Адунеизегьтәи аԥсуа-абазаа конгресс аилахәыра Colors of nations ацны Гагра аекологиатә акциа еиҿыркааит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Гагра аекологатә акциақәа ҩба мҩаԥнагеит. АААК аусзуҩцәеи Гагратәи аԥсуа школ аҵаҩцәеи ашкол ашҭаҿы аҵлақәа еиҭарҳаит, анаҩс аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы аекологиа иазку алекциа мҩаԥыргеит.

Аҵлақәа – аԥсҭазаара иасимволуп

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнак Изольда Ҳагԥҳа еиҭалҳәеит амш актәи азбжазы Аконгрес акомандеи Гагратәи 1-тәи абжьаратә школ аҵаҩцәеи еицхырааны ашкол ашҭаҿы Китаинтә иаагоу аҵиаа Стрикта шеиҭарҳаз. Изольда лажәақәа рыла, ари аҵла алызхыз ашкл анапхгара роуп, Аконгресс уи аахәареи, Аԥсныҟа аагареи ахахьы иагеит.

«Ҳара еҭаҳҳаит аҵлақәа 20. Абри акциала ҳара аҿар идҳарбар ҳҭахын иааҳакәыршоу аԥсабара ишеиҷаҳалатәу, аҵлақәа шеиҭаҳалатәу, Аԥсны аԥсабара аԥшӡара шыхьчалатәу», – лҳәеит Изольда Ҳагԥҳа.

Лара иазгәалҭеит, Адунезегьтәи аԥсуа-абаза конгресс уажәаԥхьагьы аҵлеиҭаҳара иазку акциақәа шымҩаԥнагахьаз.

Ашкол адиректор Хана Гәынԥҳа Аконгресс аусзуҩцәа иҭабуп ҳәа ралҳәеит. Лара ишылҳәаз ала, акциа даара еигәырӷьеит ашкол аҵаҩцәа реиԥш, арҵаҩцәагьы.

«Аиаҵәара – аԥсҭазаара, аизҳара иасимволуп, ахәыҷы дахьыҟоу аԥеиԥш лашагьы ҟалоит ҳәа агәыӷра иасимволуп. Убри аҟнытә иахьа ҳашкол аҿы имҩаԥысыз абри аусмҩаԥгатә хаҭала сара уаҵәтәи ҳамш лаша иадысҳәалоит. Арҵаҩцәеи, аҭаацәеи, ҳашколхәыҷқәеи рыхьӡала иҭабуп ҳәа расҳәоит аиҿкааҩцәа. Иҭабуп ҳәа расҳәоит Аконгресс аҿы аус зуа зегьы, ахәыҷқәа рыбжьара абри аҩыза ааӡара аус ахьымҩаԥырго азы», – лҳәеит адиректор.

Ашкол аҵаҩцәа еигәныҩны акциа рхы аладырхәит. Шьоукы аӡы ааргон, еиҭарҳахьоу аҵлақәа ршьапы иаҵарҭәарц, егьырҭ анышә ржуан, даҽа шьоукых – иақәрыԥсон.

А-11-тәи акласс аҵаҩы Давид Бениа даара деигәырӷьеит ишкол гәакьаҿы аҵла еиҭеиҳартә еиԥш алшара ахьиоуз. Избан акәзар, дук мырҵыкәа ашкол далгоит, иҩызцәеи иареи даҽа ԥсҭазаарак ахь иагоит, аха араҟа иаанхоит дара еиҭарҳаз аҵлақәа.

«Абас иҟоу акциақәа аҵак ду рымоуп, ҳаԥсабара ҳахӡыӡаауазароуп, избан акәзар ҳаргьы аԥсабара ҳахәҭакуп. Сгәы иахәеит иахьа абри аус бзиа сахьалахәыз, ҳашәаԥыџьаԥ аԥшӡара даҽазныкгьы уазнархәыцуеит», – иҳәеит Давид Бениа.

Иааҳакәыршоу адунеи ахӡыӡаара

Аҵлақәа реиҭаҳара ашьҭахь АААК акоманда Гагратәи аԥшаҳәахьы еихеит. Уаҟа имҩаԥысит аекологиатә акциа аҩбатәи ахәҭа. Уи еиҿкаан аилахәыра Colors of nations ацхыраарала.

