Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс

29 Хәажәкыра 2024
17:41
«Аҟәышра — ламысла еиҵарԥхьоу хшыҩуп»
Фазиль Искандер: Чагьамтәи аҟәыш
Апоет, ашәҟәыҩҩы, афилософ, џьашьахәыла ажәа иазҟазаз, зафоризмқәа узыршанхоз. Ақәра бзиа нызҵаз, зыԥсҭазаара лашаз, аҵыхәтәанынӡа игәы ззыбылуаз аус знапы алакыз, ажәлари аиҳабыреи рыбзиабара иаԥсахаз – ари аҩыза анасыԥ, ҳәара аҭахума, алитераторцәа зегьы рылахь ианым. Ишәҟәқәа бызшәарацәала еиҭагоуп, иахьагьы урҭ рҭыжьра иаҿуп. «Акырӡа Аԥсны иазышәаҳәахьоу урыс шәҟәыҩҩны схы сыԥхьаӡоит» ҳәа ихазы иҳәахьан Фазиль Искандер.

Иҩымҭақәа рфырхацәа хадақәа Аԥсны иузаҟәымҭхуа иадҳәалоуп, иаҳҳәап еицырдыруа Сандро иоума, мамзар аҷкәын хәыҷы Чықь иоума, насгьы урҭ злахәу ахҭысқәа зегьы араҟоуп иахьымҩаԥысуа.
Фазиль Искандери (агәҭаны) иашьеи, иаҳәшьеи, 1930-тәи ашықәсқәа
© Искандераа рҭаацәаратә архив
Искандераа рыҩны аҭӡамц икыду аҭаацәаратә фотосахьақәа руак, Аҟәа
© Искандераа рҭаацәаратә архив
Искандераа рыҩны аҭӡамц икыду аҭаацәаратә фотосахьақәа руак, Аҟәа
© Искандераа рҭаацәаратә архив
Искандераа рыҩны аҭӡамц икыду аҭаацәаратә фотосахьақәа руак, Аҟәа
© Искандераа рҭаацәаратә архив
Диит Фазиль Искандер Аҟәа ақалақь, 1929 шықәса, хәыжәкырамза 6 рзы. Иабду Ибрагим Искандер аџьам хылҵшьҭра змаз малуаҩын. Иара иоуп Аҟәа ақалақь аҟны раԥхьаӡатәи ақьырмыт зауадқәа руак зыргылаз. Фазиль Абдул-иԥа абрыла дџьамын, иан — дыԥсыуан, Џьгьарда ақыҭа иалҵыз Лели Мишьелиа лакәын.

Фазиль Искандер ибзиаӡаны аԥсшәа идыруан, аха аурыс бызшәа мацарала акәын иҩымҭақәа шаԥиҵоз. Аџьам-аԥсуа хылҵшьҭра шимазгьы, еиҳаракгьы аурыс литература инаҭаз анырра иабзоураны, аурыс культура дахаҭарнакны ихы иԥхьаӡон.

Ашәҟәыҩҩы ихәыҷра ихигон Аҟәа, аԥхынра ԥсшьара ҳәа дцон Чагьамҟа (Џьгьарда ақыҭа аҳабла — аред.) ианшьцәа рахь. Иахьазы, Искандер ибзоурала Чагьам адунеи зегьы иадыруа ҭыԥны иҟалеит, уаҟоуп ашәҟәыҩҩы ифырхаҵа хада Сандрогьы нхарҭа ҭыԥс иахьизалихыз.
Искандераа рҭаацәара, Фазиль Искандер
© Искандераа рҭаацәаратә архив
Искандераа рҭаацәара, Фазиль хәыҷи иани
© Искандераа рҭаацәаратә архив
1938 шықәсазы Фазиль иаб Абдул Џьамтәылаҟа дахган, уаҳагьы уаантәи дзыхнымҳәит. Уи нахыс ахәыҷқәа ран Лели Мишьелиа лхалазаҵәык лҭаацәара ныҟәылгон. Ашәҟәыҩҩы ихәыҷратә гәалашәарақәа роуп еиҳаракгьы иҩымҭақәа шьаҭас ирымоу.
«Дарбанзаалак ашәҟәыҩҩы имоуп арҿиаратә енергиа зҭыито ахыҵхырҭа, уи аҟынтә ауп иара иахьааиго иаԥҵамҭақәа рсиужетқәеи, урҭ рымҩаԥысшьахь иазнеишьеи. Еиҳарак уи ахыҵхырҭа ахәыҷра шықәсқәа рҿоуп иахьыҟоу. Ауаҩы даныхәыҷу зегь марианы игәникылоит, убасҟан ауп ианышьақәгылогьы иҷыдоу идунеихәаԥшышьа, анаҩстәи иԥсҭазаара зегь ицу»

