Амениу
20 Мшаԥы 2024
10:42
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    3 Ҭагалан 2022
03.10.2022 18:59
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аԥсышәалеи абаза бызшәалеи исахьаркны ажәеинраала аԥхьаҩцәа реицлабрақәа мҩаԥысит

Аԥснытәи астудентцәеи ашколхәыҷқәеи рхы аладырхәит Абаза бызшәеи алитературеи рфестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуаз исахьаркны ажәеинраала аԥхьара аконкурс алхратә турқәа. Аицлабраҿы рхы аадырԥшит ААУ Афилологиатә фкультет актәи, аҩбатәи акурсқәа рҟны аҵара зҵо астудентцәеи, Гәдоуҭатәи 2-тәи абжьаратә школ аҵаҩцәеи, Гагратәи 1-тәи абжьаратә школ аҵаҩцәеи.

https://abaza.org/abk/927

0
03.10.2022 14:50
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Ахыцуаа ртурнир алахәцәа АААК иамҭаны аԥсуа хәымпал «Сустар» иазықәԥон

Итрадициатәу аԥсуа хәымпал «Сустар» Аконгресс ахьӡала ҳамҭа ҷыдак аҳасабала иқәгылан аетнопарк «Аԥсны» имҩаԥысыз есышықәсатәи ахыцуаа ртурнир аҟны. Аҟәатәи ахыцуаа рыклуб «Афырхы» алахәцәеи атрадициатә спортхкы абзиабаҩцәеи рыбжьара аицлабрақәа мҩаԥысит цәыббра 29 рзы. 

https://abaza.org/abk/928

0