Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Аԥсны жәлари аполитикатә мчқәеи зегь рахь ихы нарханы ааԥхьара ҟаиҵеит, ҳтәыла ԥхьаҟтәи аԥеиԥш иазхәыцны, рҽеидыркыларц.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Аҟәа ишьақәгылаз аполитикатә ҭагылазаашьа аганахьала АААК позициас иамоу иҳәеит, иагьазгәеиҭеит уажәазы зегьы ирыцку – 2020 шықәса, хәжәкыра 22 рзы иазԥхьагәаҭаны иҟоу атәыла ахада ҿыц иалхрақәа закәанла имҩаԥысыртә еиԥш реиҿкаароуп ҳәа, ааԥхьарагьы ҟаиҵеит Аԥсны аполитикатә мчқәа зегьи ажәлари рахь – рҽеидыркыларц, акаҿы еизааибагарц, ҳтәыла аԥеиԥш ҳасаб азуны.

«АААК гәҭынчымрала иацклаԥшуан аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Аԥсны иҵысыз аполитикатә кризис (ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәа  9–13 иҟалаз ахҭысқәа роуп зыӡбахә имоу, урҭ ирылҵшәаны Рауль Ҳаџьымба ахада имаҵурақәа аанижьит, алхра ҿыцқәа рымҩаԥгара рылаҳәан – аред.). Ҳара ахәшьара раҳҭаӡом арҭ ахҭысқәеи дара ирылахәыз ауааи. Ари аиҿагылараҿы аганқәа доусы рхатәы ҵаҵӷәқәа рыман. Аха аимак аныҟоу, азҵаарақәа зегьы ԥсыцқьарала, гәаартылатәи еиҿцәажәарала иӡбалатәуп, азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны», – иҳәеит Егзакь.

Иара ҩаԥхьа иазгәеиҭеит, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс – адунеи дуӡӡа иалаԥсоу аԥсуааи, абазақәеи, егьырҭ ҳаешьаратә жәларқәеи реидкылара хықәкы хадас измоу еиҿкаароуп ҳәа. Зҭоурых аҿы ҵҩа змамыз ауадаҩрақәа ирхысны, азқьышықәсақәа иргәылсны иахьанӡа иааз ҳажәлар ракзаара – зегьы иреиҳау ҭынхоуп амилаҭ рзыҳәан еиԥш Аконгресс азынгьы ҳәа рыԥхьаӡоит АААК аҿы.

«Иӷәӷәоу аграждантә уаажәларра рышьақәыргылара – АААК ахықәкы хадақәа ируакуп. Аԥсны ԥхьаҟатәи аҿиареи ажәлар реизҳазыӷьареи раагара зылшо – зегь рыла еидгыло, азҵаара хадақәа рганахьала акзаара змоу, активра аазырԥшуа ауаажәлар роуп», – ҳәа агәра игоит Мусса Егзакь.

Иара игәаанагарала, уажәазы акырӡа аҵанакуеит Аԥсны имҩаԥысуа апроцессқәа зегьы азакәантә мҩа ранҵара. Мусса Егзакь ишазгәеиҭаз ала, иааиуа алхрақәа рҿы иқәгылараны иҟоу ахадарахьы акандидатцәа, раԥхьаӡа иргыланы, Аԥсны жәлр рҿаԥхьа ирҳәароуп ҳҳәынҭқарра аҿиашьа шырбо, иара убас ицәырыргароуп инҭырҳәцааны изызхәыцу аусуратә план. Ахада ҿыц ажәлар зегь реидкылара илшароуп, нас амшхәыбзазара рзааигароуп ҳәа агәра ганы дыҟоуп АААК ИА ахантәаҩы.

«Аконгресс – иполитикатәым еиҿкаароуп, аха, жәаҳәарада, ҳажәлар ринтересқәа ирызхәыцны, аҳәынҭқарра аҿиаразы ашьаҿақәа ралкаараҿы ацхыраара иазыхиоуп. 2020 шықәсазы АААК гәҭакыс иамоуп Аԥсны аҩнуҵҟеи, Урыстәылеи, аԥсуа-абаза диаспора ахьынхо егьырҭ атәылақәеи рҟны имҩаԥнаго аусура аизырҳара. Ҳара иҳамоуп зымҽхак ҭбаау асоциалтә, акультуратә программақәа, абызшәа аиқәырхареи аҿиареи рганахьала аус дуқәа мҩаԥысуеит. Аҳәаанырцә инхо ҳауаажәлар реидкылара аус аҿы қәҿиарала ԥхьаҟа ҳцоит. Ҳара ҳхықәкқәеи ҳхыдҵақәеи ԥсахра рықәым, убри аҟнытә ҳажәлар рԥеиԥши ҳтәыла ашәҭыкакаҷреи хьаас измазаауа Аԥсны аполитикатә мчқәа зегьы аус рыцҳаулоит», – иҳәеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы. 

Ажьырныҳәа 13 рзы Аԥсны Жәлар реизара иаднакылеит атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба имаҵура ааныжьра. Ахада изинмчреи иҭакԥхықәрақәеи аамҭала идҵоуп аԥыза-министр Валери Бганба. 2020 шықәса, хәажәкыра 22 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит атәыла ахада ҿыц иалхрақәа.