Абгархықә ақыҭа ашколхәыҷқәа рԥыларала АААК ихацнаркит раԥхьатәи амедицинатә цхыраара аҭаразы атренингқәа рцикл, ари аусмҩаԥгатә анагӡара ахахьы иагеит Аконгресс аҟәша ҿыц – аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи ирызку, уи анапхгаҩыс дҟалеит Изольда Ҳагԥҳа.

АААК апроект ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны Абгархықә ақыҭа ашколхәыҷқәа рзы 
ауаҩы раԥхьатәи амедицинатә цхыраара иҭаразы атренинг мҩаԥган, ааԥхьара зырҭаз 
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩ Индира Амҷԥҳа далархәны. Ахәыҷқәа 
ирзымҩаԥыргеит аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа рзы амастер-классгьы, уи анаҩс 
амультфильмқәеи апроект «Амазара» иалагӡаны иҭыхыз афильми ддырбеит.

АААК аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша аиҳабы Изольда Ҳагԥҳа 
еиҭалҳәеит раԥхьатәи амедицинатә цхыраара аҟаҵаразы атренингқәа егьырҭ 
Аконгресс Аҭыԥантәи аҟәшақәа рҟынгьы ишымҩаԥгахо. 

«Ҳгәанала, абри апроект акрызҵазкуа акоуп, уи анагӡаразы ҳара дааҳаԥхьеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аҟынтә аспециалист Индира Амҷԥҳа. Лара хатәгәаԥхарала дақәшаҳаҭхеит атренинг апрограмма ашколхәыҷқәа еилыркааратәы адаптациа азуны, иҟаҵатәу дырбара-дырҵара. Атренинг аҟны ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа раан ауаҩы раԥхьатәи ацхыраара шиҭатәу: дыблызар, ма дхәахәазар, абаҩԥҵәа илазар, ишьа ацара иаҿызар, ихы амра асзар, мамзаргьы иԥсы маҷхазар. Аҵаҩцәа ргәацԥыҳәаны атренинг рхы аладырхәит. Дара ахәра аҿаҳәараҿы рыҽԥыршәеит, анапаҿы, ахаҿы, ашьапаҿы, ауаҩ зыԥсы маҷхаз иԥсабаратәым аԥсыԥлагаҩагара изыҟаҵашьа рҵеит. Атренинг апрактикатә хәҭаҿы ахәыҷқәа ироуз адыррақәа дара-дара рҟны иаадырԥшуан, уи еиҳагьы иргәаԥхеит», – ҳәа азгәалҭеит 
Ҳагԥҳа. 

Изольда Ҳагԥҳа лажәақәа рыла, ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны школцыԥхьаӡа 
аԥҭека иҭарҵаша ахәшәқәа рыҭахоит: антигистаминқәа, ахьаахҽыгақәа, 
ашоурахҽыгақәа, ацахақәа, асабрадақәа, ашоурашәагақәа, аблыраҭыԥ иахьыршьуа ахәшә 
уҳәа убас иҵегь.

«Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша аспециалист Наур Хышба 
ацхыраара ахкқәа зегьы ахьаарԥшу агәаларшәага ҟаиҵеит. Абри аинформациа еизганы 
изну асахьа-ҷабгақәа атренингқәа ахьымҩаԥысуа ашколқәа зегьы ирыҭахоит. Ҷыдала 
иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Саид Смыри Леуан Харчлааи аԥҭека «VitaFarm» зтәу, 
ахәшәқәа ахьҳарҭаз азы. Ари даара акраҵанакуеит абас еиԥш иҟоу асоциалтә проектқәа 
згәы рзыбылуа, рҵакы еилызкаауа ауаа ахьҳавагыло», – ҳәа ацылҵеит лара.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аспециалист Индира Амҷԥҳа лажәақәа рыла, 
Абгархықә имҩаԥысыз атренинг агәахәара ду лнаҭеит.

