Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, агәыҳалалратә фонд «Ахәыҷра адунеи», амилаҭтә туристтә еилахәыреи еицхырааны Гагра араион ахшара рацәа зааӡо аҭаацәарақәа рҟынтә ахәыҷқәа еидкыланы Аҟәа Ашықәс ҿыц аныҳәа рзеиҿыркааит.

Камила Кирвал

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс 2022 шықәсазы ираԥхьатәиу агәыҳалалратә акциа ахәыҷқәа ирызкны имҩаԥнагеит. Ажьырныҳәа 11 рзы 36-ҩык ахәыҷқәеи адуцәа рыцны Аҟәа аныҳәа ддырбеит, амҩан аетнопарк «Аԥсны» иаҭааит, уаҟагьы аекскурсиа рзымҩаԥыргеит.

Ауаажәларра рымадаразы АААК аспециалист Изольда Ҳагԥҳа илҳәеит, Аконгресс лассы-лассы агәыҳалалратә акциақәа шеиҿнакаауа, мамзаргьы адгылара шрынаҭо, еиҳаракгьы ахәыҷқәа ирызку апроектқәа.

«Аҳҭнықалақь агәҭа игылоу аԥсаҵла амҵан аныҳәа Ашықәс ҿыц ааиаанӡагьы амҩаԥгара ҳазхәыцхьан, аха акциа алахәцәа шьоукы ргәамбзиара иахҟьаны маҷк ҳнахар акәхеит. Иахьагьы изымааиз ахәыҷқәа ыҟоуп, аха урҭ рзгьы аҳамҭақәа ҳархиеиит, хымԥада ирықәҳаршәоит. Сгәы иаанагоит, ахәыҷқәагьы, адуцәагьы акыраамҭа ргәалашәараҿ инхо аамҭа бзиа рхыргеит ҳәа. Аинтерес зҵоу аҭыԥқәа ирҭааит, рыблала ирбеит аетнопарк, аҳамҭақәа роуит, Аҟәа аԥшаҳәаҿы акафе аҿы итәеит. Ҳара ҳзы зеиӷьыҟам гәахәароуп заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа рҟны изызҳауа ахәыҷқәа гәырӷьартә ианаҳзыҟаҵо», – лҳәеит Ҳагԥҳа.

Амш апрограмма акыр ибеиан, арҵара-ааӡаратә ҟазшьа змаз аицәажәарақәеи аиԥыларақәеи рыла еибыҭан. Аԥсаҵла аҿаԥхьа идырбаз аныҳәатә концерт анахысгьы, ахәыҷқәа Аҟәатәи Акафедралтә уахәама иаҭааит, уаҟа Аԥсуа иашахаҵаратә уахәама ахада Виссарион Аԥлиаа иԥылеит, аҳамҭақәа роуит, ажәа ҟәышқәа раҳаит. Иара убас ахәыҷқәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы игылоу иҭахаз аҵеицәа рбаҟа амҵан, анаҩс аибашьра амузеи ахь имҩахыҵит, уаҟагьы аекскурсиа рзымҩаԥыргеит, иддырбеит ицәыргоу аекспонатқәа, ҳаибашьцәа рфырхаҵарақәеи, раԥхьатәи Аԥсны ахада Владислав Арӡынба иҭоурыхи рзеиҭарҳәеит, уи ашкол данҭаз аҵара шиҵоз, хәшьарақәас иоуаз ддырбеит. Ашколхәыҷқәа Арӡынба «хәба-хәба» ҳәа аҵара шиҵоз анырба, ҳаргьы убас ҳҽазаҳшәоит ҳәа зҳәаз ҟалеит.

Ари ахҭыс дахцәажәо, аиҿкааҩцәа ируаӡәку Агәыҳалалратә фонд «Ахәыҷра адунеи» анапхгаҩы Лиудмила Ашәба-Ҳагба илҳәеит, ари баша ныҳәак акәым, улаԥшҳәаа зырҭбаауа аҳҭнықалақь абароуп иахьӡу ҳәа.

«Иахьа ҳара Аҟәа ҳааит, аха алшара ҳамазҭгьы ахәыҷқәа Аԥсны зегь дҳарбон, дара ирбаз зегьы ргәы иҭымҵәо иҟоуп. Абри акциа амҩаԥгараҿы адгылара ҳазҭаз зегьы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Аконгресс, атуристтә еилахәыра, ахәыҷқәа равтобус иацыз Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәагьы», – лҳәеит Лиудмила Ҳагба.

Агәыԥ ахьцалак аекскурсиа мҩаԥго дрыцын иара убас амилаҭтә туристтә еилахәыра «Турист» ахаҭарнак Арменак Карнециан. Иара иажәақәа рыла, ари аныҟәара иалахәыз ахәыҷқәа азҿлымҳара ду аадырԥшуан.

«Аԥхьа амҩа ҳанықәлоз зегь ԥхашьа-ԥхаҵо иҟан, аха нас илахҿыххеит. Ҳара еснагь гәахәарыла абас еиԥш иҟоу аусқәа ҳрыдгылоит», – ҳәа азгәеиҭеит Карнециан.

Аԥсуана Хьециа – жәҩык аишьцәеи аиҳәшьцәеи ахьрызҳауа аҭаацәараҿы зегьы дреиҳабуп. Шықсқәак ҵуеит ари аҭаацәара ран дрыԥхеижьҭеи, уи ашьҭахь аҭыԥҳа леиҵбацәа лбар акәхеит, рааӡара аусгьы лнапы ианылеит. Уажәшьҭа агәыбжьанытәқәагьы ирызҳан иылцхраауеит, ларгьы акыр аԥышәа лоуит. Аԥсуана лан лыдунеи анылыԥсах ашьҭахь агәырҩа лҽалымҭеит, Гагратәи агуманитартә-ааглыхратә техникум дҭалеит, амедиаҳәшьа лус аҵара даҿуп. Аҭыԥҳа лзанааҭ ала аус лулар лҭахуп, лҵара аныхлыркәшалак.

«Иҭабуп ҳәа расҳәоит иахьатәи ҳныҟәара еиҿызкааз зегьы, хаҭалагьы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, еснагь иҳавагылоу, иахьатәи аныҳәагьы амҩаԥгара иацхрааз», – лҳәеит лара.

Микаель – иҭаацәараҿы дгәыбжьанытәуп, хәба-хәба ҳәа аҵара иҵоит. Аҷкәын аҽны иибаз-ииаҳаз зегьы игәы иахәаӡан дыҟан, аҳамҭақәагьы даара игәаԥхеит.

«Иҭабуп ҳәа расҳәоит иахьатәи алакә ссир иеиԥшыз амш ҳзеиҿызкааз зегьы, Аҟәа ҳгәазхара ҳагәылаԥшит», – ҳәа аныҳәа игәы иҭымҵәо ицәаныррақәа ҳацеиҩишеит арԥыс.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс традициала ишаԥу еиԥш, агәыҳалалратә проектқәа гәцаракрыла ирызнеиуеит, еиҳаракгьы ахәыҷқәеи, ахшара рацәа зааӡо аҭаацәарақәеи ирзынархоу. Убас, 2021 шықәса анҵәамҭазы АААК аусзуҩцәа рымчала Гагра араиони Аҟәеи инхо заагарҭа маҷу, ахшара рацәа зааӡо аҭаацәарақәа аныҳәа аламҭалаз фатәы-жәтәыла ацхыраара рыҭан. Иара убри аамҭазы АААК Аҟәа аҳаблақәа руак аҟны ахәыҷқәа рыхәмарырҭа ҿыц аанартит.