Аҟәа Аҳабла ҿыц аҟны еиҿкаау АААК аҭыԥантәи аҟәша аԥшьгарала Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аратәи аҵеицәа ргәалашәара аҳаҭыразы ачамҳаҵлақәа еиҭаҳан.

Саид Барганџьиа

Ачамҳаҵлақәа 45 еиҭаҳан Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Аҳабла ҿыц аҵеицәа ргәалашәара ахьӡала, араҟа еиҿкааау АААК Аҭыԥантәи аҟәша амчала, ахәашаҽны мшаԥы 2 рзы.

Акциа алахәцәа Аҳабла ҿыц агәаны илгоу апарк аҿы еизо иалагеит шьыжьнаҵы, қәа хәыҷык шлеиуазгьы. Аҭыԥантәи анхацәа заа иалырххьаз аҭыԥқәа рҿы ажрақәа ҟарҵеит, нас шьыбжьышьҭахь аҵлақәа реиҭаҳарахь ииасит.

АААК Аҳәса рхеилак анапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа илҳәеит абас еиԥш аллеиа аиҭаҳара Аконгресс активистцәа азхәыцуазижьҭеи акрааҵуан ҳәа. Аха уажәраанӡа Аҳабла ҿыц аҟны аҭыԥантәи аҟәша еиҿкааны иҟамызт, уажәшьҭа ианыҟала, ари аидеиа анагӡара аиуит.

«Хәажәкырамзазы Аҳабла ҿыц аҟны еиҿкаан Аконгресс аҭыԥантәи аҟәша, уи напхгаҩыс дамоуп Илона Адлеиԥҳа. Абри аҟәша еиднакылаз активистцәа ҳацырхырааны, амш шышәшьызгьы, зыԥшрак ҟамҵакәа, ачамҳаҵлақәа 45 ԥшӡаӡа, цәаҳәа иашакны еиҭаҳҳаит. Дара ирызҳацыԥхьаӡа идыршаҳаҭлоит зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳцеицәа рҿаԥхьа ҳашхырхәо, рфырхаҵара шаҳхамшҭуа, иахьатәи аҭынч ԥсҭазаара иҳамоу азы иҭабуп ҳәа шраҳҳәо», – лҳәеит Гета Арӡынԥха.

Аҳәса рхеилак анапхгаҩы агәыӷра аалырԥшит аҭыԥантәи анхацәа аҵла қәыԥшқәа гәыгәҭамыжькәа ирыхӡыӡаалап ҳәа.

«Зегь рыла ацхыраара ҳарҭоит Аҳабла ҿыц аҩнанапхгараҿы, иара убас ақалақь ахадара, анхамҩа «иаҵәа» аҟынтә Гоча Аџьынџьал, аха ус шакәугьы, даара иаҳҭахуп араҟа инхо ауааԥсыра ари аҭыԥ иахылаԥшларц, идрыцқьаларц, аҵлақәа аӡы рыгдмырхаларц», – лҳәеит Арӡынԥҳа.

Лара иазгәалҭеит убасгьы ари акциа ҭагалангьы ишацҵахо: Аконгресс аҵлеиҭаҳара агәиҭоуп апарк егьи аган алагьы (макьаназы ганкахьалоуп иахьеиҭаҳау – аред.).

Аҳабла ҿыц аҟны еиҿкаау АААК аҭыԥантәи аҟәша анапхгаҩы Илона Адлеиԥҳа акциа аламҭалаз ашәарақәа лыман, иара аусурамш иахьақәшәаз азы иаҭаауа ауаа маҷхоит ҳәа. Аха аҽны еилкаахеит лшәарақәа шҵаҵӷәыдахаз, ауааԥсыра активла ари акциа адгылара арҭеит.

«Араҟа апарк аҿы игылоуп иҭахаз ҳҵеицәа рбаҟа, уажәшьҭа аллеиа аныҟала дара-дара еиҳагьы ихеибарҭәаауеит. Ари ус бзиоуп, иааӡагоуп, еиҳаракгьы изызҳауа аҿар рзы, урҭ ирдыруазароуп зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз афырхацәа рыхьӡқәа», – лҳәеит Адлеиԥҳа.

Аҳабла ҿыц аҿы еиҿкаау АААК аҭыԥантәи аҟәша алахәыла Алан Ԥиԥиа иазгәеиҭеит аҵлеиҭаҳара ишалахәыз иҭахаз аҵеицәа рыуацәеи рҭынхацәеи. Дара рзы ари еиԥш акциақәа еиҳагьы аҵак ду рымоуп ҳәа иҳәеит аҷкәын.

«Агәра ганы ҳаҟоуп ааигәа-сигәа инхо ауааԥсыра ари аллеиа иахылаԥшлоит ҳәа. Ҳара ҳахәҭаахьалагьы (Аҭыԥантәи аҟәша – аред.) лассы-лассы арахь ҳааилоит, еиуеиԥшым акциақәеи агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәеи мҩаԥаҳгалоит», – иҳәеит Алан Ԥиԥиа.

Акциа иалахәыз дыруаӡәкуп Иулиа Жваниа, лара лыԥшәма Вадим Рекәаа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы дҭахеит. Абри акциа иазхәыцыз, иназыгӡаз зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.

«Иҭабуп даараӡа! Ҳгәы ҟанаҵоит иҭахаз ахьышәхамышҭуа. Иҭабуп урҭ ахьышәгәалашәо. Гәахәарыла ари акциа ҳадгылеит», – лҳәеит Иулиа Жваниа.

Аҟәа Аҳабла ҿыц аҟны АААК аҭыԥантәи аҟәша аартын хәажәкыра 25 рзы, Аконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Аԥсныҟа иаара иақәыршәаны. Аҟәша анапхгаҩыс дҟалеит Аҳабла ҿыц иаланхо Илона Адлеиԥҳа, аҟәша иалалеит убасгьы Алан Ԥиԥиеи Ельвира Џьниаԥҳаи.