Аԥсны еиуеиԥшым акәакьқәа рҟынтә агәыԥқәа ԥшьба еиндаҭлон аԥсуа милаҭ хәмаррақәп рзы актәи атурнир  «Ахьышьҭра» аиааирагаҩцәа рыхьӡ арҳаразы.

Аԥсуа милаҭ спорттә хәмаррақәа рзы атурнир раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит Аҟәа. Ари ахҭыс Аԥсны аҳҭнықалақь ахы ақәиҭтәра 29 шықәса ахыҵра иазкын. Ахәмаррақәа ирылахәын агәыԥқәа ԥшьба: ақыҭақәа Дәрыԥшь, Џьгьарда, Ҷлоу, нас Аҟәа ақалақьи рҟынтә 14-16 шықәса зхыҵуа ашколхәыҷқәа рыла ишьақәгылаз. Дара еиндаҭлон ахәмаррақәа хԥа рҟны: «Аимҵакьачара» (ампыласра – азгәаҭа), «Ахылԥахас», «Акьыброу» (аҵәы хәмарра – азгәаҭа).

Атурнир еиҿкаан Аҟәа ақалақь ахадара амчала Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ацхыраарала.

Аицлабрақәа алагаанӡа ахәмарцәа қәыԥшқәа рахь лажәа рханы дықәгылеит Аҟәа ахадара Аҿар русқәеи аспорти русбарҭа аусзуҩ Викториа Кәыҵниаԥҳа. Лара иазгәалҭеит амилаҭ хәмаррақәа рхыԥша аларҵәара аҵак ду шамоу, агәыӷрагьы аалырԥшит Аҟәа абри аҩыза аицлабрақәа еиԥҟьарада имҩаԥыслап ҳәа.

«Амилаҭ спорттә хәмаррақәа наџьнатә аахыс аԥсуа культура иахәҭакын. Иахьа актәи ашьаҿа ҟаҳҵеит аҿар ари аспорт традициа разхьарԥшра аус аҿы, уи ԥхьаҟагьы иацҵалатәуп», – лҳәеит лара.

АААК Аҟәатәи аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа аспортсменцәеи ахәмаррақәа ирыхәаԥшырц еизаз ауааи ирыдиныҳәалеит атурнир аартра, иагьазгәеиҭеит аҿар рыбжьара амилаҭ хәмаррақәа раларҵәара – Аконгресс аусура ахырхарҭақәа ишыруаку.

Амилаҭ хәмаррақәа хԥа рыла аиндаҭлара хԥа-ԥшьба сааҭ имҩаԥысуан. Зегь реиҳа илаламбатәхеит «Аимҵакьача» ахәмарра: агәыԥқәа рхадацәа ауапцәа иалху ампыл лабала иасуан, егьырҭ ахәмарцәа уи ркырц рҽазыршәон, изкыз дышзахәоз иманы егьи агәыԥ иртәу адәы дықәгыланы акәатала ирҳауан. Ахәмарра афинал аҿы еиқәшәеит ҷлоуааи џьгьардааи. Ахәыҷқәа рхы иамеигӡа, иџьоушьаша аласреи аилҟьареи аарԥшны еицлабуан, абас мацара ҩ-раунд ихәмарны 8:2 ҳәа аԥыжәара рыманы иааит Ҷлоу агәыԥ.

Ҷлоуаа уи аҽны егьырҭ аицлабрақәа рҟынгьы иманшәалахеит. Убас «Акьыброу» афинал аҿы Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №1 агәыԥ иаиааит. Ари ахәмарра аҵәҭаԥсарала иалагоит, аԥҟарақәагьы абас иҟоуп: адгьыл иларсу аҵәы ахы кны, уҭаҷкәым лаба хәыҷык ықәҵаны, даҽа лабак ала уасны иахьынӡауа ихараны ишьҭтәуп, анаҩс узласыз алаба адгьыл иҵарсу аҵәы иақәҵатәуп ауардын аформа иеиԥшны иҟаларц. Убри аамҭазы егьи агәыԥ ахәмарҩы идыршәыз алаба кны, ма иахькаҳаз иаашьҭыхны «ауардын» иаарханы иԥиргароуп.

Дамеи Еныкь дызхагылаз аҟәатәи ашколхәыҷқәа ргәыԥ, ари аицлабраҿы ишаҵахазгьы, рыхәмаршьа ахә ҳаракны ишьеит, ҳаԥхьаҟа еиӷьны рхы аадырԥшырц рыҽшазыҟарҵо азы ажәа ҳаиҭеит.

«Уззымиааиуа ҳәа аӡәгьы даҳбом, ҳара ҳԥышәа еизҳарҳароуп, уи ауп иҳагхаз. Ҳаԥхьаҟагьы ҳгәы иҭоуп амилаҭ хәмаррақәа рзы атурнирқәа ҳаҽрылаҳархәларц, актәи аҭыԥқәагьы аанаҳкыларц ҳҽазаҳшәалоит», – иҳәеит арԥыс.