Фазиль Искандер. Аиҿцәажәара мҩаԥигеит ажурналист Олег Донженко, есышықәса иҭыҵуа ажурнал «Хронограф» азы. 1989 шықәса.

Аҟәатәи ахԥатәи ашкол хьтәы медалла даналга ашьҭахь, Фазиль Искандер дҭалоит Москватәи абиблиотекатә институт, уаҟа аҵара иҵон хышықәса. Анаҩс, 1954 шықәсазы, диасуеит Горки ихьӡ зху Алитературатә институт ашҟа. Дшыстудентыз Искандер диабадыруеит еицырдыруа асовет шәҟәыҩҩы Константин Симонов. Фазиль Абдул-иԥа иаԥҵамҭақәа иобективтәу ахәшьара роурц азы, иажәеинраалақәа Симонов изишьҭуеит. Аамҭак ашьҭахь Константин Михаил-иԥа урҭ ажәеинраалақәа дрыԥхьаны, акритикатә згәаҭақәа рыцҵаны, Аԥсныҟа Фазиль изынаишьҭуеит.
«Чықь зны-зынла амшынахь дрышьҭуан, хәыҷык зхы аҭыԥаҿы иҟамыз ианшьа дицҵаны. Ианшьа имацара амшынахь дрышьҭуамызт, ихы еивысны иахьыҟаз иахҟьаны. Чықь иакәзагьыр — имацара амшынахь ацаразы дхәыҷцәан. Аха рыҩџьагьы еицны амшынахь ацара азин рыман. Ганкахьала, Чықь ианшьа дицырҵон еиҳабык иаҳасбла, даҽа ганкахьала — аншьа Чықь дицырҵон зхы еивысны иҟоу ихылаԥшразы»

Фазиль Искандер. Ажәабжь «Чик и Пушкин» аҟнытә.

1954 шықәсазы, Искандер аинститут даналга ашьҭахь, Асовет Еидгыла аҵараҵаратә системаҿы иҟаз аихшарала дақәшәоит ақалақь Брианск, аусурагьы далагоит агазеҭ «Брянский комсомолец» алитературатә усзуҩыс. Аамҭак ашьҭахь диасуеит ақалақь Курск ахь, агазеҭ «Курская правда» аредакциахь. Ари агазеҭ аусзуҩс дыҟанаҵы Фазиль Абдул-иԥа иҩуеит астатиа усҟантәи аамҭазы Асовет Еидгыла иахагылаз Никита Хрушьчов имҩаԥигоз «аџьықәреи аларҵәара акомпаниа» иаҿагылоз, аха астатиа агазеҭ ианымлаӡеит. Аамҭак ашьҭахь, ашәҟәыҩҩы «Созвездие Козлатура» ҳәа хьӡыс измоу иҩымҭаҿы ари атема дазыхынҳәуеит.
Ирымҳәалои: – Еҳ, шьыри, анкьа
Ишԥаҟақәаз зегьы-зегьы…
Ишәасҳәарым иаҳԥеиԥшу ҳаԥхьа,
Аха уажәи уаанӡеи еиԥшым.

Ҽакын аҳауа, аԥсабара,
Ус баша-маша иҟамларызт,
Аԥсыӡгьы ԥсылан, аҩгьы хааран,
Уажәы – аӡыҵәҟьагьы хазуп.