Амшын аԥшаҳәаҿы, аҳауа цқьа лбаадо, изҭахыз зегьы аекологиа иазкыз алекциа иазыӡырҩыр рылшон.

Ажәахәқәа рыманы иқәгылеит аԥсуа еколог Михаил Қриа, Гагратәи амуниципалтә наплакы «Ақалақь цқьа» аиҳабы Даррелл Џьениа, иара убас аеко-активистка, ауаажәларатә еиҿкаара «Молодая гвардия» анапхгаҩы Динара Сыҷынааԥҳа.

Михаил Қриа иқәгылараҿы иҳәеит Аԥсны ишыҟоу аԥхасҭа ҟазҵо ахәаҷа-маҷақәа, урҭ мҿиаларц азы усқәас имҩаԥырго. Иара убас иҳәеит егьырҭ атәылақәа рҟынтә аҵиаақәа анаарго уи ҳара ҳаԥсабаразы шәарҭарас иацу атәы. Даррелл Џьениа еиҭеиҳәеит Гагра ақалақьуаа аҵиаақәа рыхәышәтәра аҵыхәала иахьадҵаалаша. Динара Сыҷынааԥҳа еиҭалҳәеит лара лхаҭа аԥсабара дшазыҟоу, аекологиа аганахьала аԥышәа илырҳаз ахьынтәаалгаз, егьырҭгьы лара илҿыԥшыртә еиԥш иҟаҵатәу.

«Ауаа азҿлымҳара рыманы иӡырҩуан, иҿыцу ак шраҳауаз збарҭан, сара сеигәырӷьоит аӡәы идымхаргьы ихәаша ак ҳазҳәазар. Агәыӷра ҳамоуп абас еиԥш иҟоу аинформациа алаҵәара бзиа аиуп ҳәа, ауаа дара-дара еимырдалап ҳәа», – лҳәеит Изольда Ҳагԥҳа ажәахәҟаҵаҩцәа рықәгыларақәа ахҳәаа рызуа.

Алекциа аҳәаақәа ирҭагӡаны еизаз ирылаҳәан ақалақь агәҭа иҟоу акафе «Бриош» аҟны абатареикақәа реизгарҭа ргылахоит ҳәа.

«Уи ашьҭахь збатареикақәа тәаз зегьы уа инаганы инрыжьлар рылшоит. Абатареикақәа иаабац агәамсам еиԥш ркажьра ҟалаӡом, ари апроблема имаҷны иалацәажәоит ҳара ҳҿы. Абри алекциа иаҭааз рахьынтәгьы издыруаз маҷын, абатареика адгьыл иалалар, аԥсабара анырра хәымга анаҭар шыҟало. Ҳара ҳхахьы иаҳгоит ари аурнаҿы еизгахо абатареикақәа анаҩстәи аутилизациа иаша рақәыршәара. Иара ҭәыцыԥхьаӡа, еизнагаз зегь ааидкыланы Аконгресс аусзуҩцәа Аҟәа аекологиа аинститут ахь иргалоит, уаҟа аҭыԥ иқәҵахоит», – лҳәеит Изольда Ҳагԥҳа.

Аекологиа иазку алекциа амҩаԥгара иацхрааз аилахәыра Colors of nations Аԥсны ахьӡ рдыруеит, уи еиҿнакаауа акциақәагьы еснагь ауаа рылаҿ иааиуеит. Ари аилахәыра аидеологиа хадас иамоуп – ҳаамҭазтәи аҟазара абызшәала апроблемақәа рцәыргара, рылацәажәара.

Аилахәыра аицшьаҭаркҩыс иҟоу Анна Савилова иазгәалҭеит, дара ркоманда аекологиа азҵаарақәа ирызҿлымҳауижьҭеи акыр шааҵуа.

«Ҳара аекологиа апроблемақәа шьҭаҳхуеит аҟазара амҩала иҳаӡбарц. Аҟазарала иузымҳәо ҳәа акгьы ыҟаӡам. Ҳара ҳакциақәа уи дырҵабыргуеит», – лҳәеит Савилова.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иацны еилахәу акциа амҩаԥгара аидеиа цәырҵит Изольда Ҳагԥҳаи Colors of nations ашьаҭаркыҩцәеи реиҩызаратә еицәажәараан.

