Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш иазкны ахыцуаа ртурнир мҩаԥысит цәыббра 29 рзы, аетнопарк «Аԥсны» ашҭаҿы.

Есышықәса Аԥсны еиҿыркаауа ахыцуаа ртурнир мҩаԥысит сынтәагьы амилаҭтә етнографиатә гәарԥ «Аԥсны» иахьаҵанакуа, цәыббра 29 рзы. Ари ахҭыс Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш иазкын, иара еиҿыркааит Аԥсны ахыцуаа рыклуб «Афырхы» алахәцәа.

Аклуб аиҳабы Адгәыр Какоба еиҭеиҳәеит, шықәсык ахь х-турнирк шымҩаԥырго атәы: нанҳәа 14 рзы – иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыраз, ԥхынгәымзазы – Аԥсны афырхаҵа Валери Делба игәалашәаразы, нас Аиааира амш аламҭалаз. Какоба ишиҳәаз ала, аклуб еиҿкаауижьҭеи уажәшьҭа хәышықәса ҵуеит, иара еиднакылоит 25-ҩык ахыцуаа.

Аклуб аиҳабы иажәақәа рыла, ахыцуаа ирыцлар рылшоит изҭаху зегьы, акызаҵәык – уи азы ахыцқәеи ахәымпали умазароуп.

«Ахыцуаҩхара зҭаху ыҟазар, гәахәарыла иҳадаҳкылоит, иаҳдыруа дҳарбоит, ахысшьа дҳарҵоит», – ҳәа ажәа ҳаиҭеит Адгәыр Какоба.

«Афырхы» аиҳабы еиҭеиҳәеит, атурнир алахәцәа х-дисциплинак рыла ишеиндаҭлоз: «аԥсуа цәҟьара» ақәшәара, (ахәамц ақәшәара 10 ицоит, ахы – 15, ахы авара наҟ-ааҟ – ҩба-ҩба, амаҟҿаҳәара анҵҟак – хәба – аред.), ацәҟьара уадҵны ахысра, иара убас ахаран ахысра. Абараҭ адисциплинақәа зегь рыла аиааира згаз деилкаахон.

«Аԥсуаа еснагь ахысра иазҟазан, аибашьраан мацарагь акәмызт, дара-дара еиндаҭлон. Уажәыгь иҟоуп ауаа ус еиԥш аицлабрақәа згәалашәо: аҽы ушақәтәоу ацәҟьара уақәшәар акәын. Абасала, ҳаргьы, ахысуаа реицлабрақәа еиҭахацҳаркырц ҳаӡбеит», – иҳәеит Адгәыр Какоба.

Аетнопарк «Аԥсны» адиректор Рашь Занҭариа иакәзар, адырра ҳаиҭеит Аиааира амш иазку ахыцуаа ртурнир аҩынтә раан шымҩаԥысуа.

«Ҵыԥх ҳҩызцәа ҳадҵаалахьан, аклуб «Афырхы» алахәцәа, апарк иахьаҵанакуа абри атурнир мҩаԥгазарц. Ҳара иаразнакала ҳақәшаҳаҭхеит, избан акәзар ари ҳара ҳҭоурых ауп, ҳмилаҭтә спортхкы аларҵәароуп хықәкыс иамоу. Аклуб «Афырхы» иалалеит ҳпарк аусзуҩцәагьы», – иҳәеит Занҭариа.

Аклуб иалахәу Адамыр Аршба шықәсык ҵуеит ахысра даҿуижьҭеи. Раԥхьӡа акәны ахыци ахәымпали инапаҿы ианик нахыс ари аспортхкы иԥсы алаҵәеит.