Ҽакала афатә ҳамҵаауази,
Ҽакала бзиа ҳмеибабоз…
Ухаҵоуп, урҭқәа узҭҵаауазар,
Аха ажәытәгьы ирымҳәалоз:
«Уажәтәи абаҟоу? Шьыри, анкьа…»

Фазиль Искандер. Ажәеинраала «Раньше» аҟнытә, 1956 шықәса

Фазиль Искандер
© Искандераа рҭаацәаратә архив
Фазиль Искандер
© Искандераа рҭаацәаратә архив
Фазиль Искандер
© Искандераа рҭаацәаратә архив
Фазиль Искандер иажәеинраалақәа раԥхьатәи реизга – «Горная тропа» – ҭыҵуеит Аҟәа, 1957 шықәсазы. Уи аамҭазы Искандер Аԥсныҟа дхынҳәхьан, Аҳәынҭқарратә ҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс аус иуан.
Фазиль Искандер иԥылара иазкыз арҿиаратә хәылԥазы, Аԥсуа драматә театр, Аҟәа, 2006 ашықәс
© Аԥсуа Телехәаԥшра
Искандер апроза аҩра далагоит 1962 шықәсазы. Раԥхьатәи иаԥҵамҭақәа рҟынтә зегьы еицырдыруа иҟалеит иповест «Созвездие Козлотура», 1966 шықәсазы ажурнал «Новый мир» аҟны икьыԥхьыз. Аповест аҿы ашәҟәыҩҩы дахыччоит иҿыцу аԥстәы ахкы — аџьмеи ашьха бӷаби рхылҵ – ахымҩаԥгашьа. Ари иналкуааша сатиратә ҩымҭан, аҭыԥантәи ачынуаа џьоукы рыхгьы днардырит.
«Уи ауха сгәаларшәуа сазхәыцуан идуӡӡоу, аха иагьыҳараму аԥсабара аҟәышра, еснагь аибакапанра иашьҭоу, избан акәзар зегьы рыхә шәатәуп. Аӡыхаа анужәуа шампанҩушәа угәы иабозар, аамҭак ашьҭахь ашампанҩы ахаҭаҵәҟьа анужәуа, аӡыхаа агьама аманы иубоит»

Фазиль Искандер. Аповест «Созвездие Козлотура» аҟнытә

Фазиль Искандер иԥшәмаԥҳәыс, Москва ақьалақь инхоз Антонина Хлебниковеи иареи еибадырит Аҟәа аԥшаҳәаҿы. Уи ахҭыс аповест «Созвездие Козлотура» аҟны иарбоуп, анаҩс — иарала иҭыху акиносахьаҿгьы.
Ачара ашьҭахь Фазиль Искандери иԥшәмаԥҳәыси Москваҟа нхара ҳәа ииасуеит. Хара имгакәа аҭаацәараҿы ҩыџьа ахшаара ииуеит — рԥа Александри, рыԥҳа Маринеи.
«Абар дызбоит лара, аҭыԥантәи акатерқәа рысқьала хәыҷы аҟны амшын дхыԥшыло дышгылоу. Кьаҿ хәыҷык лшәуп, иҭбааҭыцәӡа иҟоу еиԥкак лӡара ҵаӷаҿы еибаркуп. Лара леиԥш иҟоу аҭыԥҳацәа рзы ҳара ҳҿы ирҳәоит: маркатылла деихуҵәартә дыҟоуп ҳәа»

Фазиль Искандер. Аповест «Созвездие Козлотура» аҟнытә

Фазиль Искандер иԥсадгьыл анҭыҵ 40 шықәса раҟара дынхеит. Москвоуп инарҭбааны Аԥсны иазкны аҩра дахьалагаз. «Москва саныҟаз ҽнак зны исыӡбеит Аԥсны иазку епоск аԥысҵарц, ахҭысқәа ахьымҩаԥсуа ҭыԥ хадас Чагьам алхны», — иҳәеит Фазиль Абдул-иԥа Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҟны.
«Зыԥсадгьыл иацәыхароу дарбанзаалак ауаҩ иеиԥш, саргьы Аԥсны гәхьаазгон, аха иара убри ҵа змаӡам абзиабараҿоуп сыгәхьаагара алзырго ахәшәгьы ахьысыԥшаауа»

Фазиль Искандер. Аҭаацәаратә видеоархив аҟнытә.

