иамаз АААК Иреиҳаӡоу Асовет ахада Муса Егзакь Ҭырқәтәыла иаҭаара.

Иахьазы, адиаспора ахаҭарнакцәа ирымоуп агәазыҳәара ду рҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи реимадара аиҿкааразы, аҽеидкаларазы, аха уи шыҟаҵатәыҵәҟьоу еилызкаауа маҷуп, ҳәа иԥхьаӡоит АААК ахада.

Убри азоуп, Егзакь Аԥсуафед аиҳабыра данырԥылоз, ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа агәра зыдиарга, адунеизегьтәи аԥсуа-абаза диаспора ауаажәларратәи акультуратәи апроцессқәа ишалархәхало Аконгресс аҩныҵаҟа имҩаԥысуа реиԥш, убас Аԥсны зегьы аҟны имҩаԥысуагьы. АААК иҿыцу аинформациатә портал ҟалароуп акрызҵазкуа цхыраагӡаны ари аус аҿы: адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи ироуеит алшара рхатә культуреи, атоурыхи рҵаразы, дара еиҳа ирзыманшәалахо абызшәала.

Аԥсуафед аиҳабы Аҭанур Аҟусба иганахь ала агәрагара ҟаиҵеит ҭырқәтәылатәи адиаспора шазыхиоу излалшо ала ацхраара АААК аусура аҿы, иагьеиҭеиҳәеит закә уадаҩрақәоу аԥсуааи абазақәеи Ҭырқәтәыла ирызцәырҵуа. Убас, Аҟусба иазгәеиҭеит, аԥсуа тәылауҩшәҟәы Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа роураан ицәырҵуа азҵаарақәа, насгьы Аԥсни Ҭырқәтәылеи рыбжьара ишиашоу иҟоу амшынтә еимадара аартразы ишаҭахәу амчқәа зегьы реидкылара.

АААК анапхгареи адиаспора ахаҭарнакцәеи еицазааит агәаанагара, даҽа тәылак аҿы акультуреи абызшәеи реиқәырхареи рырҿиареи азы, аԥсуааи абазақәеи рзинқәеи ринтересқәеи адунеи зегьы аҟны рыхьчаразы, иаҭахуп еишьҭаргылу, исистематәу азнеишьа ҳәа, аԥсуа-абаза жәлар иахьазы рҿаԥхьа иқәгылоу ауадаҩрақәа раԥыхразы. АААК аҟны излазгәарҭаз ала, еуи анагӡара алыршахоит аидгылара мацарала, насгьы узвысыр иҟамло азҵаарақәа иаартны рылацәажәарала.

Иаҳцәыӡыз анапҟазара ахкқәа рырхынҳәреи аԥсуара ақәныҟәареи

Акультуратә программаҿы акрызҵазкуа акәны иҟалеит, лаҵара 6 рзы, ақалақь Адаԥазар (Сақариа арегион административтә гәҭа) имҩаԥысуаз аԥсуа аҳәса-анаплыхыҩцәа рцәыргақәҵа аҭаара. Еизаз рҿаԥхьа ицәырган анаплыхқәа, ахьы- араӡны рахәыцқәа рыла аԥара ижәытәӡоу аԥсуа техника ақәныҟәарала иҟаҵаз.

Ихьаауго иҟоуп, иахьазы ари атехника адырра Аԥсны шамахамзар иахьыӡхьоу, аха Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭақәак рҿы еиқәхеит. Зерин Шамԥҳа – аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнак илҳәеит, ажәытәан аԥсуа ҳәсақәа ишырԥози, ишыӡахуази азы аинформациеи, насгьы уи аан рхы иадырхәоз амаҭәахәқәеи, амыругақәеи зеиԥшраз азы аинформациеи рыԥшаара зынӡа ишымариамыз. Зымҽхак ҭбаау аматериал еидкыланы, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭақәа рҿы инхо ирҭааны, аҵарауаа-аетнографцәеи ирыҿцәажәаны мацаралоуп изалыршахаз ари анапҟзара арҵаразы апрограмма аиқәыршәара.