«Ҵыԥх сҩызаки сареи ахыцуаа ртурнир ҳақәшәеит, Каман имҩаԥысуаз, ҳаргьы ҳамч ԥаҳшәарц ҳҭаххеит. Усҟан, ус ҳнадыххыланы азин ҳарымҭеит, ҳәарада. Аҟәа ҳанааи, ахыцқәеи ахәымпали ҿаҳҵеит, мызкы ашьҭахь иаҳзааит, уи нахыс аҽазыҟаҵара ҳалагеит. Ешыра ақыҭан ҳҽеизаҳгон, ахысшьа ҳҵон», – иҳәеит ахыцуаҩ.

Адамыр амҿы аус адиулоит, иара дхәыҷаахыс абџьар бзиа ишибо атәы ҳаиҳәеит. Адамыр инапалагьы ахәымпал ҟаиҵеит, уи аҿы дицхрааит Аԥсны еицырдыруа асахьаҭыхҩы, амилаҭ традициақәа иреиҷаҳаны иаазго Баҭал Џьапуа.

Ахыцуаа рыбжьара имаҷым аҳәсагьы. Аклуб «Афырхы» иалоу мацара жәаҩык ыҟоуп. Илона Кәыҵниаԥҳа, аетнопарк «Аԥсны» амузеи адиректор, шықәсык аахыс дхысуеит.

«Сара кавказаа рхылҵшьҭрак лаҳасабала ахыц алахысра ахацәа мацара зызҟазаз акоуп ҳәа ахаан схахьгьы имааицызт. Аклуб саланаҵ еиҳагьы агәра згеит аԥсуа амазонкацәа – баша ишхыҭҳәаам, уи иҟаҵәҟьаз ҳҭоурых ауп, ҳгенетика иалоуп. Ҳаклуб иалоу рахьтә ахшара рацәа змоу анацәагьы маҷым. Сара аибашьҩы иҟазшьа сылоуп, ак ансызымдыруа сҭахӡам, абри (ахыцуаҩра – аред.) сара истәу акоуп», – лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Адгәыр Какоба лара дланшьоуп, иара иоуп аклуб ахь даазгазгьы.

«Ҽнак зны исыӡбеит исылоу ԥысшәарц. Сааит. Ахыцқәа, ахәымпал уҳәа имазеины иурҭоз џьысшьон, усҟан исыздыруамызт хаҭала доусы инаало ахәымпал имазар шакәу. Ҿыц иааиз аӡә леиԥш, арҵагатәык сырҭеит. Схысын – сақәымшәеит, ҽазнык игәасҭан, иамуит. Ари аус ахатә техника амазаап. Нас Баҭал Џьапуа исирбеит ахысшьа. Ак еилыскааит сгәахәуеит ҳәа сҳәо саныҟала аҽны имҩаԥысуаз атуринир аҿы ахԥатәи аҭыԥ згазаап, сазыԥшӡамызт. Уи нахыс ари аус сгәы азыбылуа салагеит», – ҳәа лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшеит ахыцуаҩ.

Аицлабра ихы алаирхәит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩ Валерии Берзениагьы, иара дшыхәыҷызнатә ахысра бзиа ибон.

«Мызқәак ҵуеит аклуб салалеижьҭеи. Аҽазыҟаҵарақәа срылахәуп. Исгәаԥхоит ари аицлабра иунаҭо агәышьҭыхра», – иҳәеит Валерии.

Атурнир аихшьалақәа рыла, актәи аҭыԥ игеит Адгәыр Какоба, зегь реиҳа ахара ихысыз Баҭал Џьапуа иакәхеит. Ахара ахысраҿы ҩбатәи, ахԥатәи аҭыԥқәа игеит Валери Берзениа (алахәцәа зегьы хԥа-хԥа хыц рыман - аред.). Аҳәса рахьтә актәи аҭыԥ лгеит Илона Кәыҵниаԥҳа.

Атурнир алахәцәа зегьы адипломқәа роуит, аиааирагаҩцәа – аҳамҭақәагьы рырҭеит. Аицлабра анхыркәшаха ашьҭахь, агәаҳәара змаз зегьы хысыр рылшон.