Фазиль Искандер иҩымҭақәа рҟынтә зегь реиҳа ихадоу ҳәа иԥхьаӡоуп ироман «Сандро из Чегема» — фырхаҵак ила еибарку ановеллақәа реизга. Раԥхьаӡакәны Асовет Еидгылаҿы ари ароман кьыԥхьын 1973 шықәсазы, ажурнал «Новый мир» адаҟьақәа рҿы, аха аҩымҭа ацензура ӷәӷәа иахыжьын. Ус шакәызгьы автор имаз афинанстә уадаҩрақәа ирыхҟьаны, ароман акьыԥхьра дақәшаҳаҭхеит, насгьы, Искандер ибзианы еиликаауан, уажәы мап ацәикыр, анаҩс иҩымҭақәа уаҳа акьыԥхь шырымбоз. Аредакторцәа ироман иазыруз ашәҟәыҩҩы акыраамҭа хьаас иман. «Сандро из Чегема» атекст, Искандер иажәақәа рыла, «иҟәаҟәаны иқәырҵеит». Аамҭак ашьҭахь иара иҩуеит аредакциахь ашәҟәы, инапылаҩырақәа дырхынҳәразы.
Уи даараӡа игәы инархьит, аахас иоуит уҳәаргьы ҟалоит. Аҵәыуара дакуан.
Антонина Искандер
Адокументалтә фильм «Праздник ожидания праздника» аҟнытә
«Ҳаамҭазтәи ауаҩы ибзианы иныруеит икәша-мыкәша иҟоу зегьы шҭышәынтәалам, ишуашәшәырроу. Гәынхәҵысҭала иныруеит аа, абыржәы зегь хабгалоит ҳәа, аха уамашәа иубаратәы, иахьанӡа акгьы мхабгалацт. Аԥсҭазаара убри аҟнытә ҩынтәны иқәыӷәӷәоит, ҭаха инаҭаӡом, ганкахьала уажәы-уажәы икаҳараны иҟоу акы дазыԥшуп, даҽа ганкахьала – уаҳа иаакаҳауам уи»

Фазиль Искандер. Ароман «Сандро из Чегема» аҟнытә.


Ароман «Сандро из Чегема» еиҵакрада иҭыҵит 70-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы — 80-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы. Ароман ҭыҵит еицырдыруа америкатәи ашәҟәҭыжьырҭа «Ардис» аҟны. Уи ашәҟәҭыжьырҭа аԥырҵеит Карли Елендеи Проффераа, иагьҭрыжьуан Асовет Еидгылаҟны ацензура иахрыжьуаз аԥҵамҭақәа. Уаҟа иҭыҵхьан Набоков, Аксионов, Бродски уҳәа убас егьырҭгьы раԥҵамҭақәа. «Ардис» аҟноуп иахьҭрыжьыз «Сандро из Чегема» аҩ-томк. Иааидкыланы ашәҟәы 800 даҟьа инареиҳаны иаман. Еиҿаҳарԥшуазар, Асовет Еидгылаҿ иҭыҵыз «Сандро из Чегема» иаман 240 даҟьа заҵәык. Анаҩс, ароман еиуеиԥшым абызшәақәа рахь еиҭаган.
Искандер — шәҟәыҩҩы дууп, ироман «Сандро из Чегема» азы ианашьатәуп Нобель ипремиа.
Ашәҟәыҩҩы Андреи Битов
Арадио «Эхо Москвы» аефир аҟнытә, 2016 ашықәс
Асовет Еидгылаҿы иаԥыз атоталитартә режим ахаан Искандер иман иактивтәу аграждантә позициа, уи иахырҟьангьы лассы-лассы ауадаҩрақәа дрықәдыршәон, ишәҟәқәа рҭыжьра мап ацәыркуан.
«Уи аҩыза сара схаҭа зныкымкәа исхызгахьан. Арепрессиатә ҟазшьа змаз аус хәымгақәа ирҿагылоз ашәҟәқәа ҳнапы анрыҵаҳаҩуаз, иаҳҳәап ажурнал «Новый мир» ахьчаразы, уи иаразнак иашьҭанеиуан, дара ргәаанагарала, ҳахьзырхәыша усмҩаԥгатәқәак. Амала, хаҭала сара урҭ ашәҟәқәа еиқәсыршәомызт, аха снапаҿы ианааилак, иану сақәшаҳаҭзар, ҳәарада, снапы анысҵон»

Фазиль Искандер. Ажурналист Олег Донженко ажурнал «Хронограф» азы имҩаԥигаз аинтервиу аҟнытә, 1989 шықәса

1979 шықәсазы ажурнал «Метрополь» ианылоит Искандер иповест — «Маленький гигант большого секса». Уи алитературатә еизга ианылоз аԥҵамҭақәа рҿы абжьааԥны залацәажәара уадаҩу азҵаарақәа аартны ицәырган. Насгьы, уаҟа икьыԥхьуаз ашәҟәыҩҩцәа реиҳарак адиссиденттә хәаԥшышьақәа змаз ракәын, урҭ рҩымҭақәа, ҳәарада, аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭаҟны иҭыҵуеит ҳәа иақәгәыӷуамызт.