«Сара изласԥхьаӡо ала, ашколқәа зегьы рҿы абри аҩыза аурокқәа мҩаԥыслароуп, дарбанзаалак ахәыҷы раԥхьатәи ацхыраара закәу идыруазарц, иаҭаххозаргьы уи аҟаҵашьа дақәшәарц. Имҩаԥысыз атренинг сгәы азнарҳаит. Ахәыҷқәа рлымҳа кыдҵаны иӡырҩуан, уи уамеигәырӷьар алшомызт, даара активлагьы рхы аадырԥшит анаҩсан. Сара сыхәҭаахьала ԥхьаҟагьы сазыхиоуп ари апроект аҽалархәра, избан акәзар еилыскаауеит арҭ адыррақәа аҵак ду шрымоу. Лассы-лассы ҳара ҳзықәшәо ахҭысқәа 
идыршаҳаҭуеит амашәыр иақәшәаз ауаҩы раԥхьатәи ацхыраара иашаны имоузар, иҭагылазаашьа шбааԥсхо», – лҳәеит лара.

Атренинг иахысыз ахәыҷқәа Индира Амҷԥҳа акыраамҭа доурыжьуамызт, иаалгаз 
аманекен ашьапы, ма анапы ҿазҳәар зҭахыз рацәаҩын. Раԥхьатәи ацхыраара аҭара 
апрактикатә хәҭаҟны активра ду аадырԥшит ахәыҷқәа. 

«Даара иаҳгәаԥхеит ари аурок. Иахьа иҿыцны иаҳҵаз рацәоуп, ҳазыԥшызаауеит 
анаҩстәи атренинг», – лҳәеит аҵаҩы Слфиа Гәынԥҳа.

Абгархықә ашколхәыҷқәа иддырбеит иара убас аԥсышәала иҭыху афильмқәеи 
амультфильми. Амш хыркәшахеит аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа рзы амастер-класс 
амҩаԥгарала, уи мҩаԥигеит Аҿари абаҩрҵәыреи рыҿиара аҟәша анапхгаҩы Валери 
Берзениа. 

«Ҳара амилаҭтә спорт хәмаррақәа реиҭеира ҳацхраауеит, ҳапроект ахәмаррақәа хԥа амҽханакуеит: аимҵакьачара, ахылԥахас, акьаброу. Аимҵакьачара ахәмарра аԥҟарақәа рыла регби иеиԥшуп. Асеиԥш иҟоу ахәмаррақәа раан аибашьцәа азыҟарҵон, ахаҵа ибаҩ ицәыласны, деилҟьаны дыҟазарц, азыҟаҵара имазароуп. Ҳаргьы абри апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәыҷқәа идҳарбар ҳҭахуп уаанӡа ҳкультураҿы алаҵәара ду змаз аспортхкқәа», – иҳәеит Берзениа. 

Абгархықәтәи ашкол адиректор Ванда Аџьба Аконгресс аусзуҩцәа рааԥсаразы иҭабуп 
ҳәа ралҳәеит. 

«Иахьа ҳҵаҩцәа адырра ҿыцқәа маҷымкәа идырҳаит раԥхьатәи ацхыраара аҟаҵара 
аганахьала. Даара ирҭахны ирыхәаԥшит афильмқәеи амультфильмқәеи. Аспорт хәмарра 
иалахәын аҷкәынцәа реиԥш аӡӷабцәагьы. Ҳкультура иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа 
ҳахьрылахәу ҳара ҳзы иаанаго рацәоуп. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Аконгресс аусзуҩцәа 
иахьа иахьаҳҭааз», – лҳәеит лара.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҭыԥантәи аҟәшақәа аартуп Аԥсны араионқәа 
зегьы рҟны Гагра инаркны Галнӡа. Урҭ раартра иалагеит 2019 шықәсазы, иахьазы 
ахаԥшьгара аазырԥшуа Аԥсны ауааԥсыра еидкылоуп аҭыԥантәи аҟәшақәа 42 рҟны.