Аӡынтәи аԥсшьарамшқәа ирықәыршәаны АААК Аԥсны аҳҭнықалақь араионқәа руак аҿы ахәыҷқәа ахәмарырҭа дәы рзаанартит.

Камила Кирвал

Аҵаа Бабаду, Асҭыԥҳа, амультфильм аперсонажқәа, ажәеинраалақәеи аҳамҭақәеи – абарҭқәа зегьы ыҟан Аҟәа Адыгаа рымҩала ахәмарырҭа аартраҿы.

Ари аҳаблаҿы инхо, АААК аҭыԥантәи аҟәшақәа рҳәаақәҵаҩ Дмитри Жьиба хаҭала ари аус напхгара аиҭон.

«Агәылацәа ааин сара сыла аҳәара ҟарҵеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахәыҷқәа аамҭа ахьырхыргаша аҭыԥ еиҿнакаарц. Анаҩс, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь идҵа инақәыршәаны, аплошьадка ааҳхәан аҭыԥ ахь иааҳгеит», – ҳәа ахәмарырҭа аартраҿы еиҭеиҳәеит Дмитри Жьиба.

Ашьақәыргыларатә усқәа рҟны Аконгресс ацхыраара арҭеит аҭыԥантәи ауааԥсырагьы.

Ахшара рацәа зааӡо Флора Ҳаразиа ахәмарырҭа даара илгәаԥхеит, уи аиҿкаара иалахәызгьы зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит. Лара лажәақәа рыла, ауааԥсыра аринахысгьы аиҿкааратә усқәа мҩаԥыргалоит.

«Агәыӷра ҳамоуп, ари раԥхьатәи шьаҿоуп ҳәа ҳакәша-мыкәша арԥшӡараҿы, уажәшьҭа ҳхәыҷқәа ахьыхәмарша, рыԥсы ахьыршьаша аҭыԥ бзиа рымазаауеит. Ҳара ара ҳанхоит, убри аҟнытә ҳаԥхьаҟагьы иахьынӡаҳалшо ҳҵакырадгьыл ҳрыцқьалоит, еиҿаҳкаалоит», – ҳәа ацылҵеит Ҳаразиа.

Адыгаа рымҩала игылоу аҩнеихагылақәа рҟны ахәыҷы рацәа зааӡо аҭаацәарақәа маҷым, урҭ иреиуоуп Саида Мадиниан лҭаацәарагьы. Саида дааиижьҭеи абраҟа дынхоит, лара излалҳәаз ала, абри аҩыза адәы уажәаԥхьа ирымбаӡацызт.

«Даара ҳгәы иахәеит, иҭабуп идуӡӡаны! Иҵегь абри еиԥш апроектқәа ҟалозар, гәахәарыла ҳхы рылаҳархәуеит», -лҳәеит Мадиниан.

Ахәҷқәа рыхәмарырҭа дәы аартраҿы еизеит ахәыҷқәа реиԥш адуцәагьы. Аныҳәа ахыркәшамҭаз ахәыҷқәа ахаа-мыхаақәа рзыршеит. Уи дара уамакала иеигәырӷьеит, амш ргәы иҭымҵәо иҟан.

Аконгресс аҟны, традициала ишаԥу еиԥш, агәыҳалалра аус азҿлымҳара ду амоуп. 2021 шықәсазы АААК амчала Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа аковид-ҟәшазы амедицинатә маҭәахәқәа аахәан, иара убас Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь ахь афатә-ажәтә нашьҭын. Гагра араион ахақәиҭтәра аламҭалазы Гагра иҟоу ҳаибашьра аинвалидцәа рассоциациа «Аԥсны» еиднакыло аветеранцәа ацхыраара рыҭан.