Апроектқәа рыдгылара / Алахәцәа рыхәҭалагала
Ашьамаҟеи Нарҭаа рымцеи: Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәеит Аҧсны
Мусса Егзакь аԥсуа-абаза (абаза), аубых жәларқәеи, аешьаратә Кавказ жәларқәеи рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Кавказтәи аибашьреи мчылатәи ахҵәареи ирылаӡыз ргәалашәара амш 158 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.
"Абри атрагедиатә аамҭа ахашҭра азин ҳамам, иаҳгәалашәозароуп наунагӡа. Убри агәалашәара ҳахәароуп иахьатәи ҳҭагылазаашьа ииашаны еилкааны аԥеиԥш лаша аагара азықәԥараҿы. Абас ихлымӡааху ахҭысқәа зҭоурых иалоу ҳажәлар аҽеидкылареи акзаареи шхымԥадатәу рхамшҭуа ԥхьаҟа ицалароуп."
Баслахә иҟоу АААК Аҭыԥантәи аҟәша ашколхәыҷқәеи Ерик Миқааи реиԥылара еиҿыркааит
Аҭыԥантәи аҟәшақәа аус рыцура аҳәаақәа ирҭагӡаны АААК аусзуҩцәеи актиор, апродиусер, арежиссиор, ауаажәларратә усзуҩ Ерик Миқааи Баслахәтәи ашкол иаҭааит. Ашкол арҵаҩцәа иҟарҵаз ааԥхьарала аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа рзы Миқаа дызлахәыз ахәылԥаз еиҿкаан. Аиԥылараҿы тема хадас иқәгылан «Ухықәкы уазцартә иалухша амҩа», уи иаанарԥшит асас дызнысыз арҿиаратә мҩа, изанааҭ ала иеизҳара шымҩаԥысуаз, ихаҭара шышәуаз.
Ерик ахәыҷқәа ирзеиҭеиҳәеит уажәнатә рымч-рылша ииашаны аихшара азҿлымҳара арҭарц, аԥсҭазаараҿы рхы ззыркырц ирҭаху алырхырц.
Иара убас ажәаҳәатә ҟазара аганахьала абжьгарақәа риҭеит, нас ахәыҷқәа исахьаркны ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
Аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Руслана Торчуа асас изку ажәеинраала лыҩын, иара ихаҭа даԥхьарц идылгылеит.
Аиҩызаратә ҟазшьа аманы имҩаԥысыз аиԥылара ҟәанда ԥхьаҟагьы иацҵазарц ӡбан, убри аҟнытә Ерик Миқаа Аурыс драматә театр аҿы рашәара 3 рзы имҩаԥысраны иҟоу иконцерт ахь ахәыҷқәа ааԥхьара риҭеит.
Баслахәтәи ашкол аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи аиԥылара аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит абас еиԥш хадара злоу атемақәа иахьрылацәажәаз, насгьы уи азы иалхыз аформат азы.