«Ҳара ҳалацәажәон аекологиа иазку азҵаарақәа апропаганда шаҭаху. Аконгрессгьы ари азҵаара иазҿлымҳан. Убасала ҳазааит ҳаилахәны акциа мҩаԥаҳгарц», – лҳәеит Анна Савилова.

Аеко-лекциа даҭааит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц. Иара иазгәеиҭеит абас еиԥш иҟоу апроектқәа рацәаны имҩаԥыслозароуп ҳәа, уи аиҿкааҩцәагьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Дара (АААКи Colors of nations – аред.) ииашаҵәҟьаны ҳтәылаҿы ишьақәгылаз аекологиатә ҭагылазаашьа хьаас ирымоуп. Ҳара зегьы еилаҳкаауеит арахь иаҳзаауа аԥсшьаҩцәа аԥсабара ацқьара ишаанаго, аҳауа зҩыдеи амшыни ишаднаԥхьало. Ҳаԥсабара алшара ҳнаҭоит атурист ииҭаху зегь абра иоуртә аҟаҵара. Аха ҳаргьы ҳаԥсабара ҳахӡыӡаауазароуп, иҳахьчалароуп», – иҳәеит Барцыц.

Иара ишазгәеиҭаз ала, акциа зхы алазырхәыз еиҳарак аҿар роуп, ус анакәха аекологиа аганахьала ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш уацәымшәартә иҟоуп ҳәа агәыӷра ааирԥшит.

«Аҭагылазаашьа схы иархәаны гаграаи ҳтәыла ауааԥсыреи зегь рахь схы нарханы исҳәарц сҭахуп: шәааи ҳаԥсабара ҳаиҷаҳап, доусы иҳалшо ала иҳамоу аԥшӡара еиқәҳархап!» – ҳәа ааԥхьара ҟаиҵеит Алхас Барцыц.

Ахәылԥаз асиурприз хада

Аекологиа иазкыз алекциа ашьҭахь акциа аиҿкааҩцәа еизаз зегьы рзы асиурприз ҟарҵеит.

Аџьинс аҽыҭқәа рыла ихҟьаз асцена дықәлеит абалерина қәыԥш Диана Апсава, лара лыкәашара ауаҩи аԥсабареи реизыҟазаашьа символра азнауан. (Ари ахҭыс мчыбжьқәак шагыз ауаа ирҭахым аџьинсқәа реидкылара шцоз рылаҳәан асоциалтә ҳақәа рҿы – аред.)

Абалерина дкәашонаҵы, деиҭаҵцыԥхьаӡа лыҵкы шкәакәа еиуеиԥшым ашәыгақәа ақәҭәон.

«Абри ала ҳара иааҳарԥшыр ҳҭахын ауаҩы аԥсабара шиҟьашьуа. Ааи, ауаҩы дҟәышуп, дыԥшӡоуп, акыр аихьӡарақәа имоуп, аха иахьеи-уахеитәи ҳабзазара иҳазгәамҭаӡакәа аԥсабара анырра хәымга анаҭоит», – лҳәеит Изольда Ҳагԥҳа.

Анна Савилова уи иацҵаны илҳәеит асена ахҟьаразы аџьинс машәыршақә ишалрымхыз.

«Аџьинс аҟаҵара аекологиа даара иаԥырхагоуп (уи ашәра, аба аус адулара иацу атехнологиа аҷыдарақәа ирыхҟьаны – аред.) Ҳәара аҭахума, аџьинс еснагь имодоуп, уи мап ацәышәк ҳәа ҳазҳәаӡом. Ҳара иаҳҳәо, аџьинс аԥшәтәы цеит ҳәа икашәмыжьын, уи аиҭарҿыцра ауеит. Уи шыҟаҵатәугьы ауаа идҳарбоит, абарҭ еидаҳкылаз зегьы аус рыдуланы амаҭәа ҿыцқәа рылаҳхуеит, нас дара ҭиины иҳауа аԥара ахәҭак апальмақәа рыхәышәтәрахь иҳашьҭуеит», – лҳәеит лара.

Акциа анхыркәшаха ашьҭахь активра аазырԥшыз алахәцәа афиник зҿало апальма аиҭаҳатәқәа рзыршеит, арҭ аиҭаҳатәқәа рааӡеит Ауааажәларратә екологиатә еиҿкаара «Аԥсабара» иалоу Асҭанда Џьениеи Роман Леибеи ирымхыз ажәла аҟынтә.