Урыстәылатәи Афедерациа аоперативтә штаб адырра ҟанаҵеит аԥсуа-аурыс ҳәынҭқарратә ҳәаа нанҳәа 1 нахыс иаартхоит ҳәа. 

Аԥсуа- аурыс ҳәаа ахысразы иаартхоит нанҳәа 1 инаркны. Абри азы адырра рыладырҵәеит урыстәылатәи амассатә-информациатә хархәагақәа ахәаша, ԥхынгәы 31 рзы, Акоронавирус аҿагыларазы урыстәылатәи аоперативтә штаб аӡбамҭа шьаҭас иҟаҵаны.

Иара убри аҽны Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова аоперштаб изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥылгеит. 

«Аилатәара иалҵшәаны иӡбан 2020 шықәса, нанҳәа 1 инарнкы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рҳәаа аартызарц. Ари аҩыза аӡбамҭа адкылара шьаҭас иамоуп Роспотребнадзори Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрреи Аԥсны иҟоу асанитартә-епидемиологиатә ҭагылазаашьа иарҭаз ахәшьареи, Аԥснытәи аинфраструктурақәа аԥсшьаҩцәа рыдкылара ишазыхиоу азы агәаанагареи», - рҳәеит урыстәылатәи аоперштаб аҟны.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла иҟарҵаз ашьаҿа инақәыршәаны ҳара ҳганахьалагьы аԥсуа-аурыс ҳәаа ааиртуеит. Абри атәы иҳәеит иара урыстәылатәи аинформациатә маҵзура «Интерфакс» адырра рыҭауа.

«Ҳара ҳадгылоит ари аӡбамҭа, Урыстәылатәи Афедерациа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Урыстәыла аҳәаа шаанартлак еиԥшҵәҟьа Аԥснаа ҳганахьалагьы иааҳартуеит. Ҳара ҳганахьала проблема ҳамам, иҳаурангьы иҟаӡам», – иҳәеит Бжьаниа «Интерфакс» аҿцәажәараан ахәаша ахәылбыҽха.

Ааигәа Аԥсны иааны иҟан Роспотребнадзор ахаҭарнакцәа. Аԥснытәи рколлегацәеи дареи еицгәарҭон аҳтәылаҿы иҟоу атуристтә обиектқәа аԥсшьаҩцәа рыдкылара иахьынӡазыхиоу. Хымш имҩаԥысуаз русуратә аҭаара ахыркәшамҭаз Роспотребнадзор ахаҭарнак Евгени Минин аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа маншәалоуп ҳәа. 
Аԥсны Аҳәынҭкарра аҭалара ԥкын ҳазҭоу ашықәс хәажәкырамзазы, адунеи аҿы акоронавирустә ҿкы ахьҵысыз иахҟьаны. Иахьазы иҟоу аоперативтә дыррақәа рыла, Аԥсны иахьаҵанакуа 84-ҩык акоронавирус рыдбалоуп, ачымазара зцәа иалаз хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.