Амениу
19 Мшаԥы 2024
15:50
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    12 Ҭагалан 2022
12.10.2022 21:43
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Хәаԥ ақыҭан амедицинатә цхыраара аҟаҵаразы атренинг мҩаԥнагеит

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апроект ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны ааԥхьара зырҭаз Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аспециалист Индира Амҷԥҳа далархәны ауаҩы амедицинатә цхыраара иҭаразы атренинг мҩаԥган В. П. Анқәаб ихьӡ зху Хәаԥтәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рзы. Уи ашьҭахь ашколхәыҷқәа иддырбеит аԥсышәала ицәажәо амультфильмқәеи апроект "Амазара" ала иҭыхыз афильмқәеи.
Амедицинатә цхыраара аҟаҵаразы атренингқәа мҩаԥысуеит АААК Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша амчала, уи напхгаҩыс дамоуп Изольда Ҳагԥҳа. Апроект нагӡахоит Аконгресс Аԥсны ақыҭақәа рҿы иаанартыз аҭыԥантәи аҟәшақәа русура иҭагӡаны.

0
12.10.2022 17:51
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Азанааҭ алхра иазку АААК апроект ҿыц хацыркуп Калдахәаратәи ашкол-интернат аҵаҩцәа рзы атренинг амҩаԥгарала

Аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рзы АААК аҟәша аҭыԥантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцура аҳәаа иҭагӡаны апроект ҿыц хацнаркит, аиҳабыратә классқәа рҿы итәоу аҵаҩцәа рзанааҭ алхра иазку. Ари апроект анагӡаразы раԥхьа иаҭааит Гәдоуҭа араион Калдахәара ақыҭа. 

Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь арҵаҩы Алиса Барцыц, иара убас АААК аусзуҩцәа Изольда Ҳагԥҳаи Наури Хышбеи ашколхәыҷқәа ирацәажәеит, Аԥсны иуоур зылшо абжьарапрофессионалтә атехникатә занааҭқәа рыӡбахә еиҭазҳәо авидеороликқәа ддырбеит.

0