Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәа ирколлегаз, иагьырҩызаз Константин Василиев игәалашәара иазкны акциа мҩаԥыргеит.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәа рколлега Константин Василиев игәалашәара ахьӡала иара дахьынхоз аҩны ашҭаҿы ачамҳаҵлақәа быжьба еиҭарҳаит. Иара иԥсҭазаара далҵит ҳазҭоу ашықәс алагамҭазы. Акциа рхы аладырхәит Константин иани, иаҳәшьеи, иҩызцәеи.

АААК Аҳәса рхеилак анапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа еиҭалҳәеит Аконгресс акоманда рзы 2021-тәи ашықәс алагамҭазы илахьеиқәҵагоу ахҭыс шыҟалаз: иԥсҭазаара далҵит рколлега, Аконгресс аусқәа зегьы рҿы ирывагылаз, уи аидеиақәа зегь рыцеиҩызшоз рҩыза иаша.

«Ари баша иажәа дуум – Костиа ииашаҵәҟьаны еснагь дҳавагылан, ҳаусмҩаԥгатәқәа раан аҵыхәтәанынӡа даанхон. Аԥсны аҩнуҵҟа Аҭыԥантәи аҟәшақәа раартра аус иадҳәалаз ҳцараарақәагьы дрылахәын. Узықәгәыӷша иакәын», – лҳәеит Арӡынԥҳа.

Лара иазгәалҭеит, Аконгресс аусзуҩцәа рколлега данрыԥха аамышьҭахь игәалашәара аҳаҭыразы иҟарҵаша азхәыцра ишалагаз.

«Ҳара иаҳҭахын абри акциа аҿар адыԥхьалазарц, избан акәзар Константин ианакәызаалак аҿар рыгәҭа дгылан, дрымадан. Убас ҳазааит иҩны азааигәара аҵлақәа еиҭаҳазарц. Иангьы дадгылеит ари аус. Агәыӷра ҳамоуп иҩызцәа ҳрыцны абра ҳаизалап ҳәа, аҵлақәагьы ҳалаԥш рыгҳмырхарц ҳрышьҭазаауеит», – лҳәеит Гета Арӡынԥҳа.

Константин иан, Елена Василиева, акциа аиҿкааҩцәеи алахәцәеи ҷыдала иҭабуп ҳәа ралҳәеит. Лара лылаӷырӡ анкылара лцәыуадаҩын. Костиа иҩызцәа аӡәаӡәала инеины аԥҳәыс дгәыдыркылон, иара дшырхамшҭуа ҳәа ажәа лырҭон.

«Ак аҳәара сцәыуадаҩуп, иҭабуп даара», - лҳәеит Елена.

Акциа далахәын Константин ирҵаҩы Лидиа Шмакова. Лара лгәалашәараҿы Костиа даанхеит иҭышәынтәалаз, злеишәа бзиаз, уҳәатәы хазҵоз ҷкәынаны.

«Ашықәсқәа цон, иара игәабзиара маҷк иуашәшәыран, акласс аҿы аҵара ицызҵоз зегьы ихӡыӡаауан, ҷыдала изыҟан. Саргьы сылаԥш ихын ашкол дахьынӡаҭаз, уи ашьҭахьгьы. Есааира деизҳауан, аинтерес зҵоу уаҩхон. Аусура даналага еиҳагьы даартхеит, уаанӡа ажәа мыцхә зымҳәоз еиҳа дцәажәо далагеит. Зынгьы иан ус ласҳәахьан: «быԥши бара, дзакә ҷкәыноу ибызгылаз ҳәа, итәашьа-игылашьа, иеилаҳәашьа – дыԥшӡаӡа, аус ахьиуа иабзоуразар ҟалап», – ҳәа лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшеит арҵаҩы.

Константин иҩыза Саид Кәыҵниа иазгәеиҭеит Костиа ихаҭа абри акциа игәаԥхарын ҳәа, уи ибзианы дыздыруа абри аллеиа иныҵалар, дыргәаламшәар ауӡом ҳәагьы ациҵеит. Иҩыза гәакьацәа ируаӡәку даҽаӡәы – Даур Хьыбба излаиԥхьаӡо ала, Костиа игәалашәара иазку ари акциа – ихьӡала иҟауҵаша иреиҵаӡоу акоуп, избан акәзар уи дзыԥсаз даараӡа ирацәан.

«Костиа еснагь ацхыраара зҭаху рааигәара дыҟан, дрывагылон. Иахьатәи абри акциа далаԥшызҭгьы даара игәы иақәшәон ҳәа агәра ганы сыҟоуп. Аԥсны аҵеира ацәыӡ ду аиоуит, ҳҩыза бзиа дҳаԥхеит», – иҳәеит Даур.

Лылабжыш лызнымкыло Костиа дылгәалалыршәеит уи иҩыза Викториа Капикиан.

«Костиа дыздыруаз зегьы ргәаҿы ԥхаррак нижьит. Еснагь длашон, апозитивра иҟазшьа иалан. Иахьа абас зегь ҳахьеизаз игәы иахәон, ҳәарада, избанзар иара ихаҭагьы ауаа реидкылара дашьҭан. Ауаҩи ауаҩреи ракәын аԥхьаӡа иргылоз иусураҿгьы. Ауаҩы дзакәыҵәҟьоу ибон, гәаҭала. Сгәыӷуеит ари акциа иҭаацәа маҷк иадымхаргьы ргәы аларҟажап ҳәа. Саргьы ара ргәылара сынхоит, абри аҭыԥ саҵсны сцалацыԥхьаӡа агәалашәара ԥсра-ӡра шақәым сазхәыцлоит, уи зны-зынла иалшогьы рацәоуп», - лҳәеит Викториа.

Константин Василиев идунеи иԥсахит 2021 шықәса ажьырныҳәамзазы. Иара игәы амалыр аманы диит. Иан иларҳәон иԥсҭазаара кьаҿхар шауаз, аха Константин ихаҭа ихатә планқәа иман. Ичымазара атәы идыруан, қәра дук шизнымҵуазгьы идыруан, убри азоуп активла асоциалтә ԥсҭазаара дзалахәыз, дзыхьӡар ииҭахыз рацәан. Костиа иԥсҭазаара далҵит 30 шықәса ихыҵра бжьымзы шагыз.