Амениу
20 Мшаԥы 2024
11:27
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    23 Ҭагалан 2022
23.10.2022 21:13
Очамчыра, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК аҿар рфорум "Ҳаидгыланы ҳԥеиԥш ҳарҿиоит" иалахәуп

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Жәларбжьаратәи аҿар рфорум "Ҳаидгыланы ҳԥеиԥш ҳарҿиоит" иалахәуп АААК аҿар аус рыцуреи абаҩрҵәыреи рыҟәша аспециалист Есма Кәыҵниа лхаҿала.

Афорум аатит жьҭаара 22 рзы Очамчыра. Иара аус ауеит ҩ-хырхарҭак рыла: аҿар рхеилакқәеи ахаланапхгареи; аволонтиорреи агәыԥеиҿкаареи.

Афорум аусура иалахәуп Аахыҵ Уаԥстәылеи, Нхыҵ Уаԥстәылеи, Донецктәи Жәлар Республикеи, Ҟарачы-Черқьестәылеи, Тамбовтәи аобласти, Санкт-Петербурги рҟынтә аделегациақәа, иара убас Ҭырқәтәылеи, Шьамтәылеи, Иорданиеи рҟынтә аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Афорум мҩаԥыслоит жьҭаара 26-нӡа.

0