64406

Аԥсуа сахьаҭыхҩы нага Леуарса Быҭәба аамҭак дҳацанын: иара диит жәабран 21, 1960 шықәсазы, иԥсҭазаара далҵит 2007 шықәсазы.

Зыхьӡ нагоу аҟазацәа ишырҳәо ала, Леуарса исахьақәа даҽакы иалаҩашьом, «иара инапы иаразнак ала иудыруеит, иуникалтәу иҭыхшьа иман».

Асахьаҭыхратә ҟазара абзиабаҩцәа Быҭәба лымкаала дызларгәалашәо усумҭақәоуп Аҟәа асахьақәа, насгьы Нарҭаа репос, аԥсабара аԥшӡара уҳәа убас дзызхьаԥшуаз егьырҭ атемақәагьы. Иара исахьақәа «Ашьыжь», «Аҵыс», «Ахәылбыҽха», «Европа лымҵарсра», «Афродита лиира» уҳәа реиԥш иҟоу Аԥсны мацара акәым адунеи ахьтәы коллекциа дырбеиеит.

Аԥсуа сахьаҭыхҩы иусумҭақәа цәыргақәҵан Америка, Франциа, Германиа, Италиа, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Иапониа, Швеицариа. Асахьақәа реиҳараӡак адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҿы ахатәы коллекциақәа ирылоуп. Леуарса Быҭәба иҟазара цәыргоуп Аԥсны Аҳәынҭқарратә сахьатә галереиа аҟынгьы.