Амениу
16 Мшаԥы 2024
16:05
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    24 Абҵара 2022
24.11.2022 21:12
Аҟәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра

АААК Лыхны ақыҭан амедицинатә ацхыраара аҟаҵаразы атренинг мҩаԥнагеит 

Ауаҩы раԥхьатәи амедицинатә цхыраара иҭаразы атренинг мҩаԥган Очамчыра араион Лыхны ақыҭан аҭыԥантәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рзы. Уи мҩаԥылгеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩ Индира Амҷԥҳа. Лара ахәыҷқәа ирзеиҭалҳәеит абылраан, ахәахәараан, абаҩԥҵәареи, ашьацареи раан, иара убас ауаҩы ихы амра асзар, ма иԥсы маҷхазар раԥхьатәи ацхыраара шыҟаҵатәу. Ашколхәыҷқәа ргәацԥыҳәаны атренинг рхы аладырхәит.
Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны АААК аусзуҩцәа Уарчатәи ашкол ҳамҭас иарҭеит ацхыраара лас аҭаразы ихәарҭоу аԥҭекатә маҭәахәқәа, иара убас ауаҩы аҳақьым иҿы днаӡаанӡа узлаихәаша зныԥшуа аилыркаага асахьақәа ацны.

0