Амҳаџьырқәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵаны, Ашьамаҟа аркны, нас Нарҭаа рымца ду еиқәҵаны Аԥсны иргәаладыршәеит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ҳабдуцәа.

Лаҵара 21 рзы Аԥсны иазгәарҭеит Кавказ аибашьра иалаӡыз рымш. Абри аҽны Аҟәа имҩаԥысит агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәеи аспорттә еицлабрақәеи, XIX  ашәышықәсазы иҟалаз аҭоурыхтә хҭысқәа ирыхҟьаны иҭахаз, ма ааха зауз аԥсуаа рыхьӡала.

Ашьыжьымҭан Амҳаџьырқәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵан. Ҳашьцәа ргәаладыршәарц арахь иааит атәыла ахадара, арепатриантцәа, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа ранацәа, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа. Абри аҽны Аԥсны имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәырц ҷыдала иааит Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Шьамтәыла инхо аԥсуа-абаза диаспора рхаҭарнакцәа, иара убас Нхыҵ Кавказынтә ҳашьцәагьы.

Афбатәи акласс аҿы итәоу Сариа Агрԥҳа агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа раԥхьаӡа акәны дрылахәын, аха ус шакәугьы лыжәлар рҭоурых бзианы ишылдыруа аалырԥшит.

«Сара издыруеит Кавказ аибашьра шыҟаз, уи акыршықәса ицон. Нас, ианынҵәа аԥсуаа реиҳараҩык рыԥсадгьыл иқәҵыр акәхеит, иахьа ара иҟоу ҳаасҭа акырӡа еиҳаны аҳәаанырцә инхоит, убас адунеи еиуеиԥшым атәылақәа ирылаԥсоуп», – лҳәеит аӡӷаб.

Леон иорден занашьоу Татиана Кочи есышықәса ари абаҟа даҭаауеит лҩызцәеи лыуацәеи дрыцны.  

«Сара амоҭацәа – абазақәа, аԥсуаа сымоуп, абас еиԥш иҟоу амш азы абра смааир шԥаҟало? Арҭ ахҭысқәа ҳхашҭыр ҟалаӡом егьа аамҭа царгьы, даҽазнык ҳарнымиарц азы. Ажәлар Ҭырқәтәылаҟа ихҵәаны мшынла ианыргоз амҩа зызхымгаз рацәоуп. Кавказ иқәынхо ауааԥсыра акыраамҭа аԥсыӡ рфаӡомызт, шаҟаҩ рыԥсыбаҩ амшын иахәхаз дырны», – лҳәеит лара.

Абаҟа азааигәара аԥсаҵлақәа фба еиҭарҳаит. Аҵлеиҭаҳара рхы аладырхәит аҭыԥ иаҭааз ачынуаагьы, адепутатцәагьы, адиаспора рхаҭарнакцәа, ахәыҷқәа.

«Ажәлар ирҳәоит, ахәыҷы инапала еиҭаҳау аҵла ӷьацоит ҳәа, аԥсаҵла азҳара акраамҭа шаҭахугьы, ахәыҷы дшеизҳауа еиԥш иаргьы духоит», – иҳәеит ари ахҭыс шаҳаҭс иамаз абыргцәа руаӡәк.

Иара уаҟа, абаҟа аҿаԥхьа еиҿкаан Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра иазку Гәдоуҭатәи амузеи афонд аҟынтә иаагоу афотосахьақәа рцәыргақәҵа, хьӡи-ԥшеи змоу ҳдиаспора рхаҭарнакцәа ахьарбоу. 

Ацәыргақәҵа зыбла иабаз Зураб Маршьан арҭ афотосахьақәа рҟны ижәлантәқәа аӡәырҩы гәеиҭеит, гәахәарылагьы урҭ рыӡбахәқәа еиҭеиҳәеит.

«Таташь Маршьан раԥхьаӡатәи аԥсуа парламент далан ХХ ашәышықәса алагамҭазы (раԥхьаӡатәи аԥсуа закәанԥҵаратә орган – Аԥсны жәлар рсовет (АНС) иаԥҵан абҵара 8 1917 шықәсазы – азгә.). Ари Амаршьан д-Ҵабалтәуп, – еиҭеиҳәон уи, асахьа инацәы ақәкуа. – Сара исыԥшааит ашәҟәқәа, Кавказ аибашьра анеилга сабдуи уи иашьцәеи роуп аҵыхәтәанӡа забџьар шьҭазымҵоз ҳәа шьақәзырӷәӷәо», – иҳәеит иара.

Кавказ аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш иазкны даҽа цәыргақәҵакгьы аатит Аԥсуа драматә театр ашҭаҿы. Араҟа ицәырган арепатриантцәа ирхаҭарнакцәоу асахьаҭыхцәа қәыԥшқәа русумҭақәа. Даара ааигәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәит, араҟатәи аԥсҭазаара рҽадыршьцылоит, аҵара рҵоит, арҿиара рнапы алакуп.

Абас иҟоу аҿар дыруаӡәкуп Џьансеҭ Арҩҭаа, лара лани, лаби, лашьцәеи дрыцны Аԥсныҟа нхара дааит 2011 шықәсазы Шьамтәыла аибашьра анҵысы.

«Ҳара ҳшыхәыҷызнатә иаҳдыруан араб милаҭ ҳашреиуам, амҳаџьырра иагаз аԥсуаа ҳшырхылҵшьҭроу. Абар уажәшьҭа жәашықәса ҵуеит Аԥсны ҳанхоижьҭеи, ҳашьцылеит, ҳаԥсадгьыл ауп, ҳаҩны ара иҟоуп», – лҳәеит аҭыԥҳа.