Ажурнал аҭыҵра аҭыӡшәа алҵит, уи ианылаз авторцәа «аҭакҟаҵаразы» иаарыԥхьеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Фазиль Искандергьы. Уи ахҭыс ашьҭахь, шықәсқәак Фазиль Абдул-иԥа иҩымҭақәа ркьыԥхьра мап ацәыркуан. Уи аҩыза аҭагылазаашьа 80-тәи ашықәсқәа реиҩшамҭанӡа иҟан — Михаил Горбачиов аҳәынҭқарраҿы аԥсахрақәа дрылагаанӡа, «перестроика» ҳәа изышьҭоу аамҭанӡа. Анаҩс, Искандер иҩымҭақәа еиҭа ркьыԥхьра иалагеит.
Фазиль арҭ аполитикатә хҭысқәа дырҟәыҭханы дҟарҵарц иашьҭан, аха иара мариала ихы риҭомызт, уимоу зегь реиҳа иҵарыз ажәақәа зҳәаз иакәын. Искандер ус иҳәеит — импыҵахаланы иҟоу аҳәынҭқарраҿы ҳанхоит ҳәа, уи иаҵанакуаз — аиҳабыра ирымпыҵархалаз аҳәынҭқарраҿы, арежим џьбара змоу ахәыҷбаҳчаҿы еиԥш ҳанхоит ҳәа акәын.
Ашәҟәыҩҩы Виктор Ерофеев, ажурнал «Метрополь» аԥҵаҩцәа руаӡәк
Адокументалтә фильм «Праздник ожидания праздника» аҟнытә
Фазиль Искандер ирҿиараҿы иҷыдоу аҭыԥ аанакылоит убасгьы Чықь изку ажәабжьқәа, урҭ зегьы еизгоуп «Детство Чика» ҳәа зыхьӡу ашәҟәаҿы. Афырхаҵа хада, аҷкәын ҳәаҷы Чықь ипрототипс дықәгылоит ашәҟәыҩҩы ихаҭа, уи даныхәыҷызтәи аамҭазы. Насгьы, Чықь дахьынхо ақалақь Мухус, Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахаҿсахьақәа аныумбаалар залшом, ахьӡ ахаҭагьы ишуҵанаҳәо еиԥш.
«Мухустәи агәараҟны аԥшәмара руеит агәыразреи, агәыбылреи... Аԥсҭазаараҟны — алозунгқәеи, агәҭынчымчреи, ашәареи. Арҭ адунеиқәа еиҿагылоуп. Агәара — иформалтәым еилазаароуп, «иофициалтәым» аҳәынҭқарра аҳәынҭқарраҿы, ахатә закәанқәеи, аконституциеи, ахатә «ахьырхәрақәеи», «аџьшьарақәеи» ахьаԥу.
Алитературатә критик Наталиа Иванова
Ашәҟәы «Смех против страха, или Фазиль Искандер» аҟнытә.
Фазиль Искандер иԥылара иазкыз арҿиаратә хәылԥазы, Аԥсуа драматә театр, Аҟәа, 2006 ашықәс
© Аԥсуа Телехәаԥшра
«Аччабжь — алашара ашәахәа еиԥшуп. Аччара — абжьы зхарҵаз лашаразар здыруада? Аччаԥшь акәзар — лашара каҷҷароуп»