Ижәытәӡоу атехника аҭҵаара аус аҿы гәацԥыҳәара дуны иҟалеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-абаза ҭаацәарақәа абиԥарала еимдо иааргаз, иахьагьы иҵәахны ирымоу амҳаџьырра зхызгаз ареликвиақәа роуп. Уахь иаҵанакуеит ахҭырԥақәа, иқәҵоу ампахьшқәа, иԥоу арԥшӡагақәа 150 шықәса инареиҳаны изхыҵуа.

Абри ахҭыс иазку афотолента ахәаԥшра>>

Уи аҽныцәҟа, АААК аделегациа иаҭааит ақыҭа Балбалы (Сақариа иатәуп) аҟны имҩаԥысуаз аныҳәа, ачарақәа рҿы ахысра ақәиҭымтәразы абыргцәа ирыдыркылаз аӡбара 14 шықәса ахыҵра иазкын. Аусмҩаԥгатә аҿар роуп иагьзызку, иагьазгәарҭоит ари аӡбара еиламгакәа иахьақәныҟәо еигәырӷьаны. «Уаршанхоит, аԥсуа ҿар абас патуқәҵарала иахьазнеиуа рбыргцәа ирӡбаз. Абыргцәа ирылшеит аполициа шықәсырацәала ирылымшоз. Сара аҿар иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, абарҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟала чарак аҿы хысбжьык ахьымгац, амашәырқәа ахьыҟамло азы», - иҳәеит аныҳәа иаҭааз Ҭырқәтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Сулеиман Соилу

Аныҳәа рхы аладархәит хә-нызқьҩык раҟара ауааԥсыра, еиуеԥшым Ҭырқәтәыла арегионқәа рҟынтә. Адиаспора ахаҭарнакцәа ари аныҳәа абзурала даҽазныкгьы еибабоит, еиԥылоит. Ухатәы бызшәала ицәажәо рашьцәа, уҩызцәа рыгәҭа имҩаԥуго аныҳәамш даҽа гьамак ацуп, аԥсуа кәашарақәа, амилаҭ чысқәа ргьамабара, агәырӷьареи аччареи зцу мшуп ари.

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа, Мусса Егзакь урҭ агәра диргеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресси Ҭырқәтәыла иҟоу адиаспореи рыбжьара аимадарақәа наҟ-наҟ еиҳагьы еффектла ишыҿиало.

«Аганаҿ ҳара аӡәгьы дынҳажьӡом. Адунеи зегьы аҟны инхо аԥсуаа аӡәыцыԥхьаӡа ҳусура ралархәра ҳгәы иҭоуп. Ҳара иаԥаҳҵеит имаҷымкәа апрограммақәа, урҭ аусура иалагахьеит, алҵшәақәагьы рымоуп. Наҟ-наҟ ари ахырхарҭа еиҳагьы иҿиалоит, иагьаднаԥхьалалоит хыԥхьаӡара рацәала ҳажәлар рхаҭарнакцәа, ҭыԥс иахьанхозаалакгьы, - иҳәеит Егзакь.

Дук мырцыкәа, АААК ахада гәаартыла иҳәеит, ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора рабадырра аҟнытә дыззыԥшыз аиҳагьы агәахәара шиоуз: «Сара издыруан, аратәи ҳаҷкәынцәа еснагь активла рха шаадырԥшуаз. Аха санааи оуп ианызба аиашьарацәҟа закәу, зықьҩыла ҳашьцәеи ҳаиҳәшьцәеи ракзаара саналаԥш. Сара избеит рыԥхарреи ҳәашьа змам аенергиеи, уи, ҳәарада, ҳара иҳахәоит, иагьҳанаҭоит аҿиаразы аимпульс ҿыц. Избоит ҳԥеиԥш дуӡӡа аперспектива!» - иҳәеит Егзакь.