Кәтолаа рқыҭан идыргылоит ҳаамҭа иақәшәо ашьапылампыл-маҷ адәы, ари аҭыԥантәи ашколхәыҷқәеи, аҿарацәеи, иара ус анхацәеи еидызкыло, аспорт иадзыԥхьало ҭыԥхоит.

Кәтол ақыҭа арҿиара афонд алахәцәа аҭыԥантәи анхацәа рыцхыраарала ихдыркәшоит ақыҭан ашьапылампыл-маҷ адәы аиҿкаара.

Кәтол ақыҭа арҿиара афонд аԥҵан шықәсык уажәаԥхьа ақыҭа иалҵыз Демур Какалиа иаԥшьгарала. Афонд аицаԥҵаҩцәас иҟалеит иара убас ари ақыҭан инхо Авҭандил Шьенгьелиа, Џьон Тапаӷәуа, Геннади Ҵлаииа.

Геннади Ҵлаииа Кәтол иҟоу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҭыԥантәи аҟәша ахантәаҩысгьы дыҟоуп.

Иара еиҭеиҳәеит ашьапылампыл-маҷ азы адәы аргылара кәтолаа азхәыциижьҭеи акрааҵуан ҳәа, аха аԥара аҟамзаара азы акырынтә иахыргон.

«Ақыҭан ирацәаҩуп аҵара зҵо ахәыҷқәа, аҭыԥантәи ауааԥсыра рыбжьара иҟоуп аԥышәа змоу ашьапылампыласыҩцәа, Аԥсны ачемпионатқәа ирылахәугьы уҳәа. Ҳара еснагь ашьапылампыл даара ҳазҿлымҳан, убри аҟнытә абри аҩыза адәы шаҳҭаху ҳаӡбеижьҭеи акырааҵуеит», – иҳәеит Ҵлаииа.

Иара еиҭеиҳәеит иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭазы Ақыҭа арҿиара афонд ахантәаҩы Демур Какалиа агрант аиуразы жәларбжьаратәи аиҿкаара имҩаԥнагоз аицлабра даиааит ҳәа.

Ашьапылампыл-маҷ адәы аргылара аидеиа иазыразхеит, ҳазҭоу ашықәс жәабранмзазы аргылара нап злаҳаркыша аԥара ҳнапаҿы иҳауит», – иҳәоит Ҵлаииа.

Аха агрант аԥара (20 нызқь доллар – аред.) ари аргылара аус иазхагәышьомызт, убри аҟнытә «Кәтол анхацәа рхатәы мчқәа рыла аԥара еидкыланы, ашьапылампылтә дәы аргылара хдыркәшарц рыӡбеит».

«Доусы илшоз ҟаиҵон. Шьоукы аргыларатә маҭәахәқәа рыла ицхырааит, егьырҭ ԥарала. Иҟоуп жәа-нызқь, ҩажәа-нызқь мааҭ, инеиҳангьы иалазҵоз ауаа. Иааидкыланы 500-600 нызқь мааҭ еизаҳгеит», – иҳәеит Ҵлаииа.

Иара иажәақәа рыла, аргылара ахыркәшаразы иаҭахуп даҽа 350 нызқь мааҭ.

АААК аҭыԥантәи аҟәша ахантәаҩы далаҽхәаны еиҭеиҳәеит аргыларатә усурақәа раӷьырак ақыҭа анхацәа рхаҭақәа инарыгӡоит ҳәа.

«Абри аӡбахә анраҳа иаразнак ақәҿырҭит: идрыцқьон, иԥырҟон, иршәуан. Ишаҳбаз ала, аҭыԥантәи ауааԥсыра иагьҟазацәоуп, иагьспонсорцәоуп», – ҳәа ациҵеит иара.

Кәтол ақыҭа арҿиара афонд аицаԥҵаҩы, аҭыԥантәи абжьаратә школ аҟны абаҩрҵәыра арҵаҩы, ақыҭаҿы ашьапылампыл азыҟаҵаҩс иҟоу Авҭандил Шьенгьелиагьы иазгәеиҭеит кәтолаа еснагь ашьапылампыл аинтерес ду шырзаҵаз. Иара иажәақәа рыла, ирацәаҩуп ахәыҷқәа профессионалла уи зҽалазкырц зҭаху. Иахьазы Кәтол иҟоуп жәохә-жәохәҩык еидызкыло х-шьапылампылтә гәыԥк.

