Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҭыԥантәи аҟәшақәа рнапхгаҩцәа реиԥылара мҩаԥысит Аҟәа.

Аҟәатәи АААК аофис аҟны имҩаԥысит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аԥсны иҟоу аҭыԥантәи аҟәшақәа зегьы рнапхгаҩцәа раԥхьаӡати реиԥылара ду.

Иахьазы зынӡа аҟәшақәа 42 аартуп. Урҭ рхықәкы хада – аҭыԥантәи ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәразы дара рхаҭа ирылшо ашьаҿақәа ҟарҵарц азы ргәы азҭаҵароуп. Абасала, АААК Аԥсны активра злоу ауаажәларра рыҿиара иацхраауеит.

Аҭыԥантәи аҟәшақәеи аҿар рактивреи ҳәаақәызҵо Дмитри Жьиба иажәақәа рыла, аиԥылара хықәкыс иаман – аҭыԥантәи аҟәшақәа рнапхгаҩцәа дара-дара реибардырра, уажәы доусы рнапы злаку апроектқәа рылацәажәареи, ԥхьаҟатәи апланқәа рҭыхреи.

«Аҭыԥантәи аҟәшақәа рацәоуп Аԥсны араионқәа зегьы рҟны, акоординаторцәа ҩыџьа ҳаҟоуп – Валери Берзениа нас сара. Аусура ҳалагеижьҭеигьы дук ҵуам, хаҭала иаҳзымдыруаз ауаа ыҟан. Апандемиа аамҭазы аибабара ҟаломызт, аха уажәшьҭа ҳаимадарақәа ҳарӷәӷәар ҳҭахуп, ҳусура еиҳагьы ихырҳагахарц», – иҳәеит Жьиба.

Аҭыԥантәи аҟәшақәа рнапхгаҩцәа еизаз доусы рхы ддырдыруан, анаҩс Аконгресс ацхыраарала инарыгӡахьоу апроектқәеи, уажәазы рнапы злакуи ртәы еибырҳәон.

Зегь еицҿакны ирҳәоз акакәын – ироуз аԥышәа ишыднарбаз, напеилаԥса акыр шулшо, ԥара дук умамзаргьы, раԥхьаӡа иргыланы иаҭаху ахаԥшьгара аарԥшреи ауаа ргәаҳәареи роуп.

«Қыҭацыԥхьаӡа иҟазароуп активра аазырԥшуа аҭыԥантәи ауааԥсыра, ауаа дара ирҭахны ак ҟарҵозароуп. Усҟан Аконгресс астимул рнаҭоит. Зны-зынла ақыҭуаа баша иԥшны итәоуп, аха анхаҩ иаҟара издыруада ахала акгьы шыҟамло, уџьабаа здуумҵаз аус акгьы алҵӡом», – ҳәа лыԥхьаӡоит Тамшь иҟоу Аҭыԥантәи аҟәша анапхгаҩы Џьамила Ануаԥҳа.

Абри аҩыза астимул аҳасабала уахәаԥшыр ҟалоит аҟәшақәа руак имҩаԥнагаз арккаратә проект. Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан иҟоу Аҭыԥантәи аҟәша анапхгаҩы Амиран Бжьаниа иҳәеит ақыҭуаа рзы ақыҭанхамҩа иазку атренинг шымҩаԥгаз.

«Ақыҭанхамҩа иазкыз атренинг иазыӡырҩыз руаӡәк арԥхарҭа иргылан, уажшьҭа аагарҭа имоуп. Абас иҟоу ахаԥшьгарақәа баша имҩасуам», – иҳәеит Амиран Бжьаниа.

Акыршықәса раахыс Аконгресс аус ацызуа Тҟәарчалтәи аҟәша аиҳабы Белла Аршба иазгәалҭеит, аҵыхәтәантәи хәышықәса ирылагӡаны АААК аусура апрактикатә ҵаки аконкреттә ҟазшьеи шаиуз.

«Сыԥсы ҭалеит Аконгресс араионқәа рҿы иконкреттәу аусқәа мҩаԥнагоит ҳәа ансаҳа. Ауаа абзиа ҟарҵац ианаҿу, иҳалшо ала ҳрыдымгылар азин ҳамам. Иаҭаху ауаҩы дахьыҟазаалак дыԥшааны, ҳус наҳагӡоит», – лҳәеит Белла Аршба.

Лара лгәаанагарла, ҳтәылаҿы аҭагылазаашьа злаҟоу ала, араионқәа аиҳарак рҟны агуманитартә, асоциалтә проектқәа еиҳа ирацәазароуп.

Аиԥылараҿы Аҭыԥантәи аҟәшақәеи аҿар рактивреи ҳәаақәызҵо Дмитри Жьибеи Валери Берзениеи хара имгакәа ихацыркхо ҩ-проект ҿыцк рыӡбахә цәырыргеит.

Убас, иазԥхьагәаҭаны иҟоуп аҭыԥантәи аҟәшақәа еизгоу ркомандақәа рыбжьара амилаҭә хәмаррақәа рыла аиндаҭлара.

«Аиԥылара ахыркәшамҭаз ишьақәҳарӷәӷәеит амилаҭтә хәмаррақәа ирызку апроект. Аҭыԥантәи аҟәшақәа доусы ркомандақәа еизыргоит, нас еиндаҭлалоит. Анаҩс ари зегь турнирк еиԥш еиҿкаахоит ҳтәыла араионқәа рыбжьара», – иҳәеит Аҭыԥантәи аҟәшақәеи аҿар рактивреи ҳәаақәызҵо Валери Берзениа.

Аҩбатәи апроект ҿыц аконкурс азы авидеороликқәа разырхиара иазкуп: ақыҭа ауааԥсыра рқыҭақәа ӡырыргалоит. Ароликқәа ҩба-ҩба минуҭ инаӡозароуп, иарбанзаалак аформат алхны иҭухыр ауеит. Аекспертцәа- аӡбаҩцәа иреиӷьу авидеоролик алыркаауеит, аконкурс аҿы иаиааиз аҳамҭа хада – авидеокамера иоуеит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҭыԥантәи аҟәшақәа аартуп Аԥсны араионқәа зегьы рҟны Гагра инаркны Гал аҟынӡа. Раԥхьаӡатәи аҟәша аартын 2019 шықәсазы, иахьазы аус руеит Аконгресс аҭыԥантәи аҟәшақәа 42.