«Ахылԥахас» амҩаԥгаразы ахәмарырҭа дәы агәаны алаба адырсит, нас ахылԥарч ахадырԥеит. Алаба ахьарсу аҟынтә жәохә нас ҩажәа шьаҿа шәаны ацәаҳәақәа алырдеит, уаҟа игылеит агәыԥқәа ҩба иртәу ахәмарцәа ҩыџьа. Аҩыџьагьы еицыҵҟьоит: иаҳа иааигәоу ахылԥарч ахԥааны иҭыԥаҿы дааины дгылароуп, егьи уи илымшартә дихьӡаны дикыроуп. Ари ахәмарраҿгьы ҷлоуаа аиааира ргеит.

 Асҭамыр Инаԥшьба, Ҷлоу агәыԥ алахәыла, атурнир аҟны иреиӷьу ахәмарҩыс дыршьеит, иара излаиԥхьаӡо ала, риааира зыбзоуроу аҽазыҟаҵара бзиа ахьрымаз ауп.

«Агәыԥқәа зегьы рхы бзианы иаадырԥшит. Аха ахәмарраҿы ишаԥу еиԥш, аӡә даиааироуп, аӡә даҵахароуп. Ҳара даара акыр ҳҽазыҟаҳҵон. Уи азы акәхап аиааира заҳгазгьы», – ҳәа игәаанагара ҳацеиҩишеит Асҭамыр.

Ҷлоуаа ргәыԥ азыҟаҵаҩ Ансоу Ануа еиҭеиҳәеит инапаҵаҟа иҟоу арԥарацәа амилаҭ хәмаррақәа гәыкала бзиа ишырбаз, имаашьакәагьы аҽазыҟаҵарақәа ишырҿыз, хымԥада, уи ауп иалзыршазгьы аицлабрақәа рыхԥа рҿы аиааира агара.

«Аҽазыҟаҵаразы аамҭа маҷны ишҳамазгьы, иҳалоу зегь ааҳарԥшырц ҳҭахын, убри аҟнытә есҽны аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿын. Уи моу, ҳашкол аҵаҩцәа аӡәырҩы арҭ ахәмаррақәа убас бзиа ирбеит, ҷыдала дара рзы хазы аурокқәагьы алаҳгалеит», – иҳәеит Ануа.

Ахәыҷқәа амилаҭ хәмаррақәа рыԥҟарақәа рдыруеит, маха-шьахала ибзианы иазыҟаҵоуп, аиааирагьы иазықәԥоит ҳәа азгәеиҭеит атурнир аӡбаҩ хада Адгәыр Гәынба.

«Аҿарацәа ҭакԥхықәра дула атурнир аҽазыҟаҵара иазнеит, аԥҟарақәа зегь рҵеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс имҩаԥнагоз амастер-классқәа ирыбзоураны. Аха зегь реиҳа ихадароу – рылақәа ҭыԥххаауеит, ахәмарра ргәаԥхоит, ҳаиааиндаз ҳәа еицлабуеит. Убри азыҳәан сгәы иаанагоит амилаҭ спортхкқәа аԥеиԥш рымоуп ҳәа», – иҳәеит Гәынба.

АААК Аҿари абаҩрҵәыреи рыҿиара аҟәша анапхгаҩы Валери Берзениа иажәақәа рыла, ари атурнир аиҿкаара иаԥхьанеиуан азыҟаҵаратә усура маҷымкәа: ашколхәыҷқәа алекциақәа ирзаԥхьон аԥсуа милаҭ хәмаррақәа рҭоурых иазкны, анаҩс амастер-классқәа рзымҩаԥыргон.

«Аҿар азҿлымҳахартә аҟаҵара ҳалшеит. «Аимҵакьача» ахәмаршьа атәы рзеиҭаҳҳәон, иагьдҳарбон, даргьы ҳацыхәмаруа иалагон. Знык ахәмарра иалагаз нас иузаанкылаӡомызт», – ҳәа игәалаиршәеит Берзениа.

Иара иазгәеиҭеит амилаҭ хәмаррақәа рмырӡра аҵак ду шамоу Аԥсны акультуреи аҭоурыхи рыхәҭак аҳасабала.

«Амилаҭ хәмаррақәа – абиԥарақәа реимадароуп, раԥхьаӡа иргыланы. Аԥсны ииз, иҿиаз акоуп, зегь ҳшьа иалоуп. Сара сзы иҳаҭыр дууп урҭ реиқәырхара иазку апроект сахьалахәу», – ҳәа ациҵеит Берзениа.

Ҷыдала атурнир иазкны ихәыцын адырга «Ахьышьҭра», уа иануп «Аимҵакьача» ҟазҵо ҩыџьа арԥарацәа милаҭ маҭәала еилаҳәаны. Ари адырга атурнир алахәцәа зегьы рформа иақәӡахын, иара убас еиҳа иқәыԥшу аспортсменцәа ирыздырхиаз аформагьы. Уи адагьы Аҟәа ақалақь ахадара аицлабра иалахәыз рзы аҳамҭақәа азнархиеит – амедалқәеи, аҳаҭыршәҟәқәеи, ашколқәа рзы амедалчаԥақәеи.

АААК ахаҭарнакцәа ирҳәеит ԥхьаҟа ргәы ишҭоу аҿар рыбжьара амилаҭ хәмаррақәа раларҵәара аус ацҵара, убас, атурнир «Ахьышьҭра» есышықәса амҩаԥгара рҽазыршәоит, Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтә жәаба иреиҵамкәа агәыԥқәа алархәны.