Аԥсны ахада инапы аҵаиҩит акоронавирустә ҭагылазаашьа иадҳәалоу аусдҵа ҿыц, уи инақәыршәаны уаанӡа иалагалаз аԥкрақәа реиҳарак ахырхуеит, аха аҳәаала ҳтәыла аҭалара аԥкрақәа шацу иаанхоит.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчаразы иалкаау усмҩаԥгатәқәак рзы адҵа ҿыц рашәара 12, 2020 шықәсазы.

Рашәара 15 инаркны атәыла аҩнуҵҟа иҟаз аԥкрақәа шамахамзар зегь аԥыххоит, ауаа рацәа еидызкыло аусмҩаԥгатәқәа рынагӡарагьы азин ҟалоит. Зусура аанкылоу ашколқәранӡатәи арҵаратә усбарҭақәа заҵәык роуп.

Ԥхынгәымза 1 аҟынӡа аԥсуа-аурыс ҳәынҭқарратә ҳәааҟны игылоу аушьҭратә ҭыԥқәа рыла аҳәаанырцәуааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи рҭалара ԥкызаауеит. Адҵа инақәыршәаны, Аԥсны алалара азин рымазаауеит Аԥсны аҩнуҵҟа аккредитациа змоу аҳәаанырцә тәылақәа рдипломатиатә усзуҩцәеи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәеи, Еизаку урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауааи, жәларбжьаратәи аидарамҩангарақәа ҟазҵо атранспорттә хархәагақәа рырныҟәцаҩцәеи, аидаратә дәыӷбақәа рырныҟәцаҩцәеи. Убасгьы ԥхынгәымза 1 аҟынӡа иаркызаауеит аҳәааҿы иҟоу абаџь зқәым ахәаахәҭратә дәқьанқәа (диути-фри). Иара убранӡа иҟалом убасгьы Аԥсны иахьаҵанакуа асасааирҭақәеи, аԥсшьарҭа ҩнқәеи, егьырҭ анырхара ҭыԥқәеи рҟны ауааԥсыра рыдкылареи рнырхареи, заатәи аҭыԥҿаҵареи.

COVID-19 ачымазара ахьазгәаҭоу атәылақәа рҟынтә зыԥсадгьыл ахь ихынҳәуа Аԥсны атәылауаа 14 мшы иреиҵамкәа хымԥадатәи рҽыԥхьакра аиҿкаара рнапы ианҵоуп уи зусдырраҿы иҟоу аусбарҭақәа.

Иахьатәи амш азы Аԥсны иазгәаҭоуп акоронавирустә хҭысқәа 37. Урҭ рахьтә 27-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп жәҩык апациентцәа. 481-ҩык ҩымчыбжьатәи ахыԥхьакра рхыргеит Аҟәатәи асасааирҭа «Аиҭар» аҟны. Иахьазы уа иаанхоит 16-ҩык.

COVID-19 Кавказ алаҵәара астатистика шәахәаԥшырц шәылшоит абри азхьарԥш шәықәныҟәаны>>