Амениу
20 Мшаԥы 2024
11:41
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    18 Ҭагалан 2022
18.10.2022 18:36
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК аусзуҩцәа иааираны иҟоу Аконгресс аизараду аҽазыҟаҵаразы аилацәажәара мҩаԥыргеит

АААК аусзуҩцәа инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥыргеит ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәын 7-11 рзы имҩаԥысраны иҟоу Аконгресс аабатәи аизараду иазкны. Аилатәараҿы иалацәажәеит Аизараду аусмҩаԥгатәқәа рышьақәыргылара азҵаара, хара имгакәа иҟаҵатәу ашьаҿақәагьы алыркаа

0
18.10.2022 18:06
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аҟәа иаатит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа-абџьарҟаҵаҩцәа реидгыла ацәыргақәҵа "Х-НАПЫ"

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа-абџьарҟаҵаҩцәа реидгыла аихшьаалатә цәыргақәҵа "Х-НАПЫ" аатит Аҟәа, ацәыргақәҵатә зал хадаҟны жьҭаара 18 рзы. Ари аҩбатәи аиԥш зеиԥшу цәыргақәҵоуп, 2021 шықәсазы ажьира иазҟазоу Ҭемыр Ӡиӡариа инапхгарала еиҿкааз абџьарҟаҵаҩцәа реидгыла имҩаԥнаго. Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп аҟазацәа русумҭақәа 20. Аекспонатқәа рыбжьара уаҩ илаԥш рықәшәоит аҟамақәа, аԥсақәа, алабашьа, дамасктәи аџыр иалху аҳәызбақәа. Ацәыргақәҵа "Х-НАПЫ" аҭааҩцәа рзы иаартызаауеит жьҭаара 21-нӡа.

0
18.10.2022 17:20
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

Геннади Аламиа АААК аусзуҩцәа дырԥылеит

АААК аусзуҩцәа аԥсуа поет, ауаажәларра-политикатә усзуҩ, 15 шықәса инареиҳаны Аԥсуа-абаза конгресс амаӡаныҟәгаҩ хадас иҟаз, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II-тәи аҩаӡара занашьоу Геннади Аламиа. Аиԥылараҟны Геннади Аламиа Аконгресс аусзуҩцәа ириҭеит 1995 шықәса раахыс редактор хадас дызмаз ажурнал "Абаза" аномерқәа, анаҩс ацифрахь риагаразы.

0