«Аҿар ыҟоуп, Анцәа иџьшьаны, ахәыҷқәа ирызҳауеит. Астадион ҳаур, убас иҵегь аҭыԥқәа ҟалар, ақыҭа ааныжьны ақалақь ахь ицо рхыԥхьаӡарагьы иагхон. Ҳәарада, ари ақыҭа аҿиарагьы ианыԥшуеит. Абри даара акрызҵазкуа усуп ҳәа исыԥхьаӡоит, Аԥсны ақыҭақәа зегьы рҿы абас еиԥш аобиектқәа рыргылара иалагар. Ара ҳааигәа даҽа х-қыҭакгьы иҟоуп: Џьгьарда, Тамшь, Лабра. Аҭыԥантәи ауааԥсыра гәахәарала арахь иааилап, рҽазыҟарҵалап», – ҳәа ажәалагала ҟаиҵеит азыҟаҵаҩ.

Кәтола ақыҭа ахада Вахтанг Кәарцхьиа иҳәеит ақыҭан ари ажәабжь гәахәара дула ирыдыркылеит ҳәа.

«Ақыҭаҿы иахьа акультура ахан ҳамаӡам, ахәыҷбаҳча ҳамаӡам. Ашьапылампыл-маҷ адәы аргылара даараӡа ҳзеигәырӷьо хҭыс дууп. Аспорт ауаа еиднакылоит, хәыҷгьы-дугьы арахь иааилоит. Абри зегь зыбзоуроу ахаԥшьгара аазырԥшыз ҳҿар роуп. Иҭабуп ҳәа расҳәоит аус иацхрааз зегьы!» – иҳәеит Кәарцхьиа.

Ақыҭа анхацәа ируаӡәку Гиви Ҵнариа иакәзаргьы, аспорт адәқәа рыргылара аҿар рааӡараҿы анырра ду ҟарҵоит ҳәа иԥхьаӡоит.

«Аҿар рзы ари гәырӷьара дууп, гәацԥыҳәароуп. Рааӡараҿы анырра ҟанаҵоит, ԥхьаҟатәи реизҳара ианыԥшуеит, ашьаҭа акуеит», – иҳәеит иара.

Ашьапылампыл-маҷ адәы аргылара, афинансқәа рганахьала еиҵахара ҟамлар, аҭагылазаашьагьы ирынаҭар, ҳазҭоу ашықәс цәыббрамзазы ихдыркәшарц ргәы иҭоуп. Убас акәхозар, ақыҭа ауааԥсыра ныҳәак иаҩызоу аспорттә обиект аартра рзыԥшуп ҳәа ажәа ҳарҭеит апроект аԥшьгаҩцәа.

Иахьазы иҟоу аԥара – агрантгьы ақытауаа еидыркылазгьы еицҵаны – зегь акоуп аргылара ахыркәшаразы иазхом. Иаҭахуп ианеиҵаха даҽа 350 нызқь мааҭ.

Афинанстә цхыраара ҟашәҵарц шәылшоит абарҭ ареквизитқәа рыла доусы ишәылшо аашьҭрала>>

Стандартные платежные инструкции для международных расчетов в рублях РФ
КБ «КИБИТ-БАНК»
Республика Абхазия г. Сухум, Проспект Леона 9, тел. (+7840)229-41-82,
Тел./факс (+7840)229-41-83 e-mail: info@cibit-bank.com
Банк получателя: ПАО «ТРАНСКАПИТАЛБАНК» индекс: 109147 г. Москва,
ул. Воронцовская 27/35 ИНН 7709129705
БИК 044525388 корсчет 30101810800000000388
Получатель: КБ «КИБИТ-БАНК» (ООО) КПП 775087001 КИО 24670
Счет № 30111810400000000167
Назначение платежа: для зачисления на счет
№40703810500000000065
Благотворительный фонд «Содействие развитию села Кутол»
Республика Абхазия, г. Сухум
ИНН 12015277
КПП 611000226

ПО РЕСПУБЛИКЕ АБХАЗИЯ
Стандартные платежные инструкции КБ «КИБИТ-БАНК»
Республика Абхазия г.Сухум, Проспект Леона,9, тел. (+7840)229-41-82,
Тел./факс (+7840)229-41-83 e-mail: info@cibit-bank.com
КБ «КИБИТ-БАНК» ИНН 11000676
БИК 224100021 к/сч.30101810300000000021 в Банке Абхазии

Расчетный счет № 40703810500000000065
КЛИЕНТ Благотворительный фонд «Содействие развитию села Кутол»
ИНН 12015277
КПП 611000226