Фазиль Искандер. Ажәабжь «Тринадцатый подвиг Геракла» аҟнытә

Ашәҟәыҩҩы иаԥҵамҭақәа рҿы иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит алафи аччареи. Уи цәымӷра-хыччаратә ҟазшьаӡам иамоу, Фазиль Искандер иҟны аччара амотивқәа зынӡа даҽакқәоуп.
Искандер иччара ԥсабаратәуп. Иара илаф иашьуеит агаӡреи, аԥаршеиреи, ахабзиабареи. Илаф ашәара иаиааиуеит. Искандер ицәтәымуп мапацәкратә сарказм. Уи илаф арҟәышратә, ма алабжьаратә ҵакы амаӡам. Ишәҭахызаргьы, ари игәырҿыхагоу амц жьароуп, агьангьашара аргаӡара. Иара игәаанагара шьақәырӷәӷәауа, дзықәшаҳаҭым шьаҭанкыла иаԥихуеит.
Алитературатә критик Наталиа Иванова
Ашәҟәы «Смех против страха, или Фазиль Искандер» аҟнытә
«Ауаҩы намыс имазароуп. Уи алыршахоит иарбан ҭагылазаашьалак, иарбан мчразалакгьы иаԥу рҟны. Ауаҩра — иаанагоит хаҭала амцҳәара аҽаламырхәра. Ауаҩра — фырхаҵараӡам, уи иаанагоит ахәымгара аҽаламырхәра»

Фазиль Искандер

1989 шықәсазы Фазиль Искандер Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет 12-тәи аизара Аԥснытәи ААСР аҟнытә иалахәыз адепутатцәа дыруаӡәкын. Уаҟа аус иуан 1991 шықәсанӡа, Иреиҳаӡоу Асовет аимырпра аҟынӡа. Уи ашьҭахь уаҳа аполитикахь дхынҳәӡом.
«Ауаҩра зыҟалом ахәымгара аиааирада, ауаҩра аиааирада ахәымгара шзыҟамло еиԥш. Руа аиааира зго ҳара ҳауп изыӡбо, иалызхуа, аҭакԥхықәра зқәугьы ҳара ҳауп. Алхразы аҭагылазаашьа ыҟам ҳҳәозар, уи иаҵанакуа – ак алаҳхьеит ауп»

Фазиль Искандер. Ароман «Сандро из Чегема аҟнытә»

Фазиль Искандер ианашьан хыԥхьаӡара рацәала еиуеиԥшым аҳамҭақәа, урҭ рахь иаҵанакуеит 1989 шықәсазы ианашьаз Асовет Еидгыла Аҳәынҭқарратә премиа, 1991 шықәсазы академик Андреи Сахаров ихьӡ зху апремиа — «Алитературатә фырхаҵаразы», 2002 шықәсазы ашәҟәыҩҩы ианашьан Аԥсны иреиҳаӡоу аҳамҭа — «Ахьӡ Аԥша» аорден I аҩаӡара. Иара убасгьы Пушкин ипремиеи, Лев Толстои ихьӡ зху «Ясная поляна» апремиеи дырлауреатуп. Насгьы апремиа «Большая книга» анашьараан иара иҭан иҷыдоу аҳамҭа «Ахьӡи аҳаҭыри рзы» ҳәа хьӡыс измоу.

2010 шықәсазы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев, Фазиль Абдул-иԥа «Аԥсадгьыл аҿаԥхьа алшамҭақәа рзы» аорден ианашьауа иазгәеиҭеит Фазиль Искандер дшырсимволу «шәышықәсала ишьақәгылоз аҩ-ҳәынҭқаррак (Аԥсныи Урыстәылеи — аред.) реиҩызара атрадициақәа». 2014 шықәсазы ашәҟәыҩҩы Урыстәыла ахада Владимир Путин инапаҟнытә ианашьан алитературеи аҟазареи рхырхарҭала Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиа.

Фазиль Искандер ҩынтә дықәыргылан алитературазы Нобель ипремиа аиуразы, аха рыҩынтә раангьы имоуит.

