Санкт-Петербург инхо амилаҭтә хеидкылақәа рҭоурых иазку аизга ҭыҵит Петербургтәи Амилаҭқәа рыҩнаҟны, уи ианылеит аԥсуа-абаза жәлар ирызку аинформациагьы.

Санкт-Петербургтәи Амилҭқәа рыҩны иазнархиеит, иагьыҭнажьит аизга «Санкт-Петербург иҟоу амилаҭтә-культуратә хеидкылақәеи аказакцәа реилазаарақәеи» ҳәа хьӡыс изауз. Ари аҭыжьымҭа Амилаҭқәа рыҩны 15 шықәса ахыҵра иазкхеит. Аизга иагәылалеит аԥсуа-абаза жәлар ирызку аинформациагьы.

Санкт-Петербургтәи Амилаҭқәа рыҩны амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәа рзы аспециалист хада Алексеи Ачкасов излаиҳәаз ала, абас еиԥш аизга аҭыжьра иазхәыцижьҭеи акрааҵуан, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны иахьа уажәраанӡа изалыршахомызт.

«Аус адаҳулон шықәсык иназынаԥшуа. Абри аамҭа зегьы иалагӡаны хәыц-хәыц аинформациа аидкылара ҳаҿын, аспециалистцәа ҳрацәажәон, ҳрыдҵаалон. Аизга ҳархиеит Санкт-Петербург иҟоу амилаҭтә-культуратә хеидкылақәа рнапхгаҩцәа иҳарҭоз аинформациа шьаҭас иҟаҵаны. Зегь анеизаҳга, ҳматериал хырхарҭак азалҳхит», – ҳәа аизга аус адулара шымҩаԥысуаз дазааҭгылеит Алексеи Ачкасов.

Иара иажәақәа рыла, ашәҟәаҿы иаагоуп Санкт-Петербург амилаҭтә хеидкылақәа рцәырҵра аҭоурыхи иахьатәи рыԥсҭазаашьеи, нас абарҭқәа зегьы ургәылазырԥшуа афотосахьақәеи архивтә материалқәеи агәылоуп.

«Аизгаҿы иаагоуп 60 инареиҳаны Урыстәыла иқәынхо ажәларқәеи, аҳәанырцәтәи ажәлрқәеи, арегионқәа рхаҭарнакцәеи – зытрадициатә культурақәа амилаҭтә-культуратә хеидкылақәа раҳасабала ҳақалақь аҟны ицәыргоу», – иҳәеит иара.

Санкт-Петербург иҟоу АААК Арегионалтә хеилак ахантәаҩы Ҭемыр Рекәаа еиҭеиҳәеит Аконгресс акоманда ари аизга азырхиара активла ишалахәыз: иҳаҩсыз ашықәс зегьы иалагӡаны, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы, аизга аԥҵаҩцәа ирыцхраауан аԥсуааи абазақәеи ирызку аинформациа аизгараҿы.

«Ҳара даара ҳаигәырӷьоит абри аҩыза аизга хазына ахьҭыҵыз, уи акырӡа аҵанакуеит амилаҭрацәа зланхо ақалақь Санкт-Петербург акультуразы», – иҳәеит Рекәаа.

Иара иазгәеиҭеит Санкт-Петербург иҟоу АААК Аҭыԥантәи аҟәшеи Амилҭқәа рыҩни уажәаԥхьагьы аус шеицырухьаз, наҟ-наҟгьы еиуеиԥшым апроектқәа рганахьала аусеицура ргәы ишҭоу.

«Ҳагәҭакқәа даара ирацәоуп, ауаа ҳкультура разхьарԥшреи, Санкт-Петербург аетнокультуратә хкырацәара аиқәырхареи, ара иҟоу амилаҭтә-культуратә хеидкылақәа реимадара арӷәӷәареи уҳәа реиԥш иҟоу ахырхарҭқәа рыла. Уажәшьҭа итрадициатәхаз акоуп Кавказ жәларқәа ркультура афестиваль, иара убас Агала-концерт «Ҳара ҳаицуп», амилаҭқәа рбал. Абарҭ аусмҩаԥгатәқәа зегьы ҳрылахәхарц ҳгәы иҭоуп, аҽазыҟаҵара ҳалагахьеит», – иҳәеит арегионалтә хеилак анапхгаҩы.

Аизга «Санкт-Петербург иҟоу амилаҭтә-культуратә хеидкылақәеи аказакцәа реилазаарақәеи» раԥхьаӡа акәны иҭыҵит. Уи атираж – 300 цыра рҟынӡа инаӡоит. Санкт-Петербургтәи амилаҭқәа рыҩны ахьӡала аизга шаны ирыҭан ақалақь аҿы иҟоу амилаҭтә хеидкылақәа зегьы, иаанхаз аекземплиарқәа Аҩны абиблиотекаҿы ишьҭазаауеит.

«Санкт-Петербургтәи Амилаҭқәа рыҩны» – ҳәынҭқарратә усбарҭоуп, иаартын 2005 шықәсазы ақалақь ахадара рыӡбарала. Амилаҭқә рыҩны аҿаԥхьа хыдҵас иқәгылоу «анагӡартә мчреи амилаҭтә-культуратә хеидкылақәеи еиԥызшьуа цҳак аҳасабала аҟазаара» ауп.