Амениу
20 Лаҵара 2024
17:02
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Лента событий ВААК

    9 Лаҵара 2024
09.05.2024 20:31

АААК еиҿнакааит Аӡҩыбжьатәи ашкол аҵаҩцәа рзы аекскурсиатә мшы 

Апроект "Аимадара" аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭыҧантәи аҟәшақәа аус рыцуразы АААК аҟәша имҩаҧнагеит А. М. Ҷоҷуа ихьӡ зху Аӡҩыбжьатәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рзы изаамҭанытәиу аекскурсиатә мшы. Аиҳабыратә классқәа рыҟнытә 20-ҩык аҵаҩцәеи урҭ рырҵаҩцәеи Афонҿыцтәи аҳаҧы иаҭааит, анаҩс Аҧсаратәи ашьха ақәцә ахь ихалеит. Убла хызхуа аҭыҧқәеи, ибеиоу урҭ рҭоурыхи еицыз зегьы хнахит. Аекскурсиа зеиӷьыҟам ала ахәыҷқәа рхаҿы иаанхеит, агәаҳәара ду рнаҭеит. Ирацәоуп рхазы иҿыцны иаадыртыз. Хҭысла ибеиаз амш хыркәшан пикникла, еилашуа аӡиас Ҧсырӡха ахықәан.

0
09.05.2024 19:50
Санкт-Петербург, Урыстәылатәи Афедерациа

Мусса Егзакь аҧхьа днаргыланы, АААК ахаҭарнакцәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду афырхацәа рыхьӡ ргәаладыршәеит

Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак Ахантәаҩы Мусса Егзакь аҧхьа днаргыланы, Санкт-Петербург иҟоу АААК аҟәшеи, Санкт-Петербургтәи аҧсуа диаспореи, А. Ф. Можаиски ихьӡ зху Арра-космостә академиа акурсантцәеи рхы аладырхәит 1941-1945 шықәсазтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахыз рыхьӡ агәаларшәара. Ацеремониа алахәҩцәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Ҟарачы-Черқьесиеи Аҧсни рҵеицәа анышә иахьамадоу Пискаревтәи аҧсыжырҭаҿы. 

Архивтә материалқәа инарықәыршәаны, Асовет ари, Арра-мшынтә флоти рахь Аҧснынтәи инаҧхьан 55,5 нызқьҩык. Афронт аҟнытә ихнымҳәит 17 нызқь инареиҳаны ауаа. 

Ҟарачы-Черкесиантәи арра инаҧхьан 46 нызқьҩык инареиҳаны. Урҭ рыбжаҩык аҩныҟа изыхнымҳәит.

0