Искандер Урыстәыла ахьӡала Нобель ипремиа еиҳараӡак изаур зылшоз ашәҟәыҩҩцәа дырхыԥхьаӡалан, уи аҩыза агәаанагара змазгьы рацәаҩын. Алитературатә глобус ианиҵеит уаанӡа уа иарбамыз атәыла – Аԥсны. Убас иҟоу аартрақәа рзоуп Нобельгьы зрырҭо. Ҳәарада, уи Аԥсныҵәҟьа иацәыхаран, уи иметафизиказ Аԥсны акәын – ихәыҷреи, игәырӷьареи ртәыла.
Ашәҟәыҩҩы Дмитри Быков
«РИА Новости» иаиҭаз аинтервиу аҟнытә
«Абнауҩы иԥшаара, – иҳәон иара, – иҟалар алшоит ауаҩы ихылҵшьҭра агәхьаагара иадҳәалазар, ари адунеиаҿ уамак шизнымхаз еилкааны. Ауаа ирҭахуп ажәытәӡатәи рхылҵшьҭра иатәу ахаҭарнакцәа рыԥшаара, рхы еилаго ианалага, ма иахьалагаз еилыркаарц азы»

Фазиль Искандер. Ашәҟәы «Стоянка человека» аҟнытә

Ашәҟәыҩҩы инижьит хәы змаӡам алитературатә ҭынха. Хыхь еиқәыԥхьаӡаз аԥҵамҭақәа рыдагьы, уахь иаҵанакуеит аповест-ажәамаана «Кролики и удавы», аповест-диалог «Думающий о России и американец», аповестқәа «Школьный вальс, или энергия стыда», «Стоянка человека», «Человек и его окрестности», ажәабжьқәа «Дедушка», «Рассказ о море» уҳәа убас егьырҭгьы.
«Ахәыҷра адгьыл — аӡылаҟәра ашьҭахь ибааӡоу, имаӡаркыроу ҟәароуп. Уаҟа иуԥшаар улшоит зынӡа уззыԥшым акы. Сара есқьынагьы акы сашьҭан, уи азы акәзаргьы ҟалап хәыҷык ахашҭра соуа сзыҟала. Нас саныҩеидас, исцәыӡша ансоу, сара еилыскаауа салагеит, ахәыҷратә ԥшаах гәырӷьахәқәа — алахьанҵа маӡала иунаҭо кредитны ишыҟоу, уи анаҳшәо ҳандухалак ауп. Уи иагьашоуп»

Фазиль Искандер. Ажәабжь «Время счастливых находок» аҟнытә

Искандер ипроза убасҟака ибеиоуп, илашоуп, иԥсылоуп азы, уамашәа иубаратә иҟам иара иаԥҵамҭақәа рыла изныкымкәа акиносахьақәа ахьҭыху. Уи аганахьала Фазиль Абдул-иԥа иазгәеиҭалон, автор иаԥҵамҭа иагәылаиҵаз аҵакы акиносахьа иармариацәоит ҳәа. Ус шакәугьы, ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа рыла иҭыху акиносахьақәа — «Время счастливых находок», «Пиры Валтасара, или ночь со Сталиным», «Расстанемся пока хорошие» («Ҳшыбзиоу ҳаиԥырҵып»), «О, Марат» убас егьырҭгьы, ахәаԥшцәа гәыкала бзиа ирбоит, ирзааигәоуп.
«Хәыҷык еиҳаны агәҭахәыцра лымазҭгьы, ма лыԥсҭазаара лара заҵәык ишылтәу лныруазҭгьы, иҟаларын лыԥсҭазаара аҿахҵәара аҟынӡа днеиргьы. Аха лара ианакәызаалак уи аҩыза анырра лымаӡамызт. Иара лыԥсҭазаара лара леиҳагьы изтәыз, лхы аасҭа бзиа илбоз ауаҩы данлыԥха ашьҭахьгьы, уи дазхәыцуамызт. Избан акәзар лыԥсҭазаараҿ илзынхаз ахәыҷгьы лара заҵәык илтәуп ҳәа илыԥхьаӡомызт, лгәаанагарала уи убасгьы лабдуи, Қьаазыми, абырг Ҳасани, лыуацәеи иртәын»

