Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Цандрыԥшь иҟоу Агәыҳалалратә центр «Ҳара ҳаидгылоуп» ацхыраара анаҭеит, ари ацентр аҟны зылшарақәа ԥку ахәыҷқәеи адуцәеи ареабилитациа иахысуеит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Агәыҳалалратә реабилитациатә центр «Ҳара ҳаидгылоуп» ианаҭеит иҷыдоу амыругақәа. Ареабилитациатә центр Цандрыԥшь иҟоуп, уа згәабзиара зырӷәӷәо реиҳараҩык ахәыҷқәеи ахбыџқәеи роуп.

Аконгресс ацентр ианаҭаз амаҭәахәқәа аҽазыҟаҵаразы ихәарҭоуп, аҳақьымцәа ахәыҷқәа аус анрыдыруло зыда ԥсыхәа рымам аҳасырқәеи, аплатформақәеи роуп.

Аконгресса ари ареабилитациатә центр ацхыраара арҭарц ргәы иҭаркижьҭеи мызқәак ҵуеит, ацентр шаатыз азы ажәабжь анраҳаҵәҟьа.

«Абри аҩыза аҭыԥ ыҟоуп ҳәа анҳаҳа, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь уи аӡбахә изеиҭаҳҳәеит, абас-абас Гагра араион аҟны зылшара ԥку ауаа рыцхыраара иазку ацентр аатит ҳәа, иҷыдоу амаҭәахәқәагьы шырҭаху атәы иаҳҳәеит. Мусса Егзакь иаразнакала дадгылеит ари ацентр иацхраатәуп ҳәа иҟаҳҵаз ажәалагала. Ҳара абра ҳаарц акәын Ахәыҷқәа рыхьчара амш инақәыршәаны, ахәыҷқәа рзы ахаа-мыхаақәеи, рҽазыҟаҵаразы ихәарҭахаша амыругақәеи ҳаманы, аха усҟан еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны иаҳзалымҵит. Аха иахьа ишакәхалакгьы, ҳагәҭакы наҳагӡеит», – лҳәеит АААК аинфопортал аредактор Изольда Ҳагԥҳа.

Цандрыԥшьтәи ареабилитациатә центр аус ауеит хәымз раахыс. Уи аиҳабыс дамоуп Милана Аџьԥҳа, лара лхаҭагьы згәабзиара ацклаԥшра аҭаху дыруаӡәкуп. Аха уи иацу ауадаҩрақәа дрызхьамԥшкәа, Милана активла лыкәша-мыкәша имҩаԥысуа аԥсҭазаара далахәуп, дышқәыԥшугьы ауаа рыцхыраара иазку ацентр аартра лылшеит.

«Ауаа ареабилитациа иахҳажьуеит, асоциалтә ԥсҭазаара иалахәхартә агәамч раҳҭоит. Аволонтиорцәа идҳарҵоит зылшара ԥку ауаа аус рыдулашьа, урҭ ауаажәлар ирыхәҭакны рхы рбаларц азы. Иахьазы 40-ҩык рҟынӡа ҳцентр иаҭаауеит. Зегь реиҳа ирацәаҩуп зымаха-зышьаха уашәшәыроу ауаа», – лҳәеит ацентр аиҳабы.

Ареабилитациатә центр ԥарала иацхраауеит иҳәынҭқарратәым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, иара убас згәы былуа ауааԥсыреи аҭыԥантәи амчра ахаҭарнакцәеи. Милана Аџьԥҳа еиҭалҳәеит ацентр аусура даҽа хырхарҭакгьы аӡбахә: ареабилитациазы имаҭәахәу амыругақәеи амаҭәашьарқәеи уажәшьҭа зхы иазмырхәо рҟынтә изҭаху рыҭарагьы ахахьы иагоит.

Ареабилитациатә маҭәахәқәа шамахамзар зегьы зыхә ҳараку, ус унадыххыланы заахәара уадаҩу роуп. Иҟалалоит, дара ауаҩы ихы иаимырхәаӡакәа баша аҩны ианышьҭоу, мамзаргьы ахәыҷы ианизҳалак уаҳа ианимаҭәам. Убас еиԥш шәхы иашәмырхәо амаҭәахәқәа шәымазар, ҳара ҳцентр аҟны иааганы иншәыжьыр ҟалоит, нас ҳара изҭаху ираҳҭоит», – ҳәа ҳаԥхьаҩцәа рахь ааԥхьара ҟалҵоит ацентр аиҳабы.

Милана лхатә ԥышәа даԥшны, зылшара ԥку ахәыҷқәа зааӡо анацәеи абацәеи ирабжьылгоит иаабац ашкол ахь рыхшара рышьҭларц, лассы-лассы ауаа рахь ицәырыргаларц. Милана лхаҭагьы иаабац абжьаратә школ далгеит, лара иазгәалҭоит арҵаҩцәагьы аҵаҩцәагьы ибзианы ишылзыҟаз, аҵараҿоума, аиҩызараҿоума проблема ҳәа акгьы шлымамыз.