Лара Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет далгеит, аҵара лҵон аҟазара аҟәшаҿы «аграфикатә дизаин» азанааҭ ала.

«Сара сзанааҭ ала аус зуеит, аха уи анахыс асахьагьы ҭысхуеит. Ари ацәыргақәҵаҿы ижәбар шәылшоит саб иашьеи, уи иԥеи, сара сашьа гәакьеи русумҭақәагьы. Абас аҟазара ҳазааигәоуп ҭаацәала», – ҳәа дахлафааны илҳәеит Арҩҭааԥҳа.

Аҽны, апрограмма инақәыршәаны, имҩаԥысит ашьапылампыл маҷ азы аицлабреи, «Нарҭаа дуқәа реиԥхныҩлара» захьӡыз атлетика ласы азы аиндаҭлареи.

Кавказ аибашьра иалаӡыз ргәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ирыцҵан ахәылбыҽха, иара уа – Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс амчала ҩаԥхьа амшын аҿықәаҿы Ашьамаҟа ду рыблит.

Ари атрадициа Аконгресс уажәаԥхьагьы имҩаԥнагахьан, ҷыдала абри алахьеиқәратә мшы иазкны ашьамаҟа ҟаиҵоит ажьи, асахьаҭыхыҩ Ҭемыр Ӡиӡариа, аҿар рхаҭарнакцәа адыԥхьаланы, даргьы ари аус рнапы иадыруазарц.

«Ажьи иҟазарҭаҿы ашьамаҟа аҟаҵара ҳанаҿу амедитациа ҟаҳҵошәа ҳгәы иабоит. Ари акыраамҭа узыдхало усуп. Зны ацахақәа еиқәаҳҳәалоит, нас ацәа рхьаҳшьуеит, уи ашьҭахь ацәа ырӡҭны иӡааҳшьуеит. Аҵыхәтәан абарҭ ацәашьқәа зегьы еидкыланы ашьамаҟа ҳԥоит. Даара ҳаԥсы ақәҵаны ҳаҿын абри аус, ҵыԥхтәи асахьа аасҭа иуадаҩыз аԥашьа ҟаҳҵеит сынтәа, аҟаза иабжьгарақәа ҳхы иархәаны», – ҳәа еиҭалҳәеит дазыгәдуны ауаажәларратә еиҿкаара «АМЧ» анапхгаҩы Алиса Ԥачалиа.

Шьамтәылантә иааз арепатриант қәыԥш, Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзанааҭ ала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иалгаз  Анзор Арҩҭаагьы сынтәа ашьамаҟа аҟаҵашьа иҵон.

 «Иҭабуп ҳәа расҳәоит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ашьамаҟа аҟаҵара апроцесс салахәхартә алшара ахьсоуз. Иӡырц егьагымыз ҳажәлар рдырра ахәҭак соуит уажәшьҭа. Уи насыԥуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Сгәанала, абас еиԥш иҟоу ҳажәлар рнапҟазареи егьырҭ ҳкультура ахәҭаҷқәеи хымԥада еиқәырхалатәуп, ԥхьаҟатәи абиԥарақа ирамаҳдалароуп. Апроцесс ахаҭа сгәаԥхеит, сатәнатәит, сгәыӷуеит иааиуа ашықәсазгьы ари аус схы аласырхәып ҳәа», – иҳәеит арԥыс.

Ашьамаҟа аиркырц иҳәеит Игор Чачхалиа, иара Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәахьы дааит милаҭ маҭәала иҽеилаҳәаны. Угәы арԥшаауан, иагьыԥшӡан ари аминуҭ: аԥшаҳәа иқәыҩуан «Шьышь-нани» – ахҵәацәа рлахьынҵа цәгьа еиҭазҳәо ашәа.

 «Абри аҭоурых хлымӡаах ззымдыруа ҳәа уаҩ дҳамаӡам. Аԥсуаа, аҟабардақәа, аедыгьқәа, Кавказ ажәларқәа зегьы ирыхҭысыз хашҭра ақәӡам, уажәи-уажәи ҳазыхынҳәуеит, еиҭаҳҳәоит. Жәлацыԥхьаӡа иҟоуп Кавказ аибашьра шеилгаз ианымшәакәа зыԥсадгьыл аанзыжьыз ауааԥсыра. Аҭоурых аҿы егьа ҟалоит, ари арыцҳара иахьа аполитикатә цәа ахаҵаны ҳалацәажәаӡом, ҳабдуцәа ргәалашәара ҳшьарц, раҳаҭыр шаҳбо ааҳарԥшырц азоуп ҳзеизаз», – иҳәеит Леон иорден занашьоу Артур Алоев.

Дук мырҵыкәа ахәылԥаз иалахәыз зегьы ашьамаҟа имблыз ацәашьқәа алхны ирзыршеит, аԥшаҳәа ауразоуроу агәалашәара амца хәыҷқәа иҵегь ибылларц.  

Аҵыхәтәан аҟәараҿы Нарҭаа рымца ду еиқәырҵеит, амшын ихырҵеит ашәҭрқьақьақәа.  

Кавказ аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азгәарҭоит есышықәса лаҵарамза 21 рзы. Абри аҽны 1864 шықәсазы Гәбаадәы (иахьатәи  – Красная Поляна – азгә.) арратә парад мҩаԥысит шәышықәсабжак имҩаԥысуаз Кавказ аибашьра (1817-1864шш.) аилгара инамаданы. Ауаа ишҳәыԥкыз рыҩнаҭақәа ныжьны Османтәи аимпериахь ихҵәеит, уантәи адунеи егьырҭ атәылақәа ирыланаԥсеит. Агәалашәаратә акциақәа мҩаԥысуеит Аԥсны еиԥш, кавказтәи адиаспора ахьынхо атәылақәа зегьы рҟны.