Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адырра ҟанаҵеит, Аҧсны COVID-19 ахҭыс ҿыцқәа фба шьақәыргылоуп ҳәа.

Нанҳәа 7 азтәи аоперативтә дыррақәа рыла, Аԥсны иахьаҵанакуа даҽа фҩык ауаа COVID-19 рыдбалоуп. Абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ишаанацҳауа ала, аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла ачымазара амазааразы игәарҭеит 82-ҩык ауаа, урҭ рахьтә адиагноз COVID-19 рзықәыргылоуп фҩык ауааԥсыра.

Абри аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык апациентцәа. Иахьазы Аԥсны акоронавирус здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 120-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит. 

Аԥсуа-аурыс ҳәынҭқарратә ҳәаа аартын нанҳәа 1 инаркны. Раԥхьатәи ԥшьымш рыла аҳәаа иахысны Урыстәылантә Аԥсныҟа иҭалаз рхыԥхьаӡара 100 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит. 

COVID-19 Кавказ алаҵәара астатистика шәахәаԥшырц шәылшоит абри азхьарԥш шәықәныҟәаны>>