«Ахәыҷқәа рхәыҷра рымшәымхын, рҩызцәа-рықәлацәа ирымадазароуп, еицрызҳалароуп, шәымәшан, шәхәыҷы дрыдрымкылар, ма игәы цәырҟьар ҳәа. Абарҭ ҳхы иҭаҳҳәааз аԥынгылақәа рахысшьа амҩақәа ыҟоуп», – лҳәоит аҭыԥҳа.

Ацентр аус ауеижьҭеи рацәак аамҭа шымҵуагьы, ақәҿиарақәа маҷымкәа ироухьеит.

«Ҳара ҳахь иныҟәо ауаа рахьтә иҟоуп 25 шықәса ирҭагылоу, аха уажәаԥхьа зыҩны идәылымҵыцыз. Уажәшьҭа дара рхала ауаажәларратә транспорт иақәтәаны иаҳзаауеит. Гагра араион зегьы аҟынтә иаҳзаауеит ауаа», – лҳәеит Аџьԥҳа.

Иахьазы ацентр аҟны абарҭқәа ирхысуеит – агәызҩыдаратә баҩрҵәыра, адаптивтә баҩрҵәыра, амассаж, апсихолог иҿцәажәара. Ԥхьаҟа ргәы иҭоуп алогопеди адефектологи радыԥхьаларагьы. Апроцедурақәа зегьы хәыда-ԥсадоуп.

Сергеи Томосиан ареабилитациатә центр аҟны дҳақьымуп. Амедицинатә ҵара иоуит Ермантәыла, уи анаҩс иԥсадгьыл ахь дгьежьит иуаажәлар дрыхәарц.

«Сара сзы игәахәара дууп, ахәыҷқәа срыцхраартә сахьыҟоу. Аԥсны иахәара ҟасҵандаз ҳәа сыҟоуп. Ауаа адгылара ҳазҭо иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп. Имаҷҩым иҳацхраауа, аиашаз. Даара ҳаигәырӷьоит Аконгрессаагьы азҿлымҳара ахьҳарҭаз. Ҳамч шаҟа идухо аҟара ҳуалԥшьақәагьы еиҳа еиӷьны инаҳагӡалоит», – иҳәеит аҳақьым.

Камила Бениа 16 шықәса лхыҵуеит. Лылшарақәа шыԥкугьы, Цандрыԥшьтәи аҩбатәи абжьаратә школ аҟны жә-класск дрылгеит. Ацентр ахь дахьныҟәо уи аҿгьы иахьлыхәаз ыҟоуп: ацентр аиҳаби апсихологи аус лыдырулон, илацәажәон аԥышәарақәа дырцәымшәарц, қәҿиарала лҵара хлыркәшарц азы.

Камила лреабилитациа атәы анаҳзеиҭалҳәоз лгәалаҟара бзиан, «арахь ааира сара сзы иныҳәоуп» ҳәа ҳалҳәеит.

«Ареабилитациа маншәаланы имҩаԥысуеит. Абрахь санааиуа еснагь сгәалаҟара бзиоуп, избан акәзар иԥханы ҳрыдыркылоит, гәыкала иаҳзыҟоуп. Абра уанымҩахыҵлак агәкаҳара уоураны иҟаӡам, уччаларц, ухәмарларц уҭахуп. Ареабилитологцәа роума, апсихолог лоума, лара ҳцентр аиҳабы лхаҭагьы уҳәа гәҭыӷьӷьаала иаҳзыҟоуп, уи уамеигәырӷьар залшом», – лҳәеит Камила.

Ацентр аусзуҩцәа разнеишьа адагьы, урҭ рыпрофессионализм ҳаракы атәгьы мҳәакәа узавсуам, ҳәа азгәалҭоит аӡӷаб.

«Абарҭ ауаа зегьы ҭаацәак реиԥш исзыҟалеит, даара иҳахӡыӡаауеит, зегь ҳаиԥшны ҳарбоит, лаҵа-еилых ҟарҵаӡом, уигьы акраанагоит. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит иҳадырҵо аџьабаазы, ҳахьеилыркаауа, иахьҳацхраауа азы. Абас еиԥш ацентр ахьҳауз гәахәара дууп. Зылшара ԥку ахәыҷқәа маҷымкәа иҳамоуп, урҭ реиҳараҩык Аҟәа анахыс џьаргьы изцаӡом. Ацентр ахьаатыз адагьы уи еснагь аҿиара иаҿуп, ара еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа еиҿыркаауеит, зегьы даараӡа аинтерес рыҵоуп», – лҳәеит камила Бениа.

Агәыҳалалратә реабилитациатә центр «Ҳара ҳаидгылоуп» аҟны ареабилитациа ахысра хәыда-псадоуп, уи зҭахны иҟоу зегьы рыдкылара иазыхиоуп. Ацентр асоциалтә ҳақәа Facebook, Instagram рҟны ишәыԥшаар шәылшоит, мамзар шәҽамажәдар ауеит абри аҭел алагьы: +7 940 965 10 30.