19961

Аԥсуа видеограф, астудиа «ALAN studio» аԥҵаҩы Валери Кәакәасқьыр иазирхеит Бамба Иашҭа ҳәа иахьашҭоу ашьха ҭыԥқәа рсахьанҵа.

Ашьхаҟьаҟьа Бамба Иашҭа Гагра ақалақь иҩахыкны игылоуп аҳаракыра 1800 метра аманы. Шәышықәса раԥхьаҟа еиԥш иахьагьы шьхацан ахьчацәа арахь рырахә харцалоит. Ари аҭыԥ ахьӡ-а́ша зламоу даҽа факткгьы ыҟоуп – араҟа аԥсшьара бзиа ибон аԥсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагылаҩ Нестор Лакоба. Аха зегь реиҳа ихадароу – знык ибаны убла ихымҵуа, угәы иҭымҵәо Бамба Иашҭа аԥшӡароуп.