Фазиль Искандер. Аповест «Софичка» аҟнытә

Фазиль Искандер иаԥҵамҭала иҭыхыз аҵыхәтәантәи акиносахьа «Софичка» акәхеит. Уи арежиссиорс дамоуп еицырдыруа аурыс режиссиор Александр Сокуров иҵаҩы Кира Коваленко.
Акиносахьа «Софичка» акадрқәа
арежиссиор Кира Коваленко
Ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер иԥсҭазаара далҵит 2016 шықәса, ԥхынгәы 31 рзы, Москва азааигәара иҟоу Переделкино иҩны аҟны.
Искандер — шәышықәсабжак ҵуеит дыклассикны дыҟоижьҭеи, аха ауаҩы идунеи аниԥсахлак ауп ианеилукаауа иҵакыҵәҟьа. Иара, ҳәарада шәҟәыҩҩы дууп. Иаԥиҵеит иҿыцу адунеи, уи зылшо маҷҩуп. Иреиӷьӡоу ашәҟәыҩҩцәа рҟынтәгьы зхатә дунеи аԥҵара зылшо зынӡа имаҷӡоуп. Иара иаԥиҵеит адунеи дуӡӡа, иниҵыит аԥсҭазаара ду.
Апублицист Виктор Шендерович
Фазиль Искандер изкны Москва имҩаԥысуаз алахьеиқәҵаратә церемониа аҟны иқәгылара
«Акультура – узыԥхьаз ашәҟәқәа рхыԥхьаӡара акәӡам, урҭ рыҟнытә еилукааз амҽхак ауп»

Фазиль Искандер. Аповест «Стоянка человека» аҟнытә

Аԥсны акыр иазышәаҳәахьаз ашәҟәыҩҩы ихьӡ анаӡаӡатәразы иҭыжьуп агәаларшәагатә монета Фазиль Искандер ихаҿсахьа зну, «Аԥсны иналукааша ахаҭарақәа» асериа иалаҵаны. Иара убасгьы Аҟәа игылоуп Искандер иҩымҭақәа рфырхацәа хадақәа хҩык рыскульптурақәа — аҷкәын ҳәаҷы Чықь, уи иҩыза ӡӷаб Ника, Апингвин-философ.

Иазгәаҭатәуп Аԥсны есышықәса ишымҩаԥысуа Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи акультуратә фестиваль «Стоянка человека» («Ауаҩы игыларҭа»).

Насгьы, апланета маҷқәа руак Фазиль Абдул-иԥа ихьӡ ахҵоуп. Аха зегь реиҳа ихадоу — иара ихаҭа ихьӡ наунагӡа хашҭра ақәымкәа иҟаиҵеит ишәҟәқәа рыла. Ауаа ишәҟәқәа иахьынӡарыԥхьало, ргәалашәараҿы дыҟазаауеит.
Фазиль Искандер иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь Урыстәыла иаԥҵан Жәларбжьаратәи алитературатә премиа, х-номинациак рыла ишьақәгылоу: апроза, апоезиа, Искандер иаԥҵамҭақәа рыла иҩу акиносценари. Убасгьы, Аҟәа иҟоу Аурыс драматә театр Фазиль Искандер ихьӡ ахҵоуп.

Ашәҟәыҩҩы 90 шықәса ихыҵра иазкны, Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра 2019 шықәсазы имҩаԥнагоит Фазиль Искандер ибаҟа апроектқәа иреиӷьу алхразы аконкурс.
Ҳара дҳаман Фазиль, иџьашьахәу, бзиабарала иҭәу адунеи аԥызҵаз, агәыразра агәра ҳзыргоз. Ҳара дҳамоуп Фазиль, избан акәзар ауаа ҟәышқәа рыдунеи анырыԥсахуа, ҳара алашьцараҿы ҳанрыжьӡом, агәымшәареи аԥшқареи зцыз рыԥсы цқьа алашара наунагӡа иҳацуп. Ибаҩхатәра ду иарҿиааз исахьаркыратә дунеи амчхара ҳзынхеит. Иара ирҿиара — агәымбылџьбарареи амци зхәышәтәуа лаҵоуп. Ахаан ҭабара зқәым абри аӡыхь аҿыхәара алшара ахьҳамоу – гәырҿыхагоуп.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университ аурыс бызшәеи алитературеи ркафедра адоцент Елена Кәабахьиаԥҳа
Аинформациатә маҵзура «Sputnik Аԥсны» иалҭыз аинтервиу аҟнытә.
Адырраҭара «Старая квартира. 1965 год. Часть первая» ацыԥҵәаха. Амҩаԥгаҩ Григори Гурвич. Иҭыхуп 1998 шықәсазы

Атекст автор: Арифа Қапԥҳа, абильд-редактор Наала Аҩӡԥҳа, аредактор хада Амина Лазԥҳа



Made on
Tilda